Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 август ад. 30—31
  • «Ианбаҟало анаҩстәи аконгресс?»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ианбаҟало анаҩстәи аконгресс?»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • «ДАРА АМҨАДУҚӘА ЗЕГЬ ДЫРҬӘИТ»
  • АЦЕМЕНТТӘ ДАШЬМА ААСҬА «ИТАТОУ, НАСГЬЫ ИԤХОУ» АКАРУАҬҚӘА
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 август ад. 30—31

ҲАРХИВҚӘА РҞЫНТӘ

«Ианбаҟало анаҩстәи аконгресс?»

НОИАБР мза анҵәамҭа, 1932 шықәса, Мехико. Мчыбжьык раԥхьа миллионҩык ахьынхо ари ақалақь аҿы раԥхьаӡаакәны асветофор дыргылеит. Аха уажәы ауаа рхы иҭоу даҽа жәабжьк ауп. Арепортиорцәа адәыӷбатә баӷәазаҿы еизеит. Дара рпатреҭҭыхгақәа рхианы асас дахь изыԥшуп, уи Ахьчаратә Бааш аилазаара апрезидент Џьозеф Рутерфорд иоуп. Аиашьа Рутерфорд аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭцәагьы ргәы хыҭ-хыҭуа изыԥшуп. Иара атәыла зегь аҿы инхо ажәабжьҳәаҩцәа рзы еиҿкааз хымштәи аконгресс ахь дааит.

Абар ажурнал «Золотой век» аҿы ианыз: «Ҳәарада, ари аконгресс Мексикатәи ареспубликаҿы аҵабырг аларҵәараҿы инарылукаауа иҟоу хҭыск аҳасабала аҭоурых ианылоит». Аха избан 150-ҩык заҵәык раҟара ажәабжьҳәаҩцәа ахьыҟаз ари аконгресс абас аҵак ду замаз?

Ари аконгресс мҩаԥгахаанӡа, Мексика Аҳра иазку ажәабжь уиаҟара алҵшәа амамызт. 1919 шықәса инаркны атәылаҿы аконгресс маҷқәа мҩаԥысуан, аха анаҩстәи ашықәсқәа рзы аизарақәа рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷхеит. 1929 шықәсазы Мехико иаатыз афилиал агәыӷра унаҭон. Аха уеизгьы ауадаҩрақәа ыҟан. Ашәҟәқәа рылазырҵәоз амаҵзура аан рхатәы ак аҭира азин шрымам анрарҳәа, руаӡәк даара дгәааит, насгьы уи анапхгара ацныҟәара мап ацәкны Абиблиа аҵаразы ихатә гәыԥ еиҿикааит. Убасҟан еиԥшшәа афилиал ахылаԥшҩыгьы иҭыԥ аҿы даҽаӡә дҟаҵатәхеит, избанзар ишахәҭам ихы мҩаԥиго далагеит. Мексика амаҵ зуаз Анцәа изиашаз ишаҳаҭцәа адоуҳатә цхыраара рҭахын.

Аиашьа Рутерфорд данаа угәы шьҭызхуаз ажәахәқәа ҩба, насгьы радиола хә-лекциак дрыԥхьеит, уи Иегова ишаҳаҭцәа даара ирыцхрааит. Раԥхьаӡакәны мексикатәи арадиодырраҭарақәа рыла атәыла зегь аҩныҵҟа ажәабжь бзиа раҳауан. Аконгресс ашьҭахь афилиал иамаз иҿыцыз ахылаԥшҩы иус анагӡара далагеит, насгьы Анцәа ицхыраарала агәацԥыҳәара аазырԥшуаз Иегова ишаҳаҭцәа ҿыц рымч ҭаланы ажәабжьҳәара иалагеит.

Мехико иҟаз аконгресс. 1941 шықәса

Анаҩстәи ашықәсазы Мексика ҩ-конгресск мҩаԥысит: акы Мехико, егьи — Веракрус ақалақь аҿы. Ажәабжьҳәаҩцәа ирбоз аџьабаа алҵшәа бзиақәа аанаго иалагеит. 1931 шықәсазы атәылаҿы 82-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа ыҟан. Жәашықәса рышьҭахь урҭ жәантә еиҳахеит. 1941 шықәсазы Мехико иҟаз атеократиатә конгресс аҿы 1 000-ҩык раҟара ыҟан.

«ДАРА АМҨАДУҚӘА ЗЕГЬ ДЫРҬӘИТ»

1943 шықәсазы Мексика иаҵанакуаз 12 қалақь рҿы «Свободный народ» ҳәа хьӡыс измаз атеократиатә конгрессқәа мҩаԥысыр акәын. Урҭ аконгрессқәа рахь ауаа рааԥхьаразы Иегова ишаҳаҭцәа аплакатқәа рхы иадырхәонa. Урҭ аплакатқәа ужәҩа иахшьны иныҟәугартә еиԥш еиԥшьын: акы ргәышԥаҿы икнаҳан, егьи рыбӷаҿы. Уи ажәабжьҳәаратә метод рхы иадырхәон 1936 шықәса инаркны.

1944 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал аҿы ианыз Мехико иҟаз аплакатқәа рыла аишьцәа имҩаԥыргоз ажәабжьҳәара ахьарбо иагәылаԥҟаны иҟоу апатреҭ

Абар ажурнал «Насьон» (La Nación) Мехико имҩаԥысыз аплакатқәа рыла ажәабжьҳәара иазкны ианыз: [Аконгресс] раԥхьатәи амш аҽны урҭ [Иегова ишаҳаҭцәа] ирарҳәеит еиҳаны ауаа аарыԥхьарц. Адырҩаҽны акәзар, зегьы рзы аҭыԥқәа ыҟамызт. Акотоликтә уахәама ахагылаҩцәа уи ргәамԥхеит аҟынтә, Иегова ишаҳаҭцәа ирҿагылеит. Аха уеизгьы, агәымшәара аазырԥшуаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амҩадуқәа рахь ицәырҵуан. «Насьон» аҿы иҳәан аплакатқәа зыхшьыз Иегова ишаҳаҭцәа ауаа зегьы ирбон ҳәа. Астатиаҿы ианын Мехико амҩадуқәа ирныз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рпатреҭқәа, урҭ ирыҵаҩын: «Дара амҩадуқәа зегь дырҭәит».

АЦЕМЕНТТӘ ДАШЬМА ААСҬА «ИТАТОУ, НАСГЬЫ ИԤХОУ» АКАРУАҬҚӘА

Урҭ ашықәсқәа рзы Иегова ишаҳаҭцәа реиҳараҩык Мехико имҩаԥысуаз уиаҟара ирацәамыз аконгрессқәа рҭааразы ахамеигӡара ду аадырԥшыр акәын. Аӡәырҩы адәыӷбақәа ахьымныҟәоз ихараз ақыҭақәа рҟынтә иаауан. Убри аҟынтә мышқәак рыҩныҵҟа дара агәыжь иақәтәаны, мамзаргьы шьапыла иаалар акәын, аихамҩатә станциа аҟынӡа инеиаанӡа. Уантәи аконгресс ахьымҩаԥысуаз ақалақь ахь дәыӷбала ицон.

Иегова ишаҳаҭцәа реиҳараҩык ӷарын, аконгресс ахь ацаразы аԥара арҳара рцәыцәгьан. Аконгресс ахьымҩаԥысуаз ақалақь ахь ианнеиуаз, аӡәырҩы аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭцәа рҿы инкылон, урҭ асасцәа гәахәарыла ирыдыркылон. Егьырҭ Аҳратә залқәа рҿы инхон. Зны 90-ҩык раҟара аделегатцәа афилиал аҿы инкылеит. Каруаҭс ирымаз ашәҟәқәа зҭаз акоробкақәа ракәын (рыцыԥхьаӡа 20 цыра). Ашәҟәы «Ежегодник» аҿы ианын асасцәа урҭ «акаруаҭқәа» рзы аџьшьара аадырԥшуан ҳәа, урҭ дара рзы ацементтә дашьма аасҭа «итатоу, насгьы иԥхоу» каруаҭқәан ҳәа.

Урҭ Иегова ишаҳаҭцәа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи дареи аизара ахьрылшоз даара еигәырӷьон, уи азы дара акгьы еигӡомызт. Иахьа Мексика ажәабжьҳәаҩцәа миллионҩык инарзынаԥшуа иҟоуп, даргьы убас еиԥш аџьшьара аадырԥшуеитb. 1949 шықәсазы мексикатәи афилиал аҳасабрбаҿы аҭыԥантәи аишьцәа абас рыӡбахә анын: «Иҟаз ауадаҩрақәа аишьцәа амаҵзураҿы ирымаз агәацԥыҳәара марԥсыҽӡеит, избанзар аконгресс анынҵәозгьы, дара уи акыраамҭа иалацәажәон. Дара зегьы зызҵаауаз ак ауп: «Ианбаҟало анаҩстәи аконгресс?» Иахьа Мексика иҟоу аишьцәагьы убас еиԥш рзуҳәар алшоит. (Агәҭанытәи Америка иҟоу ҳархивқәа рҟынтә.)

a 1944 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Ежегодник» аҿы ианын уи аконгресс абзоурала Мексика ауаа Иегова ишаҳаҭцәа рыӡбахә раҳаит ҳәа.

b 2016 шықәсазы Мексика Ахәылԥаз аҿы иҟан 2 262 646-ҩык ауаа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра