АХӘҬА 6
Иисус иира инаркны иԥсра аҟынӡа
Мариа зыхьӡу аҭыԥҳа ссир лахь даашьҭын амаалықь Гавриил. Уи илеиҳәоит, наӡаӡа аҳас иҟазаауа аԥа дышлоуа. Ари асаби Иисус ачыхәчар аҟны диит, дырбаразгьы уахь ахьчацәа аауеит. Анаҩс Амрагылара аҟынтә асаби иахь ауаа еҵәак иаанагеит. Ҳара еилаҳкаауеит, аеҵәа рбартә иҟазҵаз дызусҭоу, насгьы ҳара еилаҳкаауеит, Иисус аԥсра дшацәынднырхаз.
Нас 12 шықәса зхыҵуа Иисус дҳаԥшаауеит аныҳәарҭаҿы, уаҟа уи арҵаҩцәа дышрацәажәо. 18 шықәса рышьҭахь Иисус аӡы иҽӡааихуеит, Анцәа адгьылахь дыззаишьҭыз аусгьы далагоит,— аҳра иазкны ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәареи дырҵареи. Цхырааҩцәас Иисус ихазы иалихуеит 12-ҩык ахацәа, иапостолцәангьы иҟаиҵоит.
Иисус, иара убас, аџьашьахәқәа рацәаны иҟаиҵоит. Чақәаки ԥсыӡ хәыҷқәаки рыла зықьҩыла ауаа акрырҿеиҵоит. Ачымазаҩцәа ихәшәтәуеит, аԥсцәаҵәҟьагьы рыԥсы ҭеиҵоит. Ари ахәҭа анҵәамҭазы ҳара еилаҳкаауеит, Иисус иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш азы иҟалаз, уи дшыршьыз. Иисус хышықәсеи бжаки раҟара ажәабжьҳәара даҿын, убри азы АФБАТӘИ ахәҭа 34 шықәса маҷк инеиҳаны аамҭа аҵанакуеит.