Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 маи ад. 28—32
  • Сышдагәоугьы, егьырҭ аҵабырг дсырҵоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Сышдагәоугьы, егьырҭ аҵабырг дсырҵоит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГ ЕИЛЫСКААУЕИТ
  • АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГ ДСЫРҴОИТ
  • ИЕГОВА БЗИАБАРАЛА ДСЕИҶАҲАУЕИТ
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 маи ад. 28—32

АБИОГРАФИА

Сышдагәоугьы, егьырҭ аҵабырг дсырҵоит

Еиҭеиҳәеит Уолтер Маркин

Сара 1941 шықәсазы аӡы сыҽӡаасхит. Усҟан 12 шықәса схыҵуан. Аха Абиблиа иаҳнарҵо анеилыскаа 1946 шықәса рзы ауп. Избан? Ишәзеиҭасҳәап сҭоурых.

СҬААЦӘА 1910-тәи ашықәсқәа рзы Қарҭынтәи (Қырҭтәыла) Канадаҟа ииасит. Дара анхара иалагеит Канада мраҭашәаратәи ахәҭа апровинциа Саскачиван ақыҭа хәыҷы Пелли аҿы. Сара сиит 1928 шықәсазы, насгьы фҩык ахәыҷқәа рҟынтә сеиҵбын. Саб сиира шықәсыбжак шагыз дыԥсит, сан дыԥсит зынӡа саныхәыҷӡаз. Иаарласны 17 шықәса зхыҵуаз саҳәшьа еиҳабы Луси дыԥсит. Уи ашьҭахь саншьа Ник сашьцәеи саҳәшьцәеи сареи ааӡара ҳаигеит.

Саншьа афермаҿы аҽқәа иман. Ҽнак зны аныҟәара саналага аамҭазы, сҭынхацәа аҽҵыс аҵыхәа сшахоз рбеит. Уи сысыр ҳәа ишәаны саҟәыцырц азы рыбжьы ҭыганы исықәҿырҭуан. Аха уеизгьы саҟәыҵуамызт. Сара урҭ рахь шьҭахьла сгылан, убри аҟынтә рыҳәҳәабжь саҳауамызт. Уи аҽны акгьы смыхьӡеит, аха сҭынхацәа убасҟан ауп сышдагәаз анеилыркаа.

Ҳҭаацәара ҩызас ирыԥхьаӡоз аӡәы идагәаз егьырҭ ахәыҷқәа аҵара рыцысҵаларц ҳадигалеит, убри аҟынтә саншьа Ник Саскатун (апровинциа Саскачеван) иҟаз адагәацәа аҵара ахьырҵоз ашкол ахь сигеит. Сыҩны аҟынтә уанӡа ихаран. Сара зынӡа схәыҷын, хәышықәса ракәын исхыҵуаз, убри аҟынтә сшәон. Сҭынхацәа аныҳәа мшқәеи аԥхынтәи аԥсшьарамшқәеи раан акәын ианызбоз. Хәыҷы-хәыҷла сара абыжьҭыгарадатә бызшәа сҵеит, убри аҟынтә егьырҭ ахәыҷқәа рыцыхәмарра сылшон.

АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГ ЕИЛЫСКААУЕИТ

1939 шықәсазы саҳәшьа еиҳабы Мерион Билл Данильчук диццеит, урҭ саҳәшьа Франсеси сареи дара рахь ҳаргеит. Ҳауацәа рҟынтә зегь раԥхьаӡа Иегова ишаҳаҭцәа ирабадырыз дара ракәын. Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан дара рахь саннеиуаз, урҭ Абиблиа аҟынтә еилыркаауаз сзеиҭаҳәара рҽазыршәон. Сара урҭ рацәажәара сцәыцәгьан, избан акәзар дара абыжьҭыгарадатә бызшәа рыздыруамызт. Аха дара аҵабырг ахь абзиабара шсымаз гәарҭеит. Сара еилыскааит дара зҿыз аус Абиблиа ишадҳәалаз. Убри аҟынтә урҭ ажәабжьҳәара срыццо салагеит. Иаарласны аӡы сыҽӡаасхырц сҭаххеит. Сентиабр 5, 1941 шықәсазы Билл аҵеџь аҟынтә иаагаз аӡы ала ирҭәыз, аџыр иалхыз ацистернаҿы аӡы сӡааихит. Аӡы аҵаа еиԥш ихьшәашәан!

Гәыԥҩык адагәацәеи сареи аконгресс аҿы (Кливленд, аштат Огаио, Еиду Аштатқәа. 1946)

Аԥхын 1946 шықәсазы ҳара Кливленд (аштат Огаио, Еиду Аштатқәа) имҩаԥысуаз аконгресс ҳаҭааит. Аконгресс раԥхьатәи амш аҽны саҳәшьцәа апрограмма еилыскаарц азы ақьаад аҿы анҵамҭақәа сзыҟарҵон. Аха аҩбатәи амш аҽны сара еилыскааит аконгресс аҿы идагәаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рзы апрограмма абыжьҭыгарадатә бызшәахьы ишеиҭаргоз. Сара уи аконгресс даара исгәаԥхеит, избанзар уажәшьҭа абиблиатә ҵабырг еиӷьны аилкаара салагеит!

АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГ ДСЫРҴОИТ

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ааигәоуп ианеилга аҟынтә, атәыла зегьы анационализм иамҽханакит. Аконгресс ашьҭахь ашкол ахь саныхынҳә, сара сыгәрахаҵара инақәыршәаны ахымҩаԥгара сҽазысшәон. Сара абираҟ амҵахырхәареи амилаҭтә гимн аҳәареи мап рцәыскит. Иара убас аныҳәақәа разгәаҭара саҟәыҵит, насгьы ауахәаматә маҵзурақәа сырҭаауамызт, уи аҵаҩцәа зегь аҟаҵара рыдын. Арҵаҩцәа уи ргәамԥхаӡеит, убри аҟынтә сдыршәон, насгьы сжьаны сыгәрахаҵара мап ацәыскырц рҽазыршәон. Аҵара сыцысҵоз сзықәшәоз зегь рбон, уи сара алшара снаҭеит дара Аҳра иазку ажәабжь рзеиҭаҳәара. Уи иабзоураны хҩык аҷкәынцәа — Ларри Андрософф, Норман Диттрик, Имил Шнаидер — аҵабырг рыдыркылеит, насгьы уажәраанӡа Иегова изиашаны имаҵ руеит.

Қалақьк санаҭаауаз, сара еснагь сҽазысшәон идагәаз ауаа аҵабырг рзеиҭаҳәара. Зны Монреал, адагәацәа ахьеизоз аклуб аҿы Едди Теигер зыхьӡыз абанда иалахәыз арԥыск ажәабжь бзиа изеиҭасҳәеит. Иара ҳашьа иакәхеит, насгьы иԥсы ахьынӡаҭаз ақалақь Лаваль (апровинциа Квебек) иҟоу абыжьҭыгарадатә еизараҿы амаҵ иуан. Иара убас сиабадырит Хуан Арданес, уи Вериа инхоз реиԥш, абиблиатә жәабжь ииашоу ииашаму аилкааразы зегь шьаҭанкыла иҭиҵаауан (Аус. 17:10, 11). Иаргьы аҵабырг идикылеит, насгьы иԥсы ахьынӡаҭаз Оттава (апровинциа Онтарио) аизара аиҳабыс амаҵ иуан.

Амҩаду аҿы ажәабжь сҳәоит. 1950-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы

1950 шықәсазы Ванкуверҟа сиасит. Сара адагәацәа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара даара бзиа избоит, аха еиҳараӡак сара исгәалашәо, уи идагәамыз Крис Спаисер зыхьӡыз ԥҳәыск аҵабырг анылзеиҭасҳәаз ауп. Лара ажурнал лнапы аҵалҩит, насгьы лхаҵа Гари сиҭаарц дсыҳәеит. Ҳара акарандашьи ақьаади ҳхы иархәаны уи акыраамҭа ҳиацәажәон. Уи ашьҭахь ҳара акыр шықәса ҳаибамбацызт. Сара даара иџьасшьеит Торонто (апровинциа Онтарио) имҩаԥысуаз аконгресс аҿы дара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыгәҭа сгәаҭаны иансыдгыла! Ишеилыскааз ала уи аҽны Гари аӡы иҽӡааихыр акәын. Ари зеиԥшыҟам аҿырԥштәы иснарбеит ажәабжь бзиа аҳәаразы аҭагылазаашьақәа ҳаҩҳмыжьлар шхадоу, избанзар ҳара аҵабырг ажәла анеизҳауа, насгьы иахьеизҳауа ҳаздырӡом.

Ԥыҭрак ашьҭахь Саскатунҟа сиасит. Уаҟа сара слабадырит ԥҳәыск, уи еицииз идагәаз ҩыџьа лыԥҳацәа — Џьини Џьоани Роттенбергер Абиблиа дсырҵаларц дсыҳәеит. Урҭ сара зны аҵара ахьысҵоз адагәацәа рышкол аҿы аҵара рҵон. Иаарласны дара аҵара рыцызҵоз аҵабырг рзеиҭаҳәара иалагеит. Уи иабзоураны рыкласс аҟынтә хәҩык Иегова ишаҳаҭцәахеит. Урҭ руаӡәк Иунис Колин лакәын. Сара Иунис слабадырит аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара анысҵоз. Исгәалашәоит лара зны акамфеҭ аасылҭан, ҳзеиҩызцәахома ҳәа дсазҵааит. Аамҭақәак рышьҭахь Иунис сыԥсҭазаараҿы даара ихадаз уаҩны дҟалеит, лара сыԥҳәыс лакәхеит.

Иуниси сареи 1960, 1989 ш.ш. рзы

Иунис Абиблиа аҵара дшаҿу лан ианеилылкаа, лара ашкол адиректор уи даҟәихырц диҳәеит. Уи адагьы, адиректор Абиблиа аҵаразы илымаз алитература лымихит. Аха Иунис ишьақәырӷәӷәаны анаҩсгьы Иегова деилылкааларц лыӡбеит. Аӡы лыҽӡаалхырц шылҭахыз лҭаацәа ианралҳәа, дара ус рҳәеит: «Иегова ишаҳаҭ бакәхар, аҩнынтәи бдәылаҳцоит!» Иунис 17 шықәса анылхыҵуаз лыҩны аанлыжьит. Ақьырсиантә ҭаацәарак ақьиара аарԥшны дара рҿы дынхаларц лыдыргалеит. Иунис Абиблиа аҵара иацылҵеит, анаҩс аӡы лыҽӡаалхит. 1960 шықәсазы ҳанеибага, лҭаацәа ачарахь имнеиӡеит. Аха аамҭақәак рышьҭахь дара зыгәра ҳго, насгьы ҳхәыҷқәа шыҳааӡо анырба, пату ҳақәырҵо иалагеит.

ИЕГОВА БЗИАБАРАЛА ДСЕИҶАҲАУЕИТ

Сԥа Николас иԥҳәыс Дебореи иареи лондонтәи Вефиль аҿы

Иуниси сареи быжьҩык аԥацәа ҳааӡеит. Урҭ зегьы рлымҳа иаҳауеит. Ҳара урҭ абыжьҭыгарадатә бызшәа дҳарҵеит, уи шымариамызгьы. Уи абзоурала ҳара урҭ рацәажәареи аҵабырг дырҵареи ҳзымариахеит. Ҳара даараӡа иҳацхрааит аизара аҟынтә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Зны абык абӷьыц ианҵаны иаҳзааишьҭит ҳаҷкәын Аҳратә зал аҿы иҽеим ажәақәа шиҳәоз. Уи абзоурала ҳара ҳаҷкәын ианаамҭаз ириашара ҳалшеит. Ԥшьҩык ҳаҷкәынцәа — Џьеимз, Џьерри, Николас, Стивен — рҭаацәеи дареи Иегова изиашаны имаҵ руеит. Урҭ зегьы аизара аиҳабацәа роуп. Николос иԥҳәыс Дебореи иареи британиатәи афилиал аҿы абыжьҭыгарадатә бызшәахьы аиҭагараҿы ацхыраара ҟарҵоит. Стивен иԥҳәыс Шаннони иареи Еиду Аштатқәа рҿы иҟоу афилиал аҿы абыжьҭыгарадатә бызшәа аиҭагаҩцәас амаҵ руеит.

Сыҷкәынцәа Џьеимз, Џьерри, Стивен рыҳәсеи дареи абыжьҭыгарадатә бызшәа рхы иархәаны ажәабжьҳәаратә ус иацхраауеит

Ҳчара 40-тәи ашықәс мызк шагыз Иунис акьыба лыхьны дыԥсит. Акыраамҭа лара агәымшәара аарԥшны уи ачымазара даҿагылан. Аԥсҭалара аганахьала илымаз агәрахаҵара ӷәӷәа амч лнаҭон. Сара даараӡа сазыԥшуп лара ҿыц данызбо аамҭа!

Феии Џьеимзи, Џьеррии Ивлини, Шаннони Стивени

Февраль 2012 шықәсазы сара скаҳан сыгәчама хжәеит. Уи ашьҭахь еилкаахеит аӡәы ицхыраара ада схы сшамыхәоз. Убри азы сыҷкәын иԥҳәыси иареи рахь нхара сиасит. Ҳара зегьы ақалақь Калгари абыжьҭыгарадатә еизара ахь ҳаиасит, уа сара аизара аиҳабыс сыҟоуп. Ахаҵара цәгьоуп, аха ари сара раԥхьатәи абыжьҭыгарадатә сеизара ауп! 1946 шықәса инаркны сара англыз бызшәала имҩаԥысуаз аизара саҭаауан. Исыцхраауази доуҳала сыӷәӷәаны аанхара? Иегова аиаҭымцәа дышреиҷаҳауа ала иажәа наигӡеит (Аԥсал. 9:35 [10:14, АдҾ]). Сара даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит исыцхраауаз зегьы — ақьаад аҿы анҵамҭақәа сзыҟазҵоз, абыжьҭыгарадатә бызшәа ҵаны исзеиҭазгоз!

79 шықәса анысхыҵуаз сара америкатәи абыжьҭыгарадатә бызшәала имҩаԥысуаз апионерцәа рышкол салгеит

Зны-зынла сгәы каҳауан, сызҿыз зегь касыжьыр сҭахын, избанзар аизараҿы ирҳәоз сзеилкаауамызт, мамзаргьы егьырҭ ауаа адагәацәа рҭахрақәа рзеилымкаауашәа сгәы иабон. Убас еиԥш иҟаз аамҭақәа раан, сара исгәаласыршәон Пиотр зны Иисус иеиҳәаз: «Иҳақәиҭу! зыҟны ҳнеирыда? Уара уажәақәа наӡаӡатәи абзазара иазҳәоуп» (Иоанн 6:66—68). Акыршықәса аҵабырг мҩа иану идагәоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы реиԥш, ачҳара аарԥшышьа сҵеит. Сара Иегова иорганизациеи иареи рыгәрагашьа сҵеит, уи азылԥхарақәа рацәаны исзаанагеит! Уажәы сара схатәы бызшәала адоуҳатә фатәы меигӡарахда исымоуп, насгьы даара сеигәырӷьоит америкатәи абыжьҭыгарадатәи абызшәа схы иархәаны аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рацәажәара ахьсылшо. Ииашаҵәҟьаны сара насыԥ змоу, зылԥхарала иҭәыз аԥсҭазаара сыман, избанзар Ҳанцәа Ду Иегова имаҵ зуан!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра