АЖӘАБЖЬ 98
Елеонтәи ашьхаҿы
АРИ Иисус иоуп Елеонтәи ашьхаҿы иҟоу. Уи иааигәара итәоуп ԥшьҩык иапостолцәа. Урҭ еишьцәа гәакьацәоуп: Пиотри Андреии, Иакови Иоанни. Нахьхьи анаӡараҿы, Иерусалим, Анцәа иныҳәарҭа убарҭоуп.
Ҩымш ҵит, Иисус аҽада ҿа дақәтәаны Иерусалим далалеижьҭеи. Иахьа ҩашоуп. Иисус аныҳәарҭаҿы днеихьеит. Уаҟагьы аԥшьаҩцәа даҳкуеит ҳәа иалагеит, дыршьразы. Аха урҭ Иисус бзиа дызбоз ажәлар ирыцәшәеит.
— Шәара шәмаҭқәоуп, амаҭ аԥацәагьы шәоуп! — убас рыхьӡитәуеит Иисус арҭ адинхаҵаратә ԥызаҩцәа. Насгьы дара рус цәгьақәа рзы Анцәа ишахьирхәуа ала ргәырҽаниҵеит. Нас Иисус Елеонтәи ашьхахь дхалоит, уаҟагьы ԥшьҩык апостолцәа азҵаарақәа ирҭоит. Иудыруама, урҭ зызҵаауа?
Наҟ-наҟ иҟалаша атәоуп. Урҭ ирдыруеит, Иисус адгьылаҿы ацәгьара зегьы шықәихуа. Аха урҭ уи аныҟало еилыркаарц рҭахыуп. Данбахынҳәуеи Иисус, Аҳак иаҳасабалагьы анапхгара данбалагои?
Иисус идыруеит, адгьылаҿы иҟоу ишьҭанеицәа уи ихынҳәра рыблақәа рыла ишырзымбо. Избанзар уи ажәҩан аҟны ауп дахьыҟало, уаҟа уи дузбом. Убри аҟнытә Иисус иапостолцәа ирзеиҭеиҳәоит, закәытә хҭысқәоу иҟало, уи Аҳак иаҳасабала напхгара ҟаиҵо даналагалак. Закәытә хҭысқәоузеи урҭ?
Иисус иҳәоит, аибашьра дуқәа шыҟало, ауаа рацәаҩны ишычмазаҩхо, амлагьы ишакло, ақәымчра зехьынџьара ишахаҵәо, адгьылҵысра дуқәагьы шыҟало. Иара убас, Иисус иҳәоит, Анцәа иаҳра иазкыу ари ажәабжь бзиа адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ауаа ишрылаҳәахо. Абарҭ ахҭысқәа ҳара ҳаамҭазы ишыҟало ҳбартә иҟоума? Уи ус шакәу ҩашьом! Убри аҟнытә агәра ҳгарц ҳалшоит, Иисус ажәҩанаҿы аҳра аура дшалагахьоу. Дук хара имгакәа уи адгьылаҿы иҟоу ацәгьара зегьы аҵыхәтәа ԥиҵәоит.