-
Ижәбозеи шәара ҳқьырсиантә еиԥыларақәа рҿы?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 5
Ижәбозеи шәара ҳқьырсиантә еиԥыларақәа рҿы?
Аргентина
Сьерра-Леоне
Бельгиа
Малаизиа
Аӡәырҩы адинхаҵаратә маҵзурақәа рахь аныҟәара иаҟәыҵуеит, избанзар уа ироуӡом адоуҳатә напхгареи агәырҭынчреи. Избан нас изаԥсоу Иегова ишаҳаҭцәа рқьырсиантә еиԥыларақәа рахь аныҟәара?
Ҳрыҿцәажәоит иразу, ибзиоу ауаа. Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа аизарақәа рыла еидкылан. Ақьырсиантә еиԥыларақәа рҿы агәрахаҵара змаз ауаа ирылшон Анцәа еицимҵахырхәалар, Иԥшьоу Аҩыра еицҭырҵаалар, ргәы шьҭибахлар (Ауриацәа 10:24, 25). Урҭ рыбжьара иҟан абзиабара, зегьы ирныруан ииашаҵәҟьоу аҩызцәа — адоуҳатә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыгәҭа ишыҟаз (2 Фессалоникаа 1:3; 3 Иоанн 14). Ҳара урҭ ҳарҿыԥшуеит, дара реиԥш агәырӷьара ҳамоуп.
Абиблиатә принципқәа рхархәашьа ҳҵоит. Абиблиаҿ ишану еиԥш ажәытәан ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи еизон Анцәа изку адырра роурц. Ҳаргьы урҭ ҳарҿыԥшуеит. Аԥышәа змоу арҵаҩцәа ҳацхраауеит абиблиатә принципқәа есыҽнытәи ҳаԥсҭазаараҿ ҳхы ишаҳархәаша аилкаара (Ҩынтәзакәан 31:12; Неемиа 8:8). Изҭаху зегьы рхы аладырхәыр ауеит абиблиатә тема алацәажәареи ашәаҳәареи. Ари лшара бзиоуп «ҳгәыӷра ҳазиашаны, ишҳамац иҳаманы» ажәларқәа зегь рылаҳәара (Ауриацәа 10:23).
Ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит. Апостол Павел еизарак ахь абас иҩит: «Акрааҵуеит шәбара сазхьуеижьҭеи... наҟ-ааҟ ҳагәқәа еибажьжьаразы, гәрахаҵарала лыԥха ҳаибаҭаразы» (Римаа 1:11, 12). Иааиԥмырҟьаӡакәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрыҿцәажәо, ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит, насгьы Анцәа изакәанқәа рыла анхара ҳгәазҭанаҵоит.
Гәыкала шәааҳаԥхьоит иааиуа аизарахь, зегь шәыблала ижәбарц. Шәара уа гәаартыла ишәԥылоит. Аҩналаразы аԥара шәатәӡам, насгьы уа аԥара еизыргаӡом.
Изҿыԥшызеи Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа реиҿкаараан?
Избан ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәара изаԥсоу?
-
-
Ҳашԥарбеио ҳара ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыҿцәажәара?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 6
Ҳашԥарбеио ҳара ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыҿцәажәара?
Мадагаскар
Норвегиа
Ливан
Италиа
Ҳара абнаршәыра ҳалсны ацара ҳақәшәозаргьы, ма адәахьы амш цәгьазаргьы, иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаизарақәа ҳарҭаауеит. Ргәазҭазҵозеи Иегова ишаҳаҭцәа аԥсҭазааратә уадаҩрақәеи аусура ашьҭахь ааԥсареи ирмыхәаԥшӡакәа, рхаҵара рыцеиҩызшои дареи еиқәшәарц рҽахьазыршәо?
Ҳара ацхыраараҵәҟьа ҳауеит. «Аӡәи-аӡәи ҳагәцареибакып»,— иҩуан Павел, ақьырсиантә еизарақәа рахь иныҟәо рыӡбахә аниҳәоз (Ауриацәа 10:24). Арҭ ажәақәа ҵакыс ирымоу ҳара ибзианы ҳаибадыруазар шҳахәҭоу ауп. Апостол иажәақәа ҳгәазҭарҵоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи реиҷаҳара. Ҳара егьырҭ аизараҿы ибзианы ҳрабадырыр, игәаҳҭоит даргьы ҳара иҳамоу ауадаҩрақәа рҩызцәа шрымаз, аха қәҿиарала урҭ ишыриааиз. Урҭ ақьырсианцәа рабжьагара ҳара ҳҭагылазаашьаҿы иҳацхраауеит.
Ҳара аҩызцәаҵәҟьақәа ҳаԥшаауеит. Ақьырсиантә еиқәшәарақәа рахь инеиуа ус баша иаҳдыруа ауаа ракәӡам. Урҭ — ҳҩызцәа гәакьақәа роуп. Ҳара аизара анҭыҵ аамҭа еицаҳхаҳгоит, ҳаԥсгьы еицаҳшьоит. Иаҳнаҭозеи ҳара уи аҩыза аиҿцәажәара? Ҳара еиҳа пату аиқәҵашьа ҳҵоит, уи ҳара ҳабжьара иҟоу абзиабара арӷәӷәоит. Ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауадаҩрақәа ианрықәшәо, ҳара еснагь ҳазхиоуп рыцхраара, избанзар аиҩызара ӷәӷәа ҳабжьоуп (Ажәамаанақәа 17:17). Аизараҿы зегьы ҳанрыҿцәажәо, ҳара ҳашреиҷаҳауа ааҳарԥшуеит (1 Коринфаа 12:25, 26).
Ҳара шәгәазҭаҳҵоит Анцәа игәаԥхара назыгӡо рыбжьара аҩызцәа рыԥшаара. Ус еиԥш иҟоу аҩызцәа Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара ишәыԥшаауеит. Акгьы шәԥырхагамыз ҳара ҳаҿцәажәара!
Излахәарҭоузеи ақьырсиантә еиԥыларақәа рҿы аиҿцәажәара?
Шәгәы ианбаҭоу шәара ҳаизарахь анеира?
-
-
Ишԥамҩаԥысуеи ҳара ҳаиԥыларақәа?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 7
Ишԥамҩаԥысуеи ҳара ҳаиԥыларақәа?
Зеландиа Ҿыц
Иапониа
Уганда
Литва
Раԥхьатәи ақьырсианцәа реиԥыларақәа рҿы ашәа рҳәон, Анцәа иҳәон, насгьы Иԥшьоу Аҩыра иаԥхьон, еилдыргон (1 Коринфаа 14:26). Дара аритуалқәа ҳәа акгьы мҩаԥыргомызт. Иахьа ҳара ҳаиԥыларақәа убас еиԥш имҩаԥысуеит.
Арҵара шьаҭас иамоуп Абиблиа, насгьы уи аԥсҭазаараҿ иуцхраауеит. Аԥсшьарамшқәа руак аан аизарақәа зегьы рҿы 30-минуҭ ицо абиблиатә тема змоу ажәахә рҳәоит, уи ҳаԥсҭазаараҿ Абиблиа шухәо аанарԥшуеит, насгьы иҳаилнаркаауеит адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа. Зегьы ааԥхьара рырҭоит Абиблиа аартны ажәеинраалақәа шеилдырго ацклаԥшра. Ажәахә ашьҭахь сааҭк аҩныҵҟа имҩаԥысуеит «Ахьчаратә бааш» аҭҵаара. Изҭаху зегьы аҭак ҟарҵалар ауеит. Ари аҩыза аилыргара абиблиатә принципқәа ҳаԥсҭазаараҿ рхархәара иҳацхраауеит. Адунеи зегь ахьынӡа-наӡааӡо 110 000 еизара рҿы материалк ауп еилдырго.
Ҳарҵаҩратә ҟазара еиӷьаҳтәуеит. Иара убас ҳара амчыбжь аҩныҵҟа хәылбыҽхак азы ҳаизоит. «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» захьӡу ари аиԥылара х-хәҭак рыла ишьақәгылоуп. Уи шьаҭас иамоуп есымза иҭыҵуа «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» захьӡу апубликациа. Ари аиԥылара актәи ахәҭа иахьӡуп «Анцәа Иажәа аҟынтә ахазынақәа». Уи ҳацхраауеит аизара заа изыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха еиӷьны аилкаара. «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит» захьӡу анаҩстәи ахәҭаҿы иҟоуп адемонстрациақәа. Урҭ иаҳдырбоит Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны ауаа рацәажәара шҳалшо. Алабжьарақәа рызҭо аиашьа хаҭала аҵаҩцәа зегьы дрыцхраауеит раԥхьашьеи рцәажәашьеи аиӷьтәра (1 Тимофеи 4:13). Аиԥылара аҵыхәтәантәи ахәҭа иахьӡуп «Ақьырсиантә ԥсҭазаара». Уи ахәҭа ҳацхраауеит ҳаԥсҭазаараҿы абиблиатә принципқәа рхархәара. Иара убас уи ахәҭаҿы азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла еилҳаргоит Абиблиа инарҵауланы аилкаара иҳацхраауа аматериал.
Ҳара ҳаиқәшәарақәа рҿы арҵара ахаҭабзиара даара иҳаракуп. Шәара шәхаҭа уи агәра жәгар шәылшоит, еизарак шәаҭаар (Исаиа 54:13).
Ишԥамҩаԥысуеи Иегова ишаҳаҭцәа реиԥыларақәа?
Иарбан есымчыбжьатәи еиԥылароу шәара еиҳа ижәбарц ишәҭаху?
-
-
Избан ҳара ҳаиԥыларақәа рахь ҳаиҿкааны ҳаҽзеилаҳҳәо?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 8
Избан ҳара ҳаиԥыларақәа рахь ҳаиҿкааны ҳаҽзеилаҳҳәо?
Исландиа
Мексика
Гвинеиа-Бисау
Филиппинқәа
Игәашәҭама шәара ари аброшиура иану асахьақәа рҿы Иегова ишаҳаҭцәа аиԥыларақәа рахь ианцо еиҿкааны рыҽшеиларҳәо? Избан ҳара амаҭәеи аҭеиҭыԥши убриаҟара аҵакы заҳҭо?
Ҳара ҳ-Анцәа иахь апатуқәҵара аарԥшразы. Ииашаҵәҟьаны, Анцәа изы ауаҩы иҩныҵҟатәи ихаҭара еиҳа ихадоуп, адәахьтәи иҭеиҭыԥш аасҭа (1 Самуил 16:7). Ус ишыҟоугьы, ҳара Иегова имҵахырхәаразы ҳанеизо, иаҳҭахуп иара иахь, насгьы ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рахь апатуқәҵара ааҳарԥшларц. Иаҳҳәап, ҳара атәыла ахада иахь неитәыс иҳамазҭгьы, уи пату ахьиқәаҳҵо азы иаҳшәаҳҵаша даара ибзианы ҳазхәыцуан. Убасгьы ҳара ҳҭеиҭыԥш ақьырсиантә еиԥыларақәа рҿы «наӡаӡатәи Аҳ» иахь, насгьы уи дахьыҳараҳкуа аҭыԥ ахь апатуқәҵара аныԥшуеит (1 Тимофеи 1:17, АдҾ).
Иҳараку Анцәа инормақәа рықәшәаразы. Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит «хынрааларалеи ҟәышралеи» рҽеиларҳәаларц (1 Тимофеи 2:9, 10, АдҾ). Хынрааларала аҽеилаҳәара иаанагоит иаразнак улаԥш иҵашәо, мыцхәы иаарту, насгьы иҽеим ацәаныррақәа узцәырызго амаҭәа ашәымҵара. Аҟәышра ҳацхраауеит иԥшӡаны, гьамала, аха убри аамҭазы ихмырҟьацәакәа аҽеилаҳәара. Арҭ апринципқәа рыҩныҵҟа алхра ду ҳамоуп. Гьамала, ҳаҭырқәҵарала ҳҽанеилаҳҳәо, «Ҳанцәа-Ҳаиқәырхаҩ ҳазқәиҵо амҩа, иаҳирҵо аҵара» ҳарԥшӡалар, насгьы Иара дҳараҳклар ҳалшоит (Тит 2:10; 1 Пиотр 2:12). Ҳара аиԥыларақәа рахь ҳаҽшеилаҳҳәо егьырҭ Иегова имҵахырхәара ишазыҟоу ианырыр алшоит.
Шәара анҭыҵга маҭәа шәымамзар, шәгәы кашәмыжьын! Аҳратә зал аҿы шәара есымша гәахәарала ишәԥылоит. Зегь реиҳа ихадоу амаҭәа цқьаны, еиқәҷабны иҟазарц ауп.
Шаҟа ихадоузеи ҳара ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь ҳҽеилаҳәашьа?
Иарбан принципқәоу ҳхы иаҳархәо, амаҭәеи ахцәыҟаҵашьеи аналҳхуа?
-
-
Еиҳа ишԥеиӷьу аиԥыларақәа рахь аҽазыҟаҵара?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 9
Еиҳа ишԥеиӷьу аиԥыларақәа рахь аҽазыҟаҵара?
Камбоџьа
Украина
Шәара Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа рыцышәҵозар, иҟалап заа аҭҵаара шәҽазыҟашәҵозар. Аха аизарақәа рахь аҽазыҟаҵарагьы даара ихадоуп. Даара ибзиахоит уи шәара шьцыларас ишьҭышәхыр. Усҟан уи алҵшәа бзиа аанагоит.
Ишәыӡба шәҽаназыҟашәҵало аамҭа, насгьы шәҽахьазыҟашәҵало аҭыԥ. Ианбашәзыманшәалоу шәара еиҳа шәыхшыҩ азышьҭны аԥхьара? Ашьыжь шаанӡа, шәусура аамҭа алагаанӡа? Ма ахәылбыҽха, шәхәыҷқәа аныцәалак ашьҭахь? Шәара акраамҭа аԥхьара шәылымшозаргьы, ишәыӡба уи шаҟа аамҭа азалышәхыр шәылшо, насгьы шәҽазышәшәа даҽакы шәахнамгарц. Ишәыԥшаа иахьҭынчроу, акгьы ахьышәԥырхагамхо аҭыԥ. Иаҿышәх арадио, ателевизор, аҭел. Аҭҵаара шәалагаанӡа анцәаиҳәара шәыцхраауеит шәгәы иҭыхо зегь ааныжьны, Анцәа Иажәа шәыхшыҩ азышәышьҭырц (Филиппаа 4:6, 7).
Аматериал аус адыжәул, насгьы аҽалархәра шәҽазшәырхиа. Шәалага аматериал ахҳәаа аҟаҵара ала. Шәазхәыц астатиа, ма ахы ахьӡ. Игәашәҭ ахеиҵақәа зегьы атема хада ишадҳәалоу. Шәрызхьаԥш ихадоу азхәыцрақәа ирыҵызшьуа асахьақәеи аиҭахысразы азҵаарақәеи. Уи ашьҭахь абзацқәа зегьы шәрыԥхьаны, ҵаҟа иану азҵаара аҭак шәыԥшаа. Абиблиа аартны, шәрыԥхьа ахыцқәа ирҭаку ажәеинраалақәа. Шәазхәыц арҭ ахшыҩҵакқәа аматериал ишадҳәалоу (Аусқәа 17:11). Аҭак анышәыԥшаалак, абзац аҿы иаҵышәшь, ма иалшәкаа шәхатәы зхәыцра ирласны ишәгәалазыршәо ихадоу ажәақәа, ма афразақәа. Усҟан шәара ишәылшоит шәнапы шәҩаханы, шәхатәы жәақәа рыла икьаҿу аҭак аҟаҵара.
Аиԥыларақәа рҿы есымчыбжьа еилдырго еиуеиԥшым азҵаарақәа анҭышәҵаауа, шәара ишәымоу абиблиатә дыррақәа ирыцышәҵар шәылшоит иҿыцу азхәыцрақәа рыла (Матфеи 13:51, 52).
Ишԥашәылшо шәҽаназыҟашәҵало аамҭа, насгьы шәҽахьазыҟашәҵало аҭыԥ алхра?
Иарбан ҽазыҟаҵароу аизараҿы аҭак бзиақәа рыҟаҵара иуцхраауа?
-
-
Изакәызеи аҭаацәаратә мҵахырхәара?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 10
Изакәызеи аҭаацәаратә мҵахырхәара?
Аладатәи Кореиа
Бразилиа
Австралиа
Гвинеиа
Иегова еснагь иҭахын аҭаацәарақәа аамҭа еицырхыргаларц, доуҳала еизҳаларц, насгьы рҭаацәара дырӷәӷәаларц (Ҩынтәзакәан 6:6, 7). Убри хықәкыс иҟаҵаны Иегова ишаҳаҭцәа есымчыбжьа аамҭа азалырхуеит аҭаацәаратә мҵахырхәара — адоуҳатә темақәа реилыргара, ирзыманшәалоу аҭагылазаашьаҿы. Дара рҽазыршәоит аматериал рҭаацәара аҭахрақәа ирықәшәарц. Шәара шәхала шәынхозар, уи аамҭа Анцәа изхәыцразы шәхы иашәырхәар шәылшоит, насгьы Абиблиа ҭышәҵаар шәылшоит шәара ишәзыманшәалоу апрограмма ала.
Уи Иегова шәизааигәанатәуеит. «Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит»,— аҳәоит Абиблиа (Иаков 4:8). Иегова еиӷьны иеилкаара иҳацхраауеит иҟазшьақәеи иусқәеи ахьану иара Иажәа. Аҭаацәаратә мҵахырхәара шәалагар шәылшоит Абиблиа аԥхьарала, иаҳҳәап аиԥылара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» есымчыбжьатәи аихшанҵа ала. Ишәша атекст ацыԥҵәахақәа рыла, нас аҭаацәараҿы зегьы аԥхьара рыдышәҵа. Аԥхьара ашьҭахь, шәалацәажәа иарбан хәарҭоу ажәеинраалақәа досу рхазы ирзаанагаз.
Уи аҭаацәа еиднакылоит. Абиблиа аҵара аицахысра ахацәеи аҳәсеи, аҭаацәеи ахәыҷқәеи еиднакылоит. Уи аҩыза аҵара аҭаацәара рзы игәырӷьароу, аҭаацәа зегь ззыԥшу хҭысзароуп. Аҭаацәа иалырхыроуп ахәыҷы иқәра ианаало аматериал. Иаҳҳәап, рхы иадырхәар рылшоит ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!» иану астатиақәа, иара убас ҳсаит jw.org, ахәыҷқәа ашкол аҿы изықәшәо ауадаҩра иалацәажәаларц азы. Шәахәаԥш авидеоматериал JW Broadcasting (tv.jw.org) аҿы, анаҩс уи еилшәырга. Заа шәҽырзыҟашәҵа иааиуа аизараҿы иҳәатәу ашәақәа. Аҭаацәаратә мҵахырхәара ашьҭахь афатә хаақәа рхианы шәеидтәал, ма шәыхәмар.
Есымчыбжьа Иегова имҵахырхәаразы аамҭа алшәхуазар, аҭаацәа зегьы Иегова Иажәа бзиа ирбалоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәара шәҽазышәарақәа азылԥхарақәа шриҭо (Ԥсалом 1:1—3).
Избан ҳара аҭаацәаратә мҵахырхәаразы аамҭа залҳхуа?
Ишԥарылшо аҭаацәа рҭаацәаратә мҵахырхәара зегьы рзы аинтерес аҵаны аҟаҵара?
-
-
Избан ҳара аконгрессқәа зымҩаԥаҳго?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 11
Избан ҳара аконгрессқәа зымҩаԥаҳго?
Мексика
Германиа
Ботсвана
Никарагуа
Италиа
Избан арҭ ауаа рхаҿсахьа агәырӷьара занубаало? Избанзар дара аконгресс ахь иааит. Ажәытәан Анцәа имаҵуҩцәа зегьы шықәсыкахь хынтә еизалар рыхәҭан (Ҩынтәзакәан 16:16). Ҳаргьы иахьа ҭыԥк аҿы ирацәаҩны ҳанеизо ҳәа ҳаԥшуп. Есышықәса ҳара ҳҿы ихадоу хыхҭыск мҩаԥысуеит: ҽнак ицало араионтә конгрессқәа ҩба, насгьы хымштәи арегионалтә конгресс. Избан ҳара арҭ аиқәшәарақәа рыхә ҳаракны изаҳшьо?
Урҭ рыбзоурала ҳара ақьырсиантә иашьара ҳшахәҭаку ҳбоит. Ажәытә инхоз израилаа игәырӷьаҵәа Иегова дҳараркуан «аизара дуқәа рҿы», ҳаргьы иахьа убасҵәҟьа ҳаизоит Анцәа ҳимҵахырхәарц азы (Ԥсалом 26:12; 111:1). Ус еиԥш иҟоу аиқәшәарақәа рҿы ҳара иҳамоуп алшара ауаа рабадырра, насгьы даҽа еизарак ма даҽа ҳәынҭқаррак аҟынтәи иааз Иегова ишаҳаҭцәа рацәажәара. Аԥсшьара аамҭаан ҳара ҳаҩныҟақәа рахь ҳцаӡом, аха ҳаанхоит шьыбжьхьа еицаҳфарц. Уи иабзоураны ҳара ҳдоуҳатә ныҳәақәа рҿы аиҩызара аныԥшуеит (Аусқәа 2:42). Аконгрессқәа рҿы ҳара лабҿаба иаабоит жәларбжьаратәи ҳаиашьара зегьы еидызкыло абзиабара (1 Пиотр 2:17).
Урҭ ҳара доуҳала ҳаизҳара иацхраауеит. Израилаа зегьы Анцәа изакәанқәа шеилкаатәу иахьалацәажәоз ҭыԥкаҿы еизон (Неемиа 8:8, 12). Ҳаргьы пату ақәаҳҵоит ҳаизарақәа рҿы иҳауа абиблиатә мҩақәҵара. Аконгресс атема еснагь Абиблиа аҟынтә иаагоуп. Даара аинтерес зҵоу ажәахәқәеи ақәгыларақәеи абиблиатә принципқәа есҽны ҳхы ишаҳархәаша ҳдырҵоит. Ҳара даараӡа ҳгәы шьҭнахуеит арҭ аамҭа цәгьақәа раан ақьырсиантә мҩаҿы зыуадаҩрақәа риааира зылшо рҿырԥшы. Арегионалтә конгрессқәа рҿы атеатралтә қәыргыларақәа ҳанрыхәаԥшуа, ҳара абиблиатә хҭысқәа еиҳа ҳхаҿы иааиуеит, насгьы урҭ аурокқәа рылхра иҳацхраауеит. Анцәа зҽизызкыз ауаа конгрессцыԥхьаӡа аӡаҿы рыҽӡаархуеит.
Избан аконгрессқәа агәырӷьара ду заарго?
Избан шәара аконгресс шәаҭаар заԥсоу?
-
-
Ишԥеиҿкаау ҳара ҳажәабжьҳәаратә ус?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 12
Ишԥеиҿкаау ҳара ҳажәабжьҳәаратә ус?
Испаниа
Беларус
Гонконг
Перу
Иисус иԥсра маҷк шагыз убас иҳәеит: «Аҳра иазку ари ажәабжь бзиа рылаҳәахоит адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо ажәларқәа зегьы рзышаҳаҭразы, убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа» (Матфеи 24:14, АдҾ). Аха иҟаҵатәузеи ажәабжь бзиа адунеи зегь иахыҵәарц? Иахәҭоуп Иисус иаҳзаанижьыз аҿырԥшы ақәныҟәара (Лука 8:1).
Ҳара ауаа аҩны рыԥшаара ҳҽазаҳшәоит. Иисус ишьҭанеицәа идирҵон ажәабжь бзиа ҩнаҭацыԥхьаӡа рзеиҭаҳәара (Матфеи 10:11—13; Аусқәа 5:42; 20:20). Актәи ашәышықәсазы ажәабжьҳәаҩцәа ҷыдала иалхны ирыман ажәабжь аҳәаразы аҭыԥ (Матфеи 10:5, 6; 2 Коринфаа 10:13). Иахьа ҳара ҳусгьы ибзианы еиҿкаауп. Аизарақәа зегьы ирзалху рхатә территориақәа рымоуп. Уи ҳара Иисус идҵа ауаа «ирылаҳарҵәаразы, шаҳаҭра ҳауразы» анагӡара алшара ҳнаҭоит (Аусқәа 10:42).
Ҳара зехьынџьара ауаа ахьыҟоу ажәабжь ҳҳәоит. Иисус лассы-лассы ажәабжь иҳәон ауаа рацәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы, иаҳҳәап амшын аԥшаҳәаҿы, насгьы аҵеиџь азааигәара (Марк 4:1; Иоанн 4:5—15). Иара иҿырԥшы ҳацклаԥшны, ҳаргьы зехьынџьара Абиблиа иазкны ауаа ҳрацәажәарц ҳҽазаҳшәоит: адәахьы, аусуратә центрқәа рҿы, апаркқәа рҿы, насгьы аҭел ала. Уи адагьы, алшара бзиа анҳамоу ҳара ҳгәылацәа, аус ҳацызуа, аҵара ҳацызҵо, ҳауацәа шаҳаҭра рзаҳуеит. Уи абзоурала миллионҩыла ауаа адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ираҳауеит «аиқәырхара иазку ажәабжь бзиа» атәы (Ԥсалом 96:2).
Изашәҳәар шәылшода шәара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы агәыӷра аӡбахә? Арҭ адыррақәа егьырҭ ауаа ирцәышәымҵәахлан. Алшара шшәоулак еиԥш, егьырҭ ирзеиҭашәҳәа!
Иарбан жәабжьу адунеи зегь иахыҵәар акәу?
Ишԥацныҟәо Иегова ишаҳаҭцәа Иисус иаанижьыз аҿырԥшы?
-
-
Дызусҭада апионер?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 13
Дызусҭада апионер?
Канада
Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара
Абиблиатә ҵара
Ахатәы ҭҵаара
Апионерцәа ҳәа ирышьҭоуп атерриториа ҿыцқәа аазыртуа, амҩа ҿыцқәа ылызхуа ажәабжьҳәаҩцәа. Уи аҵакы аҭаны уазхәыцуазар, Иисусгьы дпионерын, избанзар уи адгьыл ахь дааит ауаа рымаҵ иурц, насгьы аиқәырхаразы амҩа рзааиртырц (Матфеи 20:28). Уи иҿырԥшы иқәныҟәаны, Иегова ишаҳаҭцәа аҵаҩцәа разыҟаҵара аамҭа рацәаны иазалырхуеит (Матфеи 28:19, 20). Шьоукы апионертә маҵзура рҽаладырхәыртә алшара рымоуп.
Апионер — заамҭа зегьы амаҵзура иазызкуа маҵзуҩуп. Иегова ишаҳаҭцәа зегьы ажәабжь бзиа еиҭарҳәоит, шаҟа рылшо аамҭа алхны. Аха шьоукы рыԥсҭазаара убас еиҿыркаауеит, мызкахьы 70 сааҭ амаҵ рулартә. Ус иҟоу амаҵзуҩцәа апионерцәа рыхьӡуп. Апионертә маҵзура иахьӡаларц, апионерцәа аӡәырҩы шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа аус ахьырымуа аҭыԥ рыԥшаауеит. Шьоукы ирыдыргалоит ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо атерриториа аҿы иҷыдоу пионерцәас аҟалара. Урҭ есымза 130 сааҭ инареиҳаны амаҵ руеит. Апионерцәа рыԥсҭазаара дыруадаҩуам. Дара агәра ганы иҟоуп Иегова ишаанимыжьуа, рыԥсҭазааразы ирҭаху зегь шриҭо (Матфеи 6:31—33; 1 Тимофеи 6:6—8). Заамҭа зегьы амаҵзура азкра злымшо цхырааҩтә пионерцәас иҟалар ауеит, урҭ мызкахьы 30, ма 50 сааҭ амаҵ руеит.
Апионерцәа ргәазҭазҵо Анцәеи ауааи рахь ирымоу абзиабара ауп. Иисус иеиԥш, ҳаргьы иаҳбоит иахьа ауаа рдоуҳатә ҭагылазаашьа шыцәгьоу (Марк 6:34). Аха ҳара урҭ ауаа ҳрыцхраарц ҳалшоит, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш азы иҳамоу агәыӷра рзеиҭаҳҳәар. Апионерцәа ирзааигәоу рахь ирымоу абзиабара ргәазҭанаҵоит хамеигӡарада ауаа адоуҳатә цхыраара рыҭара (Матфеи 22:39; 1 Фессалоникаа 2:8). Уи аҩыза амаҵзураҿы апионер ихаҵара́ ирӷәӷәоит, Иегова еиҳа дизааигәахоит, агәырӷьара дугьы иоуеит (Аусқәа 20:35).
Ишԥадеилшәыркаарыз апионер дызусҭоу?
Ргәазҭазҵозеи шьоукы раамҭа зегь амаҵзура азкра?
-
-
Иарбан рҵароу апионерцәа рзы иазгәаҭоу?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 14
Иарбан рҵароу апионерцәа рзы иазгәаҭоу?
Еиду Аштатқәа
Галаад Ашкол (Паттерсон, Ниу-Иорк аштат)
Панама
Атеократиатә ҵара акрааҵуеит Иегова ишаҳаҭцәа алардыруеижьҭеи. Аҳра иазку ажәабжь аҳәара заамҭа рацәаны иазызкуа рзы иаԥҵоуп иҷыдоу ашколқәа. Урҭ рыбзоурала арҭ ажәабжьҳәаҩцәа рмаҵзура харҭәааны анагӡара рылшоит (2 Тимофеи 4:5).
Апионертә маҵзура ашкол. Апионер шықәсык аҩныҵҟа иаамҭа зегь азкны амаҵ иуазҭгьы, уи даарыԥхьоит фымш ицо арҵаратә курс ахь, уи мҩаԥысуеит ааигәа иҟоу Аҳратә зал аҿы. Ари ашкол хықәкыс иамоу — апионер еиҳа Иегова изааигәахара ицхраара ауп, иара амаҵзура аганқәа зегь рҿы еиҳа аҟазара иоуеит, Анцәа дизиашаны анаҩсгьы имаҵ иулоит.
Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол. Ҩымз ицо ари ашкол хықәкыс иамоуп аԥышәа змоу апионерцәа аҵара дырҵара, урҭ ацхыраара ахьаҭаху аҭыԥ аҿы амаҵзура иазхиоуп. Дара ирҳәоит: «Абар сара сахьыҟоу! Сышьҭы сара!» Урҭ адунеи иқәынхоз зегь иреиҳаз Ажәабжьҳәаҩ ду Иисус Христос иҿыԥшуеит (Исаиа 6:8; Иоанн 7:29). Даҽаџьара ииасуа ажәабжьҳәаҩцәа иахьиасуа иҟоу аҭагылазаашьақәа ирызхиазар ауп. Уатәи акультуреи, аҳауеи, афатәи ауаҩы дзышьцылахьоу зынӡа иеиԥшымзар ауеит. Абызшәа ҿыц аҵара рықәшәаргьы ҟалоит. Ари ашкол ахь ааԥхьара роуеит 23 шықәса инаркны 65 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҭаацәара иалам аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, иара убас хаҵеи-ԥҳәыси. Уи ашкол дара ирыцхраауеит амаҵзураҿы ирыхәо адоуҳатә ҟазшьақәа реизырҳара, насгьы Иеговеи уи иеиҿкаареи еиҳа еиӷьны рхы иадырхәартә алшара рызҭо ашьцылара бзиақәа рырҳара.
Ахьчаратә Бааш абиблиатә школ Галаад. Ажәа «Галаад» иаанагоит «ахәада-ашаҳаҭ», ма «ашаҳаҭра рацәа». 1943 шықәсазы ари ашкол анаԥырҵа инаркны 8 000-ҩык инареиҳаны аушьҭымҭацәа миссионерцәаны ишьҭын «адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо» шаҳаҭра руларц (Аусқәа 13:47). Алҵшәақәа дара рхы еиҭарҳәоит. Аушьҭымҭацәа раԥхьаӡа акәны Перу ианнеи, уа еизара заҵәыкгьы ыҟамызт, уажәы 1 000 еизара иреиҳауп! Ҳмиссионерцәа Иапониа амаҵ аура ианалага, уа Ашаҳаҭцәа жәаҩыкгьы ыҟамызт, иахьа 200 000 иреиҳауп. Хәымз ицо ари аҵара аан астудентцәа Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭырҵаауеит. Ари ашкол ахь ааԥхьара роуеит иҷыдоу апионерцәа, амиссионерцәа, афилиал аҟны амаҵ зуа, насгьы араионтә хылаԥшыҩцәа. Инарҵауланы имҩаԥысуа ари арҵара урҭ ажәабжьҳәаҩцәа адунеи зегь ахьынӡа-наӡааӡо Анцәа иеиҿкаара арӷәӷәара иазыҟанаҵоит.
Хықәкыс иамоузеи Апионертә маҵзура ашкол?
Изызкыда Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол?
-