Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 42
  • Ицәажәо аҽадҳәыс

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ицәажәо аҽадҳәыс
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Валаам иҽада ацәажәара иалагеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Иисус аҳак иаҳасабала ақалақь далалоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 42

АЖӘАБЖЬ 42

Ицәажәо аҽадҳәыс

УАРА зныкыр иуаҳахьоума, аҽадҳәыс цәажәоит ҳәа? ‘Мап,— уҳәоит, хымԥада, аҭакс.— Аԥстәқәа зцәажәом’. Аха Абиблиа иаҳәоит ицәажәоз ҽадҳәыск атәы. Уааи, еилаҳкаап, уи ҟалашьас иаиуз.

Израилаа ханаантәи адгьыл ахь анеира рҽаздырхиарц егьрыгым. Моавтәи аҳ Валак израилаа даара дрыцәшәоит. Уи Валаам захьӡу ауаҩы гызмал дааргарц ауаа ишьҭуеит, уи дааны израилаа ишәиирц азы. Валаам Валак аԥара рацәа дақәиргәыӷит, Валаамгьы иҽадҳәыс дақәтәаны Валак иахь ддәықәлоит.

Иегова иҭахӡам, Иара иуаажәлар Валаам ишәиир. Убри азы уи амаалықь аҳәа иҭаны дааишьҭуеит, Валаам имҩа даԥырагыланы, уи дааникыларц. Валаам амаалықь дибом, аха уи аҽадҳәыс дабоит. Убри азы уи амаалықь иԥырҵырц иаҿуп, аҵыхәтәан уи амҩа ианиалоит. Валаам даара дгәааит, иҽадҳәысгьы лабала дасуеит.

Уи ашьҭахь Иегова аҽадҳәыс иаҳәо Валаам иаҳартә иҟаиҵоит. ‘Иузызуи сара, узсысуазеи?’ — иҵаауеит аҽадҳәыс.

— Сара усхыччоит,— игәы ԥжәоит Валаам.— Аҳәа скызҭгьы, уажәыҵәҟьа усшьуан!

— Зныкыр абас схы мҩаԥызгахьоума? — иҵаауеит аҽадҳәыс.

— Мап,— даазхәыцуеит Валаам.

Абраҵәҟьагьы Иегова Валаам илақәа хитит, аҳәа кны имҩа иаԥырагылоу амаалықьгьы дибоит. Амаалықь иҳәоит: ‘Уҽадҳәыс узасуазеи? Сара умҩа саԥырагыларц сааит, избанзар уара уцаны Израил ушәиир ҟалаӡом. Уҽадҳәыс сԥырымҵызҭгьы уара усшьуан, аҽадҳәыс сакьысуамызт’.

Валаам ихы гәыбӷан аиҭон: ‘Агәнаҳара ҟасҵеит. Сымҩа ушаԥырагылазгьы сыздыруамызт’. Амаалықь Валаам доуишьҭуеит, иаргьы Валак иахь амҩа деиҭанықәлоит. Валаам еиҭах Израил ишәиирц шиҭахыугьы, Иегова уи Израил хынтә дрықәныҳәартә ҟаиҵеит.

Ахыԥхьаӡарақәа 21:21—35; 22:1—40; 23:1—30; 24:1—25.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра