Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fy ахы 12, ад. 142—152
  • Шәҭаацәара зыргәаҟуа ауадаҩрақәа шәыриааир шәылшоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәҭаацәара зыргәаҟуа ауадаҩрақәа шәыриааир шәылшоит
  • Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
  • Ахеиҵақәа
  • АЛКОГОЛИЗМ ИЦӘЫРНАГО АГӘАҞРАҚӘА
  • ИҞАРҴАР РЫЛШОЗЕИ АҬААЦӘА?
  • АҬААЦӘАРАҾЫ АҚӘЫМЧРА ИААНАГО́ АГӘАҞРАҚӘА
  • АҬААЦӘАРАҾЫ АҚӘЫМЧРА АҼАЦӘЫХЬЧАРА ШАЛШО
  • ХАЗЫ АЦАРА АҬАХУ-ИАҬАХЫМУ?
  • АГӘАҞРАҚӘА ААЗГО АУАДАҨРАҚӘА РҴЫХӘТӘА
Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
fy ахы 12, ад. 142—152

АХЫ 12

Шәҭаацәара зыргәаҟуа ауадаҩрақәа шәыриааир шәылшоит

1. Иарбан иубарҭам уадаҩрақәоу ҭаацәарақәак ирымоу?

ИАЖӘХЬОУ амашьына ӡәӡәаны, ицырцыруа игылоуп. Имҩасуа ауаа рзы иҿыцушәа иҟоуп. Аха иааигәаӡаны уахәаԥшыр, ари амашьына ажьакца ишафахьоу убоит. Убри иаҩызоуп ҭаацәарақәакгьы. Уахьрыхәаԥшуа зегь бзиазшәа убоит, избанзар иҿаԥха-ҿаччо иуԥылоит, аха ргәы ахьааи ашәареи ҭоуп. Рыҩны аҩныҵҟа иҟоуп рҭаацәара ашәарҭара иҭазыргыло, рҭынчра еилазго акы. Иҟоуп ҩ-уадаҩрак ҭаацәарақәак аԥырхага рызҭар алшо,— ари алкоголизми ақәымчреи роуп.

АЛКОГОЛИЗМ ИЦӘЫРНАГО АГӘАҞРАҚӘА

2. а) Иаҳәозеи Абиблиа арыжәтә ажәра аганахь ала? б) Изакәызеи алкоголизм?

2 Абиблиа ақәыӡбаӡом алкогольтә рыжәтәқәа рыдкылара, аха иақәыӡбоит урҭ рҽаршьра (Ажәамаанақәа 23:20, 21; 1 Коринфаа 6:9, 10; 1 Тимофеи 5:23; Тит 2:2, 3). Алкоголизм — ари арыжәтә аҽаршьра аҵкыс еиҳауп; ари ажәра шьцыларас ианумоу, насгьы аҽынкылара ануцәыӡуа ауп. Алкоголизм иамҽхакны иамазар ауеит адуцәа. Аха улахь еиқәызҵо ахәыҷқәагьы уи иамҽхакны иахьамоу ауп.

3, 4. Ишԥарныруеи ахаҵа ирыжәтәхҭакра иԥҳәыси ихәыҷқәеи?

3 Акыр шықәса раԥхьа Абиблиаҿы иҳәан арыжәтә цәгьашақә ахархәара аҭаацәараҿы аҭынчра шеиланаго (Ҩынтәзакәан 21:18—21). Алкоголизм ицәырнаго агәаҟрақәа аҭаацәа зегьы ирныруеит. Арыжәтә хҭазкыз ахаҵа ажәра даҟәыҵырц, насгьы ихымҩаԥгашьа ириашарц азы, иԥҳәыс илылшо зегь ҟалҵоит.a Лара арыжәтә ицәылҵәахуеит, икалҭәоит, лхаҵа иԥара имбартә илҵәахуеит, диҳәоит иҭаацәеи, иԥсҭазаареи, Анцәеи бзиа ибаларц, аха арыжәтә хҭакны измоу лхаҵа ажәра даҟәыҵуам. Иара ажәра даҟәыҵырц азы иҟалҵо аҽазышәарақәа акгьы шрылымҵуа анылбалак, лгәы каҳауеит, насгьы акгьы даԥсамызшәа лгәы иабоит. Лара илызцәырҵыр алшоит ашәара, аԥсахеибакра, анерв чымазара, агәҭынчымра, насгьы зегь лара илхароушәа лбозар ауеит.

4 Аҭаацәа руаӡәк арыжәтәхҭакра шьцыларас ианимоу, уи ахәыҷқәагьы ирныруеит. Аҭаацәа шьоукы рхәыҷқәа гәымбылџьбарала ирзыҟоуп. Егьырҭ сексуалтә ламысдарала ирызныҟәоит. Ахәыҷқәа рхы ахара адырҵозаргьы ауеит рҭаацәа рҟынтәи аӡәы арыжәтә хҭакны иахьимоу. Лассы-лассы арыжәтә хҭакны измоу иажәақәа ахьынаимыгӡо иахырҟьаны, ахәыҷқәа егьырҭ ауаа рыгәра агара рцәыцәгьахо иалагоит. Ахәыҷқәа аҩны иҟоу аҭагылазаашьа аӡәы изеиҭаҳәара иацәыԥхашьоит аҟынтә, рцәаныррақәа рҵәахуеит, насгьы уи лассы-лассы ргәабзиара иаԥырхагахоит (Ажәамаанақәа 17:22). Ус еиԥш иҟоу ахәыҷқәа ирызҳаргьы, рхы иақәымгәыӷуа иалагоит, ахпатуқәҵарагьы рцәыӡуеит.

ИҞАРҴАР РЫЛШОЗЕИ АҬААЦӘА?

5. Ишԥалшо алкоголизм аиааира, аха изыцәгьоузеи уи?

5 Аспециалистцәа аӡәырҩы ирҳәоит алкоголизм узыхәышәтәуам ҳәа, аха урҭ реиҳараҩык ақәшаҳаҭхоит арыжәтә зынӡа мап ацәукыр, уи хәыҷык алҵшәа аиур шалшо. (Еиҿшәырԥш Матфеи 5:29.) Аха алкоголик ацхыраара идикылартә агәра иргатәуп ҳәа аҳәара еиҳа имариоуп уи аҟаҵара аасҭа, избанзар еиҳарак ус иҟоу ауаҩы алкоголизм апроблема шимоу мап ацәикуеит. Ус шакәугьы, аҭынхацәа алкоголизм ирнаҭо анырра иаиааирц рҽазыршәозар, алкоголик имоу ауадаҩра аилкаара далагоит. Алкоголикцәеи урҭ рҭаацәеи рыцхраараҿы аԥышәа змоу ҳақьымк иҳәеит: «Сара сгәаанагарала аҭаацәа рзы зегь реиҳа ихадоу — иахьынӡарылшо дара рыҩнтәи аусқәа ргәы ақәкны инарыгӡалароуп. Алкоголик еиҳа-еиҳа ибалоит иара иҭаацәа шаҟа дреиԥшым».

6. Иарбан зегь иреиӷьу лабжьарақәас иҟоу алкоголик дахьыҟоу аҭаацәарақәа рзы?

6 Шәҭаацәараҿы алкоголик дыҟазар, доуҳала иҩу абиблиатә лабжьара шәыԥсҭазаара еиҳа еиӷьышәтәырц ишәыцхраауеит (Исаиа 48:17; 2 Тимофеи 3:16, 17). Шәааи ҳрыхәаԥшып аҭаацәа алкоголизм қәҿиарала иаиааирц ирыхәо принципқәак.

7. Изхарада аҭаацәараҿы алкоголик дыҟазар?

7 Ахара зегьы шәхахьы ишәымгалан. Абиблиаҿы иануп «доусы иара иеидара хьанҭа даҵоуп», насгьы «ҳарҭ, ҳарбанзаалакь, Анцәа иҿаԥхьа хаҭа-хаҭала аҭак ҟаҳҵоит» ҳәа (Галаҭаа 6:5; Римаа 14:12). Иҟалап алкоголик иҭаацәа ахара рыдиҵозар. Иаҳҳәап, иара иҳәозар ауеит: «Еиҳа еиӷьны шәсызныҟәозҭгьы, изжәлаӡомызт». Егьырҭ иара ианиқәшаҳаҭхо, уи ала иҵегь ажәра игәазҭарҵоит. Аҭагылазаашьақәа, ма егьырҭ ауаа рхымҩаԥгашьа ирыхҟьаны ааха ҳауазаргьы, ҳара зегьы — алкоголикцәагьы уахь иналаҵаны — ҳусқәа рзы ҳхаҭа аҭак ҟаҳҵоит. (Еиҿшәырԥш Филиппаа 2:12.)

8. Иарбан лшарақәоу иҟоу алкоголик ирыжәтәхҭакра алҵшәақәа инырыртә ҳицхраарц азы?

8 Шәгәы иаанамган шәара арыжәтә хҭакны измоу ауаҩы арыжәтә иахылҿиаауа аусқәа еснагь дырцәышәыхьчалар шәуалуп ҳәа. Згәы еибакуа ауаҩы изку абиблиатә ажәамаана алкоголикгьы инаалоит: «Уара уи дацәухьчалар, иҟауҵо еиҭаҟауҵалар акәхоит» (Ажәамаанақәа 19:19). Алкоголик арыжәтәхҭакра иахылҿиаауа иусқәа инырыртә илшәырша. Иара ианижә ашьҭахь еилаижьыз ихала еилиргалааит, ашьыжь иусура аиҳабы иахь ихала аҭел дасны иҳәааит иҟалаз.

Аҭаацәаратә уадаҩрақәа рыӡбараан аизара аиҳабацәа ацхыраара ду ҳарҭар рылшоит

9, 10. Избан арыжәтә хҭакны измоу ауаҩы дахьыҟоу аҭаацәарақәа ацхыраара мап ацәкра зрыхәҭам, насгьы иабарыхәҭоу дара ацхыраара аԥшаара?

9 Егьырҭ рыцхыраара шәыдышәкылала. Ажәамаанақәа 17:17 иануп: «Аҩыза иашаҵәҟьа еснагь абзиабара илоуп, уи арыцҳара аамҭа азы ииз иашьоуп». Аҭаацәараҿы алкоголик даныҟоу — ари рыцҳароуп. Шәара ацхыраара шәҭахуп. Аҩызцәа ишәыдыргало ацхыраара адкылара шәацәыԥхамшьан (Ажәамаанақәа 18:24). Шәара шәгәаҟра еилызкаауа, ма шәҭагылазаашьа аҩыза змаз шәанрацәажәо, шәара иҟаҵатәу, ма зҽызцәыхьчатәу аганахь ала алабжьарақәа шәоуеит. Аха аҭышәынтәалара шәымаз. Шәрацәажәала зыгәра жәго, насгьы шәымаӡа аӡәгьы иазымҳәо ауаа (Ажәамаанақәа 11:13).

10 Ақьырсианцәа реизара аиҳабацәа рыгәра агара шәҽашәыршьцылала. Аизара аиҳабацәа ацхыраара ду шәырҭар рылшоит. Доуҳала ишәхьоу арҭ ахацәа Анцәа Иажәа иану бзианы ирдыруеит, насгьы абиблиатә принципқәа рхархәараҿы аԥышәа рымоуп. Урҭ ииашаҵәҟьаны «аԥша уацәызыхьчаша, амш бааԥсы иахыҵакырҭоу, ишабо адгьыл аҿы арҩаш иаҩызоу, иҳараку абахә шәшьырара азызуа реиԥш» иҟалар рылшоит (Исаиа 32:2). Ақьырсиантә еизара аиҳабацәа аизара зегь ааизакны иҽеим анырра аҟынтәи рыхьчара адагьы, ауадаҩрақәа ирықәшәаз ргәы дырҭынчуеит, идырӷәӷәоит, иара убас ауаа рахь хаҭалатәи аинтерес аадырԥшуеит. Урҭ рыцхыраара мап ацәышәымкын.

11, 12. Изылшода алкоголик дахьыҟоу аҭаацәарақәа зегь раасҭа еиӷьу ацхыраара рыҭара, насгьы ишԥарыҭахо ари аҩыза ацхыраара?

11 Зегьы раасҭа ихадоу — амч шәоурц азы Иегова шәиҳәала. Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит: «Иегова дырзааигәоуп ӷәӷәала згәы каҳаны иҟоу, насгьы иара урҭ еиқәирхоит» (Ԥсалом 34:18). Шәҭаацәараҿы алкоголик ихҟьаны ицәырҵуа агәаҟрақәа ӷәӷәала шәгәы карыжьуазар, ишәхашәмыршҭын: «Иегова дышәзааигәоуп». Иара еиликаауеит шәҭаацәараҿы иҟоу аҭагылазаашьа шаҟа ицәгьоу (1 Пиотр 5:6, 7).

12 Иегова иара Иажәаҿы ииҳәо хашәҵозар, уи шәыцхраауеит ауадаҩрақәа риааира (Ԥсалом 130:3, 4; Матфеи 6:25—34; 1 Иоанн 3:19, 20). Анцәа Иажәа ҭышәҵаауазар, ипринципқәа шәрықәныҟәозар, Анцәа идоуҳа ацхыраара шәоуеит, уи ишәнаҭоит шәымч аасҭа еиҳау «амч-алшара» есыҽны ишәԥыло ауадаҩрақәа шәыриааирц азыb (2 Коринфаа 4:7).

13. Иарбан даҽа уадаҩроу имаҷымкәа аҭаацәарақәа зыргәаҟуа?

13 Арыжәтә цәгьашақә ахархәара ицәырнагар алшоит имаҷымкәа аҭаацәарақәа зыргәаҟуа даҽа уадаҩрак,— ари ақәымчра ауп.

АҬААЦӘАРАҾЫ АҚӘЫМЧРА ИААНАГО́ АГӘАҞРАҚӘА

14. Ианбаарԥшыз раԥхьаӡа акәны аҭаацәараҿы ақәымчра, насгьы изеиԥшроузеи иахьатәи аамҭа?

14 Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны аҭаацәараҿы ақәымчра аарԥшын ҩыџьа аишьцәа, Каини Авели, рыбжьара (Аҟазаара 4:8). Убри аахижьҭеи аҭаацәараҿы ақәымчра ахьыҟоу иахҟьаны, ауаатәыҩса гәаҟуеит. Ахацәа рыҳәса рыпҟоит, аҳәса рхацәа ирҿагылоит, аҭаацәа рхәыҷы ԥшқақәа ӷәӷәала, гәымбылџьбарала ирыпҟоит, изызҳахьоу ахәыҷқәа зықәрахь инеихьоу рҭаацәа гәымбылџьбарала ирызныҟәоит.

15. Ишԥаныруеи ақәымчра аҭаацәараҿы зегьы ремоциатә ҭагылазаашьа?

15 Аҭаацәараҿы ақәымчра иаанаго́ агәаҟра — ауаҩы ицәеижь иану ашәахсҭа аасҭа еицәоуп. Ԥҳәыск лхаҵа дипҟон, абар лара еиҭалҳәо: «Еснагь угәы иаанагоит ахара зегьы уара иудушәа, насгьы уԥхашьоит. Ашьыжь агылара угәаԥхаӡом, иҟаз зегьы ԥхыӡ бааԥсызарц уҭаххоит». Аҭаацәараҿы ақәымчра збо, иара убас уи зныруа ахәыҷқәа ианрызҳалак, насгьы рхатә ҭаацәара анаԥырҵалак, дара рхаҭақәагьы ақәымчра аадырԥшуа иалагоит.

16, 17. Изакәызеи аемоциатә қәымчра, насгьы ишԥарныруеи уи аҭаацәараҿы зегьы?

16 Аҭаацәараҿы ақәымчрахь иаҵанакуа апҟара мацара акәӡам. Лассы-лассы ақәымчра ажәалагьы иаарԥшуп. Ажәамаанақәа 12:18 иануп: «Аӡәы дымхәыцӡакәа данцәажәо, а́ҳәа уахәызшәа уихәуеит». Ақәымчра аазырԥшуа «узхәуа» рахь иаҵанакуеит ацәҳара, ақәыҳәҳәара, инымҵәаӡо акритика, улазырҟәуа ажәақәа, насгьы ажәала аршәара. Ақәымчра иузыннажьуа аемоциатә хәрақәа ауаҩы ибарҭаӡам.

17 Еиҳарак агәхьаа узцәырнагоит ахәыҷқәа ремоциатә ҭагылазаашьа: урҭ иааҟәымҵӡакәа акритика рзыруеит, рылшарақәеи рбаҩхатәрақәеи ладырҟәуеит, ма акгьы иаԥсам ҳәа рзырҳәоит. Ари аҩыза ажәала иҟоу ақәымчра ахәыҷы ихы дзақәымгәыӷуа дҟанаҵар алшоит. Ииашаҵәҟьаны, ахәыҷқәа зегьы ирабжьалатәуп. Абиблиа абацәа ирыднаҵоит: «Абацәа, шәыхшара ргәы иашәмырган, гәырҩа рмоуразы» (Кәаласаа 3:21).

АҬААЦӘАРАҾЫ АҚӘЫМЧРА АҼАЦӘЫХЬЧАРА ШАЛШО

Бзиа еибабо, пату еиқәызҵо иқьырсиану хаҵеи-ԥҳәыси ирласны рыуадаҩрақәа рыӡбоит

18. Иабантәалаго аҭаацәараҿы ақәымчра, насгьы иаҳәозеи Абиблиа ақәымчра шынкылатәу иазкны?

18 Ақәымчра ахьалаго ухы-угәаҿы ауп; ҳусқәа ҳхәыцрақәа рыла иалагоит (Иаков 1:14, 15). Ауаҩы ақәымчра ааникыларц азы, ихәыцшьа ирҿыцлар ауп (Римаа 12:2). Иалшома уи? Ааи. Анцәа Иажәа ауаҩы иԥсахразы амч амоуп. Уи шьаҭанкыла иқәнахыр алшоит иулаҽны иҟоу ииашам ахәыцшьа (2 Коринфаа 10:4; Ауриацәа 4:12). Абиблиа иану аиаша адырра ауаа убриаҟара рҽырыԥсахырц ирыцхраауеит, урҭ уаа ҿыцны иҟалазшәа рыӡбахә ҳәоуп (Ефесаа 4:22—24; Кәаласаа 3:8—10).

19. Ишԥаихәҭоу ақьырсиан ихатә ҩыза дизыҟазарц?

19 Ухатә ҩыза изыҟазаара. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Ахацәагьы абас рыҳәса бзиа ирбозароуп, дара ирцәеижьу ак еиԥш ирзыҟазароуп: зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа — ихгьы бзиа ибоит» (Ефесаа 5:28). Абиблиа иаҳәоит ахацәа рыҳәса убас ирызныҟәалар ауп, урҭ дара раҵкыс «акырӡа ишкәадоу, ишыԥсыҽу» дырны, ҳаҭыр рықәҵо ҳәа (1 Пиотр 3:7). Абиблиа иануп аҳәса «рхацәа... бзиа ишырбалаша», насгьы пату шрықәырҵалаша (Тит 2:4; Ефесаа 5:33). Дарбанзаалакгьы Анцәа ицәшәо ахаҵа иԥҳәыс ҳаҭыр лықәиҵоит ҳәа изҳәаӡом, ажәала, мамзаргьы имч ихы иархәаны длаирҟәуазар. Иара убасгьы дарбанзаалакгьы аԥҳәыс лхаҵа бзиа дшылбо, насгьы пату шиқәылҵо лызҳәаӡом, диқәыҳәҳәозар, дихыччозар, мамзаргьы дааҟәымҵӡакәа дыгәрымуазар.

20. Зҿаԥхьа аҭакԥхықәра рыдда аҭаацәа рхәыҷқәа рзы, насгьы изрыхәҭамзеи аҭаацәа рхәыҷқәа ирылымшо азԥшра?

20 Ахәыҷқәа ииашаны рзыҟазаара. Ахәыҷқәа аҭаацәа рыбзиабареи реиҷаҳареи ирыԥсоуп, насгьы дара уи иазыԥшуп. Анцәа Иажәаҿы ахәыҷқәа «Иегова иҟынтә ахылҵ», «аҳамҭа» ҳәа рыӡбахә ҳәоуп (Ԥсалом 127:3). Аҭаацәа Иегова иҿаԥхьа аҭакԥхықәра рыдуп рхылҵ иахь аиҷаҳара аадырԥшларц. Абиблиа иануп ахәыҷқәа ишаадырԥшуа ахәыҷра аҷыдарақәеи «абзамыҟәреи» (1 Коринфаа 13:11; Ажәамаанақәа 22:15). Аҭаацәа иџьарымшьалароуп рхәыҷқәа рыбзамыҟәра. Ахәыҷқәа рылшара маҷуп, убри аҟынтә аҭаацәа урҭ рықәра иазхәыцны, ирылымшо иазыԥшымзар ауп. (Шәахәаԥш Аҟазаара 33:12—14.)

21. Ишԥарзыҟазар акәу ахшара зықәрахь инеихьоу рҭаацәа Анцәа игәаԥхара инақәыршәаны?

21 Зықәрахь инеихьоу аҭаацәа рзыҟазаашьа. Алевит 19:32 аҿы иануп: «Зхы шлахьоу иҿаԥхьа угылала, абырг ҳаҭыр иқәҵала». Абасала Анцәа Изакәан зықәрахь инеихьоу пату шрықәҵатәу днарҵон. Аха ус аҟаҵара цәгьоуп зықәрахь инеихьоу аҭаацәа анычмазаҩу, мыцхәы иана́ҳәо, ирласны ианзымныҟәо, насгьы ианзымхәыцуа. Ус акәзаргьы Абиблиа ахшара иргәаланаршәоит «изхылҵыз... ираҭәоу ала ишрызныҟәалаша» (1 Тимофеи 5:4). Ари иаанагоит дара ишрыхәҭоу еиԥш пату шрықәҵалатәу, иҟалап ԥаралагьы ирыцхраатәызар. Зықәрахь инеихьоу аҭаацәа иҽеимкәа рызныҟәара, иаҳҳәап рыпҟара, ма даҽакала дара рахь ақәымчра аарԥшра Абиблиа иаҳнарҵо иаҿагылоит.

22. Иарбан ҟазшьоу аҭаацәараҿы ақәымчра аиааиразы зегь раасҭа ихадоу, насгьы ишԥаарԥштәу уи?

22 Аҽынкылара еизшәырҳала. Ажәамаанақәа 29:11 иануп: «Абзамыҟә игәыԥжәара зегьы уқәиҳәацәоит, иҟәыӷоу аҵыхәтәанынӡа аҭынчра ааирԥшуеит». Ишԥаулшо аҽынкылара аарԥшра? Ауаҩы угәы ихшәаанӡа, ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирласны иӡбала (Ефесаа 4:26, 27). Аҽынкылара шуцәыӡуа убозар, наҟ уцар еиӷьуп. Уиҳәала Анцәа иԥшьоу идоуҳа аҽынкылара аизырҳараҿы иуцхрааларц (Галаҭаа 5:22, 23). Алеиҩеиреи абаҩрҵәыреи аҽынкылараҿы иуцхраауеит (Ажәамаанақәа 17:14, 27). Ачҳара аарԥшла (Ажәамаанақәа 14:29).

ХАЗЫ АЦАРА АҬАХУ-ИАҬАХЫМУ?

23. Иҟалар алшозеи ақьырсиан дааҟәымҵӡакәа иҭаацәа рахь гәымбылџьбарала ақәымчра ааирԥшуазар, насгьы уи дахьымхәуазар?

23 Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа дызқәыӡбо аусқәа рахь ирыҵанакуеит «аицәымыӷра, аиӷара... аԥсахеибакра», насгьы «абарҭқәа ирылаҟоу ауаҩԥсы бзанҵык Анцәа Иԥсҳара иаҭәахараны дыҟам» (Галаҭаа 5:19—21). Убри аҟынтә сқьырсиануп ҳәа зхы зыԥхьаӡо ауаҩы ихатә ҩызеи ихәыҷқәеи рахь дааҟәымҵӡакәа ақәымчра ааирԥшуазар, иҟалап гәымбылџьбарала, насгьы уи дахьымхәуазар, ақьырсиантә еизара далцахар ауеит. (Еиҿшәырԥш 2 Иоанн 9, 10.) Убас ала аизара цқьаны иаанхоит ақәымчра аазырԥшуа ауаа рҟынтәи (1 Коринфаа 5:6, 7; Галаҭаа 5:9).

24. а) Иарбан ӡбароу идикыларц ииҭаххо ауаҩы, ихатә ҩыза гәымбылџьбарала дизныҟәозар? б) Ишԥарылшо аҩызцәеи аизара аиҳабацәеи ақәымчра иахҟьаны ааха зауз ауаҩы ицхраар, аха ирыхәҭамзеи дара аҟаҵара?

24 Иҟаиҵарызеи ақьырсиан дызҭагылоу аамҭазы ихатә ҩыза гәымбылџьбарала дипҟозар, насгьы уи аҭагылазаашьа еиӷьымхозар? Шьоукы еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны анаҩсгьы ицынхара рыӡбоит. Егьырҭ рцәеижьтә, рыпсихикатә, рдоуҳатә гәабзиара, иҟалап иара убас рыԥсҭазаарагьы ашәарҭара ишҭагылоу анырбо, рхатә ҩыза дааныжьны, хазы инхарц рыӡбоит. Ари аҭагылазаашьаҿы ақәымчра иахҟьаны ааха зауз ауаҩы иҟаиҵарц ихәҭоу — иара ихаҭа иоуп изыӡбо Иегова иҿаԥхьа (1 Коринфаа 7:10, 11). Гәык-ԥсыкала ацхыраара ҟазҵарц зҭаху аҩызцәа, ауацәа, мамзаргьы аизара аиҳабацәа алабжьареи ацхыраареи ақьырсиан ирҭозар ауеит, аха мчыла идрымцалар ауп иарбан ӡбароу идикылаша. Ари иара, ма лара рхала ирыдыркылаша ӡбароуп (Римаа 14:4; Галаҭаа 6:5).

АГӘАҞРАҚӘА ААЗГО АУАДАҨРАҚӘА РҴЫХӘТӘА

25. Иарбан гәҭаку имоу Иегова аҭаацәара иазкны?

25 Анцәа Иегова Адами Евеи ҭаацәараны ианеидикыла, иара иҭахӡамызт алкоголизми ақәымчреи реиԥш иҟоу ауадаҩрақәа аҭаацәарақәа бжьнахларц (Ефесаа 3:14, 15). Анцәа игәҭакала аҭаацәараҿы абзиабареи аҭынчреи ахьыҟоу, дасу ахшыҩтә, аемоциатә, адоуҳатә ҭахрақәа дахьреиҷаҳауаз ҭыԥхар акәын. Аха агәнаҳа анцәырҵ инаркны, аҭаацәаратә ԥсҭазаара ирласны аԥхасҭахара иалагеит. (Еиҿшәырԥш Екклезиаст 8:9.)

26. Иарбан ԥеиԥшу ирзыԥшу Иегова иҭахрақәа инарықәыршәаны анхара зҭаху ауаа?

26 Насыԥны, Иегова аҭаацәара иазкны имаз игәҭакы мап ацәимкӡеит. Иара ҳақәиргәыӷуеит иҭынчу адунеи ҿыц ахь ҳашнеиго, «ашәарҭадара ахьыҟоу» ҳшынхало, аӡәгьы ҳшицәымшәало (Иезекииль 34:28). Убасҟан ирхашҭуеит алкоголизм, ақәымчра, иара убас аҭаацәарақәа зықәшәо егьырҭ ауадаҩрақәа. Ауаа иҿаԥха-ҿаччо изыҟало ршәарақәеи рхьаақәеи рҵәахырц азы акәӡам, аха «аҭынчра нагӡа» агәахәара ахьырзаанаго ауп (Ԥсалом 37:11).

a Алкоголик ҳәа ҳзыхцәажәо ахаҵа иоуп, аха арҭ апринципқәа аԥҳәысгьы илыҵанакуеит.

b Ҳәынҭқаррақәак рҿы алкоголикцәа, насгьы урҭ рҭаацәа ацхыраара рыҭаразы иҟоуп ахәышәтәырҭатә центрқәеи, ахәышәтәырҭақәеи, ахәышәтәразы апрограммақәеи. Дасу ихала иӡбоит ари аҩыза ацхыраара даҳәару-дамыҳәару. Иегова ишаҳаҭцәа аӡәгьы ирыдыргалаӡом иалкаау хәышәтәрак. Аха ацхыраара уанашьҭоу, даара азҿлымҳара аарԥштәуп, иалухуа ахәышәтәышьа абиблиатә принципқәа ирҿамгылаларц.

ИШԤАРЫЦХРААУЕИ АРҬ АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА... АҬААЦӘАРА АГӘАҞРАҚӘА ААЗГО АУАДАҨРАҚӘА РИААИРАҾЫ?

Иегова арыжәтә цәгьашақә ахархәара дақәыӡбоит (Ажәамаанақәа 23:20, 21).

Дасу иус азы ихала аҭак ҟаиҵоит (Римаа 14:12).

Аҽынкылара ҳамамзар, Анцәа ишиҭаху имаҵ ҳзуӡом (Ажәамаанақәа 29:11).

Ииашоу ақьырсианцәа пату рықәырҵоит зықәрахь инеихьоу рҭаацәа (Алевит 19:32).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра