Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ииуль ад. 8—13
  • Абиблиа аҟынтә еилышәкааз шҵабыргу агәра ганы шәыҟаз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абиблиа аҟынтә еилышәкааз шҵабыргу агәра ганы шәыҟаз
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИЗКУ АДЫРРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА
  • ИҲАЦХРААУАЗЕИ АҴАБЫРГ АХЬ ҲАГӘРАХАҴАРА АРӶӘӶӘАРА?
  • АУАҨЫ АБИБЛИА ИАНУ ШҴАБЫРГУ АГӘРА ИРГАРА ШӘАЗХИАЗ
  • АБИБЛИАТӘ ԤААИМБАРАЖӘАҚӘА ҬЫШӘҴААЛА
  • Лак-ҩакрада аҵабырг шәадгылаз!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа аиқәхаразы аҟәыӷара аԥшаара шәрыцхраа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Аҵабырг мҩа шәанымҵын
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Аҵабырг амҩала шәцала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ииуль ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 28

Абиблиа аҟынтә еилышәкааз шҵабыргу агәра ганы шәыҟаз

«Иудырҵаз, насгьы зыгәра удыргаз ахаангьы иаанумыжьын» (2 ТИМ. 3:14, АдҾ).

АШӘА 56 Цқьа аҵабырг ҭҵаа

АХҲӘААa

1. Иаанагозеи ҳара ҳзы ажәа «аҵабырг»?

«ИШԤЕИЛУКААИ уара аҵабырг?» «Ухәыҷаахыс иудыруама аҵабырг?» «Шаҟа шықәса ҵуазеи аҵабырг удыруеижьҭеи?» Иҟалап шәара абарҭ азҵаарақәа шәырҭахьазар, мамзаргьы шәхаҭа урҭ аӡәы ишәҭахьазар. Иаанагозеи ҳара ҳзы ажәа «аҵабырг»? Ҳара уи ажәа анаҳҳәо, ҳхаҿы иааиуеит зыгәра ҳго, Анцәа ҳашимҵахырхәо, насгьы ҳшынхо. «Аҵабырг» здыруа ауаа ирдыруеит Абиблиа иаҳәо, уи адагьы, дара уи иану апринципқәа ирықәныҟәоит. Уи абзоурала дара амцҵарақәа рҟынтә ахақәиҭра рымоуп, насгьы Аҩсҭаа идунеи аҿы ишынхогьы, рыԥсҭазаара гәырӷьарала иҭәуп (Иоанн 8:32).

2. Игәазырԥхар алшозеи ауаҩы аҵабырг, Иоанн 13:34, 35 иану инақәыршәаны?

2 Ишәгәазырԥхазеи шәара аҵабырг? Иҟалап уи Иегова имаҵзуҩцәа рхымҩаԥгашьа акәзар (1 Пиотр 2:12). Мамзаргьы дара иаадырԥшыз абзиабара акәзар. Раԥхьаӡакәны аизарахь инеиуа аӡәырҩы џьаргьы ирымбацыз абзиабара рбоит, уи асценаҟынтә ираҳауа аасҭа ргәаҿы иаанхоит. Ҳара уи џьаҳшьаӡом, избанзар Иисус иҳәахьан иҵаҩцәа ирыбжьоу абзиабарала зегьы ирылукаартә ишыҟалоз. (Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35.) Аха агәрахаҵара ӷәӷәа ҳамазарц ҳҭахызар, еиҭа ак ҟаҳҵароуп.

3. Иҟалар алшозеи Анцәа дызхаҳҵо аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшуа абзиабара ахьаҳгәаԥхо мацара азы акәзар?

