АУРОК 7
Ишԥамҩаԥысуеи ҳара ҳаиԥыларақәа?
Зеландиа Ҿыц
Иапониа
Уганда
Литва
Раԥхьатәи ақьырсианцәа реиԥыларақәа рҿы ашәа рҳәон, Анцәа иҳәон, насгьы Иԥшьоу Аҩыра иаԥхьон, еилдыргон (1 Коринфаа 14:26). Дара аритуалқәа ҳәа акгьы мҩаԥыргомызт. Иахьа ҳара ҳаиԥыларақәа убас еиԥш имҩаԥысуеит.
Арҵара шьаҭас иамоуп Абиблиа, насгьы уи аԥсҭазаараҿ иуцхраауеит. Аԥсшьарамшқәа руак аан аизарақәа зегьы рҿы 30-минуҭ ицо абиблиатә тема змоу ажәахә рҳәоит, уи ҳаԥсҭазаараҿ Абиблиа шухәо аанарԥшуеит, насгьы иҳаилнаркаауеит адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа. Зегьы ааԥхьара рырҭоит Абиблиа аартны ажәеинраалақәа шеилдырго ацклаԥшра. Ажәахә ашьҭахь сааҭк аҩныҵҟа имҩаԥысуеит «Ахьчаратә бааш» аҭҵаара. Изҭаху зегьы аҭак ҟарҵалар ауеит. Ари аҩыза аилыргара абиблиатә принципқәа ҳаԥсҭазаараҿ рхархәара иҳацхраауеит. Адунеи зегь ахьынӡа-наӡааӡо 110 000 еизара рҿы материалк ауп еилдырго.
Ҳарҵаҩратә ҟазара еиӷьаҳтәуеит. Иара убас ҳара амчыбжь аҩныҵҟа хәылбыҽхак азы ҳаизоит. «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» захьӡу ари аиԥылара х-хәҭак рыла ишьақәгылоуп. Уи шьаҭас иамоуп есымза иҭыҵуа «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» захьӡу апубликациа. Ари аиԥылара актәи ахәҭа иахьӡуп «Анцәа Иажәа аҟынтә ахазынақәа». Уи ҳацхраауеит аизара заа изыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха еиӷьны аилкаара. «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит» захьӡу анаҩстәи ахәҭаҿы иҟоуп адемонстрациақәа. Урҭ иаҳдырбоит Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны ауаа рацәажәара шҳалшо. Алабжьарақәа рызҭо аиашьа хаҭала аҵаҩцәа зегьы дрыцхраауеит раԥхьашьеи рцәажәашьеи аиӷьтәра (1 Тимофеи 4:13). Аиԥылара аҵыхәтәантәи ахәҭа иахьӡуп «Ақьырсиантә ԥсҭазаара». Уи ахәҭа ҳацхраауеит ҳаԥсҭазаараҿы абиблиатә принципқәа рхархәара. Иара убас уи ахәҭаҿы азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла еилҳаргоит Абиблиа инарҵауланы аилкаара иҳацхраауа аматериал.
Ҳара ҳаиқәшәарақәа рҿы арҵара ахаҭабзиара даара иҳаракуп. Шәара шәхаҭа уи агәра жәгар шәылшоит, еизарак шәаҭаар (Исаиа 54:13).
Ишԥамҩаԥысуеи Иегова ишаҳаҭцәа реиԥыларақәа?
Иарбан есымчыбжьатәи еиԥылароу шәара еиҳа ижәбарц ишәҭаху?