Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 август ад. 14—19
  • Аҵабырг амҩала шәцала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҵабырг амҩала шәцала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • БЗИА ИЗАҲБОЗЕИ АҴАБЫРГ
  • АҴАБЫРГ БЗИА ИШАҲБО АУС АҾЫ ИШААҲАРԤШУА
  • «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • «Аҵабырг аахә, иумҭиин»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 август ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 34

Аҵабырг амҩала шәцала

«Схәыҷқәа аиаша-ҵабырг гәык-ԥсыкала иахьазыҟоу иснаҭо агәырӷьара еиҳау даҽа гәырӷьарак сԥылом» (3 ИОАНН 4).

АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа

АХҲӘААa

1. Бзиа изаҳбозеи аҵабырг шеилаҳкааз аиҭаҳәара?

«ИШԤЕИЛУКААИ аҵабырг?» Иҟалап ари азҵаара аҭак аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәанрабадыруаз зныкымкәа иҟашәҵахьазар. Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дшеилыркааз, насгьы бзиа дшырбаз анеиҭарҳәо рзыӡырҩра ҳгәаԥхоит. Ҳхаҭақәа ҳзгьы аҵабырг ахә шаҟа иҳараку аиҭаҳәара ҳгәаԥхоит (Рим. 1:11). Урҭ рҩызцәа аицәажәарақәа аҵабырг бзиа ишаҳбаз, насгьы уи ахә шаҟа иҳараку ҳгәаладыршәоит. Уи еиҳагьы агәаҳәара ҳнаҭоит аҵабырг амҩала ацаразы. Ари амҩаҿы Иегова иҟынтә аҳамҭеи иразреи ҳауеит (3 Иоанн 4).

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Шәааи раԥхьа еилҳаргап аҵабырг бзиа изаҳбо узырбо мзызқәак. Анаҩс ҳалацәажәап уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо аус аҿы иааҳарԥшлар шҳалшо. Уи Иегова аҵабырг аилкаара дахьҳацхрааз азы еиҳагьы ҭабуп ҳәа иаҳәара ҳгәазҭанаҵоит (Иоанн 6:44). Иара убас Абиблиа иану аҵабырг егьырҭ рзеиҭаҳәара еиҳагьы агәаҳәара ҳнаҭоит.

БЗИА ИЗАҲБОЗЕИ АҴАБЫРГ

3. Иарбан ихадоу мзызу аҵабырг бзиа абаразы иҳамоу?

3 Ҳара аҵабырг бзиа абаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Зегь раасҭа ихадоу — аҵабырг иахыҵхырҭоу Анцәа бзиа дахьаҳбо ауп. Иара Иажәа, Абиблиа, аҭҵаара абзоурала ҳара еилаҳкааит иара Зегьзымчу, дгьыли-жәҩани Зшаз шиакәу адагьы, ахаара аазырԥшуа, иаҳхылаԥшуа, бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб шиакәугьы (1 Пиотр 5:7). Ҳанцәа «арыцҳашьара злоу, згәы ҭбаау, ачҳара злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу Нцәоуп» (Ақәҵ. 34:6). Иегова аиашара бзиа ибоит (Ис. 61:8). Иара ҳзықәшәо агәаҟрақәа анибо игәы инархьуеит. Иара иҭахуп — даара иҭахуп! — иазалихыз аамҭазы агәаҟрақәа зегь рҵыхәтәа ԥиҵәарц (Иер. 29:11). Шаҟа ҳазыԥшузеи уи аамҭа! Иџьашьатәӡам Иегова абас бзиа дахьаҳбо.

Абиблиа иану аҵабырг иаҿырԥшуп... Аԥырсал

Аԥырсал аӷба ҭыԥк аҿы иааннакылоит, ацаҟьа ианҟьаны иԥымҽырц азы. Убас еиԥшҵәҟьа Абиблиа шьаҭас измоу ҳгәыӷра ауадаҩра цәгьақәа раан ҳгәы акамыжьра иҳацхраауеит. Ҳара ҳгәыӷра егьырҭгьы ирыцеиҩаҳшалароуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4—7.)

4, 5. Избан апостол Павел иҳамоу агәыӷра аԥырсал изаҿирԥшыз?

4 Избан ҳара аҵабырг иҵегьы бзиа изаҳбо? Избанзар уи ахәарҭа ду ҳзаанагоит. Абар ҿырԥштәы заҵәык. Абиблиа иану аҵабырг агәыӷра ҳнаҭоит. Уи агәыӷра шаҟа ихадоу ааирԥшырц азы, апостол Павел иҩит, уи «ҳгәы-ҳаԥсы ԥырхага рызымҭо, изыхьчо аԥырсал иаҩызоуп» ҳәа (Аур. 6:19). Аԥырсал аӷба ҭыԥк аҿы иааннакылоит, ацаҟьа ианҟьаны иԥымҽырц азы. Убас еиԥш, Абиблиа шьаҭас измоу ҳгәыӷра, ҳаԥсҭазаараҿы афырҭын иаҩызоу ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, ҳаӷәӷәаны аанхара иҳацхраауеит.

5 Павел арҭ ажәақәа аниҳәоз доуҳала иалху ақьырсианцәа ирымоу жәҩантәи агәыӷра акәын дызлацәажәоз. Аха урҭ ажәақәа џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу Анцәа имаҵзуҩцәагьы ирыҵанакуеит (Иоанн 3:16). Уи аҩыза агәыӷра ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит.

6, 7. Ишԥалыцхрааи Ивон ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара зеиԥшрахо иазкны аҵабырг ахьеилылкааз?

6 Абар Ивон зыхьӡу иаҳәшьак лҭоурых. Данхәыҷыз лара аҵабырг аӡбахә лмаҳаӡацызт, насгьы аԥсра цәгьала дацәшәон. Зны шәҟәык аҿы абарҭ ажәақәа шаныз лбеит: «Иааиуеит амш уаҵәы аныҟамло». Урҭ ажәақәа лхы иҭыҵуамызт. Ивон илҳәоит: «Уи ашьҭахь аухантәарак сзыцәомызт. Ԥхьаҟатәи сыԥсҭазаара сшазхәыцуаз исыршеит. „Аԥсҭазаара ҵакык амазароуп, — схәыцуан сара. — Сины адәы сзықәлазеи?“ Сара аԥсра сҭахӡамызт!»

7 Ԥыҭрак ашьҭахь, Ивон маҷк ианлызҳа, Иегова ишаҳаҭцәа драбадырит. Лара иацылҵоит: «Сара џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра соуит». Ишԥалыцхрааи ҳаҳәшьа аҵабырг ахьеилылкааз? Лара илҳәоит: «Ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара зеиԥшрахо, ма аԥсра иазку ахәыцрақәа уаҳа сыцәа дырҟьалаӡом». Ивон аҵабырг ахә ҳаракны илшьоит, насгьы илымоу агәыӷра аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара бзиа илбоит (1 Тим. 4:16).

Абиблиа иану аҵабырг иаҿырԥшуп... Ахазына

Иегова иахьа уажәнатә имаҵ аура алшара ахьҳамоу, насгьы аԥхьаҟа Аҳра анапхгара аҵаҟа наӡаӡа ирҳаракра алшара ахьҳамазаауа — ҳамҭа дууп. Уи азы ак мап ацәаҳкуазаргьы, ахаан ҳахьхәӡом! (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—11.)

8, 9. а) Ахә шԥеишьеи Иисус ажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәаз ауаҩы иибаз ахазына? б) Шаҟа ахә ҳаракны ишәшьозеи шәара аҵабырг?

8 Иаҵанакуазеи иҵегьы абиблиатә ҵабырг ахь? Анцәа Иаҳра иазку узыргәырӷьо ажәабжь. Иисус Аҳра иазку аҵабырг иҵәаху ахазына иаҿирԥшит. Иара иҳәеит: «Жәҩантәи Аҳра аиԥшуп иара убас амхаҿы иҵәаху ахазына, уи збаз ауаҩы дгәырӷьаҵәа иибаз ирзауам, дашьҭоуп имоу зегьы ҭины убри амхурсҭа зегьы аахәара» (Матф. 13:44). Иазгәашәҭ, уи ауаҩы ахазынақәа ирышьҭаз иакәӡамызт. Аха ианиба, уи иоурц азы акгьы дамеигӡаӡеит. Иисус излеиҳәаз ала, уи имаз зегь иҭиит. Избан ус зыҟаиҵаз? Иара идыруан уи ахазына шаҟа ахә ҳаракыз. Уи ииҭииз аасҭа ахә акырӡа еиҳан.

9 Шәаргьы аҵабырг убас шәазыҟоума? Агәра ганы ҳаҟоуп ус шакәу! Иегова имаҵ аура иаҳзаанаго агәырӷьара ари адунеи иҳаднагало акгьы иузаҿырԥшуам. Уи адагьы, ҳара Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳамоуп. Ҳара Иегова ҳаиҩызахарц азы ак мап ацәаҳкзаргьы, уи ҳаиҩызара аасҭа зыхә ҳараку акгьы ыҟаӡам! Иегова игәы аҟаҵара иаҳзаанаго агәырӷьара аасҭа еиҳау агәырӷьара ҳара ҳзы иҟаӡам (Кәал. 1:10).

10, 11. Игәазҭазҵазеи Маикл иԥсҭазаара шьаҭанкыла аԥсахра?

10 Иегова дҳаргәырӷьаларц азы, аӡәырҩы ҳаԥсҭазаара шьаҭанкыла иҳаԥсахит. Шьоукы аусура бзиа аанрыжьит, егьырҭ амал ду арҳара иаҟәыҵит. Иҟоуп Иегова данеилыркаа зынӡа даҽа уаҩны иҟалазгьы. Маикл изгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Данқәыԥшыз иара акарате далан. Иара иҳәоит: «Сара сыӷәӷәаҟацаӡа сахьыҟаз сахыҽхәон. Исиааиуа уаҩ дыҟам ҳәагьы зны-зынла сгәы иаанагон». Аха Маикл Абиблиа аҵара даналага, Иегова ақәымчра дшазыҟоу еиликааит (Аԥсал. 11:5). Абиблиа изырҵоз аҭаацәара рзы абас иҳәоит: «Урҭ ахаан исарҳәаӡомызт акарате аансыжьроуп ҳәа. Дара Абиблиа иану аҵабырг сырҵара иаҿын».

11 Маикл Иегова еиҳа еиӷьны деиликаацыԥхьаӡа еиҳагьы иӷәӷәаны бзиа дибон. Еиҳараӡак игәаҵанӡа инеит Иегова имаҵзуҩцәа рахь арыцҳашьара шааирԥшуа анеиликаа. Ԥыҭрак ашьҭахь Маикл еиликааит иԥсҭазаара иԥсахыр шихәҭаз. «Сара издыруан акарате ааныжьра зегь раасҭа ишысцәыцәгьахоз. Аха иара убас еилыскаауан, усҟан Иегова дышсыргәырӷьоз. Сара агәра ганы сыҟан Иегова имаҵ ауразы акгьы ишеигӡатәым». Маикл ииԥшааз аҵабырг ахә ҳаракны ишьеит. Уи иԥсҭазаара шьаҭанкыла аԥсахра игәазҭанаҵеит (Иак. 1:25).

Абиблиа иану аҵабырг иаҿырԥшуп... Алашарбага

Алашара жжаӡа иузырбо алашарбага алашьцараҿы амҩа аԥшаара иуцхраауеит. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа Иажәа Аҩсҭаа идунеи алашьцараҿы ҳамҩа арлашоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)

12, 13. Ишԥарлашеи Абиблиа иану аҵабырг Маили лыԥсҭазаара?

12 Аҵабырг ахә шаҟа иҳараку аарԥшразы Абиблиаҿы уи алашьцараҿы алашара узырбо алашарбага иаҿырԥшуп (Аԥсал. 119:105; Еф. 5:8). Абар Азербаиџьан инхо Маили лҭоурых. Анцәа Иажәа иану аҵабырг Маили лыԥсҭазаара арлашеит. Лҭаацәа рдинхаҵара еиԥшӡамызт. Лаб дыԥсылманын, лан аиудеитә дин ныҟәылгон. Маили илҳәоит: «Сара Анцәа дшыҟоу еснагь агәра згон. Аха зҵаарақәак ҭаха сырҭомызт. Сара исзеилкаауамызт: „Изишазеи Анцәа ауаа? Избан шьоукы рыԥсы ахьынӡаҭоу изгәаҟуа, ианԥслак ашьҭахьгьы џьаҳаным наӡаӡа изгәаҟло?“ Ауаа ирҳәон, Анцәа ус иҭахуп ҳәа, аха сара исзеилкаауамызт: „Анцәа изы ауаа акгьы иаԥсаӡами? Урҭ ахьгәаҟуа игәы ҟанаҵома?“».

13 Маили лызҵаарақәа рҭакқәа рыԥшаара даҟәымҵӡеит. Аамҭак ашьҭахь лара Абиблиа аҵара далагеит, насгьы Иегова ишаҳаҭ лакәны дҟалеит. Лара илҳәоит: «Абиблиа иану алогика шаҵоу збеит. Уи аԥсҭазаара даҽакала ахәаԥшра исыцхрааит. Сызҵаарақәа рҭакқәа ансоу, сгәы ҭынчхеит». Ҳәара аҭахума, ҳара Иегова ирҽхәаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп, избанзар «алашьцарахьтә Иара илашара ссир ашҟа» ҳааиԥхьеит (1 Пиотр 2:9).

14. Иҳацхраауазеи аҵабырг еиҳагьы бзиа абара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Егьырҭ аиҿырԥшрақәа».)

14 Ҳара аҵабырг ахә шаҟа иҳараку ҳгәалазыршәаз х-ҿырԥштәы заҵәык ҳрыхцәажәеит. Ҳәарада, шәара егьырҭ аҿырԥштәқәагьы шәгәалашәазар ауеит. Ишәылшома хаҭала Абиблиа анҭышәҵаауа аҵабырг бзиа избалатәу иҵегьы амзызқәа шәыԥшаар? Аҵабырг шаҟа бзиа иаҳбало аҟара, убриаҟара уи аус аҿы аарԥшрагьы ҳҭаххалоит.

Егьырҭ аиҿырԥшрақәа

Ари астатиаҿы ҳара иаҳбеит Абиблиаҿы аҵабырг аԥырсал, ахазына, насгьы алашарбага ишаҿырԥшу. Убас егьырҭ аиҿырԥшрақәагьы ааҳгар ҳалшоит. Иаҳҳәап:

  • Абиблиа иану аҵабырг узныԥшыло асаркьа иаҩызоуп. Ҳара Абиблиа ҳаԥхьаны ҳаназхәыцуа, уи ҳхы ҳахәаԥшны ҳҽахьыҳаԥсахша ҳнарбоит (Иак. 1:22—25).

  • Ашоура бааԥс аныҟоу аӡы хьшәашәа ҳгәы ишахәо еиԥш, абиблиатә ҵабырг аӡы ҳаԥсы ҭанаҵоит, ари адунеи аҿы ауаа доуҳала ианӡышо аамҭазы (Аԥсал. 23:2, 3).

АҴАБЫРГ БЗИА ИШАҲБО АУС АҾЫ ИШААҲАРԤШУА

15. Ишԥаҳалшо аҵабырг бзиа ишаҳбо аус аҿы иааҳарԥшыр?

15 Аҵабырг бзиа иаҳбозар, есыҽны Абиблиа ҭаҳҵаалоит, насгьы уи уеилзыркаауа алитература ҳаԥхьалоит. Аҵабырг ҳдыруеижьҭеи акыр ҵуазаргьы есымша иҿыцу ак еилаҳкаалоит. Ари ажурнал раԥхьатәи аҭыжьымҭаҿы ианын: «Аҵабырг аԥсҭазаара захьӡу абнатоураҿы изызҳауа ашәҭ ԥшқа еиԥшуп. Уи абабира еиԥшу амц иаҵәахырц егьагым. Аҵабырг шәыԥшаарц шәҭахызар, уахи-ҽни шәҷаԥшьала. [...] Аҵабырг шәымазарц шәҭахызар, шәхы ларҟәны ишьҭышәх. Шәҭык аҿы шәаанымгылан. [...] Еизыжәгала, шәааҟәымҵӡакәа шәашьҭаз». Аҭҵаара џьабаа ӷәӷәоуп, аха иаанаго алҵшәа уи иаԥсоуп.

16. Иарбан методу шәара Абиблиа аҭҵааразы шәхы иашәырхәо? (Ажәамаанақәа 2:4—6).

16 Ҳабжьара иҟазар ауеит аԥхьареи аҭҵаареи бзиа изымбо. Аха Иегова аҵабырг ҳаԥшааларц, ҳашьҭазарц ҳгәазҭеиҵоит. Иара иҭахуп Иажәа ҳгәы ақәкны иҭаҳҵааларц, насгьы аҵабырг еиҳа-еиҳа еиӷьны еилаҳкааларц. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:4—6.) Уи еснагь алҵшәа бзиақәа аанагоит! Кори зыхьӡу аиашьа хаҭала Абиблиа анҭиҵаауа, зныкала жәеинраалак ауп еилирго. Иара иҳәоит: «Сара албаагақәа, насгьы егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рахь азхьарԥшқәа зегьы срыхәаԥшуеит. Иара убас ҳпубликациақәа схы иархәаны уи ажәеинраала инарҵауланы иҭысҵаауеит. ...Уи аметод абзоурала еилыскаауа рацәоуп!» Ҳхы иаҳархәо аметод зеиԥшразаалакгьы, аҭҵааразы ҳаамҭеи ҳамчқәеи ҳармеигӡозар, аҵабырг ахә ҳаракны ишаҳшьо аус аҿы иааҳарԥшуеит (Аԥсал. 1:1—3).

17. Иаанагозеи аҵабырг ала анхара? (Иаков 1:25).

17 Ҳәарада, ҳара еилаҳкаауеит аҵабырг аҭҵаара мацара шазымхо. Ҳара еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалароуп. Даҽакала иуҳәозар, аҵабырг ала ҳанхалароуп. Убасҟан ауп анасыԥҵәҟьа анҳауа. (Шәаԥхьа Иаков 1:25.) Еилаҳкаар шԥаҳалшо аҵабырг ала ҳанхоу-ҳнымхоу? Иаҳҳәап, ҳхы гәаҳҭар ҳалшоит, ибзиан иҟаҳҵо, насгьы иҵегьы аус зыдулатәу еилаҳкаарц азы. Апостол Павел иҳәеит: «Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап» (Флп. 3:16, АдҾ).

18. Избан аҵабырг амҩала ацара зхадоу?

18 Аҵабырг амҩала ацара аасҭа еиӷьу акгьы ыҟаӡам! Ҳара еиҳа анасыԥ ҳауеит, Иегова игәы ҟаҳҵоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳаргәырӷьоит (Ажәам. 27:11; 3 Иоанн 4). Ҳәара аҭахума, аҵабырг бзиа абаразы, насгьы аҵабырг ала анхаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Бзиа изаҳбозеи аҵабырг?

  • Иҳацхраауазеи аҵабырг еиҳагьы иӷәӷәаны бзиа абара?

  • Ишԥаҳалшо аҵабырг бзиа ишаҳбо аус аҿы иааҳарԥшыр?

АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!

a Лассы-лассы, зыгәра ҳго, насгьы ҳшынхо атәы анаҳҳәо, ажәа «аҵабырг» ҳхы иаҳархәоит. Ҳара Иегова ишаҳаҭ ҳакәны ааигәа ҳҟалазаргьы, ҳхәыҷаахыс Иегова даҳдыруазаргьы, аҵабырг бзиа изаҳбо ҳазхәыцыр бзиоуп. Уи Иегова иргәырӷьара еиҳагьы агәаҳәара ҳнаҭоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра