АУРОК 3
Ишԥаартыз ҿыц абиблиатә ҵабырг?
Абиблиа Аҭҵааҩцәа. 1870-тәи ашықәсқәа
«Ахьчаратә бааш» раԥхьатәи аҭыжьымҭа. 1879-тәи ашықәс
«Ахьчаратә бааш» иахьа
Абиблиаҿ заа ианын Христос данԥслак ашьҭахь раԥхьатәи ақьырсианцәа рыбжьара абиблиатә ҵабырг зырҩашьо амцтә ԥааимбарцәа шцәырҵуа (Аусқәа 20:29, 30). Убасҵәҟьа иагьыҟалеит. Урҭ ауаа Иисус ирҵарақәа амурҭаҭтә динтә идеиақәа ирыладырҩашьеит. Абас ицәырҵит амцтә қьырсианра (2 Тимофеи 4:3, 4). Агәра ҳзыргозеи ҳара Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо ииашаны ишеилаҳкаауа?
Иааит аамҭа, Иегова аҵабырг ааиртырц. Анцәа заа иҳәахьан аҵыхәтәа анааигәахо «ииашоу адырра азҳауеит» ҳәа (Даниил 12:4). 1870 шықәсазы аҵабырг иашьҭаз гәыԥ хәыҷык иалахәыз еилыркааит ирацәаны ауахәаматә ҵарақәа Абиблиа шьаҭас ишрымамыз. Убри аҟынтә дара Анцәа Иажәа аҭҵаара иалагеит, абиблиатә шьаҭа змоуи измами аҵарақәа еилдыргарц. Иегова азылԥхара риҭеит, насгьы доуҳала рыбла хитит.
Гәаартыла иҟоу ауаа хшыҩзышьҭрала Абиблиа ҭырҵаауан. Згәы ҳаҵҳаҵоз, ҳаԥхьа иҟаз арҭ Абиблиа Аҭҵааҩцәа рхы иадырхәон ҳара иахьа аҵаразы ҳхы иаҳархәо аметод. Дара Абиблиа темала еилдыргон. Урҭ аилкааразы ицәгьаз ацыԥҵәаха анрықәшәалак, ихарҭәааны идеилзыркаашаз абиблиатә жәеинраалақәа рыԥшаауан. Иԥшьоу Аҩыра иақәшәоз алкаа аныҟарҵалак, уи џьара ианырҵон. Абас, Абиблиа ахаҭа ахы деилнакаартә алшара аҭаны, дара ҿыц иаадыртит Анцәа ихьӡ, Аҳра, ауааи адгьыли рзы Анцәа игәҭакы, иԥсхьоу рҭагылазаашьа, аԥсҭалара ирызкыз аҵабырг. Аԥхьатәи ахыҵхырҭа ҭҵаауа, дара амцтә ҵарақәеи ииашамыз ахымҩаԥгашьеи рҟынтә ахақәиҭра роуит (Иоанн 8:31, 32).
1879 шықәса рзы Абиблиа Аҭҵааҩцәа еилыркааит аҵабырг ауаа зегь рзаартразы аамҭа шааз. Дара уажәраанӡагьы иҭыҵуа ажурнал аҭыжьра иалагеит. Уи ажурнал иахьӡуп «Ахьчаратә бааш ирыланаҳәоит Иегова Иаҳра». Иахьа ҳара ауаа абиблиатә ҵабырг рзеиҭаҳҳәоит 240 тәылеи атерриториақәеи рҿы 750 бызшәа инареиҳаны рыла. Уаанӡа адырра иаша абас ахаан ирыламҵәацызт!
Иахьзеи абиблиатә ҵабырг Иисус данԥсы ашьҭахь?
Изыбзоурозеи Анцәа Иажәа аҟынтә аҵабырг ҿыц иахьаатыз?