Иаҵанакуазеи Анцәа игәаԥхара?
Анцәа иҭахуп ҳара наӡаӡа џьанаҭ дгьылаҿ ҳанхаларц!
«Ишԥалыршахо уи?» — шәҵаауеит шәара. Абиблиаҿ иануп Анцәа уи Иаҳра абзоурала ишыҟаиҵо. Анцәа игәаԥхара иаҵанакуеит ауаа зегьы уи Аҳра, насгьы уи иаанаго азылԥхарақәа ртәы аилкаара (Ԥсалом 37:11, 29; Исаиа 9:7).
Анцәа иҭахуп ҳара насыԥ ҳамазарц.
Згәы разу аб ихәыҷқәа рзы зегь иреиӷьу шиҭаху еиԥш, жәҩантә Ҳаб иҭахуп ҳара насыԥ ҳаманы, наӡаӡа ҳанхаларц (Исаиа 48:17, 18). Иара ҳақәиргәыӷуеит «Анцәа игәаҳәара назыгӡо — наунагӡа дыҟоуп» ҳәа (1 Иоанн 2:17).
Анцәа иҭахуп ҳара имҩала ҳцаларц.
Абиблиаҿ иануп Ҳазшаз «иара имҩақәа ҳирҵоит, нас ҳара имҩақәҵарала ҳныҟәалоит» ҳәа (Исаиа 2:2, 3). Иара ихьӡала еизигеит ажәлар, игәаԥхара ауаа зегь адунеиаҿы ирдырырц азы (Аусқәа 15:14).
Анцәа иҭахуп ҳара акзаара ҳаманы имаҵ ҳауларц.
Иегова имаҵуҩцәа ииашаҵәҟьоу бзиабарала еидҳәалоуп, уи ари еиҩшоу адунеи аҿы даара иџьашьахәуп (Иоанн 13:35). Идзырҵода иахьа ауаа акзаара рыманы Анцәа имаҵ аура? Аҭак аилкаара ишәыцхраауеит ари аброшиура.