Абзиабара зыхә ҳараку ҟазшьоуп
АПОСТОЛ Павел Иегова ицхыраарала иҩит Анцәа иԥшьоу идоуҳа абзоурала ауаҩы еизирҳар илшо жә-ҟазшьак рыӡбахә (Гал. 5:22, 23). Иара излеиҳәо ала, иааизакны зеиԥшыҟам арҭ аҟазшьақәа зегьы иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоупa. Уи «ауаҩ ҿыц» иааирԥшуа ҟазшьақәоуп (Кәал. 3:10). Аҵла ииашаны ианахылаԥшуа ашәыр ибзианы ишаҿало еиԥш, ауаҩгьы адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ааирԥшуеит, уи адоуҳа ԥырхагада анырра инаҭозар (Аԥсал. 1:1—3).
Павел зыӡбахә иҩуаз адоуҳа иалҵшәоу раԥхьатәи аҟазшьа абзиабара ауп. Шаҟа ихадоузеи ари аҟазшьа? Павел иҩуан абзиабара имамзар акгьы дшаԥсам (1 Кор. 13:2). Аха изакәызеи абзиабара? Ишԥаҳалшо уи аизырҳара? Ишԥаарԥшлатәу иара есыҽны?
ИЗАКӘЫЗЕИ АБЗИАБАРА?
«Абзиабара» закәу аҳәара ус имариам, аха Анцәа Иажәаҿы иануп уи ахьааԥшуа. Абиблиаҿы иануп «абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит», «аиаша-ҵабырг ирзаатуп», «зегьы рыхьчара-рҿыхра иазыхиоуп, зегьы рыгәра агоит, зегьы ирықәгәыӷуеит, зегьы ахҭнагоит» ҳәа. Абзиабарахь иара убас иаҵанакуеит аишьцылара ӷәӷәа, гәык-ԥсыкала аиҷаҳара, ацәанырра хаақәа раарԥшра. Аха ауаҩы егьырҭ рахь абзиабара аницәмаҷу, ахыбаареи ахамаԥагьареи ааирԥшуеит, мыцхәы ихы бзиа ибоит, ишахәҭам ихы мҩаԥигоит, агәаара илоуп, насгьы анажьра иҭахӡам. Ҳара ус еиԥш иҟоу аҟазшьақәа раарԥшра ҳҭахӡам. Ҳара «ахазы афеида иашьҭам» абзиабара аарԥшра ҳҭахуп (1 Кор. 13:4—8).
ИЕГОВЕИ ИИСУС ХРИСТОСИ АБЗИАБАРА ААРԤШРАҾЫ ЗЕИԤШЫҞАМ АҾЫРԤШЫ ҲАРҬОИТ
Абиблиаҿы иануп: «Анцәа — дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:8). Иара иҟаиҵо зегьы абзиабара аныԥшуеит. Иара ауаа рахь ибзиабара ду ааирԥшит Иисус Христос ҳара ҳзы дгәаҟны дыԥсырц азы адгьыл ахь данааишьҭ. Апостол Иоанн иҩит: «Анцәа ҳара ҳахь имаз абзиабара ааирԥшит Иара Иԥа дызлаҳзааишьҭыз ала, убри ибзоураны, убри ила ԥсҭазаара ҳауразы. Ари абзиабараҿ ихадоу ҳара Анцәа бзиа дахьаҳбаз акәым, Анцәа ихаҭа ҳара бзиа ҳахьибаз, ҳагәнаҳақәа ҳрылгахаразы, ҳҿыхразы Иара Иԥа ӡатәк, ԥсаҭатәк аҳасабала дахьҳзааишьҭыз ауп» (1 Иоанн 4:9, 10). Анцәа ибзиабара абзоурала ҳагәнаҳақәа ҳанажьхарц ҳалшоит, агәыӷра ҳамоуп, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳақәгәыӷуеит.
Иисус Анцәа игәаԥхара наигӡеит, уи ала иара ауаа бзиа ишибо ааирԥшит. Павел иҩит: «Абри ашьҭахь [Иисус] иациҵоит: „Абар сахьааиуа угәаҳәара анагӡаразы, Анцәа ду“. [...] Абри аиԥш иҟаз „агәаҳәарала“ ҳара ҳрыцқьан-ҳаԥшьан Иисус Христос ицәеижь зныктәи ахҭыс ала — ахақәҵарала» (Аур. 10:9, 10). Аӡәымзар аӡәы еиҳау абзиабара аарԥшра илшарымызт. Иисус иҳәеит: «Иҟам зыԥсы зҩызцәа ирықәызҵаз ибзиабара иеиҳау даҽакы» (Иоанн 15:13). Иҳалшома ҳара, игәнаҳау ауаа, абзиабара аарԥшраҿы Иеговеи Иисуси рҿыԥшра? Ҳәарада! Шәааи уи шыҟаҵатәу ҳахцәажәап.
«БЗИАБАРАЛА ШӘЫҞАЗ»
Павел ақьырсианцәа ааиԥхьон: «Анцәа шәиҿыԥшла, иара бзиа иибо ахәыҷқәа ишырҵасу аиԥш. Бзиабарала шәыҟаз, зхы ҳақәызҵаз Христос бзиа ҳшибоз аиԥш» (Еф. 5:1, 2). Ҳара бзиабарала ҳаҟоуп, уи аҟазшьа ҳаԥсҭазаараҿы еснагь ианааҳарԥшуа. Ҳара ҳабзиабара усла ишьақәҳарӷәӷәалароуп, ажәала мацара акәымкәа. Иоанн иҩуан: «Схәыҷқәа! Бзиа ҳаибабалап, ажәа мацарала акәымкәа, бызла акәымкәа, иааҳарԥшуа ҳуси ҳиашареи рыла» (1 Иоанн 3:18). Иаҳҳәап, Анцәеи иаҳзааигәои бзиа ианаҳбо, ҳара егьырҭ «Аԥсҳаратә Евангелие аӡбахә» рзеиҭаҳҳәалоит (Матф. 24:14; Лука 10:27). Иара убас ҳара бзиабарала ҳаҟоуп егьырҭ рахь ачҳареи ақьиареи анааҳарԥшуа, насгьы ианранаҳажьуа. Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Аӡәи-аӡәи гәыҭбаарала, гәыбылрала шәеизыҟаз, шәеизыразыз, шәрыцҳаибашьала, ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла — Иисус Христос иҿы Анцәа ишшәанаижьыз аиԥш» (Еф. 4:32).
Аха ҳара аӡәы ииашаҵәҟьаны бзиа даҳбозар, уи иаанагаӡом зегь ианаҳажьлоит ҳәа. Иаҳҳәап, иҵәыуо ахәыҷы ддыргәыбзыӷырц азы, иҭаацәа ииҭаху зегь ҟарҵар рылшоит. Аха аҭаацәа иишаҵәҟьаны рхәыҷы бзиа дырбозар, ианаҭаху аџьбарара аадырԥшлоит. Убас ҳҳәар ҳалшоит Анцәа изгьы: иара дыбзиабароуп, аха убри аамҭазгьы «бзиа иибауа роуп дызқәыцәҟьауа» (Аур. 12:6). Уи адагьы, бзиабарала ҳаҟазар, ианахәҭоу егьырҭ рыриашара ҳазхиоуп (Ажәам. 3:11, 12). Ҳәарада, иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳаргьы ҳшыгәнаҳақәоу, насгьы еснагь абзиабара шааҳмырԥшуа. Убри аҟынтә ҳара абзиабара еиҳаны иахьааҳарԥшлаша аганқәа ҳамоуп. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара? Еилҳаргап х-знеишьак.
ИШԤЕИЗЫРҲАЛАТӘУ АБЗИАБАРА?
Актәи, Анцәа шәиҳәала абзиабара зхылҿиаауа иԥшьоу идоуҳа шәиҭарц. Иисус иҳәеит иԥшьоу адоуҳа роурц азы Иегова «иашьапкуа» ишриҭо (Лука 11:13). Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц азы ҳиҳәозар, насгьы «адоуҳа иатәу ала» ҳхы мҩаԥаҳгозар, ҳусқәа абзиабара еиҳа ирныԥшлоит (Гал. 5:16). Аизара аиҳабацәа Анцәа иԥшьоу адоуҳа риҭарц иҳәалар рылшоит, егьырҭ бзиабарала Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа рырҭаларц азы. Ахәыҷқәа змоу ақьырсианцәа Анцәа иҳәалар рылшоит рыԥсахы еибакны акәымкәа, бзиабарала рхәыҷқәа рааӡараҿы идоуҳа рыцхрааларц азы.
Аҩбатәи, Иисус ииашамкәа ианизныҟәозгьы, абзиабара шааирԥшуаз шәазхәыцла (1 Пиотр 2:21, 23). Христос иҿыԥшра еиҳарак ихадоуп ииашамкәа ианҳазныҟәо, мамзаргьы ҳандыргәаауа. Усҟан ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Ихы шԥамҩаԥигарыз Иисус?» Ли зыхьӡу аиаҳәшьа ари азҵаара дахьазхәыцуаз ицәгьаз аҭагылазаашьаҿы аӡбара адкылара дахымыццакырц илыцхрааит. Лара илгәалашәоит: «Зны аус сыцызуаз аԥҳәыс егьырҭ аусуҩцәа аелектронтә аацҳара рзылышьҭит, уа лара слырџьеит, насгьы инасыгӡо аус иҽеимкәа дахцәажәеит. Уи сара даара сгәы снархьит. Аха схы сазҵааит: „Ихы шԥамҩаԥигарыз Иисус сара сҭыԥ аҿы?“ Иисус иҟаиҵар илшоз саназхәыц, сара уи ауадаҩра алымхыкәа, зегь ишыҟоу иаансыжьырц сыӡбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь еилыскааит, уи аԥҳәыс лгәамбзиара дшаргәаҟуаз, насгьы астресс ӷәӷәа шлымаз. Сара схәыцит лара уи аацҳара анылышьҭуаз сыргәаара зынӡагьы илҭахымзар ауан ҳәа. Иисус ииашамкәа ианизныҟәоз абзиабара шааирԥшуаз сахьазхәыцуаз, уи аԥҳәыс лахь абзиабара аарԥшра исыцхрааит». Ааи, Иисус ҳаниҿыԥшуа, ҳара еснагь бзиабарала ҳхы мҩаԥаҳгоит.
Ахԥатәи, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа егьырҭ изларылукаауа ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аарԥшышьа шәҵала (Иоанн 13:34, 35). Абиблиа ҳаанаԥхьоит «Христос Иисус ихәыцшьа» ҳамазарц. Ажәҩан ааныжьны, иара «ихала Ихы лаирҟәит», уи инеиҳангьы иԥсы ҳахҭниҵеит (Флп. 2:5—8). Иисус иааирԥшуаз ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара ҳаҿыԥшуазар, уи ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи ирныԥшлоит, насгьы ҳхы аҵкыс, егьырҭ еиҳа ҳрызхәыцлоит. Иарбан лҵшәақәоу еиҭа абзиабара иаанаго?
АБЗИАБАРА ИААНАГО АЛҴШӘАҚӘА
Абзиабара ааҳарԥшуазар, уи алҵшәа бзиақәа аанагоит. Еилҳаргап ҩ-ҿырԥштәык.
Иарбан лҵшәақәоу иаанаго абзиабара?
ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИАШЬАРА. Ҳара бзиа ҳаибабоит, убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟоуп адунеи ахьынӡанаӡааӡо иарбан еизаразаалакгьы ҳахьнеиуа, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи гәыкала ҳашрыдыркыло. Шаҟа инасыԥ дуузеи адунеи аҿы ҳашьцәа зегьы бзиа ҳшырбо ахьаҳдыруа! (1 Пиотр 5:9). Иҟоума даҽаџьара Анцәа ижәлар рыбжьара иҟоу абзиабара аҩыза?
АҬЫНЧРА. Бзиабарала, хачҳарала ҳаизыҟазар, адоуҳаи аҭынчреи ракзаара ҳахьчоит (Еф. 4:2, 3). Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара ари аҭынчра аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы иаҳбоит. Шәақәшаҳаҭха: ари аҩыза аҭынчра акы иузадкылом, избанзар адунеи аҿы ҳазланхо ауаа аидгылара рымаӡам (Аԥсал. 118:165 [119:165, АдҾ]; Ис. 54:13). Егьырҭи ҳареи ҳабжьара аҭынчра аныҟоу, ҳара урҭ даараӡа бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит, уи жәҩантәи Ҳаб даргәырӷьоит (Аԥсал. 132:1—3 [133:1—3, АдҾ]; Матф. 5:9).
«АБЗИАБАРА АКӘЗАР — УИ УАҨ ДШЬАҚӘНАРГЫЛОИТ»
Павел иҩуан: «Абзиабара акәзар — уи уаҩ дшьақәнаргылоит» (1 Кор. 8:1). Ишԥа? Павел уи ҳаилиркааит «абзиабара агимн» ҳәа зырҳәо коринфаа рахь ииҩыз актәи асаламшәҟәаҿы. Иаҳҳәап, абзиабара аазырԥшуа ихы мацара дашьҭаӡам, егьырҭгьы дрызхәыцуеит (1 Кор. 10:24; 13:5). Иара убас абзиабара аазырԥшуа ауаҩы ататареи, ачҳареи, ақьиареи ааирԥшуеит, насгьы егьырҭ рцәаныррақәа дрызхәыцуеит аҟынтә, уи аҭаацәарақәа арӷәӷәоит, насгьы аизараҿы акзаара ахьчоит (Кәал. 3:14).
Ҳабзиабара аарԥшышьа зеиԥшразаалакгьы, Анцәа иахь иааҳарԥшуа абзиабара зегь раасҭа ихадоуп. Уи еиуеиԥшым амилаҭқәеи, абызшәақәеи, ахылҵшьҭрақәеи еиднакылоит. Уи абзоурала Иегова имаҵзуҩцәа агәырӷьара аарԥшуа рыжәҩахыр еибыҭаны имаҵ руеит (Соф. 3:9). Шәааи есыҽны зыхә ҳараку ари аҟазшьа ааҳарԥшлап — Анцәа иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоу ихадоу аҟазшьа!
a Ари адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа зегьы ахьеилыргахо жә-статиак рҟынтәи актәи астатиа ауп.