АУРОК 4
Избан ҳара Абиблиа зеиҭаҳго?
Конго (Киншаса)
Руанда
Ԥсалом 69:31 аҟны Анцәа ихьӡ ахьану Симмах иеиҭага ацыԥҵәаха. III, ма IV ашәышықәса ҳ. ҳ.
Акыр шықәса Иегова ишаҳаҭцәа рхы иадырхәон, иркьыԥхьуан, насгьы ирыладырҵәон еиуеиԥшым Абиблиа аиҭагақәа. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ҳара еилаҳкааит аиҭага ҿыц шаҳҭаху, ауаа еиҳа еиӷьны ирыцхраауа «аиаша-ҵабырг» роурц, — убри ауп Анцәа игәаԥхара иаҵанакуагьы (1 Тимофеи 2:3, 4). Абас, 1950 шықәсазы иҭыҵит «Адунеи ҿыц аиҭага» раԥхьатәи ахәҭа иахьатәи англыз бызшәала. Иахьа ииашаҵәҟьоу, еилукаауа ари аиҭага 130 бызшәа инареиҳаны рыла иҟоуп, аурыс бызшәагьы налаҵаны.
Иаҭахуп зеилкаара мариоу Абиблиа. Иарбанзаалак абызшәа аамҭа цацыԥхьаӡа аҽаԥсахуеит, убри аҟынтә иузеилымкаауа, иажәхьоу ажәақәа ахьуԥыло аиҭагақәа арҿыцра рҭахуп. Уи адагьы, ҳара ҳаамҭазы ирыԥшааит аоригинал акыр иазааигәаз ажәытә напылаҩырақәа, урҭ рыцхрааит ажәытәуриатә, арамеитә, насгьы ажәытәбырзен бызшәақәа рыла иҩыз абиблиатә текстқәа еиҳа еиӷьны аилкаара.
Иаҭахуп Анцәа иажәа ииашаны иаазырԥшуа аиҭага. Абиблиа аиҭагаҩцәа дара ишырҭаху еиҭаргар ҟалаӡом — дара ишахәҭаҵәҟьоу иқәныҟәалароуп аоригинал иану Анцәа идоуҳа зҵоу ажәақәа. Рыцҳарас иҟалаз, Иԥшьоу Аҩыра аиҭагақәа реиҳарак рҟынтә ианыхын зегь реиҳа ихадаз — Анцәа ихьӡ, Иегова.
Иаҭахуп иара Автор дҳаразкуа Абиблиа (2 Самуил 23:2). «Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы Иегова ихьӡ ажәытә библиатә напылаҩырақәа рҿы иахьуԥылоз аҭыԥқәа зегь рҿы ишьақәыргылан,— уи 7 000 раҟара акәхоит (Ԥсалом 83:18). Уи ацыԥҵәахак ҵаҟа иаагоуп. Абас, акыршықәса игәцаракны имҩаԥысуаз аҭҵаарақәа ирыбзоураны, ицәырҵит Анцәа ихәыцрақәа еилыкка, насгьы ииашаҵәҟьаны иузырбо аиҭага. Уи аҩыза Абиблиа аԥхьара — гәахәара дууп. Шәара шәбызшәала «Адунеи ҿыц аиҭага» ыҟамзаргьы, шәааҳаԥхьар ҳҭахуп Иегова Иажәа есҽны аԥхьара (Иисус Навин 1:8; Ԥсалом 1:2, 3).
Избан Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа аиҭага ҿыц ҭрыжьырц зырыӡбаз?
Иарбан шьцылароу еиздырҳалар акәу Анцәа игәаԥхара еилызкаарц зҭаху зегьы?