Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • T-23 ад. 2—6
  • Дызусҭада Иегова?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дызусҭада Иегова?
  • Дызусҭада Иегова?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Дарбан абри Аконструктор?
  • Уи ихьӡ ҵакыс иамоу
  • Иегова иҟазшьа хадақәа
  • Иегова изкыу адырра хәарҭас иаҳнаҭо
  • Анцәа иаша — дарбан уи?
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
Дызусҭада Иегова?
T-23 ад. 2—6

Дызусҭада Иегова?

АНРИ МУО, XIX ашәышықәсазы иҟаз афранцыз ҭҵааҩы, Камбоџьа иатәу абнаршәырақәа дрылсны атыша ҭбаахьы дкылсит. Уи иаакәршаны ауахәама гылан. Ари Ангкор-Ват акәын — адгьыл аҿы иреиҳаӡоу адинхаҵаратә баҟа. Муо иаразнак иҳәарц илшон аҵыҭәа зхылиааны иҟаз аргылара ауаҩы инапала ишыҟаҵаз. «Уи ажәытәтәи Микеланџьело ҳәа иҟаз аӡәы ила иргылаз, Бырзентәылеи Рими ианраамҭаз инаркны ҳара ҳҟынӡа иааӡаз рахьтә зегьы инархыҳәҳәоит»,— иҩуан уи. Арҭ иӡбаны иҟаз аргыларақәа шәышықәсала иҭацәны ишгылазгьы, Муо имамызт агәыҩбара, уи аӡәы иширгылаз.

Интересс иукша акоуп, акыр шәышықәсақәа раҧхьа иҩыз иҟәыҕоу шәҟәык аҟны иҟаҵаз абас еиҧш иҟаз алкаа: «Иарбанзаалак аҩны аӡәы ила иргылахоит, аха зегьы еиҿызкааз Анцәа иоуп» (Ауриацәа рахь 3:4). Аӡәы ус иҳәар алшоит: «Аҧсабара иарҿиази ауаҩы инапала иҟаҵази еиҿурҧшуа иҟам». Аха аҵарауаа зегьы абри еиҧш иҟоу аҭак аҭара иақәшаҳаҭым.

Иаҳҳәап, Маикл Бихи, Лихаитәи ауниверситет (Пенсильваниа, США) абиохимиа адиункт-профессор, «абиохимиатә системақәа — арҭ зыҧсы ҭоу аобиектқәа роуп» ҳәа азыҧхьаӡаны, дазҵааит: «Иҟалома зыҧсы ҭоу абиохимиатә системақәа рырҿиара?» Анаҩс уи аӡбахә иҳәеит иахьа аҵараауа, иаҳҳәап, агентә нџьнырра аметодқәа рхы иархәаны, акырзҵазкуа хықәкылатәи аҽыҧсахрақәа зыҧсы ҭоу аорганизмқәа рҿы иҟарҵарц шрылшо. Ааи, зыҧсы ҭоу реиҧш, зыҧсы ҭам амаҭәарқәагьы рышьақәыргылара алшоит! Зыҧсы ҭоу аклеткақәа рдунеи дагәылаҧшуа, Бихи иҳәоит иџьоушьартә иҟоу иуадаҩу асистемақәа ртәы. Урҭ хазы-хазы иҟоу рыхәҭақәа дара-дара анеизаагәаӡоу ауп аус аныруа. Иарбан лкаау аҵарауаҩ иҟаиҵо? «Аклетка гәцаракрылатәи аҭҵаара алҵшәақәа — аҧсҭазаара амолекулиартә знеишьала аҭҵаара — еилыкка, насгьы агәра угартә арҿиаратә гәҭакы иазышаҳаҭуеит».

Дарбан абас еиҧш иҩадаҩу асистемақәа аҧызҵаз?

Дарбан абри Аконструктор?

Аконструктор изкыу азҵаара аҭак ҳанаҭоит, хыхь иаагаз, аҟәышра згәылоу, ижәытәӡоу ашәҟәы,— Абиблиа. Уи раҧхьатәи ажәақәа рымацарагьы зынӡа имарианы, насгьы еилкааны зегьы зшаз дызусҭоу азҵаара аҭак ҟарҵоит: «Аханатә Анцәа ишеит дгьыли жәҩани» (Аҟазаара 1:1).

Ауаа ирӡбаз анцәахәқәа дрыламҩашьахарц азы, Ҳазшаз ихы иеиҭеит здаҟам ахьӡ: «Абас иҳәоит Анцәа Иегова, жәҩантәыла зшаз... аҽаҩра аазышьҭуа адгьыл уарҳалшәа инеиҵыхны ишьҭазҵаз, уи иқәынхо ауаа аҧсҭазаара рызҭаз (Исаиа 42:5, 8, АМИ). Иегова — ари Адунеи шьақәзыргылаз, Адгьылаҿгьы ауаа зшаз Анцәа ихьӡ ауп. Аха дызусҭада Иегова? Дзакәытә Нцәоузеи уи? Насгьы шәара уи шәизыӡырҩларц зшәыхәҭозеи?

Уи ихьӡ ҵакыс иамоу

Раҧхьаӡа иргыланы еилаҳкаап Ҳазшаз ихьӡ — Иегова — иаанаго. Анцәа ихьӡ аҩыраҿы ауриа нбанқәа ҧшьба рыла иаарҧшуп (יהוה), иагьыуҧылоит 7 000-нтә раҟара Ауриа Ҩырақәа ҳәа изышьҭоу Абиблиа ахәҭаҟны. Ари ахьӡ ауриатә ҟаҵарба хавах («аҟазаара»), акаузативтә форма ауп, ус анакәхагьы, иаанагоит «Уи ихҟьоит аҟалара», мамзаргьы «Иара ила иҟалоит». Даҽакала иуҳәозар, Иегова аҟәышра аарҧшуа, зыгәҭакқәа рынагӡаразы иахәҭоу иакәны дҟалоит. Уи ҳзықәиргәыҕыз зегь рынагӡаразы Ҳазшаз, Аӡбаҩ, Аиқәырхаҩ, Ахьчаҩ уҳәа иакәны дҟалоит. Иара убри адагьы, хыхь зыӡбахә ҳәаз ауриа ҟаҵарба аформа, мамзаргьы ахьӡ «Иегова», ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаҧысуа аҟалара аанарҧшуеит. Ус анакәха, Иегова есқьаангьы ҳзықәиргәыҕыз неигӡоит. Ааи, Уи ибзоу Нцәоуп!

Иегова иҟазшьа хадақәа

Абиблиаҿы Ҳазшаз, изҳәаз назыгӡо, даара иугәаҧхартә иҟоу хаҭараны даарҧшуп. Иегова ихаҭа иааиртит аӡәы дызлаиламҩашьо иҟазшьақәа, абас ҳәаны: «Иегова, Иегова, Анцәа ауаҩы ибзиабареи ирыцҳашьареи злоу, акрычҳара злоу, гәшаҭаралеи иашаралеи иҭәу, зқьыла абиҧарақәа зыгәшаҭара дзырбо, азакәандареи ацәгьеи агәнаҳаи уаназыжьуа» (Ақәҵымҭа 34:6, 7, АМИ). Иегова ҳхаҿы дааиуеит «гәшаҭарала иҭәу» иакәны. Ауриа ажәа, араҟа «агәшаҭара» ҳәа иеиҭагоу, иара убас «гәык-ҧсыкалатәи абзиабара» ҳәа еиҭагазарц алшоит. Жәытәнатә аахыс имаз игәҭакқәа нагӡауа, Иегова, ҧсахрак ҟамҵакәа, ишамҭақәа рахь иааирҧшуеит ибзиабара. Шәамеиҷаҳалаӡарызи шәара абас еиҧш иҟоу абзиабара?

