АҴАРАЗЫ АСТАТИА 2
Иаҳирҵозеи Иисус бзиа иибоз аҵаҩы?
«Аӡәи-аӡәи бзиа ҳаибабалап, избанзар абзиабара ҳара Анцәа иахьтә иҳауит» (1 ИОАНН 4:7).
АШӘА 105 «Анцәа — дыбзиабароуп»
АХҲӘААa
1. Иарбан цәаныррақәоу Анцәа ибзиабара ишәызцәырнаго?
АПОСТОЛ Иоанн иҳәеит Анцәа дыбзиабароуп ҳәа (1 Иоанн 4:8). Ҳара иаҳдыруеит Анцәа аԥсҭазаара шишаз. Аха Иоанн иажәақәа иҳаилдыркаауеит иара убас иара абзиабара дшахыҵхырҭоу. Иегова бзиа ҳаибоит. Иара ибзиабара анасыԥи агәҭынчреи ҳнаҭоит.
2. Иарбан ԥҟарақәоу зегь раасҭа ихадоу Матфеи 22:37—40 иану инақәыршәаны? Избан аҩбатәи аԥҟара анагӡара зымариам?
2 Ҳара абзиабара ааҳарԥшлароуп. Уи шхадоу ҳдырбоит Анцәа иҳаиҭаз ихадоу ҩ-ԥҟарак. (Шәаԥхьа Матфеи 22:37—40.) Иегова ибзианы даҳдыруазар актәи аԥҟара анагӡара — Анцәа бзиа ибара — ҳзымариахоит. Избанзар Иегова днаӡоуп, еснагь бзиабаралеи қьиаралеи дҳазныҟәоит. Аха аҩбатәи аԥҟара акәзар, уи анагӡара ус имариам. Избан? Избанзар ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи наӡаӡам. Убри аҟынтә зны-зынла ҳгәы ҳдырхьлар ауеит. Иегова идыруан ус ҟалар шалшоз. Убри аҟынтә Абиблиа зыҩуаз шьоукы абзиабара аарԥшра шаҟа ихадоу, насгьы уи шааҳарԥшлаша рҩырц ргәазҭеиҵеит. Иоанн урҭ Анцәа имаҵзуҩцәа дыруаӡәкын (1 Иоанн 3:11, 12).
3. Дызлацәажәози Иоанн ииҩуаз ашәҟәқәа рҿы?
3 Иоанн ииҩыз асаламшәҟәқәа рҿы зныкымкәа иҳәеит абзиабара ааҳарԥшлар шҳахәҭоу. Иоанн ииҩыз Аевангелие аҿы егьырҭ х-евангелиак рҿы аасҭа абзиабара аӡбахә ҳәоуп. Иоанн уи Аевангелиеи егьырҭ асаламшәҟәқәеи аниҩуаз шәышықәса раҟара ихыҵуан. Анцәа идоуҳа зҵоу урҭ ашәҟәқәа ирну иаҳнарбоит ҳусқәа зегь абзиабара рныԥшуазар шахәҭоу (1 Иоанн 4:10, 11). Аха Иоанн ихаҭагьы уи иҵарц азы аамҭа иҭаххеит.
4. Иааирԥшуазма Иоанн еснагь абзиабара?
4 Иоанн данқәыԥшыз абзиабара изхомызт. Иаҳҳәап, зны Иисус иҵаҩцәеи иареи Самариа иалсны Иерусалимҟа ицон. Аха Самариатәи қыҭак аҿы Иисус иҵаҩцәеи иареи рыдкылара рҭахымхеит. Ихы шԥамҩаԥигеи Иоанн? Иара Иисус иеиҳәеит: «Иҳақәиҭу! Иуҭахызар, ажәҩан ахьтә амца лбааны иқәнахразы ҳаҳәоит» (Лука 9:52—56). Даҽа ҭагылазаашьак аҿгьы Иоанн егьырҭ апостолцәа рахь абзиабара ааимырԥшӡеит. Иашьа Иакови иареи Анцәа Иаҳраҿы аҭыԥ ду роурц рҭахын. Убри аҟынтә, иҟалап ран лыла, уи азы Иисус иҳәазар. Егьырҭ апостолцәа уи анраҳа ргәы ԥжәеит (Матф. 20:20, 21, 24). Аха Иисус уеизгьы Иоанн даара бзиа дибон (Иоанн 21:7).
5. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
5 Ари астатиаҿы ҳара Иоанн иҿырԥштәы еилҳаргоит, насгьы абзиабара иазкны ииҩыз ҳалацәажәоит. Уи ҳацхраауеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара ааҳарԥшлар шҳалшо аилкаара. Иара убас еилаҳкаауеит аҭаацәара ахада иҭаацәа бзиа ишибо ааирԥшлар шилшо.
АБЗИАБАРА ҲУСҚӘА РҾЫ ИААҲАРԤШЛАР ШҲАЛШО
Иегова бзиа ҳаибоит. Иара Иԥа ҳара ҳзы дыԥсырц азы адгьыл ахь дааишьҭит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)
6. Ишԥааирԥши Иегова бзиа ҳшибо?
6 Иааирԥшыр шԥаилшо ауаҩы аӡәы бзиа дшибо? Шьоукы ргәы иаанагоит уи азы бзиа узбоит ҳәа аҳәара мацара азхоит ҳәа. Аха ииашаҵәҟьоу абзиабара ҳусқәагьы ирныԥшуазар ауп. (Иаҿшәырԥш Иаков 2:17, 26.) Шәааи Иегова иҿырԥшы ҳазхәыцып. Иара бзиа ҳаибоит (1 Иоанн 4:19). Абиблиа иану ҳгәы шьҭызхуа ажәақәа иара ибзиабара рныԥшуеит (Аԥсал. 25:10; Рим. 8:38, 39). Аха Иегова бзиа ҳшибо ҳзырбо иажәақәа мацара ракәӡам. Уи иусқәагьы иаҳдырбоит. Иоанн иҳәеит: «Анцәа ҳара ҳахь имаз абзиабара ааирԥшит иара Иԥа дызлаҳзааишьҭыз ала, убри ибзоураны, убри ила ԥсҭазаара ҳауразы» (1 Иоанн 4:9). Иегова бзиа иибо Иԥа ҳара ҳзы дгәаҟны дыԥсырц дааишьҭит (Иоанн 3:16). Убри аҟынтә ҳара Иегова бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟоуп.
7. Ишԥааирԥши Иисус бзиа ҳшибо?
7 Иисус иҵаҩцәа бзиа ишибоз реиҳәон (Иоанн 13:1; 15:15). Иара бзиа ҳшибо шьақәзырӷәӷәо иажәақәа мацара ракәӡам. Иара иҳәеит: «Иҟам зыԥсы зҩызцәа ирықәызҵаз ибзиабара иеиҳау даҽакы» (Иоанн 15:13). Ааи, Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ахә ахаан иҳазшәом. Аха иааҳарԥшыр шԥаҳалшо уи ахә ҳаракны ишаҳшьо?
8. Иҟаҳҵалар акәзеи 1 Иоанн 3:18 иану инақәыршәаны?
8 Ҳара Иеговеи Иисуси ҳарзыӡырҩуазар бзиа ишаҳбо шьақәҳарӷәӷәоит (Иоанн 14:15; 1 Иоанн 5:3). Иисус иҳәеит ҳара бзиа ҳаибабалар шҳахәҭоу (Иоанн 13:34, 35). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа шәаҳбоит ҳәа раҳәара мацара азхаӡом. Ҳабзиабара ҳусқәа рыла ишьақәҳарӷәӷәалароуп. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:18.) Ишԥа?
ШӘАШЬЦӘЕИ ШӘАҲӘШЬЦӘЕИ БЗИА ИЖӘБАЛА
9. Игәы зызҭанаҵози Иоанн абзиабара?
9 Иоанн илшон анаҩсгьы иаб дивагыланы аԥсыӡ иклар, уи ала аԥарагьы ирҳалар. Аха уи аҭыԥан иара Иеговеи Иисуси рыӡбахә ауаа ирзеиҭеиҳәаларц иӡбеит. Уи аҟаҵара ус имариамызт, избанзар уи азы иара ишьҭашәарыцон. Актәи ашәышықәса анҵәамҭазы, Иоанн иқәрахь даннеихьаз, уи азы дахгангьы дрышьҭит (Аус. 3:1; 4:1—3; 5:18; Аат. 1:9). Аха усҟангьы иашьцәеи иаҳәшьцәеи дрызхәыцуан. Иаҳҳәап, Иоанн адгьылбжьаха Патмос даныҟаз Аатра захьӡу ашәҟәы иҩит, насгьы иашьцәеи иаҳәшьцәеи ирзишьҭит, лассы иҟалараны иҟаз еилыркаарц азы (Аат. 1:1). Уи ашьҭахь Иоанн Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи ирызку Аевангелие иҩит. Иҟалап уи Патмос аҟынтә даноурышьҭ ашьҭахь иҩызар. Иара убас Иоанн иашьцәеи иаҳәшьцәеи ргәы шьҭихырц азы даҽа х-саламшәҟәык иҩит. Ишәылшома шәара Иоанн шәиҿыԥшлар?
10. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ауаа бзиа ишаҳбо?
10 Ҳаԥсҭазаара ззаҳкуа аус иаанарԥшуеит ауаа рахь абзиабара ҳамоу-иҳамаму. Аҩсҭаа идунеи ауаа ргәы зызҭанаҵо рхы мацара иазхәыцларц ауп. Иаҳҳәап, аԥара дырҳаларц, ма ахьӡи-аԥшеи ирышьҭазарц. Аха Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рзы ихадоу даҽакуп. Дара Аҳра ажәабжь ауаа ирзеиҭарҳәаларц, насгьы Анцәа изааигәахара ирыцхрааларц азы раамҭеи рымчи еигӡаӡом.
Ҳара ҳусқәа рыла аишьцәеи, аиҳәшьцәеи, ҳҭаацәеи бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 17.)b
11. Ишԥаадырԥшуеи ақьырсианцәа аӡәырҩы Иеговеи рашьцәеи раҳәшьцәеи бзиа ишырбо?
11 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы рҭаацәа ныҟәыргаларц азы ирацәаны аус рулароуп. Ус шакәугьы, дара Иеговеи рашьцәеи раҳәшьцәеи рзы ирылшо зегь ҟарҵоит. Иаҳҳәап, дара аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауеит, аргыларақәа рыҽрыладырхәуеит, насгьы адунеизегьтәи аус азы хатәгәаԥхарала аԥара аларҵоит. Дара уи зегь зыҟарҵо Иеговеи рашьцәеи раҳәшьцәеи бзиа иахьырбо азы ауп. Иара убас ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит ҳааԥсаны ҳаныҟоугьы аизарақәа рахь ҳаннеиуа, насгьы ҳгәы анхыҭ-хыҭуагьы аҭакқәа аныҟаҳҵо. Ҳара зегь ҳхатә уадаҩрақәа шҳамоугьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра ҳазхиоуп (Аур. 10:24, 25). Урҭ иҟарҵо зегьы ахә ҳаракны иаҳшьоит!
12. Ишԥааирԥши Иоанн иашьцәеи иаҳәшьцәеи бзиа ишибоз?
12 Иоанн иашьцәеи иаҳәшьцәеи бзиа ишибоз злааирԥшуаз иахьирҽхәоз мацарала акәӡамызт. Иара урҭ алабжьарақәагьы риҭон. Иаҳҳәап, ииҩыз асаламшәҟәқәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшуаз агәрахаҵаразы, насгьы иҟарҵоз аус бзиақәа рзы ирҽхәон. Аха уи адагьы, иара урҭ алабжьарақәа риҭон (1 Иоанн 1:8—2:1, 13, 14). Убас еиԥш ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарҽхәалароуп. Аха аӡәы ииашам агәазыҟашьа, ма иҽеим ашьцылара шимоу ҳбозар, хаала алабжьара иаҳҭар ауп. Ҳәарада, уи азы агәымшәара ҳҭахуп. Аха уи ала ҳашьа бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит. Абиблиа иануп аҩызцәа бзиақәа шеицхыраауа (Ажәам. 27:17).
13. Иҟаҳамҵалар акәзеи ҳара?
13 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара ааҳарԥшырц азы иҟаҳамҵалар ҳахәҭоугьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, ҳара урҭ ҳарцәымгәаалароуп. Иаҳгәалаҳаршәап хҭыск. Зны Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа ицәеижь шәымфауазар, ишьа шәымжәуазар, ԥсҭазаара шәыманы шәзыҟалом» (Иоанн 6:53—57). Иҵаҩцәа аӡәырҩы ииҳәаз ргәамԥхаӡеит, даанрыжьырцгьы рыӡбеит. Аха изиашаз иҩызцәа, Иоаннгьы уахь дналаҵаны, ус ҟарымҵаӡеит. Даргьы Иисус иажәақәа рзеилымкааӡеит, уамашәагьы ирбеит. Аха уеизгьы изиашаны иаанхеит. Дара Иисус ииҳәаз иашаӡам, ма раҳаҭыр ланарҟәуеит ҳәа рмыԥхьаӡаӡеит. Избанзар игәра ргон, насгьы идирҵоз шҵабыргыз рдыруан (Иоанн 6:60, 66—69). Ҳаргьы ҳҩызцәа ҳарцәымгәаалароуп. Ирҳәарц ирҭахыз ҳзеилымкаазар, агәаара ҳахымыццакӡакәа ҳарзыӡырҩыр еиӷьуп (Ажәам. 18:13; Еккл. 7:9).
14. Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбалар зҳахәҭоу?
14 Иоанн иара убас иҳәеит ҳашьцәа ҳцәымӷзар Аҩсҭаа ииҭаху шаҳирҟаҵо (1 Иоанн 2:11; 3:15). Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа уи аҩыза ауадаҩра рызцәырҵит. Аҩсҭаа урҭ ацәымӷра рыбжьеиҵарц, насгьы еиҿаиргыларц дашьҭан. Иаҳҳәап, Иоанн аишьцәа асаламшәҟәқәа анырзиҩуаз аизараҿы иҟан Аҩсҭаа идоуҳа аазырԥшуаз ауаа. Диотреф урҭ дыруаӡәкын. Иара аишьцәа аиӷара рыбжьеиҵон, еиҿаиргылон (3 Иоанн 9, 10). Уи адагьы, Анапхгаратә хеилак ахаҭарнакцәа пату рықәиҵомызт. Игәамԥхоз аишьцәа рахь асасдкылара аазырԥшуаз аизара иалицарцгьы дашьҭан. Иахьагьы Аҩсҭаа Анцәа ижәлар ирыбжьоу акзаара еилеигарц дашьҭоуп. Шәааи уи аҟаҵара илҳмыршап, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбалап.
ШӘҬААЦӘА БЗИА ИЖӘБАЛА
Иисус Иоанн диҳәеит иан дылхылаԥшларц, насгьы анаҩсгьы Иегова имаҵ аура лгәазҭеиҵаларц. Аҭаацәара ахадацәагьы рҭаацәара еиҷаҳалароуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)
15. Ихаимыршҭлар ихәҭоузеи аҭаацәара ахада?
15 Иааирԥшыр шԥаилшо аҭаацәара ахада иҭаацәа бзиа ишибо? Ҳәарада, иара иҭаацәа ныҟәигаларц азы аԥара ирҳалароуп (1 Тим. 5:8). Аха ихаимыршҭлароуп аԥара иҭаацәа рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳара ишимыцхраауа (Матф. 5:3). Иисус аҭаацәара аиҳабацәа аҿырԥш бзиа риҭеит. Иара агәаҟратә шьаҟаҿы данкыдызгьы иан длызхәыцуан. Иааигәара Иоанни Мариеи гылан. Иара ахьаа ӷәӷәа шимазгьы имчқәа зегь еизганы Иоанн диҳәеит иан дылхылаԥшларц (Иоанн 19:26, 27). Ҳәарада, Иисус иашьцәа ран даанрыжьуамызт. Аха усҟан дара Иисус иҵаҩцәа ракәмызҭгьы ҟаларын. Убри аҟынтә Иисус иҭахын Мариа лгәы шьҭызхлоз, насгьы Иегова имаҵ аура лгәазҭазҵалоз аӡә длымазарц.
16. Иарбан ҭакԥхықәрақәоу Иоанн идыз?
16 Иоанн идыз аҭакԥхықәрақәа рацәан. Апостолцәа руаӡәк иеиԥш иара ажәабжьҳәаратә ус напхгара аиҭалар акәын. Уи адагьы, Иоанн аҭаацәара далазҭгьы ҟаларын. Ус акәзар, иара иҭаацәара ныҟәигалар акәын, рдоуҳатә ҭахрақәагьы дреиҷаҳалар акәын (1 Кор. 9:5). Иднарҵозеи уи аҭаацәара ахадацәа?
17. Избан аҭаацәара ахада иҭаацәара рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳалар закәу?
17 Аҭаацәара иалоу аиашьа аҭакԥхықәрақәа рацәаны имазар алшоит. Иара аусураҿы иус бзианы инаигӡалароуп, уи ала Иегова дҳареикларц азы (Еф. 6:5, 6; Тит 2:9, 10). Уи адагьы, аизараҿы аҭакԥхықәрақәа идзар ҟалоит. Иаҳҳәап, иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳалароуп, насгьы ажәабжьҳәаратә ус еиҿикаалароуп. Аха убри аамҭазгьы иԥҳәыси ихәыҷқәеи Абиблиа рыцҭиҵааларц азы аамҭа иԥшаалароуп. Убасала идирбоит бзиа ишибо. Ҳәарада, иԥҳәыси ихәыҷқәеи ргәабзиара деиҷаҳаларц, насыԥ рымазарц, насгьы Иегова имаҵ аура дрыцхрааларц азы иҟаиҵо зегь ахә ҳаракны иршьалоит (Еф. 5:28, 29; 6:4).
«СЫБЗИАБАРАҾ ШӘЫҞАЗ»
18. Зыгәра ганы дыҟази Иоанн?
18 Иоанн ақәра ду ниҵит. Иара иԥсҭазаараҿы иибахьаз-ихигахьаз рацәан. Иара игәрахаҵара зырԥсыҽыр алшоз аԥышәарақәа дрықәшәон. Ус шакәызгьы, Иоанн илшоз зегь ҟаиҵон Иисус иԥҟарақәа наигӡаларц азы, абзиабара иадҳәалоу аԥҟарагьы уахь иналаҵаны. Убри аҟынтә иара агәра ганы дыҟан Иеговеи Иисуси бзиа дшырбоз, насгьы дзықәшәоз аԥышәарақәа рыхгаразы амч ширҭалоз (Иоанн 14:15—17; 15:9, 10; 1 Иоанн 4:16). Аҩсҭаа идунеии иареи иҟарҵалакгьы Иоанн иажәақәеи иусқәеи рыла иашьцәеи иаҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшра даҟәыҵуамызт.
19. Ҳгәы зызҭанаҵозеи 1 Иоанн 4:7, насгьы избан?
19 Иоанн иеиԥш ҳаргьы аӡәгьы бзиа дзымбо Аҩсҭаа напхгара зиҭо адунеи аҿы ҳанхоит (1 Иоанн 3:1, 10). Иара иҭахуп ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбара ҳаҟәыҵырц. Аха ҳхаҭа уи илҳмыршар, акгьы изалҵӡом. Убри аҟынтә шәааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбалап. Уи ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла иааҳарԥшлап. Усҟан Иегова иҭаацәара ҳахьахәҭаку ҳаигәырӷьалоит, ҳаԥсҭазаарагьы аҵакы амазаауеит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:7.)
АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт
a Абиблиаҿы Иисус бзиа иибоз аҵаҩы иӡбахә ануп (Иоанн 21:7). Иҟалап уи Иоанн иакәызҭгьы. Ус акәызҭгьы иара дышқәыԥшызгьы аҟазшьа бзиақәа илан ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Иоанн Аевангелиеи егьырҭ ашәҟәқәеи иҩырц игәазҭеиҵеит. Урҭ ашәҟәқәа рҿы иара ирацәаны абзиабара далацәажәеит. Ари астатиаҿы ҳара Иоанн ииҩыз зхәыцрақәак еилҳаргоит. Иара убас иҿырԥшы иаҳнарҵо ҳалацәажәоит.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аҭаацәара аиҳабы аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз дрыцхраауеит, адунеизегьтәи аус азы аԥара алеиҵоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭаацәаратә мҵахырхәарахь иааиԥхьоит.