Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 ноиабр ад. 3—8
  • «Аҵабырг аахә, иумҭиин»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Аҵабырг аахә, иумҭиин»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИААНАГОЗЕИ АҴАБЫРГ ААХӘАРА?
  • МАП ЗЦӘУКЗЕИ УАРА АҴАБЫРГ ААХӘАРАЗЫ?
  • «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аҵабырг амҩала шәцала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 ноиабр ад. 3—8

«Аҵабырг аахә, иумҭиин»

«Аҵабырг аахә, иумҭиин, иара убас ирҳала аҟәыӷареи, амҩақәҵареи, аилкаареи» (АЖӘАМААНАҚӘА 23:23).

АШӘАҚӘА: 94, 96

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Ишԥаҳалшо Иегова иҿы аҵабырг аахәара?

  • Мап зцәыркзеи шьоукы абиблиатә ҵабырг аилкааразы?

  • Шаҟа ахә ҳаракызар акәзеи аҵабырг ҳара ҳзы?

1, 2. а) Ихадоузеи еиҳараӡак уара узы? б) Иарбан ҵабыргқәоу ҳара зыхә ҳшьо, насгьы избан? (Шәрыхәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьақәа.)

ИХАДОУЗЕИ уара узы еиҳараӡак? Иегова ишаҳаҭцәа реиԥш, ҳара еиҳараӡак зыхә ҳшьо иареи ҳареи иҳабжьо аизыҟазаашьақәа роуп. Ҳара урҭ ахаангьы акгьы иахҭныҳаԥсахлом. Иара убас ҳара Абиблиа иану аҵабырг ахә ҳаракны иаҳшьоит, избанзар уи абзоурала Иегова иҩызахара ҳалшоит (Кәаласаа рахь 1:9, 10).

2 Иегова Ҳамҩақәҵаҩ Ду иоуп, убри аҟынтә иара Иажәа, Абиблиа, ала иаҳирҵо зыхә ҳараку аҵабыргқәа рацәоуп. Иегова ихьӡ аҵаки илоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәеи ҳзааиртуеит. Иара иҳаилиркааит даараӡа бзиа иибо Иԥа иԥсҭазаара ҳахҭниҵартә еиԥш бзиа ҳшибо. Иегова Амессиантә Аҳра иазку аҵабыргқәа ҳзааиртуеит. Иара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы агәыӷра ҳаиҭоит, доуҳала иалху рзы аԥсҭазаара ажәҩан аҿы, «егьырҭ ауасақәа» рзы — џьанаҭ дгьыл аҿы (Иоанн 10:16). Иара ҳхы шымҩаԥаҳгалаша ҳирҵоит. Ҳара ҳзы арҭ аҵабыргқәа рыхә даараӡа иҳаракуп, избанзар урҭ Ҳазшаз изааигәахара иҳацхраауеит, насгьы ҳаԥсҭазаара аҵакы арҭоит.

3. Даҳәома Иегова аԥара, аҵабырг ахьҳаилиркаауа азы?

3 Иегова агәыҭбаара злоу Нцәоуп. Иара убасҟак игәы ҭбаауп, Иԥа заҵәгьы ҳара ҳзы димеигӡеит. Иегова ауаҩы аҵабырг аилкаара шиҭаху анибо, уи аԥшаара дицхраауеит. Иара аҵабырг ахьҳаилиркаауа азы аԥара ҳшәарц ахаангьы дҳаҳәаӡом. Зны Симон зыхьӡыз хаҵак апостол Пиотр аԥара идигалеит егьырҭ иԥшьоу адоуҳа рыҭаразы амч иоурц. Пиотр уи ихәыцшьа шиашамыз ааирԥшит, насгьы иҳәеит: «Анцәа илшара раӡныла иаасхәоит ҳәа угәы иаанагазар, уԥарақәа уара иуцҭахааит, иуцыԥсааит» (Аусқәа 8:18—20). Нас иаанагозеи аҵабырг аахәара?

ИААНАГОЗЕИ АҴАБЫРГ ААХӘАРА?

4. Еилаҳкаауазеи аҵабырг иазкны ари астатиа аҟынтә?

4 Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 23:23. Абиблиа иану аҵабырг аилкааразы аџьабаа батәуп. Иара убас уи азы ҳара егьырҭ аусқәа мап рцәаҳкыр ауп. Ҳара аҵабырг анааҳхәа, ма ианеилаҳкаа ашьҭахь, уи ҳамҭирц, ма иаанҳмыжьырц азы ҳгәаҳҽанызар ауп. Ишԥаҳалшо абиблиатә ҵабырг «аахәара»? Шаҟа иаԥсоузеи уи? Арҭ азҵаарақәа рҭак аҵабырг еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит, насгьы ахаангьы уи аанҳмыжьырц азы иҳамоу агәаҳәара дырӷәӷәоит. Ҳара еилаҳкаауеит Иегова иаҳирҵо аҵабырг зегь раасҭа ахә зыҳараку.

5, 6. а) Ишԥаҳалшо хәыда-ԥсада аҵабырг аахәара? Иҳаилшәыркаа. б) Иарбан хәарҭоу аҵабырг иаҳзаанаго?

5 Акы аԥара ахшәаара аҭахымзар, уи акгьы иаԥсаӡам ҳәа ҳазҳәом. Ажәамаанақәа 23:23 аҿы «иаахә» ҳәа еиҭаго ауриатә ажәа иара убас иаанагоит «арҳара». Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит ауаҩы зыхә ишьо ак иоурц азы аџьабаа шибо, мамзаргьы ак мап шацәикуа. Аҵабырг ааҳхәар шҳалшо еилышәкаарц азы шәхаҿы иаажәг адәқьан аҿы хәыды-ԥсада абананқәа ршоушәа. Ҳара урҭ ҳамгар, рхала ҳаҩны иҟалома? Ҳәарада, мап. Ҳара адәқьан ахь ҳцаны, урҭ ҳгар ауп. Урҭ аԥара рыхшәаара шаҭахымгьы, иҳаурц азы аџьабаа ҳбароуп. Убас еиԥшҵәҟьа ҳара аҵабырг аԥара ахаҳшәааӡом, аха уи еилаҳкаарц азы аџьабаа батәуп.

6 Шәаԥхьа Исаиа 55:1—3. Иегова ииҳәаз иҳаилнаркаауеит аҵабырг аахәара иаанаго. Арҭ ажәеинраалақәа рҿы Иегова иажәақәа аӡи, ахши, аҩи ирҿирԥшуеит. Иӡышо ауаҩы аӡы хьшәашәа амч шинаҭо еиԥш, аҵабырг амч ҳнаҭоит. Иара убас ахш ахәыҷы игәабзиара шарӷәӷәо еиԥш, аҵабырг Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәоит. Уи адагьы Иегова иажәақәа аҩы иаҿирԥшуеит. Избан? Абиблиаҿы иануп аҩы ауаҩы игәы арлахҿыхуеит, даҽакала иуҳәозар, даргәырӷьоит ҳәа (Аԥсалом 104:15). Убасала, Иегова «аҩы ааҳхәарц» анҳаиҳәо, иҳаилиркаауеит ҳаԥсҭазаараҿы инапхгара ҳақәныҟәалар, насыԥ шҳамазаауа (Аԥсалом 19:8). Абарҭ аиҿырԥшрақәа ихы иархәаны, Иегова иҳаилиркаауеит аҵабырг анеилаҳкаауа, насгьы уи инақәыршәаны ҳанынхо шаҟа ахәарҭа ҳзаанаго. Уажәшьҭа шәааи еилҳаргап «аҵабырг аахәаразы» мап зцәаҳкыр ҳахәҭоу.

МАП ЗЦӘУКЗЕИ УАРА АҴАБЫРГ ААХӘАРАЗЫ?

7, 8. а) Избан аҵабырг аилкааразы аамҭа заҭаху? б) Иарбан ԥсахрақәоу ҭыԥҳак иҟалҵаз, насгьы иалҵшәахазеи уи?

7 Аамҭа. Зегьы рзы аамҭа аҭахуп, иаҳҳәап, Аҳра ажәабжь азыӡырҩразы, Абиблиеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи рыԥхьаразы, Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа рыцҭҵааразы, аизарақәа рҽырзыҟаҵаразы, насгьы урҭ рҭааразы. Арҭ аусқәа рыҟаҵаразы ҳара уаанӡа уиаҟара ихадам аусқәа ирзаҳкуаз аамҭа ҳхы иаҳархәалар ауп. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:15, 16.) Шаҟа аамҭа аҭахузеи ауаҩы ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа еиликаарц азы? Уи зхьыԥшу ауаҩы ихаҭа иоуп. Ҳара ҵыхәаԥҵәарада иҳалшоит Иегова иҟәыӷареи, имҩақәеи, иусқәеи реилкаара (Римаа рахь 11:33). Раԥхьаӡа иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы аҵабырг «улаԥш иҵамшәо ашәҭ хәыҷ» иаҿырԥшын. Иара убас уа ианын: «Аҵабырг ашәҭ цырак шәызшәмырхан. Акы мацара азхозҭгьы, егьырҭ ҟаломызт. Еизыжәгала, шәааҟәымҵӡакәа шәыԥшаала». Дасу ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Шаҟа еилыскаахьоузеи Иегова изкны?» Наунагӡа ҳанынхалогьы, Иегова изкны еилаҳкааша рацәахоит. Иахьагьы Иегова изкны иахьынӡаҳалшо еиҳаны еилаҳкааларц азы ҳаамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалар ауп. Шәааи ҿырԥштәык еилҳаргап.

Иегова изкны иахьынӡаҳалшо еиҳаны еилаҳкааларц азы ҳаамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалар ауп

8 Марикоa (шәахәаԥш албаага) зыхьӡу Иапониа инхоз аҭыԥҳа Еиду Аштатқәа рахь диасит Ниу-Иорк аҵара дҭаларц азы. Ҽнак пионерс амаҵ зуаз аиаҳәшьа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анылҳәоз Марико дылԥылеит, насгьы ажәабжь бзиа лзеиҭалҳәеит. Марико даҽа динхаҵарак лыман, аха уеизгьы Абиблиа аҵара далагеит. Лара еилылкаауаз даараӡа илгәаԥхеит аҟынтә, мчыбжьык ахь ҩынтә абиблиатә ҵара дахысларц лҭаххеит. Марико аҵара дҭан, насгьы амш абжа аус луан, убри аҟынтә даара деилахан, аха уеизгьы иаразнак аизарахь аныҟәара далагеит. Аҵабырг еиӷьны аилкааразы аамҭа лоуртә еиԥш, лара аԥсшьара уаанӡа еиԥш аамҭа азылкуамызт. Арҭ аԥсахрақәа рыбзоурала Марико еиҳа-еиҳа Иегова дизааигәахон, насгьы шықәсыкгьы мҵыкәа Иегова ишаҳаҭ иеиԥш лыҽӡаалхит. Фымыз рышьҭахь, 2006 шықәсазы лара пионерс амаҵ аура далагеит, иахьагьы лмаҵзура налыгӡоит.

9, 10. а) Аҽшԥаԥсахуеи амазара ҳшазыҟоу, аҵабырг анеилаҳкаауа? б) Мап зцәылкзеи ӡӷабк, насгьы иахылҳәаауазеи уи?

9 Амазара. Аҵабырг еилаҳкаарц азы иҟалап ҳара аусура бзиа, мамзаргьы акариера мап ацәаҳкзар. Иаҳҳәап, Пиотри Андреии ԥсыӡкыҩцәан, аха Иисус иҵаҩцәа ракәхарц ианааиԥхьа, дара рус аанрыжьит (Матфеи 4:18—20). Аха уи иаанагаӡом аҵабырг анеилукаауа аусура аанужьроуп ҳәа. Ауаҩы аус иулар, насгьы иҭаацәара деиҷаҳалар ауп (1 Тимофеи иахь 5:8). Аха аҵабырг анеилукаауа амазара ушазыҟоу аҽаԥсахуеит. Уара еилукааит аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадаҵәҟьоу. Иисус иҳәеит: «Шәхазыҳәа амалеизгара шәҽазышәымкын адгьыл аҿы». Уи аҭыԥан иара ҳгәазҭеиҵоит: «Еизыжәгала амазара ажәҩан аҿы» (Матфеи 6:19, 20). Убри ауп Мариа иҟалҵазгьы.

10 Лара даныхәыҷыз инаркны агольф ахәмарра бзиа илбон. Аиҳабыратә классқәа рахь даниас еиҳа-еиҳа еиӷьны дыхәмаруа далагеит. Убри аҟынтә ауниверситет аҿы аҵара лҵаларц азы аԥара лзыршәо иалагеит. Мариа илҭахын агольф дазҟазахарц, насгьы ирацәаны аԥара лырҳаларц. Аха анаҩс лара Абиблиа аҵара далагеит. Мариа еилылкааз лгәаԥхеит, насгьы лхы архәара далагеит. Лара илҳәоит: «Абиблиатә нормақәа инарықәыршәаны сгәазыҟашьеи сыԥсҭазаашьеи сыԥсахцыԥхьаӡа, еиҳа насыԥ соуан». Мариа еилылкааит Иеговагьы аспортгьы реицбара шалымшо (Матфеи 6:24). Убри аҟынтә илыӡбеит илымаз ахықәкы еиҳа еиӷьыз ала илыԥсахырц. Иахьа Мариа пионерс амаҵ луеит, лара илҳәоит лыԥсҭазаара насыԥла ишҭәу.

Иисус агәра ҳиргеит мап зцәаҳкша егьа ирацәахаргьы, уи аасҭа акырӡа еиҳаны ишҳауа

11. Ишԥаԥсахыр алшо аҵабырг ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа?

11 Ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа. Абиблиа аҟынтә еилаҳкааз ахархәара ҳаналага, ҳҩызцәеи ҳҭаацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахзар ауеит. Уи аԥсахра зыдҳәалоу аилкаара дҳацхраарц азы Иисус иҵаҩцәа рзы Анцәа диҳәон абас ҳәауа: «Ицқьатәы Уара уҵабырграла, избан акәзар иҵабыргуп Уара уажәа» (Иоанн 17:17). «Ицқьатәы» ҳәа Иисус ииҳәаз ажәа иаанагар алшоит «иалх». Аҵабырг инақәыршәаны анхара ҳаналага, ҳара ари адунеи ҳалҵит, избанзар абиблиатә нормақәа ҳрықәныҟәоит. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳауацәеи ҳҩызцәеи анаҩсгьы бзиа рбара, аха иҟалап дара уаанӡа еиԥш бзиа ҳрымбозар, мамзаргьы ҳагәрахаҵаразы иаҳҿагылозар. Ҳара уи џьаҳшьаӡом, избанзар Иисус иҳәеит: «Ауаҩы иаӷацәа — иҩны иҟоу роуп» (Матфеи 10:36). Аха Иисус агәра ҳиргеит мап зцәаҳкша егьа ирацәахаргьы, уи аасҭа акырӡа еиҳаны ишҳауа! (Шәаԥхьа Марк 10:28—30.)

12. Мап зцәикзеи иауриаз хаҵак аҵабырг анеиликаа?

12 Аарон зыхьӡыз иауриаз хаҵак еснагь иԥхьаӡон Анцәа ихьӡ аҳәара иашам ҳәа. Аха иара гәык-ԥсыкала иҭахын Анцәа изку аҵабырг еиликаарц. Зны Иегова ишаҳаҭ Аарон иирбеит ауриатә бызшәаҿы Анцәа ихьӡ злашьақәгылоу ԥшь-цыбжьыҟак абжьыҟақәа рыдургылар, «Иегова» шалҵуа. Аарон иаҳаз даараӡа игәаҵанӡа инеит, убри аҟынтә асинагогахь дцаны уи араввинцәа иреиҳәеит! Аарон игәы иаанагон урҭ Анцәа ихьӡ иазку аҵабырг еилыркаар, даара иеигәырӷьоит ҳәа, аха уи ус акәымхеит. Дара Аарон иҿажьцәан, наҟ ддәылырцеит. Аарон иҭаацәагьы еиликааз аҵабырг иамеигәырӷьеит. Аха иара абри зегьы Иегова изааигәахара иԥырхагахартә алимыршеит. Иара Иегова ишаҳаҭ иакәхеит, насгьы иԥсы ахьынӡаҭаз Иегова имаҵ иуан. Ҳаргьы аҵабырг анеилаҳкаалак ашьҭахь ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахыр шалшо дырны ҳаҟазар ауп.

13, 14. Ишԥаҳаԥсахыр ҳахәҭоу ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи, аҵабырг анеилаҳкаауа? Иаажәга аҿырԥштәы.

13 Ицқьам ахәыцрақәеи аусқәеи. Ҳара аҵабырг анеилаҳкаауа, насгьы абиблиатә нормақәа ирықәыршәаны анхара ҳаналаго, ҳхәыцшьеи ҳусқәеи рыԥсахра ҳазхиазар ауп. Апостол Пиотр иҩуан: «Аҳәатәхаҵара иазхиоу ахәыҷқәа шәырҩызаз, ахеиқәырхара иазку ажәабжь атәы шәаҳаанӡа ишәымаз агәаҳәарақәа шәрыцымныҟәан». Анаҩс иациҵеит: «Шәнапы злаку зегьы рҿы шәыцқьаз» (1 Пиотр 1:14, 15). Ажәытә қалақь Коринф инхоз аӡәырҩы рхымҩаԥгашьа цқьамызт. Иегова иҿаԥхьа урҭ цқьахарц азы шьаҭанкыла рҽырыԥсахыр акәын (1 Коринфаа рахь 6:9—11). Иахьагьы аӡәырҩы аҵабырг анеилыркаа убас еиԥш иҟаз аԥсахрақәа ҟарҵеит. Пиотр уи далацәажәеит, абарҭ ажәақәа аниҩуаз: «Шәара даара акраамҭа амурҭаҭцәа ирыԥсҭазаашьаз шәыԥсҭазаашьан — шәҳалиуан, шәыдгьылтә гәаҳәарақәа шәиааиуан (ахацәеи ахацәеи реизгәышьра, арахә рызгәышьра, агәаҳәарақәа шәыртәыртәуан), арыжәтә шәҽашәҭон, афара-ажәра шәыхнахуан, ҵаҵӷәы змам аныхақәа шәрымҵахырхәон» (1 Пиотр 4:3).

14 Девинни Жасмини акыршықәса аҩы рҽадыршьуан. Девинн дҳасабеилыргаҩ бзиан, аха иахьижәуаз азы еснагь аусурҭа ицәыӡуан. Жасмин лакәзар, зегьы ирдыруан иаразнак лыԥсахы шеибакуаз, дышгәымбылџьбараз. Ҽнак лара ижәны даныҟаз, амҩаҿы Иегова ишаҳаҭцәаз амиссионерцәа лԥылеит. Дара Жасмин абиблиатә ҵара лыдыргалеит. Аха амиссионерцәа егьи амчыбжь азы ианнеи Жасмингьы Девиннгьы ижәны иҟан. Дара ргәы иаанагон амиссионерцәа дара рахь инеиуам ҳәа. Аха амиссионерцәа даҽа знык ианнеи, ирбаз зынӡа даҽакын. Жасмингьы Девиннгьы даара ирҭахын аҵабырг еилыркаарц, уи инеиҳангьы, еилыркаауаз иаразнак рхы архәара иалагеит. Хымзгьы мҵӡакәа, дара ажәра иаҟәыҵит, ԥыҭрак ашьҭахь рҭаацәалазаара закәанла ишьақәдырӷәӷәеит. Рқыҭаҿы аӡәырҩы игәарҭеит Жасмини Девинни рыҽшырыԥсахыз, убри аҟынтә даргьы Абиблиа аҵара иалагеит.

15. Иарбан усқәоу аҵабырг анеилаҳкаауа мап зыцәкра еиҳараӡак иаҳцәыцәгьахар алшо, насгьы избан?

15 Анцәа игәамԥхо аҵасқәеи аусқәеи. Зегь раасҭа имариам аԥсахрақәа ируакуп Анцәа игәамԥхо аҵасқәеи аусқәеи рааныжьра. Шьоукы Иегова урҭ аҵасқәа дшырзыҟоу анеилыркаалак ашьҭахьгьы рыҽрыламырхәра рзымариам. Дара азхәыцуеит рҭаацәеи, аус рыцызуеи, рҩызцәеи ирҳәо. Еиҳагьы ицәгьоуп урҭ аҵасқәа иԥсхьоу ауацәа ианрыдҳәалоу (Ҩынтәзакәан 14:1). Иҳацхраар алшозеи иаҭаху аԥсахрақәа рыҟаҵара? Ҳара ҳарҿыԥшыр ҳалшоит аҵабырг анеилыркаа аԥсахрақәа ҟазҵаз Ефес инхоз раԥхьатәи ақьырсианцәа.

16. Мап зцәыркзеи Ефес инхоз шьоукы?

16 Ажәытәан Ефес инхоз ауаа амагиа иазгаган. Иҟарҵазеи амагиа бзиа избоз ауаа ианқьырсианцәаха? Абиблиа иануп: «Алаԥшхырԥаратә-аршанхаратә усқәа уаанӡа ирҿыз аӡәырҩы рышәҟәқәа ааганы зегьы ишырбоз амца иҩалажьны ирбылуан; абас ирблыз абарҭ ашәҟәқәа зыԥсаз анырыԥхьаӡа, ҩынеижәеи жәаба нызқь драхма инаӡеит. Иҳақәиҭу иажәа акәзар — уи еиҳа-еиҳа ирылаҵәон, амч-алшара иазҳауан» (Аусқәа 19:19, 20). Анцәа изиашаз арҭ ақьырсианцәа азхиан зыхә цәгьаз урҭ ашәҟәқәа рбылра, убри аҟынтә Иегова урҭ дырзылԥхеит.

Мап зцәукзеи уара аҵабырг еилукаарц, насгьы уи инақәыршәаны унхаларц азы?

17. а) Мап зцәаҳкзар алшозеи аҵабырг азы? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго анаҩстәи астатиаҿы?

17 Мап зцәукзеи уара аҵабырг еилукаарц, насгьы уи инақәыршәаны унхаларц азы? Ҳара зегьы уи азы ҳаамҭа ҳамеигӡеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Шьоукы ирылшон амал ду арҳара, аха уи мап ацәыркит. Иара убас шьоукы рҩызцәеи рҭынхацәеи дареи реизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахзар алшоит. Имаҷҩым зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи зыԥсахыз. Ҳара мап рцәаҳкит Иегова игәамԥхо аҵасқәеи аусқәеи. Аха агәра ганы ҳаҟоуп Абиблиа аҟынтә еилаҳкааз аҵабырг мап зцәаҳкыз аасҭа, уи закәызаалакгьы, ахә акырӡа ишыҳараку. Абиблиатә ҵабырг абзоурала Иеговеи ҳареи аиҩызара бзиа ҳамазар ҳалшоит, уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоуп. Аҵабырг ахьеилаҳкааз абзоурала иҳауз азылԥхарақәа зегьы ҳанрызхәыцуа, знымзар-зны аӡәы уи иҭиир ахьилшо аилкаара ҳцәыцәгьазар ауеит. Ишԥалшо уи аҩыза ҟалар? Насгьы ишԥаҳалшо уи аҩыза агха ӷәӷәа ҳҽацәаҳахьчар? Арҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.

a Ари астатиаҿы иаагоу хьыӡқәак ԥсахуп.

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Аҵабырг аахәара иаанагоит Абиблиа ала Иегова иаҳзааиртуа аҵабырг аилкаара, анаҩс уи инақәыршәаны анхара. Уи азы ҳара ак мап ацәаҳкыр ауп

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра