Имариоу аԥсҭазаара агәырӷьара аанагоит
ДАНИЕЛЬИ МИРИАМИ сентиабр мза, 2000 шықәсазы еибагеит, уи ашьҭахь Барселона (Испаниа) анхара иалагеит. «Ҳара аԥсҭазаара бзиа ҳаман,— игәалашәоит Даниель.— Аԥара рацәаны иҳарҳауан, аресторанқәа рахь ҳныҟәон, даҽа тәылак ахь ԥсшьара ҳцон, насгьы зыхә цәгьаз амаҭәа ааҳхәон. Иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжьҳәара ҳныҟәон». Аха ҽнак зегь аҽаԥсахит.
Даниель игәаҵанӡа инеит 2006 шықәсазы аконгресс аҿы иҟаз ажәахә аҿы иаагаз азҵаара: «Иҳалшо зегь ҟаҳҵома ҳара „аԥсра иазааигәоу“ ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара амҩа ианыларц рыцхрааразы?» (Ажәам. 24:11). Уи ажәахә аҿы иҳәан шаҟа ихадоу аԥсҭазаара аиқәырхара зылшо абиблиатә жәабжь ауаа рзеиҭаҳәара (Аус. 20:26, 27). Даниель иҳәоит: «Иегова хаҭала сара дсацәажәошәа сгәы иабон». Уи ажәахә аҿы иара убас иҳәан ажәабжьҳәараҿы еиҳаны ианыҟаҳҵо, еиҳа агәырӷьара шҳауа. Даньель уи агәра ганы дыҟан. Избан? Мириам пионерс амаҵ аура далагахьан, уи агәырӷьара лзаанагон.
Даниель иациҵоит: «Сара еилыскааит сыԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа рыҟаҵара ишаамҭаз». Убас иагьыҟаиҵеит. Иара иӡбеит еиҳа имаҷны аус иуларц, апионертә маҵзура далагеит, насгьы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ аҿы амаҵ аура дазхәыцуан.
РАԤХЬА АУАДАҨРАҚӘА, НАС ИЗҚӘЫМГӘЫӶУАЗ АЖӘАБЖЬ
Маи мза, 2007 шықәсазы Даниельи Мириами русура аанрыжьын, Панамаҟа ицеит. Дара уаанӡагьы уахь ицахьан. Иҿыцыз ртерриториахь иаҵанакуан Карибтәи амшын аҿы архипелаг Бокас-дель-Торо иаҵанакуа дгьылбжьахақәак. Уа инхо ауаа реиҳараҩык нгабе ҳәа изышьҭоу ажәлар роуп. Даниельи Мириами еизганы ирымаз аԥара рыԥхьаӡан, Панама аамз раҟара инхалар шрылшоз рбеит.
Адгьылбжьахақәа рҿы дара амаланыҟәа рхы иадырхәон, дгьылбжьахак аҟынтә даҽа дгьылбжьахак ахь нышьла ицон. Дара ахаан ирхашҭуам раԥхьаӡа акәны маланыҟәала аҭакар шораха 30 километра ианныҟәоз. Урҭ ахәы ихалон, илбаауан. Даниель убриаҟара имч илӡааит, иԥсы маҷхарц ак игымхеит. Аха амҩан ицонаҵы ауаа асасдкылара аадырԥшуан, еиҳарак хаҵеи-ԥҳәыси нгабе бызшәала жәақәак шырҵаз анырбоз. Хара имгакәа дара 23 библиатә ҵара амҩаԥгара иалагеит.
Иҟалазеи Даниельи Мириами рԥарақәа анынҵәа? Даниель еиҭеиҳәоит: «Испаниаҟа ахынҳәра шҳақәшәо ҳаназхәыцуаз, ҳалаӷырӡ хажжылон. Ҳара даараӡа иаҳҭахӡамызт Абиблиа зҳарҵоз ауаа рааныжьра». Аха мызк ашьҭахь урҭ изқәымгәыӷуаз ажәабжь раҳаит — дара иҷыдоу пионерцәас иҟарҵеит. «Шаҟа ҳаигәырӷьазеи ҳмаҵзура ацҵара алшара ахьҳауз!» — лҳәоит Мириам.
АК ИУЗАҾМЫРԤШУА АГӘЫРӶЬАРА
2015 шықәсазы аорганизациаҿы иҟалаз аԥсахрақәа ирыхҟьаны, Даниельи Мириами пионерс амаҵ руларц ирыҳәеит. Ишԥарыдыркылеи уи? Дара Аԥсалом 36:5 (37:5, АдҾ) иану ажәақәа инарықәыршәаны рхы мҩаԥыргеит: «Умҩа Нцәа Ҳазшаз имада, Инапы уҿанҵа, Иаргьы инаигӡашт». Дара пионерцәас амаҵ аура алшара рызҭоз аусурҭақәа рыԥшааит, уажәы апровинциа Верагуас (Панама) иҟоу еизарак аҿы амаҵ руеит.
Даниель иҳәоит: «Испаниантәи ҳцаанӡа, ҳара имариоу аԥсҭазаара амҩаԥгара шҳалшо агәра ҳгомызт. Аха иҳалшеит, насгьы иаҳҭаху зегь ҳамоуп». Ирзаазгозеи дара агәырӷьара ду? Даниельи Мириами ирҳәоит: «Ахынраалара змоу ауаа Иегова деилыркаарц рыцхраара ак иузаҿмырԥшуа гәырӷьароуп!»