Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 ноиабр ад. 9—14
  • «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗБАН, НАСГЬЫ ИШԤАИЛШО АУАҨЫ АҴАБЫРГ АҬИРА?
  • ИШԤАҲАЛШО УИ АГХА ӶӘӶӘА ҲҼАЦӘАҲАХЬЧАР?
  • АҴАБЫРГ АМҨАЛА АЦАРАЗЫ ИҲАМОУ АГӘАҲӘАРА ЗЫРӶӘӶӘО
  • «Аҵабырг аахә, иумҭиин»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аҵабырг амҩала шәцала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 ноиабр ад. 9—14

«Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»

«Умҩа сықәҵа, о, Иегова. Сара уҵабырг амҩа санызаалоит» (АԤСАЛОМ 86:11).

АШӘАҚӘА: 31, 72

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ақьырсиан аҵабырг «иҭиир» залшо?

  • Иҟаҵатәузеи аҵабырг ахаан иаанҳмыжьырц, мамзаргьы ҳацәхьамҵырц азы?

  • Иҳацхраауазеи анаҩсгьы аҵабырг амҩала ацаразы иҳамоу агәаҳәара арӷәӷәара?

1—3. а) Ҳашԥазыҟазар акәу Абиблиа аҟынтә еилаҳкааз аҵабырг? Иҳаилшәыркаа. (Шәрыхәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьақәа.) б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ИАХЬА ауаа ак анаархәо, лассы-лассы уи дырхынҳәуеит. Аинтернет ала ак аархәазар, уи архынҳәра еиҳагьы ирҭаххар ауеит. Иҟалап иаархәаз ргәамԥхазар, мамзаргьы еиқәшәамзар. Убри аҟынтә дара даҽа маҭәарк ргоит, мамзаргьы рԥарақәа дыргьежьырц иаҳәоит.

2 Ҳара Абиблиа аҟынтә еилаҳкааз аҵабырг ахаангьы убас азаҳауӡом. Зны уи ааҳхәеит, даҽакала иаҳҳәозар, еилаҳкааит, ҳара иаҳҭахӡам уи ҳҭиир, мамзаргьы иаанҳажьыр (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 23:23; 1 Тимофеи иахь 2:4). Актәи астатиаҿы ишеилаҳкааз еиԥш, аҵабырг аилкаара аамҭа ирацәаны иазаҳкит. Иара убас ирацәаны аԥара арҳара ҳалзыршоз акариера мап ацәаҳкит. Уи адагьы, иҟалап ҳҭынхацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахзар, ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи ҳаԥсахзар, мамзаргьы Иегова игәамԥхо аҵасқәеи аусқәеи рынагӡара ҳаҟәыҵзар. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп мап зцәаҳкыз аасҭа иҳауз азылԥхарақәа рыхә еиҳа ишыҳараку.

3 Иисус еиҭеиҳәеит зыхә ҳараку абырлаш зыԥшааз аҭуџьар изку ажәамаана. Аҭуџьар даараӡа зыхә ҳаракыз бырлаш заҵәык аниԥшаа, иаразнак имаз зегь иҭиит, уи ааихәарц азы. Уи абырлаш иаанарԥшуеит Анцәа Иаҳра иазку аҵабырг. Иисус иаҳирбар иҭахын аҵабырг зыԥшаауа рзы уи ахә шаҟа иҳаракызар акәу (Матфеи 13:45, 46). Ҳаргьы раԥхьаӡакәны Анцәа Иаҳра иазку аҵабырг, насгьы егьырҭ аҵабыргқәа анеилаҳкаа иаҳԥырхагаз зегьы мап рыцәкра ҳазхиан. Аҵабырг ахә ашьара ҳаҟәымҵыр, уи ахаангьы иаанҳажьуам. Илахьеиқәҵагоуп, аха Анцәа имаҵ зуаз шьоукы аҵабырг ахә ашьара иаҟәыҵит, насгьы иаанрыжьит. Ҳара ахаан ус ҟаҳҵар ҳҭахӡам! Уи аҭыԥан Абиблиа ишаҳәо еиԥш анаҩсгьы аиаша-ҵабырг ҳазыраззароуп, даҽакала иуҳәозар, аҵабырг амҩала ҳцалароуп. (Шәаԥхьа 3 Иоанн 2—4.) Уи иаанагоит аҵабырг ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишҳаргыло, насгьы уи ҳаԥсҭазаара ала ишааҳарԥшуа. Аха избан, насгьы ишԥаилшо ауаҩы аҵабырг «аҭира», ма ааныжьра? Ишԥаҳалшо уи аҩыза агха ӷәӷәа ҳҽацәаҳахьчар? Насгьы иҳацхраауазеи анаҩсгьы аҵабырг амҩала ацара?

ИЗБАН, НАСГЬЫ ИШԤАИЛШО АУАҨЫ АҴАБЫРГ АҬИРА?

4. Избан Иисус ихаан шьоукы аҵабырг амҩала ацара изаҟәыҵыз?

4 Иисус ихаан аҵабырг здызкылаз шьоукы уи амҩала ацара иаҟәыҵит. Иаҳҳәап, Иисус џьашьахәыла ауаа рацәа акранырҿеиҵа ашьҭахь, дара Галилеиатәи амшын нырцәтәи аган ахь Иисус ишьҭаланы ицеит. Аха анаҩс Иисус урҭ ирзеилымкааз ак реиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа Ицәеижь шәымфауазар, Ишьа шәымжәуазар, ԥсҭазаара шәыманы шәзыҟалом». Дара ирылшон Иисус ииҳәаз аҵакы деилиркаарц и́ҳәар, аха уи аҭыԥан ирҳәеит: «Заҟа уамашәа иубаратәы иҟоузеи абарҭ ажәақәа! изылшауада ари азыӡырҩра?» Убри ашьҭахь «иҵаҩцәа шьардаҩы Иара даанрыжьит, уаҳагьы ицныҟәомызт» (Иоанн 6:53—66).

5, 6. а) Избан иахьа шьоукы аҵабырг изацәыхарахаз? б) Ишԥаилшо ауаҩы аҵабырг дацәыхарахар?

5 Илахьеиқәҵагоуп, аха иахьагьы аҵабырг иацәхьаҵыз ыҟоуп. Избан? Иҟалап дара иҿыцу еилкаарак иақәшаҳаҭымхазар, мамзаргьы еицырдыруа иашьак ииҳәаз ма иҟаиҵаз ргәамԥхазар, абиблиатә лабжьара адкылара рҭахымхазар, ма аизараҿы аӡәы иӷәӷәаны ицәгәаазар. Егьырҭ аҵабырг иацәхьаҵыз, ма амц ҳхызҳәаауа шьоукы рыгәра ргеит. Абарҭ, насгьы егьырҭ амзызқәа ирыхҟьаны шьоукы Иегова даанрыжьит, насгьы аизара иацәыхарахеит (Ауриацәа рахь 3:12—14). Еиҳа еиӷьын дара апостол Пиотр иеиԥш Иисус игәра ргазҭгьы! Ажәлар Иисус иажәақәа уамашәа ианырба, иара иапостолцәа дразҵааит даргьы даанрыжьырц рҭахӡами ҳәа. Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу! зыҟны ҳнеирыда? Уара уажәақәа наӡаӡатәи абзазара иазҳәоуп» (Иоанн 6:67—69).

6 Иҟоуп изызгәамҭакәа аҵабырг хәыҷы-хәыҷла иацәыхарахаз. Ус еиԥш иҟоу ауаа ашьшьыҳәа аҟәара иацәыхарахо анышь иеиԥшуп. Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит аҵабырг ҳамҩахымҟьаразы (Ауриацәа рахь 2:1). Аҵабырг иацәыхарахо ауаҩы лассы-лассы уи аҟаҵара игәы иҭаӡам. Аха иара Иеговеи иареи реиҩызара ԥсыҽхартә алиршоит, убри аҟынтә хәыҷы-хәыҷла уи ицәыӡуеит. Ишԥаҳалшо ҳара уи агха ӷәӷәа ҳҽацәаҳахьчар?

ИШԤАҲАЛШО УИ АГХА ӶӘӶӘА ҲҼАЦӘАҲАХЬЧАР?

7. Иҳацхраауазеи аҵабырг ацәхьамҵра?

Ҳара иҳалшом абиблиатә ҵарақәак ҳадкыланы, егьырҭ мап рцәаҳкыр

7 Анаҩсгьы аҵабырг амҩала ҳцаларц азы ҳара Иегова иҳаиҳәо зегьы ҳадаҳкылалар, насгьы ҳаизыӡырҩлар ауп. Аҵабырг ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар ауп, насгьы иҟаҳҵозаалакгьы абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәалароуп. Аҳ Давид Анцәа даниҳәоз, ажәа ииҭеит: «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит» (Аԥсалом 86:11). Давид дазхиан анаҩсгьы аҵабырг амҩала ацара, ҳаргьы уи ҳазхиазар ауп. Уи аҩыза агәазыҟашьа ҳамамзар, аҵабырг азы иаанҳажьыз рызхәыцра ҳалагар, насгьы ҳрышьҭалар алшоит. Ҳара иҳалшом абиблиатә ҵарақәак ҳадкыланы, егьырҭ мап рцәаҳкыр, аха «ҵабыргыс иҟоу зегьы» ҳақәныҟәалароуп (Иоанн 16:13). Актәи астатиаҿы ҳалацәажәон аҵабырг еилаҳкаарц, насгьы уи инақәыршәаны ҳанхаларц азы мап зцәаҳкыз. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит аҵабырг азы иаанҳажьыз аусқәа рахь ахаан ҳахнымҳәырц азы иҟаҳҵар ҳалшо (Матфеи 6:19).

8. Дацәыхарахар шԥалшо ақьырсиан аҵабырг, иаамҭа ииашаны ихы иаимырхәозар? Иаажәга аҿырԥштәы.

8 Аамҭа. Аҵабырг ҳацәхьамҵырц ҳҭахызар, ҳара анаҩсангьы ҳаамҭа ҟәыӷарала ҳхы иаҳархәалар ауп. Ҳгәаҳҽанымзар, аԥсшьареи агәырҿыхареи мыцхәы аамҭа рықәҳарӡлар алшоит. Иара убас ҳааҟәымҵӡакәа аинтернети ателевизори рҿы акы ҳахәаԥшлар ауеит. Арҭ аусқәа цәгьарак рыҵамзар алшоит, аха урҭ Абиблиа аҭҵаареи амаҵзуреи ирзаҳкыр ҳалшоз аамҭа ҳцәыргоит. Убас лыхьит Еммаa. (Шәахәаԥш албаага.) Даныхәыҷыз инаркны лара аҽқәа бзиа илбон, насгьы аамҭа анлымаз еснагь урҭ дрықәтәон. Аха уи ирацәаны аамҭа ахьазылкуаз азы лхы ахара адылҵо далагеит, убри аҟынтә аԥсахрақәа ҟалҵарц лыӡбеит. Иара убас Емма дархәыцит аҽырыҩрақәа зыҽрылазырхәуаз аҽыбӷаҟаза Кори Уеллс лыхҭысb. (Шәахәаԥш албаага.) Уажәшьҭа Емма Иегова имаҵ аура еиҳаны аамҭа азылкуеит, иара убас лара леиԥш Иегова имаҵ зуа лҭаацәеи лҩызцәеи еиҳаны аамҭа рыцылхылгоит. Уи абзоурала лара Анцәа еиҳа дизааигәахеит, иара убас лаамҭа ҟәыӷарала лхы иахьалырхәо деигәырӷьоит.

9. Ишԥалшо амазара ҳаԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылар?

9 Амазара. Анаҩсангьы аҵабырг амҩала ҳцаларц азы амазара ҳаԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылартә алҳмыршароуп. Аҵабырг анҳаҳа, ҳара еилаҳкааит Иегова имаҵ аура амазара аасҭа ишхадоу, убри аҟынтә уи мап ацәкра ҳазхиан. Аха иҟалап аамҭак ашьҭахь ҳара игәаҳҭо ҳалагазар ауаа ишаархәо ҿыц иҭрыжьуа аҭелқәеи егьырҭ амаҭәарқәеи. Ҳаргьы уи аҩыза агәаҳәара ҳаур ҳалшоит. Иҟалап ҳара иҳамоу ҳазмырхаӡакәа, Иегова имаҵ аура аҭыԥан амазара арҳара ҳхы азаҳашьҭыр. Убас ихьит Димас. Иара «ари адунеи ахаара-бзаара» бзиа ибеит аҟынтә, апостол Павел амаҵ ицуразы имаз алшара аанижьит (2 Тимофеи иахь 4:10). Иҟалап Димас Анцәа имаҵ аура аасҭа амал еиҳа еиӷьишьазар. Мамзаргьы Павел амаҵ ициуларц азы акы мап ацәкра иҭахымхазар. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иҟалап аҵабырг еилаҳкаанӡа ҳаргьы амал бзиа иаҳбозҭгьы. Ҳгәаҳҽанымзар, уи абзиабара ҳгәаҿы ҿыц еизҳар, насгьы аҵабырг ахь иҳамоу абзиабара ахәаҽыр алшоит.

10. Иарбан нырроу ҳара ҳазҿагылар ҳахәҭоу?

10 Ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа. Анаҩсгьы аҵабырг амҩала ҳцаларц азы ҳара Иегова имаҵ зымуа рнырра ҳҽаҳамҭароуп. Абиблиатә ҵабырг анеилаҳкаа, ҳҩызцәеи ҳҭаацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахзар ауеит. Иҟалап шьоукы ҳагәрахаҵара пату ақәырҵазар, аха егьырҭ уи иаҿагылазар (1 Пиотр 4:4). Ҳәарада, ҳара ҳҭынхацәа ргәы дҳмырхьырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, насгьы дара рахь ақьиара ааҳарԥшуеит. Аха урҭ ргәы ҟаҳҵарц азы ҳара Иегова инормақәа еилаҳгаӡом. Иара убас 1 Коринфаа рахь 15:33 иану инақәыршәаны ҩызцәас ишьҭаҳхша Иегова бзиа дызбо рымацара ракәзароуп.

11. Ишԥаҳалшо ицқьам ахәыцрақәеи ахымҩаԥгашьеи ҳҽырцәаҳахьчар?

11 Ицқьам ахәыцрақәеи аусқәеи. Аҵабырг ҳақәныҟәаларц азы ҳара Иегова иҿаԥхьа ҳаԥшьазар, мамзаргьы ҳацқьазар ауп (Исаиа 35:8; шәаԥхьа 1 Пиотр 1:14—16). Аҵабырг анеилаҳкаа, ҳара абиблиатә нормақәа инарықәыршәаны ҳҽаҳаԥсахит. Шьоукы аԥсахра дуқәа ҟарҵеит. Аха ҳара ҳгәаҳҽанызар ауп ахаангьы ицқьоу ҳаԥсҭазаашьа ицқьам ала иаҳмыԥсахырц азы. Иҳацхраар алшозеи ицқьам ахымҩаԥгашьа мап ацәкра? Шәазхәыц Иегова ҳаԥшьахарц азы иаҳзыҟаиҵаз. Иара даараӡа бзиа иибо Иԥа Иисус Христос иԥсы ҳахҭниҵеит! (1 Пиотр 1:18, 19). Иегова иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхаларц азы ҳара еснагь ҳазхәыцлар ауп Иисус иԥсхҭынҵара ахә шаҟа иҳараку.

12, 13. а) Избан аныҳәақәа Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлар зҳахәҭоу? б) Еилҳаргозеи уажәы?

12 Анцәа игәамԥхо аҵасқәеи аусқәеи. Ҳҭаацәа, аус зцаҳуа, ма аҵара зцаҳҵо иазгәарҭо аныҳәақәа ҳрыладырхәырц рҭахызар ауеит. Иҳацхраар алшозеи урҭ рнырра аҿагылара? Ҳара еилыкка иаҳдыруазар ауп Иегова урҭ аныҳәақәа зицәымӷу. Ҳара иҳалшоит апубликациақәа ҭаҳҵаар, насгьы урҭ аныҳәақәа рхыҵхырҭақәа ҳгәалаҳаршәар. Аныҳәақәа зазгәаҳамҭо амзызқәа ирызкны Абиблиа иаҳәо ҳазхәыцуазар, «Анцәа игәы иақәшәо» амҩала ҳашцо агәра ганы ҳаҟазаауеит (Ефесаа рахь 5:10). Иеговеи иара Иажәеи ҳрықәгәыӷуазар, ауаа ирҳәо ҳацәшәалаӡом (Ажәамаанақәа 29:25).

13 Ҳара иаҳҭахуп аҵабырг амҩала наӡаӡа ацара. Иҳацхраар алшозеи уи агәаҳәара арӷәӷәара? Абар х-шьаҿак.

АҴАБЫРГ АМҨАЛА АЦАРАЗЫ ИҲАМОУ АГӘАҲӘАРА ЗЫРӶӘӶӘО

14. а) Ишԥаҳацхраауеи иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа анҭаҳҵаауа еснагь аҵабырг инақәыршәаны анхаразы ҳгәаҳәара аизырҳара? б) Избан аҟәыӷареи, амҩақәҵареи, аилкаареи заҳҭаху?

14 Актәи, Абиблиа аҭҵаара шәаҟәымҵлан, насгьы еилышәкаауа инарҵауланы шәазхәыцла. Иааиԥмырҟьаӡакәа уи аамҭа азалышәхла. Абиблиа шаҟа еиҳаны иҭышәҵаауа аҟара аҵабырг еиҳагьы бзиа ижәбалоит, насгьы еснагь уи инақәыршәаны анхаразы шәгәаҳәара еизҳалоит. Ажәамаанақәа 23:23 аҿы иануп «аҵабырг аахә» ҳәа. Иара убас уа иануп ҳара «аҟәыӷареи, амҩақәҵареи, аилкаареи» раахәара шҳахәҭоу. Абиблиатә ҵабырг адырра мацара азхом. Уи ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәалар ауп. Аилкаара ҳацхраауеит аҭҵаараан ҿыц еилаҳкаази уаанӡа иаҳдыруази реидҳәалара. Аҟәыӷара ҳгәазҭанаҵоит иаҳдыруа ҳаԥсҭазаараҿы ахархәара. Зны-зынла аҵабырг ҳҽахьҳариашаша аганқәа ҳнарбоит. Абас еиԥш иҟоу алабжьарақәа аамҭа мгакәа ҳхы иаҳархәалароуп, избанзар Абиблиа ишану еиԥш урҭ рыхә араӡны аасҭа иҳаракуп (Ажәамаанақәа 8:10).

15. Ҳашԥахьчо ҳара аҵабырг амаҟа?

15 Аҩбатәи, есыҽны аҵабырг инақәыршәаны анхара шәазхиазароуп. Абиблиаҿы аҵабырг аруаҩ иныҟәигоз амаҟа иаҿырԥшуп (Ефесаа рахь 6:14). Абиблиатә аамҭақәа раан амаҟа аруаҩ аибашьраҿы дарманшәалон, насгьы дахьчон. Аха уи амаҟа ибзианы ирхханы имӷазар акәын. Избанзар уи ицәыӡызҭгьы, иагьихәомызт, дагьахьчомызт. Ҳашԥахьчо ҳара адоуҳатә маҟа? Абиблиатә ҵабырг еснагь ҳгәы иҭазар, уи ииашам ахәыцшьа аҟынтә ҳахьчоит, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Ауадаҩра ӷәӷәа ма ахыхра ҳанақәшәо, аҵабырг ҳацхраауеит ииашаны ахымҩаԥгара. Аруаҩ амаҟа имӷамкәа еибашьра дшымцоз еиԥш, ҳара ахаангьы аҵабырг аанҳмыжьроуп. Ҳара ҳаԥсҭазаара аганқәа зегь рҿы аҵабырг инақәыршәаны ҳанхо ҳнымхо гәаҳҭалар ауп. Иара убас аруаҩ еснагь аҳәа иҟәнызар акәын. Шәааи ҳахәаԥшып уи аҿгьы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

16. Ишԥаҳацхраауеи аҵабырг амҩала ацара, егьырҭ уи андҳарҵо?

16 Ахԥатәи, абиблиатә ҵабырг егьырҭ идшәырҵаларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Уи шәыцхраауеит аҳәа иаҿырԥшу Анцәа Иажәа ҟазарыла ахархәара (Ефесаа рахь 6:17). Ҳара зегьы иҳалшоит ҳарҵаҩратә ҟазара еиӷьаҳтәыр, ауаа «аҵабырг ажәа иаша-ҵабыргла» идҳарҵаларц азы (2 Тимофеи иахь 2:15). Егьырҭ аҵабырг дҳарҵаларц азы Анцәа Иажәа ҳхы иаҳархәозар, ҳхаҭагьы аҵабырг еиӷьны еилаҳкаалоит, насгьы еиҳа бзиа иаҳбалоит. Уи ҳацхраауеит аҵабырг амҩала ацаразы иҳамоу агәаҳәара арӷәӷәара.

Аҵабырг

Иҭышәҵаала уи. Шәықәныҟәала уи. Идшәырҵала уи. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)

Аҵабырг Иегова иҳаиҭаз зеиԥшыҟам ҳамҭоуп

17. Избан уара аҵабырг ахә зушьо?

17 Аҵабырг Иегова иҳаиҭаз зеиԥшыҟам ҳамҭоуп. Уи абзоурала жәҩантәи Ҳаби ҳареи аиҩызара ӷәӷәа ҳабжьазар алшоит. Уи зегь раасҭа зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Иегова уажәнатә иаҳирҵо рацәоуп, аха ҳаԥхьаҟа иаҳирҵо акырӡа еиҳауп! Иара наӡаӡа аҵара шаҳирҵало ҳақәиргәыӷуеит. Убри аҟынтә зыхә ҳараку абырлаш еиԥш аҵабырг ахә шәшьала. Анаҩсгьы аҵабырг аашәхәала, насгьы ахаангьы ишәымҭиин. Усҟан Аҳ Давид иеиԥш Иегова ишәҭаз ажәа нашәыгӡоит: «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит» (Аԥсалом 86:11).

a Ахьӡ ԥсахуп.

b Кори Уеллс лыхҭыс шәыԥшаар шәылшоит JW Broadcasting аҿы (шәахәаԥш ИНТЕРВЬЮ И СЛУЧАИ ИЗ ЖИЗНИ > ИСТИНА МЕНЯЕТ ЖИЗНЬ).

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Аҵабырг амҩала ацара иаанагоит еснагь Абиблиа иану аҵабырг аилкаара, насгьы уи инақәыршәаны анхара. Ҳара Иегова имаҵ ҳуеит, насгьы еснагь иҳәатәы ҳазыӡырҩуеит

  • Ҳара аҵабырг ҳҭиуеит уи ахә ашьара ҳанаҟәыҵуа. Уи Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аҵабырггьы зынӡа иаанҳажьыр ауеит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра