Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 маи ад. 15—20
  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИАХЬ АБЗИАБАРА
  • АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГ АХЬ АБЗИАБАРА
  • ҲАГӘРАХАҴАРА ҲАЦЕИҨЫЗШО РАХЬ АБЗИАБАРА
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Абзиабара зыхә ҳараку ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 маи ад. 15—20

Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан

«Иҟало азакәандара иахҟьаны шьардаҩы рыбзиабара хьшәашәашт» (МАТФ. 24:12).

АШӘАҚӘА: 38, 128

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳалшо Иегова иахь иҳамоу абзиабара ахьчара?

  • Иҳацхраауазеи абиблиатә ҵабырг еиҳаны бзиа абара?

  • Избан ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо бзиа рбара зхадоу?

1, 2. а) Изызкыдаз раԥхьаӡа акәны Матфеи 24:12 аҿы иану Иисус иажәақәа? б) Ишԥаҳнарбо ашәҟәы Аусқәа ақьырсианцәа реиҳараҩык абзиабара шаадырԥшуаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

ИИСУС адгьыл аҿы даныҟаз, ауаа ари адунеи аҵыхәтәа шааиз дзырбо адыргақәа рыӡбахә реиҳәеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит: «Шьардаҩы рыбзиабара хьшәашәашт» (Матф. 24:3, 12). Раԥхьаӡакәны арҭ ажәақәа наӡеит актәи ашәышықәсазы Анцәа ижәларны зхы зыԥхьаӡоз, аха нас Анцәа иахь рыбзиабара хьшәашәахартә алзыршаз ауриацәа рҿы.

2 Аха уеизгьы, ақьырсианцәа реиҳараҩык уи аамҭазы «Иисус Христос изкыз агәырӷьаҿҳәаша жәабжь, ажәабжь бзиа рыладырҵәон», Анцәа иахь, дара дара рыбжьара, насгьы егьырҭ ауаа рахь абзиабара аадырԥшуан (Аус. 2:44—47; 5:42). Аха уеизгьы, Христос ишьҭанеицәа шьоукы рыбзиабара хьшәашәартә алдыршеит.

3. Избан ақьырсианцәа шьоукы рыбзиабара зыхьшәашәахаз?

3 Зыԥсы ҭалаз Иисус Ефес инхоз ақьырсианцәа иреиҳәеит: «Иҟоуп уара уахь сгәы зланамӡоугьы: раԥхьатәи убзиабара нужьит, уаԥырҵит» (Аат. 2:4). Избан уи аҩыза зыҟалаз? Уи мзызс иамазар алшон Иисус ишьҭанеицәа зцәеижь агәаҳәарақәа назыгӡоз ауаа иахьырҿыԥшуаз (Еф. 2:2, 3). Иахьатәи ақалақьқәа жәпакы реиԥш, Ефес гәаԥхашәадарала иҭәын. Ишәҭыкакаҷуаз, ибеиаз ари ақалақь аҿы инхоз ауаа рзы ихадаз иманшәалаз аԥсҭазаареи, амазареи, аԥсшьареи ракәын. Мыцхәы ахбзиабареи рхатә гәаҳәарақәеи гәык-ԥсык ала абзиабара аарԥшра ирԥырхаган. Иара убас дара гәаԥхашәадарала рхы мҩаԥыргон, насгьы Анцәа изакәанқәа пату рықәырҵомызт.

4. а) Излоубарҭоузеи иахьа ауаа рыбзиабара шыхьшәашәахаз? б) Иарбан ганқәоу ҳабзиабара ԥышәахар ахьалшо?

4 Ауаа рыбзиабара шыхьшәашәахо иазкны Иисус ииҳәаз аԥааимбаражәа иахьагьы анаӡара иаҿуп. Иахьа ауаа Анцәа иахь абзиабара еиҳа-еиҳа ирцәыӡуеит. Анцәа ицәхьаҵны, миллионҩыла ауаа гәыӷуеит адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа ирыӡбоит ҳәа. Аӡәырҩы ауаа рыбзиабара хьшәашәоит, насгьы Ефес инхоз ақьырсианцәа рҿырԥштәы ишаҳнарбо еиԥш, иахьа Иегова имаҵзуҩцәагьы рыбзиабара хьшәашәахар алшоит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ҳабзиабара хьшәашәахар ахьалшо х-ганк: 1) Иегова иахь абзиабара, 2) абиблиатә ҵабырг ахь абзиабара 3) ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь абзиабара.

ИЕГОВА ИАХЬ АБЗИАБАРА

5. Избан Анцәа бзиа даҳбалар зҳахәҭоу?

5 Иисус ауаа абзиабара шырцәыӡуа иҳәаанӡа, иаҵшьны иазгәеиҭеит иарбан бзиабароу зегь раасҭа ихадоу: «„Бзиа дба Иҳақәиҭу Унцәа — угәы наӡала, уԥсы наӡала, удырра наӡала“. Ари — раԥхьа игылоу, иреиҳаӡоу акәны иҟоуп» (Матф. 22:37, 38). Ииашаҵәҟьаны уи ус ауп. Иегова иахь абзиабара ӷәӷәа ҳацхраауеит иԥҟарақәа рықәныҟәара, ахачҳара аарԥшра, насгьы ацәгьара ацәымӷра. (Уаԥхьа Аԥсалом 96:10 [97:10, АдҾ].) Аха Аҩсҭаа идунеии иареи Иегова иахь ҳабзиабара ҳамырхыр рҭахуп.

6. Иҟалар алшозеи, Анцәа иахь абзиабара ҳцәыӡыр?

6 Ари адунеи аҿы ауаа абзиабара иазкны ииашам агәаанагара рымоуп. Дара Ҳазшаз иакәымкәа рхы ауп бзиа ирбо (2 Тим. 3:2). Аҩсҭаа напхгара ззиуа адунеи ауаа ргәазҭанаҵоит «ацәеижь зызгәыҳәуа, иаҭаху, аблақәа зызгәышьуа» ашьҭалара, насгьы «хамаԥагьарала» ахымҩаԥгара (1 Иоанн 2:16). Апостол Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон рцәеижь агәаҳәарақәа рыҽрырымҭаларц: «Ацәеижь иатәу агәаҳәарақәа — аԥсра рзыԥҵәоуп... избан акәзар ацәеижьтә гәаҳәарақәа Анцәа иаӷоуп» (Рим. 8:6, 7). Ииашаҵәҟьаны ауаҩы амазара арҳареи асексуалтә гәазыҳәарақәа рынагӡареи мацара ихы азишьҭуазар, уи алҵшәа бааԥсқәа изаанагоит (1 Кор. 6:18; 1 Тим. 6:9, 10).

7. Иарбан шәарҭароу Христос ишьҭанеицәа зықәшәар алшо?

7 Тәылақәак рҿы атеистцәеи, аевалиуциа агәра згои, иара убас агностикцәеи ауаа Анцәа бзиа дрымбаларц, насгьы дшыҟоу агәра рымгаларц ргәазҭарҵоит. Дара аӡәырҩы ауаа агәра ддыргеит Зегьзшаз дшыҟоу хазҵо аҵара змам, мамзаргьы иҟәышым ауаа роуп ҳәа. Аӡәырҩы ауаа Ҳазшаз иаасҭа аҵарауаа еиҳа пату рықәырҵоит (Рим. 1:25). Ус еиԥш иҟоу агәаанагарақәа ҳрызхәыцуазар, Иегова ҳаицәыхарахоит, насгьы иара иахь иҳамоу абзиабара хьшәашәоит (Аур. 3:12).

8. а) Иарбан имариам ҭагылазаашьақәоу Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы зықәшәо? б) Ҳзықәнаргәыӷуазеи Аԥсалом 135 (136, АдҾ)?

8 Иара убас ҳагәрахаҵара ԥсыҽхоит, насгьы Анцәа иахь ҳабзиабара хьшәашәоит, мыцхәы ҳгәы каҳажьлар. Аҩсҭаа инапаҿы иҟоу ицәгьоу ари адунеи аҿы ҳара аамҭа-аамҭала ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит (1 Иоанн 5:19). Иҟалап шәара ажәре́и, ачымазарақәеи, иара убас аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәымазар. Мамзаргьы иҟалап шәара шәгәы каҳауазар ишәҭаху аҟаҵара ахьшәылымшо, мамзаргьы шәыԥсҭазаараҿы шәыззыԥшыз ахьынамӡаз. Ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, Иегова ҳаанижьит ҳәа ахаангьы ҳгәы иаанамгалароуп. Шәрызхәыцла Аԥсалом 135:23 (136:23, АдҾ) аҿы иану угәы шьҭызхуа ажәақәа. Уа иануп: «Ҳаныладырҟәуаз Иара ҳаигәалашәеит, избанзар Иара игәыҳалалра наунагӡа иҟоуп». Иегова имаҵзуҩцәа рахь азиашара зныԥшуа абзиабара еснагь иааирԥшуеит. Убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иара ҳаҳәарақәа шиаҳауа, насгьы рҭак шыҟаиҵо (Аԥсал. 116:1; 135:24—26 [136:24—26, АдҾ]).

9. Ицхраазеи Павел Анцәа иахь ибзиабара ахьчара?

9 Апостол Павел Иегова еснагь дышицхраауаз дазхәыцуан, уи дыӷәӷәаны даанхаларц ицхраауан. Павел иҩуан: «Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом: ауаҩԥсы исзиураны иҟоузеи?» (Аур. 13:6). Павел Иегова игәра ахьигоз иԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа риааира ицхраауан. Иара урҭ ирыхҟьаны игәы каижьуамызт. Павел абахҭа данҭакыз, угәы шьҭызхуа асаламшәҟәқәа иҩит (Еф. 4:1; Флп. 1:7; Флм. 1). Даара иӷәӷәаз аԥышәарақәа раангьы Павел Анцәа иахь абзиабара ихьчон. Ицхраазеи иара уи аҿы? Иара «агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа» диқәгәыӷуан, избанзар иара ҳгәаҟрақәа зегь ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит (2 Кор. 1:3, 4). Ишԥаҳалшо Павел ҳаиҿыԥшны Иегова иахь ҳабзиабара хьшәашәахартә алҳмыршар?

Иегова бзиа дыжәбала (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Иҳацхраауазеи Анцәа иахь ҳабзиабара ахьчара?

10 Павел иҳаилиркааит Анцәа иахь ҳабзиабара ахьчараҿы зегь раԥхьаӡа иргыланы иҳацхраауа. Иара ақьырсианцәа иреиҳәеит: «Шәааҟәымҵӡакәа шәныҳәала» (1 Фес. 5:17). Анцәеи ҳареи еизааигәоу ҳаизыҟазаашьақәа рыхьчаразы иахәҭоуп Анцәа иҳәара, насгьы гәаартыла иацәажәара (Аԥсал. 85:3 [86:3, АдҾ]). Ҳцәаныррақәеи ҳгәы иҭоуи Иегова изеиҭаҳҳәаларц азы аамҭа алҳхуазар, ҳара жәҩантәи Ҳаб еиҳагьы ҳаизааигәахоит (Аԥсал. 64:3 [65:2, АдҾ]). Уи адагьы, Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо анаҳбо, иара иахь иҳамоу абзиабара еиҳа иӷәӷәахоит. Ҳара еиҳа агәра ҳгоит «Нцәа Ҳазшаз, Иара иашьапкуа зегьы» дшырзааигәоу (Аԥсал. 144:18 [145:18, АдҾ]). Иегова дышҳацхраауа агәра ҳгозар, уи ҳагәрахаҵара ԥызшәо ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит.

АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГ АХЬ АБЗИАБАРА

11, 12. Ишԥаҳалшо абиблиатә ҵабырг ахь абзиабара аизырҳара?

11 Ақьырсианцәа раҳасабала, ҳара аҵабырг ахә ҳаракны иаҳшьоит. Анцәа Иажәа аҵабырг зну шәҟәуп. Иисус Иаб даниҳәоз иҳәеит: «Иҵабыргуп Уара уажәа» (Иоанн 17:17). Ус анакәха, Анцәа Иажәа иану аҵабырг ҳзымдыруазар, аҵабырг бзиа абара ҳалшаӡом (Кәал. 1:10). Аха баша адыррақәа реизырҳара азхом. Иазгәашәҭ Аԥсалом 118 (119, АдҾ) иану ажәақәа, урҭ абиблиатә ҵабырг бзиа абара иаанаго аилкаара иҳацхраауеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 118:97—100 [119:97—100, АдҾ].) Иалҳхуама аамҭа амш аҩныҵҟа Абиблиаҿы ҳзыԥхьаз азхәыцразы? Абиблиатә ҵабырг ҳаԥсҭазаараҿы шаҟа ахәарҭа ҳзаанаго ҳаназхәыцуа, уи еиҳагьы бзиа иаҳбалоит.

12 Аԥсалом 118 (119, АдҾ) аҿы анаҩс иануп: «Шаҟа ихааузеи сгәаҿы Уара уажәақәа! Ацхарпаҵкьысгьы ихаауп сара сқьышәқәа рҿы» (Аԥсал. 118:103 [119:103, АдҾ]). Анцәа иорганизациа иаҳнаҭо Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа афатә хаа иаҩызоуп. Бзиа иаҳбо афатә анаҳфо имҟаҟаӡакәа илбааҳдом, уи ҳмыццакӡакәа иаҳфоит, агәахәара ҳзаанагарц азы. Абиблиа анҭаҳҵаауагьы убас ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Убасҟан ҳара аҵабырг иазку «угәы иахәо ажәақәа» агәахәара ҳзааргалоит, насгьы ҳзыԥхьо агәынкылареи егьырҭ рыцхрааразы ахархәареи ҳзымариахоит (Еккл. 12:10).

13. Ицхраазеи Иеремиа Иԥшьоу Аҩыра иану аҵабырг бзиа абара, насгьы ишԥеиныруаз уи иара?

13 Аԥааимбар Иеремиа Иԥшьоу Аҩыра иану аҵабырг бзиа ибон. Шәахәаԥш Анцәа иажәақәа иара ишиныруаз: «Уажәақәа ԥшаан, урҭ сара исфеит. Уажәа сара сгәазы гәырӷьажәахеит, избанзар ухьӡ санашьоуп, О Иегова, ар иреиҳабу Анцәа» (Иер. 15:16). Иеремиа зыхә ҳаракыз Анцәа иажәақәа инарҵауланы дрызхәыцуан, насгьы бзиа ибон. Иара даара ахә ҳаракны ишьон Иегова ихаҭарнакны дахьыҟаз, насгьы иажәабжь ахьрылеиҳәоз. Анцәа иҵабырг бзиа иаҳбозар, еилаҳкаауама Иегова ихьӡ аныҟәгара, насгьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан Иаҳра иазку ажәабжь ауаа рылаҳәара шҳаҭыр дуу?

Абиблиатә ҵабырг бзиа ижәбала (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Ишԥаҳалшо абиблиатә ҵабырг ахь ҳабзиабара арӷәӷәара?

14 Иҳацхраауазеи еиҭа абиблиатә ҵабырг ахь ҳабзиабара арӷәӷәара? Иахәҭоуп Иегова аҵара ахьҳирҵо аизарақәа бжьамыжькәа рҭаара. Ҳарҵараҿы ихадоу ароль амоуп аҵаразы астатиақәа рыцхыраарала есымчыбжьа имҩаԥысуа Абиблиа аҭҵаара. Еилҳарго атема ибзианы еилаҳкаарц азы ибзианы ҳҽазыҟаҳҵалароуп. Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит астатиаҿы иаагоу ажәеинраалақәа зегьы ҳрыԥхьар. Иахьа аҵаразы аброшиурақәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иуԥшаар улшоит ҳорганизациа аинтернет-ресурсқәа рҿы. Иҟоуп аелектронтә форматқәа аҭҵааразы астатиаҿы ирласны ажәеинраалақәа раартра алшара ҳазҭо. Иарбан знеишьоу иалаҳхуазаалакгьы, урҭ ажәеинраалақәа ҳахшыҩ азышьҭны ҳанрыԥхьо, насгьы ҳанрызхәыцуа, ҳара абиблиатә ҵабырг еиҳа бзиа иаҳбоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 1:2.)

ҲАГӘРАХАҴАРА ҲАЦЕИҨЫЗШО РАХЬ АБЗИАБАРА

15, 16. а) Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иоанн 13:34, 35 иану инақәыршәаны? б) Ишԥеидҳәалоу ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь абзиабареи Абиблиахь абзиабареи?

15 Иисус дыԥсраны даныҟаз аухазы иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ишәысҭоит аԥҟара ҿыц — аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала; Сара бзиа шәшызбаз аиԥш, шәарҭгьы бзиа шәеибабала; шәара сҵаҩцәа шшәакәу злардыруа, шәара-шәара ишәыбжьоу абзиабарала ауп» (Иоанн 13:34, 35).

16 Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь абзиабара Иегова иахь абзиабара даара иадҳәалоуп. Апостол Иоанн иҩуан: «Зашьа дыздырхьоу, дызбахьоу, аха уи бзиа дзымбо ауаҩԥсы — иимбац-имаҳац Анцәа ибзиабара илшоума? (1 Иоанн 4:20). Иегова иахь, насгьы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь абзиабара Абиблиахь иҳамоу абзиабарагьы иадҳәалоуп. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар абиблиатә ҵабырг ахь абзиабара ҳгәазҭанаҵоит Анцәеи ҳашьцәеи бзиа иаҳбаларц азы аԥҟарақәа гәык-ԥсык ала рықәныҟәара (1 Пиотр 1:22; 1 Иоанн 4:21).

Шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо шәашьцәеи шаҳәшьцәеи бзиа ижәбала (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Ишԥаҳалшо абзиабара аарԥшра?

17 Уаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 4:9, 10. Ишԥаҳалшо аус аҿы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшра? Иаҳҳәап, иҳалшоит зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизарахь машьынала ргара, мамзаргьы иеибахаз аиаҳәшьа лыҩны ак аҟаҵара лыцхраара (Иак. 1:27). Иқәыԥшугьы, зықәрахь инеихьоугьы ргәы каҳар, ма ауадаҩрақәа ирықәшәар ауеит — дара зегьы аамҭа рзалхлатәуп, ргәы шьҭыхлатәуп (Ажәам. 12:25; Кәал. 4:11). «Ҳагәрагара ҳацеиҩызшо ҳашьцәа» ажәалеи услеи ҳанрыцхраауа, гәык-ԥсык ала бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (Гал. 6:10).

18. Иҳацхраауазеи аизараҿы ицәырҵуа аилибамкаарақәа рыӡбара?

18 Абиблиаҿы заа иҳәан ицәгьоу ари адунеи «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан аӡәырҩы ауаа мыцхәы рхы бзиа ишырбало, насгьы аԥсыцәгьара шаадырԥшло (2 Тим. 3:1, 2). Убри аҟынтә ақьырсианцәа даара рҽазыршәалар ауп Анцәеи абиблиатә ҵабырги бзиа ирбаларц, насгьы дара-дара рыбжьара абзиабара аадырԥшларц. Ҳәарада, зны-зынла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыбжьара еилибамкаарақәак цәырҵуеит. Аха ҳара бзиа ҳаибабоит аҟынтә, урҭ аилибамкаарақәа ақьиара аарԥшны иахьынӡазалшо ирласны иҳаӡбоит (Еф. 4:32; Кәал. 3:14). Шәааи ҳабзиабара хьшәашәахартә алҳмыршап — анаҩсгьы гәык-ԥсык ала Иеговеи, иара Иажәеи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбалап!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра