АЖӘАБЖЬ 104
Иисус ажәҩанахь дхынҳәуеит
АРҬ амшқәа ирылагӡаны Иисус акырынтә ишьҭанеицәа дрызцәырҵуеит. Ҽнак зны уи 500-ҩык раҟара иҵаҩцәа дырбоит. Иудыруама, Иисус урҭ ирзеиҭеиҳәо? Анцәа Иаҳра атәы. Иегова Иисус адгьылахь дааишьҭит, Аҳра атәы дирҵаларц. Иԥсы анҭала ашьҭахьгьы, уи атәы аиҭаҳәара дшаҿыц даҿуп.
Иугәалашәома, Анцәа Иаҳра закәу? Ииашоуп, Аҳра — ари ажәҩан аҟны иҟоу Анцәа иеиҳабыра ахаҭаҵәҟьа ауп, Иисус — Анцәа иалихыз Аҳауп. Ишеилаҳкааз еиԥш, Иисус имлашьуаз акрынырҿеиҵоз, ачымазаҩцәа анихәшәтәуаз, иԥсхьоугьы аниргылоз, уи иааирԥшуан, аҳак иаҳасабала шаҟа дыссирхо иара!
Изеиԥшрахарызеи адгьыл, Иисус зқьышықәса аҳра аниуло аамҭазы? Ааи — адгьыл зегьы иссирӡоу џьанаҭны иҟалоит. Уаҳа иҟалом аибашьрақәа, ақәыларақәа, ачымазарақәа, иара убас, аԥсрагьы. Ҳара иаадыруеит, ари шыҟало, избанзар Анцәа адгьыл ауаа рзы насыԥла иҭәу џьанаҭ ҩнны иҟаиҵарц иҭахын. Убри азоуп уи аханатә Едемтәи абаҳчагьы зышьақәиргылаз. Иисус деиҷаҳауеит, Анцәа игәаԥхара нагӡаҵәҟьаны иҟаларц.
Уажәшьҭа Иисус ажәҩанахь ихынҳәра иаамҭоуп. 40 мшы иҵаҩцәа дрызцәырҵуан. Урҭ агәра ганы иҟоуп, уи иԥсы шҭоу ала. Иисус иҵаҩцәа аанижьаанӡа, урҭ даара дрыҳәоит: ‘Иерусалим шәыҟаз, иԥшьоу адоуҳа шәоуаанӡа’. Иԥшьоу адоуҳа — ари аус зуа Анцәа имч ауп, уи иасуа аԥша еиԥш, Иисус ишьҭанеицәа Анцәа иҳәатәы анагӡараҿы ирыцхраауеит. Аҵыхәтәан Иисус иҵаҩцәа ирыдиҵоит: ‘Сыхьӡала ихараӡоу адгьыл ҿацәқәа рҟынӡа ажәабжь ауаа ирылашәҳәароуп’.
Нас иџьоушьаша акы ҟалоит. Асахьаҿы ишарбоу еиԥш, Иисус ажәҩанахь дхалоит. Нас аԥҭақәа дырҵәахуеит, иҵаҩцәагьы уаҳа дырбом. Иисус ажәҩанахь дцоит, убрантәгьы адгьыл аҟны иаанхаз иҵаҩцәа напхгара риҭоит.