Аҵакы
Иегова ишаҳаҭцәа
АЖӘЛАР
Аурокқәа 1—4
Иегова ишаҳаҭцәа нхоит 240 тәылеи территориеи рҿы, насгьы дара еиуеиԥшым амилаҭқәеи акультурақәеи рахь иаҵанакуеит. Еидызкылозеи арҭ ауаа? Изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?
ҲАРА ИМҨАԤАҲГО АУС
Аурокқәа 5—14
Адунеи зегь аҿы ибзианы идыруп ҳара инаҳагӡо ажәабжьҳәаратә ус. Иара убас ҳара Аҳратә Залқәа рҿы ҳаизоит, Абиблиа аҭҵаареи Анцәа имҵахырхәареи рзы. Ишԥамҩаԥысуеи ҳара ҳаиқәшәарақәа, насгьы инеир зылшода уахь?
ҲАРА ҲАИҾКААРА
Аурокқәа 15—28
Ари жәларбжьаратәи ихәаахәҭратәым динхаҵаратә еиҿкаароуп, уи иалахәу хатәгәаԥхарала Анцәа имаҵ руеит. Ишԥеиҿкаау уи? Ишԥашьақәгылоу анапхгара, насгьы афинанс азоужьра? Инарыгӡаҵәҟьома иахьа арҭ ауаа Иегова игәаԥхара?