Иегова акрычҳара имоуп, дагьазхиоуп ҳагәнаҳақәа ҳанажьра. Шаҟа игәахәароузеи, ҳагхақәа зыҧшаауа иакәымкәа, анажьра иазхиоу ҳааигәара даныҟоу! Аха ари иаанагом, Анцәа ҳагәнаҳақәа ихахьы иааигом ҳәа. Уи Ихаҭа иҳәеит абас: «Сара Иегова, бзиа избоит аӡбара иаша; исцәымҕуп изакәандароу арҳәра» (Исаиа 61:8, АМИ). Аиашара злоу Нцәак иаҳасабала Иегова иузымбжьо агунаҳаҟаҵаҩцәа, ацәгьа иаҿу, наунагӡа ичҳалом. Убри азы агәра ҳгоит, Иегова иҿҳәара аамҭазы адунеи аҟны иҟоу иарбанзаалак аиашамра аҵыхәа шҧиҵәо.

Абзиабареи аиашареи еинааланы реилагӡаразы иаҭахыуп аҟәышра ду. Иара убри аҟазшьоуп Иегова ҳара ҳахь иааирҧшуа (Римаа рахь 11:33—36). Ҳазшаз иҟәышра иахьабалак иубарҭоуп. Уи шьақәдырҕәҕәоит иааҳакәыршаны иҟоу аџьашьахәқәа. (Ҧсалом 103:24; Ажәамаанақәа 3:19).

Аха аҟәышра мацара азхом. Ииӡбаз зегьы нагӡахарцазы, Ҳазшаз имазароуп амч. Абиблиагьы излаҳнарбо ала, уи амч ду имоуп: «Шәхы шәҩахан ажәҩан шәнаҵаҧш, изшада урҭ? Дарбан урҭ хыҧхьаӡарала издыруа?.. Илшара ду ала... урҭ акгьы рылшәом» (Исаиа 40:26). Ааи, Иегова игәҭакқәа рынагӡара илзыршаша» «амчра ду» имоуп. Ишәгәамҧхаӡои шәара Иегова абарҭ иҟазшьақәа зегьы?

Иегова изкыу адырра хәарҭас иаҳнаҭо

Иегова «баша акәӡам... изишаз [Адгьыл]: Уи ишьақуиргылеит анхаразы», ибзианы иара изыҟоу ауаа рзы (Исаиа 45:18; Аҟазаара 1:28). Уи дреиҷаҳауеит адгьылаҿы иҟоу ишамҭақәа. Анцәа ауаатәыҩса алагамҭа наӡа аџьанаҭ аҿы ириҭеит. Ауаа ари аџьанаҭ ҧхасҭартәит, убриалагьы урҭ Иегова ддыргәааит. Аха Иегова, иара ихьӡ аҵакы дықәныҟәо, ауааи Адгьыли рзы аханатә имаз игәҭакы неигӡоит (Ҧсалом 113:24; Аартра 11:18). Уи еиҭашьақәиргылоит Адгьыл аҿы Аџьанаҭ, иагьриҭоит иҧацәаны аҟалара зҭахыу, насгьы изҭахны изыӡырҩуа иҳәатәы хазҵо ауаа (Ажәамаанақәа 8:17; Маҭфеи 5:5).

Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәы аҟны уи Аџьанаҭ аҿы аҧсҭазаара зеҧшрахо аарҧшуп: «Иагьирыцқьоит Анцәа урҭ рылабжышқәа, аҧсрагьы уаҳа иҟалом; аҵәыуарагьы, аҳәҳәарагьы, ачымазарагьы уаҳа иҟалаӡом; избанзар ииасхьеит ажәытәра» (Аартра 21:3, 4). Абри акәхоит аҧсҭазаара иаша, насгьы Иегова шәара абасҵәҟьа шәынхаларц иҭахыуп Шаҟа дгәыҭбааузеи жәҩантәи ҳ-Аб! Ишәҭахӡами шәара, уи изкны иҵегьы инарҭбааны адырра шәоурц, насгьы џьанаҭаҽы шәынхаларц азы, иҟашәҵаларц ишәыхәҭоу еилышәкаарц?

Даҽакала иарбамзар, абиблиатә цитатақәа аагоуп Асинодтә ҭыжьымҭа аҟынтә. Ацитата ашьҭахь аркьаҽра АМИ гылазар, уи иаанагоит: ацитата аагоуп архимандрит Макариа иеиҭагамҭа аҟнытә.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра