Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 96
  • Иисус ачымазаҩцәа ихәшәтәуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус ачымазаҩцәа ихәшәтәуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус аҳак иаҳасабала ақалақь далалоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иҟоуп аусуразгьы аамҭа, аԥсшьаразгьы аамҭа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 96

АЖӘАБЖЬ 96

Иисус ачымазаҩцәа ихәшәтәуеит

ИИСУС атәыла далсны дцоит, ачымазаҩцәа хәшәтәуа. Арҭ аџьашьахәқәа ртәы уҳәан-сҳәанла ақалақьқәеи ақыҭақәеи зегьы ирхаҵәоит. Убри азы Иисус иахь иааргоит агра змоу, алашәцәа, адагәацәа уҳәа егьырҭ ачымазаҩцәагьы рацәаҩны. Иаргьы зегьы ихәшәтәуеит.

Абар уажәшьҭа хышықәса инеиҳаны иҵит, Иоанн Иисус аӡы дӡааихижьҭеи. Иисус иапостолцәа иреиҳәоит, дук хара имгакәа уи Иерусалимҟа дышцо, уаҟагьы дшыршьуа, нас иԥсы шҭаҵахо. Макьаназы Иисус ачымазаҩцәа рыхәшәтәра даҿуп.

Зны Иисус сабшак аҽны идирҵон. Иудеиаа рзы асабша аԥсшьара иамшын. Араҟа иубо аԥҳәыс дычмазаҩ гәаҟыуп. Абар уажәшьҭа лара 18 шықәса лыбӷа хәаны дныҟәоит, лҽагьылзыриашом. Иисус инапы лықәиҵоит, лыбӷагьы иашахоит. Ларгьы лчымазара далгоит!

Адин аԥызацәа рыԥсахы ԥжәоит. ‘Фымш ҳамоуп аусуразы,— ажәлар рахь ҿааиҭуеит урҭ руаӡәк.— Убасҟан ҽыхәшәтәра шәаала, асабша азы акәымкәа!’

Иисус ари абас ахиҳәаауеит: ‘Гәы зызҭаӡам уаауп шәара. Шәызынтәыкгьы шәҽада ԥыртны, асабша аҽны аӡы ашәыржәырц ижәгоит. Избан, нас, 18 шықәса ачымазара иаргәаҟуа асабша аҽны духәшәтәыр зыҟамло?’ Иисус иҭак арҭ ауаа цәгьақәа арԥхашьоит.

Нас Иисус иапостолцәеи иареи Иерусалимҟа рҿынархоит. Иерихон ақалақь ишаалҵлак еиԥш, амҩаҿы арыцҳахә иаҳәоз ҩыџьа алашәцәа Иисус рааигәа диасны дышцоз раҳауеит. Убри аҟнытә урҭ рыбжьы рдуны иҳәоит: ‘Уҳацхраа, Иисус!’

Иисус даарыԥхьаны дразҵаауеит: ‘Ишәҭахыузеи?’ — ‘Иҳақәиҭу, ҳала иабартә иҟаҵа’,— иҳәоит урҭ Иисус. Усҟан Иисус урҭ рылақәа дыркьысуеит, иаразнакҵәҟьа ирбо иалагоит! Иудыруама, Иисус абысҟак уаҩ иимбац аџьашьахәқәа зирҿио? Избанзар уи ауаа бзиа ибоит, дхарҵаларгьы иҭахыуп. Убри аҟнытә ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазарц ҳалшоит, Иисус аҳра аниоулак, адгьылаҿы дызусҭазаалак аӡәгьы дшычмазаҩымхо.

Маҭфеи 15:30, 31; Лука 13:10—17; Маҭфеи 20:29—34.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра