Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ииуль ад. 20—25
  • Аҵабырг мҩа шәанымҵын

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҵабырг мҩа шәанымҵын
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИААНАГОЗЕИ АҴАБЫРГ МҨАЛА АЦАРА?
  • ИАҲԤЫРХАГАХАР АЛШОЗЕИ АҴАБЫРГ МҨАЛА АЦАРА?
  • АҴАБЫРГ МҨА ШӘАНЫМҴЫРЦ АЗЫ ШӘЕИЦХЫРААЛА
  • Иаҳирҵозеи Иисус бзиа иибоз аҵаҩы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Абиблиа аҟынтә еилышәкааз шҵабыргу агәра ганы шәыҟаз
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Аҵабырг амҩала шәцала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ииуль ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 30

Аҵабырг мҩа шәанымҵын

«Схәыҷқәа аиаша-ҵабырг гәык-ԥсыкала иахьазыҟоу иснаҭо агәырӷьара еиҳау даҽа гәырӷьарак сԥылом» (3 ИОАНН 4).

АШӘА 54 «Абар, амҩа»

АХҲӘААa

1. Ҳзыргәырӷьозеи ҳара, 3 Иоанн 3, 4 иану инақәыршәаны?

ШӘАЗХӘЫЦ апостол Иоанн шаҟа дгәырӷьоз аҵабырг аилкаара дзыцхрааз Иегова имаҵ аура ишаҟәымҵыз анеиликаа. Дара зықәшәоз ауадаҩрақәа рацәан, убри аҟынтә Иоанн ихәыҷқәа реиԥш дызхәаԥшуаз Анцәа изиашаз урҭ ақьырсианцәа рыгәрахаҵара ирӷәӷәарц азы илшоз зегь ҟаиҵон. Ҳаргьы ҳгәырӷьоит иаҳхылҵыз ахәыҷқәа, ма аҵабырг зҳарҵо ауаа рыԥсҭазаара Иегова ишизыркуа, насгьы аҵабырг мҩала ишцо анаҳбо. (Шәаԥхьа 3 Иоанн 3, 4.)

2. Избан Иоанн х-саламшәҟәык зиҩыз?

2 98 шықәсазы ҳ. ҳ. аан Иоанн Ефес ма уи азааигәара дынхозар ауан. Иҟалап иара Патмос абахҭа данҭрыжь ашьҭахь уахь нхара диасзар. Убасҟан Иегова уи х-саламшәҟәык рыҩра игәазҭеиҵеит. Урҭ асаламшәҟәқәа рыла Иоанн иҭахын азиашара аазырԥшуаз ақьырсианцәа Иисус иахь рыгәрахаҵара ирӷәӷәарц, насгьы аҵабырг мҩала ацара дрыцхраарц.

3. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

3 Иоанн ида апостолцәа зегьы ԥсхьан. Иара даараӡа игәы иҵхон амц рҵаҩцәа аизарақәа анырра ахьарҭоз (1 Иоанн 2:18, 19, 26)b. Дара Анцәа даҳдыруеит ҳәа рҳәон, аха Иегова изакәанқәа нарыгӡомызт. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иоанн ақьырсианцәа ириҭаз алабжьарақәа, насгьы х-зҵаарак рҭак ҟаҳҵоит: иаанагозеи аҵабырг мҩала ацара? Иаҳԥырхагахар алшозеи уи аҟаҵара? Ҳаицхыраалар шԥаҳалшо аҵабырг мҩала ацара?

Иоанн исаламшәҟәқәа зиҩыз

Апостол Иоанн исаламшәҟәқәа аниҩуаз игәы иҵхон аизарақәа рҿы амцрҵаҩцәа ахьцәырҵыз, насгьы Христос иҵаҩцәа ржьара иахьашьҭаз. Апостолцәа Павелгьы Пиотргьы ирҳәон уи аҩыза ҟалараны ишыҟаз (Аус. 20:29, 30; 2 Пиотр 2:1—3). Урҭ амцрҵаҩцәа анырра рызҭаз абырзен философиа акәзар ҟалап. Урҭ рахьтә шьоукы ирҳәон маӡала Анцәа иҟынтә адыррақәа роуит ҳәаe. Аха урҭ ирҳәоз Иисус ииҳәоз иаҿагылон, дара ауаа ргәазҭарҵон рхы мацара иазхәыцларц, насгьы егьырҭ рахь абзиабара аадмырԥшларц. Убри аҟынтә Иоанн урҭ антихристцәа ҳәа рыхьӡиҵеит, даҽакала иуҳәозар, Христос иҿагылоу аҵарақәа ауаа идзырҵо (1 Иоанн 2:18).

e Шәахәаԥш декабр 1, 2006 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Антихрист разоблачен».

ИААНАГОЗЕИ АҴАБЫРГ МҨАЛА АЦАРА?

4. Иҟаҵалатәузеи аҵабырг мҩала ҳцаларц азы, 1 Иоанн 2:3—6, насгьы 2 Иоанн 4, 6 ирну инақәыршәаны?

4 Аҵабырг мҩала ҳцаларц азы ҳара Анцәа Иажәа, Абиблиа, иану аҵабырг ҳдыруазар ауп. Уи адагьы, ҳара «[Иегова] иуасиаҭ ажәақәа» наҳагӡалароуп. (Шәрыԥхьа 1 Иоанн 2:3—6; 2 Иоанн 4, 6.) Иегова ишизыӡырҩлатәу аганахь ала Иисус зеиԥшыҟам аҿырԥштәы ҳирбеит. Убри аҟынтә Иегова ҳаизыӡырҩларц ҳҭахызар, Иисус ҳаиҿыԥшларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп (Иоанн 8:29; 1 Пиотр 2:21).

5. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳахәҭоузеи ҳара?

5 Аҵабырг мҩала ҳцаларц азы ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп Иегова аҵабырг дшахыҵхырҭоу, насгьы Иажәа Абиблиа ала иаҳирҵо зегьы шҵабыргу. Иара убас агәра ганы ҳаҟазароуп Иисус Мессиа шиакәу. Иисус Анцәа Иаҳра иахагылоу Аҳ шиакәу иахьа агәра зго маҷҩуп. Иоанн иҳәеит арҩашьаҩцәа, амҩахҟьаҩцәа рацәахеит ҳәа. Урҭ Иеговеи Иисуси ирызку аҵабырг агәра гаҵәҟьаны иҟам ақьырсианцәа ржьар рылшоит (2 Иоанн 7—11). Иара иҩуан: «Дызусҭада амцҳәаҩ? Уи Иисус — Христос иакәӡам ҳәа иқәгыло иоуп» (1 Иоанн 2:22). Анцәа Иажәа анҭаҳҵаауа ауп урҭ рымц ԥырхага анаҳнамҭо. Убасҟан ауп Иеговеи Иисуси ибзианы ианаҳдырҵәҟьо (Иоанн 17:3). Убасҟан ауп аҵабырг шаҳдырҵәҟьо агәра ганы ҳаныҟазаауа.

ИАҲԤЫРХАГАХАР АЛШОЗЕИ АҴАБЫРГ МҨАЛА АЦАРА?

6. Иарбан уадаҩроу иқәыԥшу ақьырсианцәа зықәшәо?

6 Ақьырсианцәа зегьы ргәырҽанызароуп ари адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа анырра рынамҭарц азы (1 Иоанн 2:26). Иқәыԥшу ақьырсианцәа еиҳагьы ргәырҽанызароуп. Абар Франциа инхо 25 шықәса зхыҵуа Алексиаc илҳәо: «Ашкол аҿы ҳара аеволиуциеи афилософиеи ҳдырҵон, уи сара даараӡа иснырит. Зны-зынла иаҳдырҵоз иашоушәа збон. Аха сара еилыскаауан Абиблиа иану сазхьамԥшӡакәа, арҵаҩца ирҳәоз зегь агәра згар шиашамыз». Алексиа илыӡбеит ашәҟәы «Жизнь — как она возникла? Путем эволюции или путем сотворения?» даԥхьарц. Мчыбжьқәак рышьҭахь лгәы змырҭынчуаз алакҩакрақәа ниаӡаа ицеит. Алексиа илҳәоит: «Сара еилыскааит Абиблиа иану шҵабыргу, насгьы уа иану инақәыршәаны сынхалар, агәырӷьареи агәҭынчреи ахаангьы ишысцәымӡуа».

7. Иҟарымҵалар акәзеи ақьырсианцәа, насгьы избан?

7 Ақьырсианцәа зегьы, иқәыԥшугьы зықәрахь инеихьоугьы, ргәырҽанызар ауп Иегова имаҵ руашәа аадырԥшуа, арахь ицәымӷу аусқәа ҟарҵо иаламгарц азы. Апостол Иоанн иҳәеит Анцәа иԥҟарақәа еилаҳгозар, аҵабырг мҩала ацара шҳалымшо (1 Иоанн 1:6). Иегова даҳзыразызарц ҳҭахызар, ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлароуп иара зегь шибо. Ҳара гәнаҳак ҟаҵаны иаҳзыҵәахуам, избанзар ауаа уи рымбаргьы, Иегова ибоит (Аур. 4:13).

8. Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи ҳара?

8 Ҳара ҳгәаҳҽанызар ауп ари адунеи иатәу ауаа агәнаҳа аганахь ала ирымоу ахәаԥшышьа рҿаҳамҵаарц азы. Апостол Иоанн иҩуан: «Гәнаҳара захьӡу ҳамам ҳәа ҳҳәозар — ҳхы ҳжьоит» (1 Иоанн 1:8). Иоанн ихаан аҵабырг иацәхьаҵыз ирҳәон ауаҩы агәнаҳа ҟаиҵозаргьы, Анцәа уи бзиа дибоит ҳәа. Иахьагьы ауаа убас ауп ишхәыцуа. Аӡәырҩы Анцәа дхаҳҵоит ҳәа рҳәоит, аха Иегова игәнаҳауп ҳәа ииԥхьаӡо гәнаҳас ирыԥхьаӡаӡом. Дара еиҳарак ацәеижьтә еизааигәахара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы Иегова ииҳәо иақәшаҳаҭӡам. Дара ргәанала Иегова игәнаҳауп ҳәа ииԥхьаӡо ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵам. Дара ирҳәоит ауаҩы иҭахызар, ус дынхалар илшоит ҳәа.

Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Иегова инормақәа шиашоу агәра ганы шәыҟазарц азы шәхатә ҭҵаара мҩаԥыжәгала. Усҟан аус цәгьақәа зыҟашәымҵо егьырҭ деилыркаара шәзымариахоит. (Шәахәаԥш абзац 9.)f

9. Хәарҭас ироуазеи иқәыԥшу ақьырсианцәа абиблиатә нормақәа ианрықәныҟәо?

9 Иқәыԥшу ақьырсианцәа еиҳагьы ирцәыцәгьазар алшоит ацәеижьтә еизааигәахара иадҳәалоу Иегова изакәанқәа иашоуп ҳәа аԥхьаӡара, рыкәша-мыкәша иҟоу ауаа, ашкол аҿы ма аусураҿы, абиблиатә нормақәа инарықәыршәаны иахьнымхо азы. Александр зыхьӡу ҳашьа уи аҩыза ауадаҩра дақәшәеит. Иара иҳәоит: «Ашкол аҿы аӡӷабцәа шьоукы цәеижьла ҳаизааигәахарц сыдыргалон. Мап анырцәыск дара ирҳәеит: „Уара аӡӷаб думамзар, ҳаргьы ҳауҭахымзар, аҷкәынцәа угәаԥхозар ҟалап“». Шәаргьы уи аҩыза ауадаҩра шәақәшәазар, ишәхашәмыршҭлан абиблиатә нормақәа шәанрықәныҟәо шәаҳаҭыри, шәгәабзиареи, агәҭынчреи шышәыхьчо, иара убас Иеговеи шәареи шәеиҩызара шышәцәымӡуа. Ахыхрақәа шәырҿагылацыԥхьаӡа, ииашаны ахымҩаԥгара шәзымариахоит. Ишәхашәмыршҭлан: адунеи иатәу ауаа ацәеижьтә еизааигәахара Аҩсҭаа ишиҭаху еиԥш ауп ишазыҟоу. Ус акәзар, урҭ рнырра ҳанаҿагыло, Аҩсҭаа ҳаииааиуеит (1 Иоанн 2:14).

10. Ишԥаҳацхраауеи 1 Иоанн 1:9 иану ҳгәы рҭынчны Иегова имаҵ аура?

10 Ҳара еилаҳкаауеит ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара азин змоу Иегова шиакәу. Ҳара агәнаҳа ҳҽацәаҳахьчаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Аха уеизгьы агәнаҳа ҳамхаҟаҵазар, уи аартны Иегова иаҳҳәоит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 1:9.) Агәнаҳа ӷәӷәа ҳамхаҟаҵазар, аизара аиҳабацәа рыцхыраара ҳаҳәоит, избанзар Иегова урҭ ҳаиҷаҳаларц азы иаҳхаиргылеит (Иак. 5:14—16). Аха уаанӡа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа рзы ҳхы ҳмыргәаҟлароуп. Избан? Избанзар бзиа ҳазбо Ҳаб ҳагәнаҳақәа ҳанаижьларц азы Иԥа иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ауаҩы игәнаҳақәа ианаижьуеит ҳәа иҳәозар, ус иагьыҟаиҵоит. Убри аҟынтә ҳгәы рҭынчны Иегова имаҵ ҳаулар ҳалшоит (1 Иоанн 2:1, 2, 12; 3:19, 20, АдҾ).

11. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳагәрахаҵара зырԥсыҽуа аҵарақәа рҟынтә ҳхы ҳахьчарц азы?

11 Ҳара иара убасгьы аҵабырг иацәхьаҵыз ирҳәо ҳазымӡырҩлароуп. Ақьырсиантә еизара анышьақәгыла инаркны, Аҩсҭаа арҩашьаҩцәа ихы иархәаны Анцәа имаҵзуҩцәа рыгәрахаҵара ирԥсыҽырц дашьҭоуп. Убри аҟынтә ҳара амци аҵабырги шеиҩдыраатәу ҳдыруазар аупd. Иегова игәра агареи ҳашьцәа бзиа рбареи ҳаҟәыҵырц азы ҳаӷацәа аинтернети асоциалтә каҭақәеи рҿы амц рҳәалар ауеит. Ишәхашәмыршҭлан уи амц иахыҵхырҭоу дызусҭоу, насгьы шәазымӡырҩлан уи! (1 Иоанн 4:1, 6; Аат. 12:9).

12. Избан иаҳдыруа аҵабыргқәа рахь ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалар зҳахәҭоу?

12 Аҩсҭаа ҳаиҿагыларц азы, Иисус иахь ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалароуп, насгьы Иегова уи ила игәаԥхара шынаигӡо ҳазхәыцлароуп. Иара убас ҳара игәрагоу, иҟәышу атәы игәра ҳгалароуп. Агәра ҳгалароуп Иегова игәрагоу, иҟәышу уи атәы ижәлар напхгара риҭаларц азы ихы дшаирхәо (Матф. 24:45—47). Иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа ҭаҳҵаалар, ҳагәрагара ӷәӷәахалоит. Усҟан ҳагәрахаҵара здац-ԥашә ҵаулоу аҵла иеиԥшхоит. Павел Кәалассаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз иҳәеит: «Иисус Христос ихаҵара шшәоуз аиԥш, Иара иҟны шәыҟаз... шәдац-ԥашә Иара ила ишәырӷәӷәа, шәеизҳа-зыӷьа» (Кәал. 2:6, 7). Ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәозар Аҩсҭаагьы уи инапхгара аҵаҟа иҟоу ауаагьы аҵабырг мҩала ацара иаҳԥырхагахом (2 Иоанн 8, 9).

13. Иџьаҳамшьалар ҳахәҭоузеи ҳара, насгьы избан?

13 Ҳара адунеи ҳшацәымыӷхо ҳдыруазар ауп, насгьы уи џьаҳамшьалароуп (1 Иоанн 3:13). Апостол Иоанн иаҳгәалаиршәоит «адунеи зегь Ацәгьа инапаҿы» ишыҟоу (1 Иоанн 5:19, АдҾ). Ари адунеи аҵыхәтәа еиҳа-еиҳа иааигәахоит, Аҩсҭаагьы еиҳа деицрашәоит (Аат. 12:12). Ҳагәрахаҵара ирԥсыҽырц азы иара ахыхрақәа ихы иаирхәоит, иаҳҳәап, аламысдара, насгьы аҵабырг иацәхьаҵыз рымц. Аха уи адагьы, иара иаартны дҳажәлоит, иаҳҳәап, ашьҭашәарыцарақәа рыла. Аҩсҭаа идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷӡоу, убри аҟынтә излаилшо ала ажәабжьҳәаратә ус ааникыларц, насгьы ҳагәрахаҵара ирԥсыҽырц дашьҭоуп. Убри аҟынтә ҳара иџьаҳшьаӡом ажәабжьҳәаратә ус закәанла иахьышьақәырӷәӷәам, мамзаргьы мап ахьацәку атәылақәа ахьырацәоу. Ус шакәугьы, урҭ атәылақәа рҿы инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова имаҵ руеит. Урҭ рҿырԥштәы ишьақәнарӷәӷәоит Аҩсҭаа иҟаиҵалакгьы Иегова ҳизиашазар шҳалшо!

АҴАБЫРГ МҨА ШӘАНЫМҴЫРЦ АЗЫ ШӘЕИЦХЫРААЛА

14. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҵабырг мҩала ацара ҳрыцхрааларц азы?

14 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҵабырг мҩала ацара ҳрыцхрааларц азы агәрыцҳашьара ааҳарԥшлароуп (1 Иоанн 3:10, 11, 16—18). Ҳара бзиа ҳанеибабалаша зегь анбзиоу мацара акәӡам, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы, абзиабара ааҳарԥшлароуп. Иаҳҳәап, дыжәдыруама шәара аӡәы дызцәыԥсыз, насгьы агәырҭынчреи ацхыраареи зҭаху аиашьа ма аиаҳәшьа? Мамзаргьы ижәдыруама аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны змазара зцәыӡыз, насгьы Аҳратә залқәеи аҩнқәеи рыргыларазы ацхыраара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Ҳабзиабара шаҟа иӷәӷәоу аазырԥшуа еиҳарак ҳажәақәа ракәымкәа, ҳусқәа роуп.

15. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара 1 Иоанн 4:7, 8 иану инақәыршәаны?

15 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара анааҳарԥшуа жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшуеит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:7, 8.) Ҳагхақәа анҳанеибажьуа, бзиа ҳшеибабаҵәҟьо ааҳарԥшуеит. Иаҳҳәап, аӡәы ҳгәы ҳирхьит, аха анаҩс аҭамзаара шьҭеиҵеит. Уи игха ианаҳажьуазар, насгьы иаҳхаҳаршҭуазар, абзиабара ааҳарԥшуеит (Кәал. 3:13). Аиашьа Альдо ибзиабара ԥышәан. Альдо бзиа иибоз иашьак иара икультура иаҵанакуа ауаа рзы ак иҳәеит. Альдо уи игәы инархьит. Иара иҳәоит: «Сара сааҟәымҵӡакәа Иегова сиҳәон уи аиашьа ианажьра дсыцхраарц азы». Аха Альдо уи мацара азхоит ҳәа имыԥхьаӡаӡеит. Иара иӡбеит уи аиашьа ажәабжьҳәара диццарц. Ажәабжь анеицырҳәоз Альдо аиашьа ииҳәаз шаҟа игәы инархьыз иеиҳәеит. Иара иҳәоит: «Аиашьа ииҳәаз шаҟа сгәы снархьыз анеиликаа, аҭамзаара даҳәеит. Ибжьала сара издырит ииҳәаз даараӡа дшахьхәыз. Ҳара ҳаинышәеит, насгьы иҟалаз ҳхаҳаршҭит».

16, 17. Ҳзызхиазар ҳахәҭоузеи ҳара?

16 Апостол Иоанн игәрахаҵара ицеиҩызшоз иашьцәеи иаҳәшьцәеи даараӡа бзиа ибон. Иара урҭ рыгәрахаҵара ӷәӷәазарц иҭахын. Уи ибзиабара рнубаалоит урҭ ақьырсианцәа ирзиҩыз х-саламшәҟәык рҿы ириҭаз алабжьарақәа. Шаҟа игәырҭынчгоузеи апостол Иоанн иеиԥшу ахацәеи аҳәсеи Христос напхгара шицҟарҵало ахьаҳдыруа (1 Иоанн 2:27).

17 Шәааи еилҳаргаз алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалап. Аҵабырг амҩа ҳанымҵырц азы еснагь зегь рыла Иегова ҳаизыӡырҩлап. Иара Иажәа ҭаҳҵаалап, ианугьы агәра ҳгалап. Иисус иахь ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалап. Адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа рҿаҳамҵаалап, насгьы аҵабырг иацәхьаҵыз ирҳәо ҳазымӡырҩлап. Иегова имаҵ ҳуашәа аарԥшны, ицәымӷу аусқәа ҟаҳамҵалап. Зыхә ҳараку Иегова инормақәа инарықәыршәаны ҳанхалап. Насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҵабырг мҩала ацара ҳрыцхрааларц азы рыгхақәа ранаҳажьлап, ацхыраара зҭахугьы ҳрывагылалап. Усҟан, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, аҵабырг мҩа ҳаныланы ҳцалоит!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи аҵабырг мҩала ацара?

  • Иаҳԥырхагахар алшозеи аҵабырг мҩала ацара?

  • Ҳаицхыраалар шԥаҳалшо аҵабырг мҩала ацара?

АШӘА 49 Иегова дыргәырӷьала

a Ҳара ҳанхоит амц абыс иамоу Аҩсҭаа дызхагылоу адунеи аҿы. Убри аҟынтә аҵабырг амҩала ацара ус иаҳзымариам. Актәи ашәышықәса анҵәамҭазы инхоз ақьырсианцәагьы уи рзымариамызт. Иегова даргьы дрыцхраарц ҳаргьы дҳацхраарц азы апостол Иоанн х-саламшәҟәык иҩырц игәазҭеиҵеит. Урҭ асаламшәҟәқәа иаҳдырбоит аҵабырг амҩала ацара иаҳԥырхагахар алшо, насгьы иҳаилдыркаауеит урҭ ауадаҩрақәа ҳариааир шҳалшо.

b Шәахәаԥш арамка «Иоанн исаламшәҟәқәа зиҩыз».

c Хьыӡқәак ԥсахуп.

d Шәахәаԥш август 2018 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Ишәымоума шәара ашьақәырӷәӷәарақәа?»

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиаҳәшьа ашкол аҿы илбо-илаҳауа зегьы агомосексуализм цәгьарак аҵамшәа аанарԥшуеит. (Тәылақәак рҿы ацәаҟәа аԥштәқәа агомосексуализм иадҳәалоуп.) Анаҩс лара Иегова иахь лыгәрахаҵара лырӷәӷәарц азы, насгьы зыгәра лго шҵабыргу еилылкаарц азы лхатә ҭҵаара мҩаԥылгоит. Уи ииашаны ахымҩаԥгара илыцхраауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра