АУРОК 5
Ижәбозеи шәара ҳқьырсиантә еиԥыларақәа рҿы?
Аргентина
Сьерра-Леоне
Бельгиа
Малаизиа
Аӡәырҩы адинхаҵаратә маҵзурақәа рахь аныҟәара иаҟәыҵуеит, избанзар уа ироуӡом адоуҳатә напхгареи агәырҭынчреи. Избан нас изаԥсоу Иегова ишаҳаҭцәа рқьырсиантә еиԥыларақәа рахь аныҟәара?
Ҳрыҿцәажәоит иразу, ибзиоу ауаа. Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа аизарақәа рыла еидкылан. Ақьырсиантә еиԥыларақәа рҿы агәрахаҵара змаз ауаа ирылшон Анцәа еицимҵахырхәалар, Иԥшьоу Аҩыра еицҭырҵаалар, ргәы шьҭибахлар (Ауриацәа 10:24, 25). Урҭ рыбжьара иҟан абзиабара, зегьы ирныруан ииашаҵәҟьоу аҩызцәа — адоуҳатә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыгәҭа ишыҟаз (2 Фессалоникаа 1:3; 3 Иоанн 14). Ҳара урҭ ҳарҿыԥшуеит, дара реиԥш агәырӷьара ҳамоуп.
Абиблиатә принципқәа рхархәашьа ҳҵоит. Абиблиаҿ ишану еиԥш ажәытәан ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи еизон Анцәа изку адырра роурц. Ҳаргьы урҭ ҳарҿыԥшуеит. Аԥышәа змоу арҵаҩцәа ҳацхраауеит абиблиатә принципқәа есыҽнытәи ҳаԥсҭазаараҿ ҳхы ишаҳархәаша аилкаара (Ҩынтәзакәан 31:12; Неемиа 8:8). Изҭаху зегьы рхы аладырхәыр ауеит абиблиатә тема алацәажәареи ашәаҳәареи. Ари лшара бзиоуп «ҳгәыӷра ҳазиашаны, ишҳамац иҳаманы» ажәларқәа зегь рылаҳәара (Ауриацәа 10:23).
Ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит. Апостол Павел еизарак ахь абас иҩит: «Акрааҵуеит шәбара сазхьуеижьҭеи... наҟ-ааҟ ҳагәқәа еибажьжьаразы, гәрахаҵарала лыԥха ҳаибаҭаразы» (Римаа 1:11, 12). Иааиԥмырҟьаӡакәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрыҿцәажәо, ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит, насгьы Анцәа изакәанқәа рыла анхара ҳгәазҭанаҵоит.
Гәыкала шәааҳаԥхьоит иааиуа аизарахь, зегь шәыблала ижәбарц. Шәара уа гәаартыла ишәԥылоит. Аҩналаразы аԥара шәатәӡам, насгьы уа аԥара еизыргаӡом.
Изҿыԥшызеи Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа реиҿкаараан?
Избан ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәара изаԥсоу?