3 Ақьырсианцәа ирыбжьоу абзиабара ахьаҳгәаԥхо даараӡа ибзиоуп, аха ҳагәрахаҵара ӷәӷәазарц азы уи мацара азхаӡом. Избан? Иаҳҳәап, аизара аиҳабы, апионер, ма даҽа қьырсианк агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит. Мамзаргьы шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо аӡәы шәгәы шәирхьит. Ма аҵабырг дацәхьаҵны, зыгәра ҳго иашаӡам ҳәа аҳәара далагеит. Иҟашәҵозеи шәара? Шәаҟәыҵуама Иегова имаҵ аура? Анцәа дызхашәҵо аӡәы ихымҩаԥгашьа ахьышәгәаԥхо мацара азы акәзар, шәыгәрахаҵара ашьаҭа ӷәӷәахом. Ҳәарада, Иегова ижәлари иареи рахь ишәымоу абзиабара шәыгәрахаҵара аизырҳара ишәыцхраауеит. Аха Иегова изкны еилышәкаауа шҵабыргу агәра ганы шәыҟазарц азы хшыҩзышьҭрала Абиблиа ҭышәҵаалароуп, шәзыԥхьо шәазхәыцлароуп, насгьы аҭҵаара мҩаԥыжәгалароуп. Шәара агәра ганы шәыҟазар ауп Иегова изкны Абиблиа иаҳнарҵо шҵабыргу (Рим. 12:2).

4. Иахьуазеи шьоукы рыгәрахаҵара аԥышәарақәа ианрықәшәо, Матфеи 13:3—6, 20, 21 ирну инақәыршәаны?

4 Иисус иҳәеит шьоукы «игәырӷьаҵәа» аҵабырг шрыдыркыло, аха ауадаҩрақәа ианрықәшәо рыгәрахаҵара шырцәыӡуа. (Шәаԥхьа Матфеи 13:3—6, 20, 21.) Иҟалап дара ирзеилымкаауазар Иисус ишьҭанеира ауадаҩрақәа шацу (Матф. 16:24). Мамзаргьы ргәы иаанагозар ауеит иқьырсианцәахар, ахаан ауадаҩра роуӡом, ма Анцәа еснагь ауадаҩрақәа ирцәихьчалоит ҳәа. Аха ари адунеи аҿы уи аҩыза зыҟалом. Ҳҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахлар ауеит, уи ҳгәы канажьлар алшоит (Аԥсал. 6:6; Еккл. 9:11).

5. Ишԥаадырԥши аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы Абиблиа аҟынтә еилыркааз шҵабыргу агәра шырго?

5 Еиҳараҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшхьеит Абиблиа аҟынтә еилыркааз шҵабыргу агәра ганы ишыҟоу. Ишԥа? Дара рыгәрахаҵара ԥсыҽхаӡом аизараҿы аӡәы ргәы дирхьуазаргьы, ма ақьырсиан ишихәҭам еиԥш ихы мҩаԥигозаргьы (Аԥсал. 119:165). Аԥышәарақәа ирықәшәацыԥхьаӡа, урҭ рыгәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Иак. 1:2—4). Ишәыцхраар алшозеи шәаргьы уи аҩыза агәрахаҵара аизырҳара?

АНЦӘА ИЗКУ АДЫРРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

6. Шьаҭас иамази актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рыгәрахаҵара?

6 Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рыгәрахаҵара шьаҭас иамаз Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә ирымаз адыррақәеи Христос идирҵоз аҵарақәеи ракәын, даҽакала иуҳәозар, аиаша-ҵабырг «агәырӷьажәа» (Гал. 2:5). Уи аҵабырг ахь иаҵанакуеит ақьырсиантә ҵабыргқәа зегьы, Иисус иԥсхҭынҵареи иԥсҭалареи ирыдҳәалоу аҵарақәагьы уахь иналаҵаны. Апостол Павел урҭ аҵабыргқәа рыгәра ганы дыҟан. Избан? Избанзар Иԥшьоу Аҩыра ибзианы иҭиҵаауан, насгьы уи ихы иархәаны егьырҭ ауаагьы агәра диргон Христос ауаа иԥсы рыхҭниҵараны дшыҟаз, анаҩс иԥсы шҭалоз (Аус. 17:2, 3). Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа урҭ аҵарақәа рыдыркылеит. Иара убас дара Анцәа Иажәа аилкаараҿы иԥшьоу адоуҳа ацхыраара иақәгәыӷуан. Дара урҭ аҵарақәа Иԥшьоу Аҩыра ишану агәра ргар рҭахын, убри аҟынтә уи ҭырҵаауан (Аус. 17:11, 12; Аур. 5:14). Дара рыгәрахаҵара шьаҭас иамаз ацәаныррақәа рымацара ракәӡамызт. Дара Иегова имаҵ зыруаз рашьцәеи раҳәшьцәеи аамҭа рыцыхгара ахьыргәаԥхоз мацаразы акәӡамызт. Рыгәрахаҵара шьаҭас иамаз Анцәа изкны еиздырҳауаз ииашоу адыррақәа ракәын (Кәал. 1:9, 10).

7. Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа шьаҭас измоу ҳагәрахаҵара?

7 Анцәа Иажәа иану аҵабырг ахаангьы аҽаԥсахӡом (Аԥсал. 119:160). Уи аҽаԥсахӡом, иаҳҳәап, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аӡәы ҳгәы ҳирхьыргьы, ма агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵаргьы. Уи аҽаԥсахӡом ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы. Убри аҟынтә абиблиатә ҵарақәа ибзианы иаҳдыруазар ауп, насгьы урҭ шҵабыргу агәра ганы ҳаҟазар ауп. Амшын аныцәқәырԥо аԥырсал аӷба шыннакыло еиԥш, Абиблиа шьаҭас измоу ҳагәрахаҵара аԥышәарақәа раан ҳахьчоит. Иҳацхраар алшозеи еилаҳкааз аҵабырг ахь ҳагәрахаҵара арӷәӷәара?

ИҲАЦХРААУАЗЕИ АҴАБЫРГ АХЬ ҲАГӘРАХАҴАРА АРӶӘӶӘАРА?

8. Ицхраазеи Тимофеи зыгәра игоз шҵабыргыз агәра агара, 2 Тимофеи иахь 3:14, 15 излаҳнарбо ала?

8 Тимофеи иидыруаз шҵабыргыз агәра ганы дыҟан. Избан? (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:14b, 15.) Иани иандуи «аԥшьа ҩырақәа» ирныз идырҵон. Аха, ҳәарада, иара ихаҭагьы урҭ ҭиҵаауан. Убри зегьы уи шҵабыргыз агәра агара ицхрааит. Ԥыҭрак ашьҭахь Тимофеи иани, иандуи, иареи ақьырсиантә ҵарақәа рыӡбахә раҳаит. Ҳәара аҭахума, Тимофеи игәаԥхеит Иисус иҵаҩцәа иаадырԥшуаз абзиабара. Иара иҭаххеит урҭ аамҭа рыцихигаларц, насгьы дрыцхрааларц (Флп. 2:19, 20). Ус шакәызгьы, игәрахаҵара шьаҭас иамаз иашьцәеи иаҳәшьцәеи рахь имаз абзиабара мацара акәӡамызт. Иара Абиблиа иану аҵарақәа шҵабыргу агәра ганы дыҟан, уи Иегова имаҵ аура игәазҭанаҵон. Шәаргьы Абиблиа Иегова изкны иану хшыҩзышьҭрала иҭышәҵаалароуп.

9. Иарбан ихадоу ҵабыргқәоу зыгәра ганы шәыҟазар шәыхәҭоу?

9 Раԥхьа шәара ихадоу х-ҵабыргк рыгәра жәгароуп. Актәи, Иегова Зегьзшаз Анцәа шиакәу агәра ганы шәыҟазар ауп (Ақәҵ. 3:14, 15; Аур. 3:4; Аат. 4:11). Аҩбатәи, ибзианы ижәдыруазар ауп Абиблиа Анцәа идоуҳа зҵоу, ауаа рзы иаацҳара зну шәҟәны изышәыԥхьаӡо (2 Тим. 3:16, 17). Ахԥатәи, агәра ганы шәыҟазароуп Иегова имаҵ зуа ауаа ргәыԥ еиҿкааны ишимоу, насгьы урҭ Христос дшырхагылоу, уи агәыԥ — Иегова ишаҳаҭцәа шракәу (Ис. 43:10—12; Иоанн 14:6; Аус. 15:14). Арҭ аҵабыргқәа рыгәра жәгарц азы Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа ижәдыруазар акәӡам. Хықәкыс ишәымазар шәыхәҭоу «шәыхшыҩ шәхы иархәаны» Абиблиа иану шҵабыргу шәхы агәра аргара ауп (Рим. 12:1, АдҾ).

АУАҨЫ АБИБЛИА ИАНУ ШҴАБЫРГУ АГӘРА ИРГАРА ШӘАЗХИАЗ

10. Иазхома аҵабырг адырра мацара? Иҳаилшәыркаа.

10 Анцәеи, Абиблиеи, Анцәа ижәлари ирызку ихадоу х-ҵабыргк рыгәра аныжәгалак ашьҭахь, Абиблиа шәхы иархәаны урҭ аҵабыргқәа егьырҭ рзеиҭаҳәара шәазхиазароуп. Избан? Избанзар ақьырсианцәа раҳасабала, ҳара еилаҳкаауа ауаа ирзеиҭаҳҳәалароуп, уи ҭакԥхықәрас иҳадупc (1 Тим. 4:16). Ауаа Абиблиа иану аҵабырг агәра дыргара ҳҽаназаҳшәо, ҳагәрахаҵарагьы еиҳа иӷәӷәахоит.

11. Иарбан ҿырԥшу апостол Павел рҵаҩык иаҳасабала иҳаиҭаз?

11 Апостол Павел ауаа Иисус изку аҵабырг андирҵоз Моисеи изакәани аԥааимбарцәеи ирҳәақәахьаз ихы иархәаны зыгәра угашаз ашьақәырӷәӷәарақәа рзааигон (Аус. 28:23). Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Павел ауаа аҵабырг андҳарҵо? Абиблиа иану ауаҩы изеиҭаҳәара мацара азхаӡом. Ҳара Абиблиа зҳарҵо ауаҩы ҳицхраалароуп Абиблиа иану ибзианы аҭҵаара, насгьы азхәыцра, усҟан иара Иегова дизааигәахалоит. Ҳара иаҳҭахӡам дара ҳаҳаҭыр азы аҵабырг рыдыркыларц, иаҳҭахуп рхаҭа агәра ргарц бзиа ҳазбо Ҳанцәа изкны Абиблиа аҟынтә еилыркааз шҵабыргу.

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоу» дырҵо, агәрахаҵара аизырҳара шәрыцхраала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)e

12, 13. Иҟарҵар рылшозеи аҭаацәа рхәыҷқәа аҵабырг ахаангьы иаанырмыжьырц азы?

12 Аҭаацәа, шәара, ҳәарада, ишәҭахӡам шәхәыҷқәа знымзар-зны аҵабырг аанрыжьыр. Шәхәыҷқәа аизараҿы аҩызцәа бзиақәа рымазар, доуҳала еизҳалоит ҳәа шәхәыцуазар алшоит. Аха дара еилыркааз шҵабыргу агәра ганы иҟазарц азы уи мацара азхаӡом. Дара рхаҭагьы Иегова бзиа дырбар ауп, насгьы Абиблиа иану шҵабыргу агәра ргар ауп.

13 Аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа изку аҵабырг ддырҵарц рҭахызар, рхаҭа Абиблиа ибзианы иҭырҵаалар ауп. Аҭаацәа еилыркаауа иазхәыцларц азы аамҭа рыԥшаалароуп. Усҟан рхәыҷқәагьы уи ддырҵар рылшоит. Дара рхәыҷқәа иддырҵароуп Абиблиа аҭҵааразы иҳамоу амыругақәа рхархәашьа, даҽаӡәы Абиблиа идырҵозҭгьы уи шидырҵарыз еиԥш. Усҟан ахәыҷқәа Иегова бзиа дырбалоит, насгьы Абиблиа аилкаара дҳацхраарц азы игәрагоу, иҟәышу атәы ихы дшаирхәо агәра ргалоит (Матф. 24:45—47). Аҭаацәа, ишәхашәмыршҭлан шәхәыҷқәа ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа дырҵара мацара шазымхо. Урҭ рықәреи рылшарақәеи зеиԥшроу шәахәаԥшны «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоу» дшәырҵала (1 Кор. 2:10). Убасҟан агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара шәрыцхраауеит.

АБИБЛИАТӘ ԤААИМБАРАЖӘАҚӘА ҬЫШӘҴААЛА

14. Избан абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаалар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш арамка «Ишәылшома арҭ аԥааимбаражәақәа ҳаилшәыркаар?».)

14 Абиблиатә ԥааимбаражәақәа Анцәа Иажәа аҿы ихадоу аҭыԥ ааныркылоит, урҭ Иегова иахь ҳагәрахаҵара дырӷәӷәоит. Иарбан ԥааимбаражәақәоу хаҭала шәара шәыгәрахаҵара зырӷәӷәо? Иҟалап уи аҵыхәтәантәи амшқәа ирызку аԥааимбаражәақәа ракәзар (2 Тим. 3:1—5; Матф. 24:3, 7). Аха иҟоума шәыгәрахаҵара зырӷәӷәо егьырҭ аԥааимбаражәақәа? Иаҳҳәап, ишәылшома Даниил 2-тәи ахы, ма 11-тәи ахы иану аԥааимбаражәақәа шынаӡаз, насгьы иахьа анаӡара ишаҿу аӡәы иеилыркаара?d Шәыгәрахаҵара шьаҭас иамоу Абиблиа акәзар, уи акымзарак ахьраны иҟам. Ҳахәаԥшып Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа ирықәшәоз Германиа инхоз ҳашьцәа рҿырԥштәы. Усҟан дара аҵыхәтәантәи амшқәа ирызку аԥааимбаражәақәа аҵыхәтәанынӡа ишырзеилымкаауазгьы, Анцәа Иажәа ахь агәрахаҵара ӷәӷәа рыман.

Ишәылшома арҭ аԥааимбаражәақәа ҳаилшәыркаар?

  • Аатра 11:3, 7—12. «Ҩыџьа ашаҳаҭцәа» 1 260 мшы шаҳаҭра рулоит, анаҩс иршьуеит, аха рыԥсы ҭаҵахоит (w14-​U 15/11 30)

  • Матфеи 13:36—43. Ачарыци амыркаџьи (w13-​U 15/7 9—14)

  • 1 Фессалоникаа рахь 5:3. Ажәлар «аҭынчреи ашәарҭадареи» рыларҳәоит (w19.10 8, 9)

  • Иезекииль 38:2, 10—20. «Адгьыл Магог аҟынтә Гог» ижәылара (w19.09 11, 12)

Абиблиеи уи иану аԥааимбаражәақәеи ахьҭаҳҵаауа абзоурала ҳара ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит, уи ашьҭашәарыцарақәа раан иҳацхраауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15—17.)f

15—17. Ишԥарыцхрааи анацистцәа зышьҭашәарыцоз ҳашьцәа Абиблиа ахьҭырҵаауаз?

15 Германиа анацистцәа рнапаҵаҟа ианыҟаз, зықьҩыла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аконцлагерқәа рахь ишьҭын. Гитлери аҭыԥ ду аанызкылоз Гиммлери Иегова ишаҳаҭцәа даараӡа ирцәымӷын. Иаҳәшьак излалҳәаз ала, аконцлагер иҭакыз ҳаҳәшьцәа Гиммлер ус реиҳәеит: «Иегова ҳәа шәзышьҭоу ажәҩан аҿы напхгара иулааит, ара, адгьыл аҿы, напхгара зуа ҳа ҳауп! Ҳауа еиқәхо дызусҭахо ҳа ишәҳарбап!» Ирыцхраазеи Иегова имаҵзуҩцәа азиашара ахьчара?

16 Урҭ Абиблиа аҭҵааҩцәа ирдыруан 1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагаз. Дара зынӡаск иџьарымшьаӡеит ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа иахьрықәшәаз. Дара агәра ганы иҟан ауаҩытәыҩсатә напхгаҩцәа Анцәа игәаԥхара анагӡара ишзаҿамгыло. Ирдыруан Гитлер аиаша мҵахырхәара шизықәымго, насгьы Анцәа Иаҳра аасҭа иӷәӷәоу анапхгара шизаԥымҵо. Ҳашьцәа агәра ганы иҟан знымзар-зны Гитлер инапхгара шхыбгало.

17 Урҭ ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зықәгәыӷуаз ҟалаҵәҟьеит. Хара имгакәа анацистцәа ррежим хыбгалеит. «Ара, адгьыл аҿы, напхгара зуа ҳа ҳауп» ҳәа зҳәаз Гиммлер иԥсы еиқәирхарц азы дыбналар акәхеит. Убри аамҭазы аиашьа Лиубкеи иареи еиҿаҳаит. Гиммлер идыруан аиашьа Лиубке аконцлагерқәа ирҭакыз Абиблиа аҭҵааҩцәа дшыруаӡәкыз. Ишәаҟьаны иҟаз Гиммлер ҳашьа ус диазҵааит: «Абиблиа аҭҵааҩы, изакәызеи ҳзықәшәаз?» Аиашьа иҳәеит Иегова ишаҳаҭцәа агәра ганы ишыҟаз анацистцәа ррежим шхыбгало, насгьы дара шеиқәырхахо. Иегова ишаҳаҭцәа иҟоу зегь рықәызҳәацәоз Гиммлер уажәы ииҳәо иҿамшәо дгылан. Дук мырҵыкәа иара иҽишьит. Иҳаилнаркаауазеи ари ахҭыс? Абиблиа, насгьы уи иану аԥааимбаражәақәа ахьҭаҳҵаауа абзоурала ҳара ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит, уи ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәо, азиашара ахьчара иҳацхраауеит (2 Пиотр 1:19—21).

18. Избан адырреи аҟәыӷареи реизырҳара зҳахәҭоу, Иоанн 6:67, 68 иану инақәыршәаны?

18 Ҳара ақьырсианцәа зегьы ирылызкаауа абзиабара ааҳарԥшлароуп. Аха уи адагьы, адырреи аҟәыӷареи еизҳарҳалароуп (Флп. 1:9). Ус ҟаҳамҵалар, «еиуеиԥшым аҵара-дыррақәа рыцәқәырԥа анахь-арахь ҳрыманы, мамзаргьы ауаа рыгызмалрақәеи рымцҳәарақәеи ҳашьҭԥаа» ҳаргар ауеит, аҵабырг иацәхьаҵыз рымцгьы уахь иналаҵаны (Еф. 4:14). Актәи ашәышықәсазы зхыԥхьаӡара маҷмыз аҵаҩцәа Иисус ишьҭанеира ианаҟәыҵ, апостол Пиотр Иисус иеиҳәеит: «Уара уажәақәа наӡаӡатәи абзазара иазҳәоуп». (Шәаԥхьа Иоанн 6:67, 68.) Убас ала иааирԥшит Иисус иахь агәрахаҵара ӷәӷәа шимаз. Пиотр усҟан Иисус ииҳәоз зегь шизеилымкаауазгьы, ишьҭанеира иаԥсаӡам ҳәа дымхәыцӡеит, избанзар уи Христос шиакәу агәра ганы дыҟан. Шәаргьы Абиблиа аҟынтә еилышәкаауа шҵабыргу агәра ганы шәыҟазароуп. Усҟан аԥышәара ӷәӷәа шәақәшәаргьы, шәыгәрахаҵара ԥсыҽхаӡом, уи адагьы, егьырҭ агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара шәрыцхраауеит (2 Иоанн 1, 2).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ҳагәрахаҵара ӷәӷәазарц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара мацара заҳзымхо?

  • Ишԥашәылшо Абиблиа иану шҵабыргу агәра жәгар?

  • Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо аҵабырг еиӷьны аилкаара ҳрыцхраар?

АШӘА 72 Аҳра иазку аҵабырг рылаҳҳәоит

a Ари астатиа ҳацхраауеит Анцәа Иажәа иану аҵабыргқәа еиҳагьы рыхә ашьара. Иара убас уи иҳаилнаркаауеит зыгәра ҳго шҵабыргу ибзиаҵәҟьаны иаҳдыруазарц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.

b 2 Тимофеи иахь 3:14, АдҾ: «Аха уара иудырҵаз, насгьы зыгәра удыргаз ахаангьы иаанумыжьын, избанзар уи узырҵаз зусҭцәоу удыруеит».

c Ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа ауаа деилыркаара еиҳа ишәзымариахарц азы шәрыԥхьа арубрика «Разговор на библейскую тему» аҟны иаагаз астатиақәа. Урҭ астатиақәа уԥылоит 2010 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа иҭыҵуаз «Ахьчаратә бааш» аҿы. Уа еилырган абас еиԥш иҟоу атемақәа: «Является ли Иисус Богом?», «Когда Царство Бога начало править? (часть 1)», «Когда Царство Бога начало править? (часть 2)», «Наказывает ли Бог людей мучениями в аду?».

d Урҭ аԥааимбаражәақәа еилыргоуп ииун 15, 2012 шықәсазы, астатиақәа «Иегова — Бог, открывающий тайны», «Кто такие восемь царей», «Иегова открывает, „что вскоре должно произойти“», насгьы маи 2020 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы аҭаацәа рхәыҷқәа арыцҳара ду иазку аԥааимбаражәа рыцҭырҵаауеит.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Арыцҳара ду аан, уи аҭаацәара шәаҟьаны, иҟарҵо рзымдыруа иқәхаӡом.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра