Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 97
  • Иисус аҳак иаҳасабала ақалақь далалоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус аҳак иаҳасабала ақалақь далалоит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус ачымазаҩцәа ихәшәтәуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Ицәажәо аҽадҳәыс
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Елеонтәи ашьхаҿы
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иисус ажәҩанахь дхынҳәуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 97

АЖӘАБЖЬ 97

Иисус аҳак иаҳасабала ақалақь далалоит

АМҨАН арыцҳахә иаҳәоз ҩыџьа алашәцәа анихәшәтә ашьҭахь, Иисус Иерусалим азааигәара иҟаз қыҭа хәыҷык ахь дцоит. Ҩыџьа иҵаҩцәагьы дрыҳәоит: ‘Шәца ақыҭахь, уаҟа аҽада ҿа шәыԥшаауеит. Уи ԥыртны исзаажәга’.

Аҽада ҿа анааргалак, Иисус уи дақәтәоит. Иерусалимҟа дагьдәықәлоит. Ақалақь аҟны ауаа шьардаҩык иԥылоит. Аӡәырҩы хыхьтәи рышәҵатәқәа ршәыхны, амҩа иандыршәлоит. Егьырҭ ракәзар, апальма абыӷьқәа хыҵәҵәаны амҩа ианырԥсалоит, иџьашьангьы ҿаарҭуеит: ‘Анцәа диныҳәааит Иегова ихьӡала иаауа аҳ!’

Жәытәнатә аахыс иҟоуп аҵас: ажәлар зҽыдзырбарц зҭахыу аҳ ҽыц, Иерусалим аҽада ҿа дақәтәаны далалоит. Убри ауп Иисусгьы уажәы иҟаиҵо. Ауаа иаадырԥшуеит, Иисус аҳас дроурц шырҭахыу. Аха ари зегьы ирҭахым. Уи аныҳәарҭаҿы иҟалаз ахҭыс иаҳнарбоит.

Иисус аныҳәарҭаҿы данааи, алашәцәеи агра змази ихәшәтәуеит. Уи азы ахәыҷқәа рыбжьы рдуны Иисус дҳараркуеит. Аԥшьаҩцәа рыԥсы еибакуеит, Иисусгьы иазҵаауеит: ‘Иуаҳауоу ахәыҷқәа ҿыҭны ирҳәо?’

— Исаҳауеит, ҳәарада,— иҳәоит аҭакс Иисус.— Абиблиа аҟны шәамыԥхьаӡаци: ‘Асабицәа рҿала Анцәа ддырҽхәартә иҟаиҵоит’ ҳәа? — Ахәыҷқәагьы Анцәа иалихыз аҳ ирҽхәара иаҿуп.

Урҭ ахәыҷқәа ҳреиԥшзарц ҳҭахӡами? Иҟалап, џьоукы, Анцәа иаҳра атәы анеиҭаҳҳәо, иаҳԥырхагазар. Ииашахон, ҳара ҳааҟәымҵӡакәа Иисус ауаа рзы ҳаԥхьаҟа иҟаиҵаша абзиарақәа ртәы егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалозар.

Иисус адгьылаҿы даныҟаз, уи аҳак иаҳасабала напхгара аҟаҵара далагартә еиԥш макьана аамҭа мааицызт. Ианбааиуеи уи аамҭа? Абри еилыркаарц рҭахыуп Иисус иҵаҩцәагьы. Убри атәы анаҩстәи ахаҿы ҳаԥхьоит.

Маҭфеи 21:1—17; Иоанн 12:12—16.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра