«Егьырҭ реиҳа Сара бзиа субауоу?»
«Иона иԥа Симон! егьырҭ реиҳа Сара бзиа субауоу?» (ИОАНН 21:15).
1, 2. Еиликаазеи Пиотр Иисус даниацәажәа ашьҭахь?
АУХАНТӘАРАК Иисус Христос быжьҩык иҵаҩцәа Галилеиатәи амшын аҿы аԥсыӡ ркуан, аха акгьы рзымкит. Амшын ахықә аҟынтәи Иисус днарыхәаԥшын иҳәеит: «Акаҭ арӷьарахьтәи аганахь ишәыршә». Дара «иагьдыршәит, акаҭқәа ҭгашьа рымамкәа ԥсыӡ рацәала ихьанҭахеит» (Иоанн 21:1—6).
2 Иисус шьыжьхьа рзыҟаиҵан, дара акрырфеит, нас иара Симон Пиотр диазҵааит: «Иона иԥа Симон! егьырҭ реиҳа Сара бзиа субауоу?» Ииҳәарц ииҭахызи Иисус? Пиотр аԥсыӡкра даара бзиа ибон. Убри аҟынтә иҟалап Иисус дзызҵаауаз Пиотр аԥсыӡи аԥсыӡкреи Иисус иҵарақәеи иареи раасҭа еиҳа бзиа ибозу имбозу акәызҭгьы. Пиотр аҭак ҟаиҵеит: «Ааи, Иҳақәиҭу! Уара иудыруеит сара бзиа ушызбауа» (Иоанн 21:15). Пиотр иажәақәа усла ишьақәирӷәӷәеит. Уи аицәажәара ашьҭахь Пиотр Христос бзиа дшибоз ааирԥшит иԥсҭазаара аҵаҩцәа разыҟаҵара ианазик, насгьы актәи ашәышықәсазы иҟаз ақьырсиантә еизараҿы ихадоу ароль анагӡара даналага.
3. Иарбан шәарҭарақәоу ақьырсианцәа ирхадмыршҭлар рыхәҭоу?
3 Иаҳнарҵар алшозеи ҳара ари аицәажәара? Ҳара ҳацклаԥшлар ауп Христос иахь иҳамоу абзиабара мԥсыҽхарц, насгьы Анцәа Иаҳра ҳаԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ аҿы аргылара акгьы ҳԥырхагамхарц. Иисус ибзианы идыруан «ари адунеи агәхьаақәа» ауаа ишырныруа. Ажәлаҟьаҩ изкыз Иисус иажәамаанаҿы иҳәон «Аԥсҳара иазку» шьоукы шазыӡырҩуа, ишрыдыркыло, аха «ари адунеи агәхьаақәа рҭаар, абеиара ихнахыр», ираҳаз ажәа шыхәаҽуа (Матф. 13:19—22; Марк 4:19). Агәҽанызаара ҳцәыӡыр, есыҽнытәи аусқәа Иегова имаҵ аураҿы иҳамоу агәацԥыҳәара арԥсыҽыр ауеит. Убри аҟынтә Иисус иҵаҩцәа ргәырҽаниҵеит: «Шәхы шәашьклаԥшла, имыцхәу крыфарала, рыжәтә-жәрала шәхы шәмырчалан, иахьеи-уахеитәи абзазара шәҽашәымҭан» (Лука 21:34).
4. Иҳацхраауазеи Иисус иахь иҳамоу абзиабара ӷәӷәоу иӷәӷәаму аилкаара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
4 Пиотр иеиԥш, Христос иахь иҳамоу абзиабара ааҳарԥшуеит иҳадиҵаз аус ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ианҳаргыло. Иҳацхраауазеи уи ус шакәу аилкаара? Аамҭа-аамҭала ҳхы ҳазҵаалар ауп: «Зегь раасҭа бзиа избозеи сара? Исзаазгозеи сара еиҳа агәырӷьара: Иегова имаҵ аура акәу, мамзаргьы даҽакы?» Уи инадҳәаланы шәааи еилҳаргап Христос иахь иҳамоу абзиабара арԥсыҽыр зылшо х-ганк: аусура, аԥсшьара, аматериализм.
АУСУРА ИАХЬАХӘҬОУ АҬЫԤ АҾЫ ИШӘЫРГЫЛАЛА
5. Иарбан ҭакԥхықәроу Анцәа аҭаацәара ахадацәа ирыдиҵаз?
5 Пиотр изы аԥсыӡкра ус баша бзиа иибоз усмызт, уи ихы зланыҟәигоз акәын. Аҭаацәара ахадацәа ирдыруеит Анцәа аҭакԥхықәра шрыдиҵаз — рҭаацәара рматериалтә ҭахрақәа рынагӡара (1 Тим. 5:8). Уи азы дара имаҷымкәа аџьабаа рбалар ауп. Аха аҵыхәтәантәи арҭ аамҭақәа раан аусура ауадаҩрақәа рацәаны иацуп.
6. Иарбан уадаҩрақәоу ауаа аусураҿы изықәшәо?
6 Иахьа аусурҭа иашьҭоу ауаа рацәоуп, аха аусурҭа ҭыԥқәа маҷуп. Убри аҟынтә шьоукы еиҳаны аусура, насгьы имаҷу аулафахәы иақәшаҳаҭхоит. Аусура аиҳабацәа русуҩцәа еиҳаны аус руларц рыдырҵоит, уи иахҟьаны ауаа даара иааԥсоит, астресс рызцәырҵуеит, насгьы ичмазаҩхоит. Ус аусура иақәшаҳаҭым русурҭа ҭыԥқәа рцәыӡыр ауеит.
7, 8. а) Ҳзызиашада ҳара зегь раԥхьа иргыланы? б) Еиликаазеи Таиланд инхо иашьак иусура аганахь ала?
7 Ақьырсианцәа раҳасабала, ҳара зегь раԥхьа иргыланы Иегова ҳизиашоуп (Лука 10:27). Аусура хықәкыс иамоуп зда ԥсыхәа ҳамам аиура, насгьы Анцәа имаҵ аураҿы ацхыраара ҳаҭара. Аха агәҽанызаара ҳцәыӡыр, ҳусура Анцәа имаҵ аура иаҳԥырхагахар алшоит. Абар Таиланд инхо иашьак ииҳәо: «Сара иԥхасҭахаз акомпиутерқәа сырҽеиуан. Уи аус даара исгәаԥхон, аха аамҭа рацәаны исымнахуан. Уи иахҟьаны адоуҳатә усқәа рзы аамҭа зынӡа исзымхо иалагеит. Аҵыхәтәаны еилыскааит Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы исыргыларц азы, сусура аансыжьыр шсыхәҭоу». Иҟаиҵазеи иара?
8 Иара еиҭеиҳәоит: «Иҟасҵаша сыӡбарц азы шықәсык сҭаххеит. Сара исыӡбеит амҩадуқәа рҿы аҵааршә аҭира. Раԥхьа сусура алҵшәа амамызт, уи даараӡа сгәы снархьуан. Уаанӡа аус сыцызуаз санырбоз исхыччон, насгьы исазҵаауан избан аҵааршә аҭира зеиӷьысшьаз акондиционер ахьыҟоу ахыбраҿы акомпиутерқәа рырҽеира аасҭа. Сара Иегова сиҳәон ари аус сықәҿиарц, насгьы схықәкы сзынагӡарц — уи адоуҳатә усқәа еиҳа аамҭа рызкра акәын. Хара имгакәа сусқәа еиӷьхеит. Еиҳа еиӷьны еилыскаауа салагеит ахәаахәҭыҩцәа еиҳа иргәаԥхо, аамҭа анца уи аус аҿы аԥышәа змоу аӡә сакәны сҟалеит. Иаарласны ҽнак ала исымаз аҵааршә зегь сҭиуа салагеит. Сара уаанӡа аасҭа еиҳаны исырҳауан. Уажәы еиҳа анасыԥ сымоуп, избанзар уаанӡа исымаз агәҭынчымреи астресси сымаӡам. Зегь раасҭа ихадоу, Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иӷәӷәахеит». (Урыԥхьа Матфеи 5:6; Лука 11:28.)
9. Иҳацхраауазеи аусура ииашаны азнеира?
9 Иегова аџьабаа анаҳбо игәаԥхоит, насгьы ахә ҳаракны ишьоит. Ус ҟаҳҵозар, уи алҵшәа бзиақәа аанагоит (Ажәам. 12:14). Аха уеизгьы, Таиланд инхо аиашьа иҿырԥштәы ишаҳнарбаз еиԥш, аусура ииашаны ҳазнеилар ауп. Иисус иҳәеит: «Зегь раԥхьаӡа акәны шәзышьҭалаша Анцәа Иԥсҳареи Уи иҵабырги роуп, егьырҭ зегьы [ауаҩы зда ԥсыхәа имам] урҭ рыла ишәыдлап» (Матф. 6:33). Ишԥеилкаатәу аусуреи адоуҳатә усқәеи ииашаны ҳшырзыҟоу? Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Сышԥарзыҟоу сара аусуреи амаҵзуреи, исгәаԥхома аусура амаҵзура аасҭа?» Ари азҵаара ибзианы ҳазхәыцыр, еиҳа бзиа иаҳбо еилаҳкаауеит.
10. Илирҵарц ииҭахызи Иисус Марфа?
10 Иисус иҳаилиркааит ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалар ҳахәҭоу. Зны иара Мариа лаҳәшьа Марфеи лареи сасра дырҭан. Марфа афатә аҟаҵара даҿын, Мариа Иисус дидтәаланы ииҳәоз дазыӡырҩуан. Марфа дашшуан Мариа дахьылмыцхраауаз азы. Иисус Марфа илеиҳәеит: «Мариа даҽа разҟы-хирк [«еиӷьыз», АдҾ] алылхит, уи аӡәы илымихраны дыҟам» (Лука 10:38—42). Иисус Марфа ихадаз ак лирҵеит: Христос бзиа дшаҳбо шьақәҳарӷәӷәарц, насгьы аусуреи есыҽнытәи аусқәеи мыцхәы ҳаамҭа рымгарц азы, ҳара «еиӷьу» алаҳхлар ауп, даҽакала иуҳәозар, адоуҳатә усқәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалар ауп.
АԤСШЬАРЕИ АГӘЫРҾЫХАГАҚӘЕИ ҲШЫРЗЫҞАЗАР ҲАХӘҬОУ
11. Иаҳәозеи Абиблиа аԥсшьара иазкны?
11 Есыҽны ҳусқәа ахьырацәо, насгьы инаҳагӡо аус ахьымариам иахҟьаны, аԥсшьара ҳҭахуп. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Акрыфареи, акрыжәреи, насгьы аџьабаа иаанаго алҵшәақәа рылагәырӷьареи ада ауаҩы изы еиӷьу ыҟам» (Еккл. 2:24). Иисусгьы иҳәон ауаҩы аԥсшьара шиҭаху. Зны иҵаҩцәа ажәабжьҳәара иҟан, уи даара иарааԥсеит. Ианыхынҳә, Иисус иреиҳәеит: «Ҭыԥ цәҳәырак ахь шәцаны, убраҟа ԥыҭрак шәыԥсы шәшьа» (Марк 6:31, 32).
12. Избан аԥсшьареи агәырҿыхагақәеи рганахь ала агәҽанызаара ҳамазар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
12 Ииашаҵәҟьаны ҳара аԥсшьареи агәырҿыхареи ҳҭахуп. Аха ҳгәаҳҽанызар ауп уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадамхарц азы. Актәи ашәышықәсазы аӡәырҩы абас ихәыцуан: «Афара-ажәра ҳҽаҳҭап, уеизгьы уаҵәы ҳаԥсраны ҳаҟоуп» (1 Кор. 15:32). Иахьагьы убас ихәыцуа рацәоуп. Абар ҿырԥштәык. Шықәсқәак раԥхьа Европа инхоз рԥыск аизара даҭаауа далагеит. Аха иара агәырҿыхагақәа даараӡа бзиа ибон аҟынтә, Иегова ишаҳаҭцәа рыҿцәажәара даҟәыҵит. Аха аамҭа анца, иара ибеит уи аҩыза аԥсҭазаара агәаҟрақәа шаанаго. Уи арԥыс еиҭа Абиблиа аҵара далагеит, иԥсҭазаашьа иԥсахит, ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәарагьы далагеит. Аӡы иҽанӡааих ашьҭахь, иара иҳәеит: «Сгәы иалоу Иегова имаҵ аура ари адунеи иуднагало агәырҿыхагақәа раасҭа анасыԥ шузаанаго аилкааразы абриаҟара аамҭа ахьысцәыӡыз ауп».
13. а) Иаажәга аҿырԥштәы агәырҿыхагақәеи аԥсшьареи ирыцу ашәарҭарақәа узырбо. б) Иҳацхраауазеи аԥсшьареи агәырҿыхагақәеи ииашаны рызнеира?
13 Уԥсы анушьалак, умч ҭалоит. Аха шаҟа аамҭа азалхтәузеи уи? Ҳазхәыцып абри аҿырԥштәы. Аӡәырҩы ахаа-мыхаақәа бзиа ирбоит. Аха ҳара иаҳдыруеит ҳааҟәымҵӡакәа урҭ ҳфалар, уи ҳгәабзиара ишазеицәо. Агәабзиара ҳамазар ҳҭахызар, ахәарҭа ҳзаазго афатә ҳфалар ауп. Убас еиԥш, иаашар хәлаанӡа ҳаԥсы ҳшьалар, насгьы ҳгәы ҳарҿыхалар, уи ҳдоуҳатә гәабзиара иаԥырхагахоит. Ус ҳмыхьырц азы, ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа Аҳра аусқәа ҳаҽрылаҳархәлар ауп. Ишԥаҳалшо аԥсшьара ҳшазыҟоу аилкаара? Ианышәҵа мчыбжьык аҩныҵҟа адоуҳатә усқәа шаҟа аамҭа шәцәырго— аизарақәа рҭаара, ажәабжьҳәара, ахатә ҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи. Анаҩс убри амчыбжь азы ианышәҵа аԥсшьара шаҟа аамҭа шәцәаго — иаҳҳәап, аспорт, ателехәаԥшра, авидеохәмаррақәа. Ижәбозеи ианеиҿшәырԥшлак? Иҟаҵатәума аԥсахрақәа? (Уаԥхьа Ефесаа рахь 5:15, 16.)
14. Иҳацхраауазеи аԥсшьареи агәырҿыхагақәеи ралхраҿы?
14 Иегова азин ҳаиҭоит ишаҳҭаху ҳаԥсы ҳшьаларц, аха уи Абиблиа иану Анцәа ипринципқәа еиларымгозар аупa. Аҭаацәара ахадагьы илшоит иҭаацәара ирнаало аԥсшьара алихыр. Аԥсшьара бзиа «Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп» (Еккл. 3:12, 13). Ҳәарада, аӡәы игәаԥхо даҽаӡәы игәаԥхом, насгьы ауаа рыламыс еиԥшым (Гал. 6:4, 5). Аха иалҳхуа агәырҿыхага зеиԥшразаалакгьы, уи иахәҭоу аҭыԥ ааннакылозар ауп. Иисус иҳәеит: «Аханатә шәмал, шәмазара ахьыҟоу шәгәы-шәыԥсгьы ыҟазаауеит» (Матф. 6:21). Ус анакәха, ҳара Ҳаҳ, Иисус Христос, гәык-ԥсык ала бзиа даҳбозар, Аҳра аус ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахоит, уи ҳхәыцрақәеи, ҳажәақәеи, ҳусқәеи ирныԥшлоит (Флп. 1:9, 10).
АМАТЕРИАЛИЗМ ҲАҾАГЫЛАЛАР ШҲАЛШО
15, 16. а) Ишԥаилшо ақьырсиан аматериализм акаҭа даҿашәар? б) Иарбан лабжьароу Иисус аматериализм аганахь ала иҳаиҭаз?
15 Иахьа аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит аҵыхәтәантәи амода инақәыршәаны рҽеиларҳәалароуп, аҭелқәеи акомпиутер ҿыцқәеи цәырҵцыԥхьаӡа иаархәалароуп ҳәа. Убри аҟынтә ақьырсианцәа зегьы рхы гәарҭалар ауп абарҭ азҵаарақәа рхы иархәаны: «Иақәсырӡуама сара еиҳаны аамҭа аҵыхәтәантәи амодеи амашьынақәеи рызхәыцра, аизарақәа рҽырзыҟаҵара аасҭа? Сеилахома сара убриаҟара, Анцәа иҳәареи Абиблиа аԥхьареи рзы аамҭа сзымхартә еиԥш?» Агәҽанызаара ааҳмырԥшлар аматериализм ҳахнахуеит, уи Христос иахь ҳабзиабара арԥсыҽыр алшоит. Ҳара Иисус иажәақәа ҳрызхәыцлар ауп: «Шәгәышәҽаныз, амазара азхьра шәҽацәышәыхьча» (Лука 12:15). Избан ус зиҳәаз?
16 Иисус иҳәеит «ҩыџьа аҳцәа рымаҵ аура аӡәгьы илшом» ҳәа. Иара иациҵеит: «Анцәагьы амазарагьы узеицбом». Избан акәзар «аҳцәа» аҩыџьагьы ирҭахуп доусу иара изиашазарц. Ҩыџьа «аҳцәа» рымаҵ ҳуазар, урҭ рҟынтә аӡәы бзиа даҳбалоит, егьи даҳцәымӷзаауеит, мамзаргьы аӡәы изы хыс-хысра ҳагхом, егьи ҳаицәаашьалоит (Матф. 6:24). Ҳара зегьы ҳнаӡам, убри аҟынтә «ацәеижь агәаҳәара», аматериализмгьы уахь иналаҵаны, ҳааҟәымҵӡакәа ҳаҿагылалароуп (Еф. 2:3).
17. а) Избан шьоукы аматериализм аганахь ала ииашоу ахәаԥшышьа ахьчара зырцәыцәгьоу? б) Иҳацхраауазеи аматериализм аҿагылара?
17 Аӡәырҩы аматериализм аганахь ала ииашоу ахәаԥшышьа ахьчара рцәыцәгьоуп. Избанзар дара Иегова ихәаԥшышьа рцәыӡуеит. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 2:14.) Дара ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа еиҳа-еиҳа ирцәыцәгьахоит (Аур. 5:11—14). Уи иахҟьаны дара ирызцәырҵыр алшоит зиааира мариам амал арҳара агәаҳәара, уи агәаҳәара ирҭаху роургьы имиасыр алшоит (Еккл. 5:10). Ус еиԥш иҟоу агәаҳәарақәа ашҳам иаҩызоуп, аха уи ахәшә амоуп — Анцәа Иажәа, Абиблиа, есыҽны аԥхьара (1 Пиотр 2:2). Иисус Анцәа иҵабырг дазхәыцуан, уи Аҩсҭаа данԥишәоз ицхрааит. Убас ҳаргьы абиблиатә принципқәа ҳанрықәныҟәо, аматериализм аҿагылара ҳалшоит (Матф. 4:8—10). Усҟан ҳара Иисус зегь раасҭа бзиа дшаҳбо иҳарбоит.
Ихадоузеи шәара шәыԥсҭазаараҿы? (Шәахәаԥш абзац 18.)
18. Шәзызхиоузеи шәара?
18 Иисус Пиотр «егьырҭ реиҳа Сара бзиа субауоу?» ҳәа даниазҵаауаз, уи Пиотр игәалаиршәарц иҭахын адоуҳатә усқәа ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишыхадоу. Пиотр анаҩс ихьӡ инақәыршәаны дынхон, уи иаанагон «ахаҳә». Иара ахаҳә иеиԥшыз аҟазшьақәа иман — дыӷәӷәан, уиқәгәыӷыртә дыҟан (Аус. 4:5—20). Ҳаргьы иахьа Христос иахь абзиабара ӷәӷәа ааҳарԥшлар ҳҭахуп. Уи азы ҳара аусуреи, аԥсшьареи, аматериализми ииашаны ҳрызнеилар ауп. Ирныԥшлааит ҳаӡбарақәа Пиотр имаз ацәаныррақәа Иисус абас аниеиҳәоз: «Иҳақәиҭу! Уара иудыруеит сара бзиа ушызбауа»!
a Шәахәаԥш аброшиура «Полезен ли твой отдых?» (bw515) аҿы астатиа «Полезен ли твой отдых?», адаҟьақәа 9—12, абзацқәа 6—15.