АЖӘАБЖЬ 95
Иисус ишыдирҵо
ҼНАК зны Иисус аӡәы иеиҳәоит, изааигәоу бзиа дшибаша. Усҟан уи ауаҩ Иисус диазҵаауеит: ‘Дызусҭада исзааигәоу?’ Аха Иисус идыруеит, ари ауаҩы дзызхәыцуа. Уи излеиԥхьаӡо ала, ираса ма идин иатәу ауаа роуп изааигәоу. Убри аҟнытә, уааи, еилаҳкаап Иисус аҭакс ииҳәо.
Зны-зынла, акы дирҵар аниҭахыу, Иисус ҭоурыхк еиҭеиҳәоит. Абас ҟаиҵоит уи уажәгьы. Уи иудеики самариатәыки ирызкыу аҭоурых еиҭеиҳәоит. Ҳара еилаҳкаахьеит, иудеиаа зегьы самариаа бзиа ишырымбо. Иисус иажәабжь абас иҟоуп.
Ҽнак зны иудеик шьхамҩала Иерихон ақалақь ахь дылбаауан. Иаалырҟьаны арҳәцәа иқәлеит. Аԥарақәа имхны, иԥсы ҭырхма уҳәартә, ӷәӷәалаҵәҟьа дрыпҟеит.
Ԥыҭраамҭак ашьҭахь иудеитәи ԥшьаҩык уи амҩала диасны дцон. Абар, уи илаԥш дыҵашәоит ихәахәаны икажьыз ауаҩы. Угәы ишԥаанаго, иҟаиҵеи уи? Ишԥа?! Уи амҩа егьи аган ахь дниасны дцеит. Нас уи амҩала даара ахаҵара змаз даҽа уаҩык диасны дцон. Алевит. Дышԥаныҟәеи уи? Мап — уигьы даанымгылаӡеит, ихәахәаны икажьыз ауаҩы дицхрааразы. Иубома, алевити аԥшьаҩи амҩала алада иҭаланы ацара иахьаҿу.
Аха уихәаԥш уажәы ихәахәоу ауаҩы идтәалоу. Самариатәык. Уажәы уи аиудеи ацхыраара ииҭоит. Ихәрақәа ахәшә рықәиҵоит. Нас уи иԥсы ахьишьаша, дахьыбзиахаша ҭыԥк ахь дигоит.
Ари ажәабжь анеиҭеиҳәа, Иисус азҵаара изҭаз диазҵаауеит: ‘Дарбан арҭ ахҩык рахьтә ауаҩы изааигәоу аӡәы иакәны зхы аазырԥшыз ҳәа угәы иаанаго?’ Аԥшьаҩы, алевит, ма самариатәи иакәу?
— Самариатәи. Уи ихәыз ауаҩы абзиара изиуит,— иҳәоит аҭакс уи ауаҩы.
— Ииашоуп. Убри аҟнытә уцаны, уи иеиԥш, уаргьы ауаа урызныҟәала.
Иисус ибзианы идирҵоит, ииашаӡами? Абиблиаҿы Иисус ииҳәо зегьы ҳахшыҩ анырзаҳашьҭуа, хәарҭас иалҳго рацәаӡами?