Уаҩ ҿыцны аҟалара шҳалшо
«Ауаҩ ҿыц идунеи шәҽеиуатәны ҿыцла шәҽеилашәҳәа» (КӘАЛ. 3:10).
1, 2. а) Избан уаҩ ҿыцны аҟалара зҳалшо? б) Иарбан ауаҩ ҿыц иааирԥшуа ҟазшьақәоу Кәаласаа рахь 3:10—14 аҿы зыӡбахә ану?
«АУАҨ ҿыц». «Иԥшьоу Аҩыра — Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы арҭ ажәақәа ҩынтә иуԥылоит (Еф. 4:24; Кәал. 3:10). Уи Анцәа иеиԥшу, игәаԥхарала ишоу ауаҩы иҵанакуеит. Ҳара уаҩ ҿыцны аҟалара ҳалшоит. Избан? Избанзар Иегова ауаа иара иеиԥшны ишеит, уи иаанагоит зеиԥшыҟам иҟазшьақәа рҿыԥшра шҳалшо (Аҟаз. 1:26, 27; Еф. 5:1).
2 Ҳәарада, зны-зынла ҳара иҽеим агәаҳәарақәа ҳазцәырҵуеит, избанзар анамӡара ҳҭынхеит. Уи адагьы, ҳакәша-мыкәша иҟоу даара анырра ҳнаҭоит. Аха уеизгьы, Иегова бзиабарала иаҳзыҟаиҵо ацхыраара абзоурала, ҳара иара ишиҭаху еиԥш ҳҟалар ҳалшоит. Уи ахықәкы анагӡаразы агәаҳәара ӷәӷәа ҳамазарц азы, шәааи еилҳаргап апостол Павел Анцәа идоуҳа ацхыраарала зыӡбахә иҩыз ауаҩ ҿыц иааирԥшуа аҟазшьақәа. (Уаԥхьа Кәаласаа рахь 3:10—14.) Иара убас ҳара ҳалацәажәоит урҭ аҟазшьақәа Анцәа имаҵ аураҿы раарԥшра шҳалшо.
«ШӘАРҬ ЗЕГЬЫ ШӘАӠӘУП»
3. Иаҳзеиҭашәҳәа ауаҩ ҿыц иааирԥшуа ҟазшьак аӡбахә.
3 Уаҩ ҿыцны аҟалара ааԥхьара анриҭоз, Павел ус еиԥш иҟоу ауаҩы иааирԥшуа ҟазшьак азгәеиҭеит — аилымхра. Иара иҩит: «Иҟам Абырзен, Аиудеи, заԥхьатә хсоу ихсаму ҳәа аилыхра, дыҟам атәымуаҩ, Аскиф, атәы, зых иақәиҭу»a. Избан ақьырсиантә еизараҿы расалеи, милаҭлеи, асоциалтә ҭагылазаашьалеи аилыхра изаҭыԥым? Избанзар Христос ишьҭанеицәа зегьы аӡәк иеиԥш иҟоуп (Кәал. 3:11; Гал. 3:28).
4. а) Ишԥарзыҟазар ахәҭоу Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ ауаа? б) Иаԥырхагахар алшозеи ақьырсиантә акзаара?
4 Уаҩ ҿыцны иҟало ақьырсианцәа рашьцәеи раҳәшьцәеи, иара убас егьырҭ ауаа патуқәҵарала ирызныҟәоит, урҭ рмилаҭи рсоциалтә ҭагылазаашьеи иамыхәаԥшӡакәа (Рим. 2:11). Тәылақәак рҿы уи мариамзаргьы алшоит. Иаҳҳәап, уаанӡа Аладатәи Африка ачынуаа еиуеиԥшым арасақәа ахьынхалаша аҭыԥқәа рзалырхит. Ауаа реиҳараҩык, Иегова ишаҳаҭцәагьы уахь иналаҵаны, иахьагьы урҭ аҭыԥқәа рҿы инхоит. Анапхгаратә хеилак аишьцәа рыҽдырҭбаарц ргәазҭарҵарц азы октиабр мза 2013 шықәсазы иҷыдоу акампаниа амҩаԥгара иаԥшьыргеит. Уи абзоурала еиуеиԥшым арасақәа ирыҵанакуаз аишьцәа еиҳа еиӷьны еибадырыр рылшон (2 Кор. 6:13).
5, 6. а) Еиҿкаази тәылак аҿы Анцәа ижәлар рыбжьара акзаара арӷәӷәаразы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан лҵшәақәоу уи иаанагаз?
5 Уи апрограмма инақәыршәаны ҩ-еизарак аҿы иҟоу еиуеиԥшым арасақәа ирыҵанакуа, мамзаргьы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо аԥсшьарамшқәа раан зны-зынла аамҭа еицырхыргоит. Урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ажәабжь еицырҳәоит, аизарақәа ирҭаауеит, насгьы сасра еиҭанеиааиуеит. Уи апрограмма шәкыла аизарақәа рҽаладырхәхьеит. Аҭыԥантәи афилиал аацҳарақәа рацәаны ироуеит, уа уи апрограмма ибзианы иахцәажәоит, иара убас Иегова ишаҳаҭцәамгьы. Иаҳҳәап, ԥшьаҩык иҳәеит: «Сара Иегова ишаҳаҭ сакәӡам, аха исҳәар сылшоит имҩаԥыжәго ажәабжьҳәара даараӡа ибзианы еиҿкаауп ҳәа, насгьы шәара расала ауаа еилышәхӡом». Ишԥарныри ари апрограмма Аладатәи Африка инхо Иегова ишаҳаҭцәа?
6 Коса бызшәала ицәажәо Нома зыхьӡу аиаҳәшьа раԥхьа лыҩн хәыҷахьы англыз еизараҟынтә ишкәакәоу аишьцәа рааԥхьара лзыгәаӷьуамызт. Аха лара ишкәакәоу Иегова ишаҳаҭцәа амаҵ анрыцылу, насгьы дара рахь сасра даннеи ашьҭахь, илҳәеит: «Урҭ иаабац уаауп, ҳара ҳаиԥшҵәҟьа иҟоуп!» Убри аҟынтә реизара англыз еизараҟынтә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рааԥхьара ианалага, Нома афатә ҟалҵан, асасцәа аалыԥхьеит. Уа дыҟан ишкәакәаз аизара аиҳабы. Нома илҳәоит: «Сара даара иџьасшьеит иара адашьмаҿы игылаз апластик иалхыз аиашьык ақәтәара зынӡагьы хьаас иахьимамыз». Ари апрограмма иахьагьы имҩаԥысуеит, уи абзоурала аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аҩызцәа ҿыцқәа дырҳаит, насгьы еиҳа аҽырҭбаара иазхиоуп.
АГӘЫҲАЛАЛРЕИ АГӘРЫЦҲАШЬАРЕИ ШӘЫҼРЕИУАШӘТӘ, УБАРҬ РЫЛА ШӘҼЕИЛАШӘҲӘА
7. Избан агәрыцҳашьара аарԥшра зҳахәҭоу?
7 Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа, ауадаҩрақәа ҳрықәшәалоит. Иаҳҳәап, усурада ҳаанхар ауеит, ачымазарақәеи, ашьҭашәарыцарақәеи, аԥсабаратә рыцҳарақәеи ҳрықәшәар алшоит, мамзаргьы ҳдырҳәыр ауеит. Ҳаицхырааларц азы агәрыцҳашьара ааҳарԥшлар ауп. Агәрыцҳашьара ӷәӷәа егьырҭ рахь ақьиара аарԥшра ҳгәазҭанаҵоит (Еф. 4:32). Ауаҩ ҿыц иааирԥшуа арҭ аҟазшьақәа Анцәа иҿыԥшра, насгьы егьырҭ ргәы арҭынчра иҳацхраауеит (2 Кор. 1:3, 4).
8. Иарбан лҵшәа бзиақәоу иаанаго, аизараҿы зегь рахь агәрыцҳашьареи ақьиареи анааҳарԥшуа? Иаажәга аҿырԥштәы.
8 Ишԥаҳалшо аиммигрантцәеи иӷару аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь еиҳаны ақьиара ааҳарԥшыр? Ҳара урҭ ҳарҩызцәахарц ҳҽазаҳшәалар ауп, насгьы аизараҿы рыхә шыршьо дҳарбалар ауп (1 Кор. 12:22, 25). Ҳахәаԥшып Афилиппинқәа рҟынтә Иапониаҟа ииасыз аиашьа Данникарл иҿырԥштәы. Аусураҿы аҭыԥантәи аусуҩцәа раасҭа еицәаны изныҟәон. Зны иара Иегова ишаҳаҭцәа реизарахь днеит. Абар еиҭеиҳәо: «Уа иҟаз еиҳарак аиапонцәа ракәын, аха дара зегьы гәаартыла аԥсшәа сарҳәеит, ҳаибадыруеижьҭеи акрааҵуашәа». Аҭыԥантәи аишьцәа иара иахь ақьиара аадырԥшуан, уи Иегова изааигәахара ицхрааит. Иара аӡы иҽӡааихит, уажәы аизара аиҳабыс амаҵ иуеит. Егьырҭ аизара аиҳабацәа ирҳәоит Данникарл иԥҳәыс Џьеннифери иареи аизаразы ишзылԥхара дуу. Урҭ ирҳәоит: «Дара пионерцәас амаҵ руеит, насгьы хӡырымгарала инхоит, уи ала Аҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишыргылалатәу аганахь ала егьырҭ аҿырԥшы ддырбоит» (Лука 12:31).
9, 10. Еиҭашәҳәа амаҵзураҿы агәрыцҳашьара аазырԥшуа рҽазышәарақәа азылԥхарақәа шаарго узырбо ахҭыс.
9 Аҳра иазку ажәабжь бзиа егьырҭ ианырзеиҭаҳҳәо, егьырҭ абзиара рзыҟаҵаразы зеиԥшыҟам лшароуп (Гал. 6:10). Аиммигрантцәа рахь агәрыцҳашьара аарԥшуа, Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы урҭ злацәажәо абызшәа рҵарц рҽазыршәеит (1 Кор. 9:23). Уи алҵшәа бзиақәа аанагеит. Австралиа инхо Тиффани зыхьӡу иаҳәшьак Брисбен ақалақь аҿы суахили бызшәала имҩаԥысуа аизара дацхраарц азы абызшәа лҵеит. Суахили абызшәа аҵара шымариамызгьы, Тиффани лыԥсҭазаара еиҳа аинтерес аиуит. Лара илҳәоит: «Шәмаҵзура аинтерес амазарц шәҭахызар, атәым бызшәала иҟоу аизара ишәҭахыҵәҟьоу ауп. Уи шәахьынхо аҭыԥ аанмыжькәа, ԥсшьара џьара шәцошәа иаҩызоуп. Шәара жәларбжьаратәи аиашьара закәу еиҳа еилышәкаауеит, насгьы уа иҟоу зеиԥшыҟам акзаара шәыблала ижәбоит».
Ргәазҭазҵозеи ақьырсианцәа аиммигрантцәа рыцхраара? (Шәахәаԥш абзац 10.)
10 Абар Иапониа инхо хаҵеи-ԥҳәыси, насгьы урҭ рыԥҳаи рҿырԥштәы. Лара илгәалашәоит: «1990-тәи ашықәсқәа рзы ҳара амаҵзураҿы лассы-лассы Бразилиантәи иааны иҟаз аиммигрантцәа ҳԥылон. Апортугалтә бызшәала иҟаз Абиблиаҿы Аатра 21:3, 4, Аԥсалом 36:10, 11, 29 (37:10, 11, 29, АдҾ), мамзаргьы егьырҭ ажәеинраалақәа андҳарбоз, дара зҿлымҳарыла ирыԥхьон, насгьы рылаӷырӡ хажжылон». Аха аиммигрантцәа рахь ирымаз агәрыцҳашьара уи аҭаацәара еиҳаны аҟаҵара ргәазҭанаҵеит. Сакико иацылҵоит: «Доуҳала ишымлашьуаз анаҳба, ҭаацәаныла апортугалтә бызшәа ҳҵарц ҳаӡбеит». Ԥыҭрак ашьҭахь уи аҭаацәара апортугалтә еизара аиҿкаара иацхрааит. «Апортугалтә бызшәа ҳҵарц азы имаҷымкәа аџьабаа ҳбар акәхеит, аха иҳауз азылԥхарақәа акгьы иузаҿырԥшуам,— лҳәоит Сакико.— Ҳара Иегова даараӡа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит». (Уаԥхьа Аусқәа 10:34, 35.)
АХЫНРААЛАРА, АХЫЛАРҞӘРА ШӘЫҼРЕИУАШӘТӘ, УБАРҬ РЫЛА ШӘҼЕИЛАШӘҲӘА
11, 12. а) Избан уаҩ ҿыцны аҟаларазы ииашоу амотивқәа ҳамазар зҳахәҭоу? б) Иҳацхраауазеи ахынраалара аарԥшра?
11 Уаҩ ҿыцны аҟалара заҳҭаху Анцәа дҳараҳкларц азы ауп, ауаа ҳдырҽхәарц азы акәымкәа. Ишәгәалашәыршәа: инаӡаз амаалықьгьы дахьԥагьахаз азы агәнаҳа ҟаиҵеит. (Иаҿшәырԥш Иезекииль 28:17.) Ҳара ҳнаӡам аҟынтә, аԥагьара аҽацәыхьчара еиҳагьы иаҳцәыцәгьоуп. Аха уеизгьы, ахынраалара аҽагәылаҳәара ҳалшоит. Иҳацхраауазеи уи аҟаҵара?
12 Ахынраалара ҳцәымӡырц азы ҳара есыҽны Анцәа Иажәа азхәыцразы аамҭа алаҳхлароуп (Ҩынтә. 17:18—20). Еиҳараӡак ҳара ҳазхәыцлар ауп Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ауаа идирҵоз, насгьы ахынраалара шааирԥшуаз (Матф. 20:28). Иисус апостолцәа ршьапқәаҵәҟьагьы иӡәӡәеит (Иоанн 13:12—17). Иара убас егьырҭ раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа ҳамхәыцларц азы Анцәа идоуҳа ҳацхраарц азы лассы-лассы Анцәа ҳиҳәалар ауп (Гал. 6:3, 4; Флп. 2:3).
13. Иарбан лҵшәақәоу ахынраалара иаанаго?
13 Уаԥхьа Ажәамаанақәа 22:4. Иегова ииашоу имаҵзуҩцәа зегьы ахынраалара аадырԥшлар ауп, уи алҵшәа бзиақәа аанагоит. Ахынраалара ааҳарԥшуазар, аизараҿы аҭынчреи акзаареи ҟалоит. Уи адагьы, Иегова ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшлоит. Апостол Пиотр иҩуан: «Шәара-шәара шәыбжьара ахамаԥагьара аашәмырԥшын, избан акәзар Анцәа — зых ду беиа избауа, ихамаԥагьоу драӷоуп, иҳәатәхаҵацәоу, иԥагьам лыԥха риҭоит» (1 Пиотр 5:5).
АҞӘЫМШӘЫШӘРЕИ АКРЫЧҲАРЕИ ШӘЫҼРЕИУАШӘТӘ, УРҬ РЫЛА ШӘҼЕИЛАШӘҲӘА
14. Иҳазҭода зегь иреиӷьу аҿырԥшы, аҟәымшәышәреи ачҳареи шаарԥшлатәу аганахь ала?
14 Иахьа ауаҩы аҟәымшәышәреи ачҳареи ааирԥшуазар, уи дыԥсыҽуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха уи иашаӡам. Арҭ аҟазшьа бзиақәа ҳазҭаз Зегьзымчу Анцәа иоуп. Иегова аҟәымшәышәреи ачҳареи шаарԥшлатәу аганахь ала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭоит (2 Пиотр 3:9). Шәазхәыц Анцәа амаалықьцәа рыла Авраами Лоти рызҵаарақәа рҭак шыҟаиҵоз (Аҟаз. 18:22—33; 19:18—21). Мамзаргьы 1 500 шықәса инареиҳаны Иегова иҳәатәы хазымҵоз израильаа рахь ачҳара шааирԥшуаз (Иез. 33:11).
15. Иабааирԥши Иисус аҟәымшәышәреи ачҳареи?
15 Иисус Христос иҟәымшәышәыз уаҩын (Матф. 11:29). Иара ишьҭанеицәа рыгхақәа рахь ачҳара ааирԥшуан. Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, лассы-лассы ииашамкәа изныҟәон, насгьы адиннапхгаҩцәа ахара идырҵон. Аха иара уеизгьы ашьаҟаҿы дыкнаҳаны дыршьаанӡа, аҟәымшәышәреи ачҳареи ааирԥшуан. Ахьаа ӷәӷәа шимазгьы, Иисус Иаб диҳәон ишьраҿы иалахәыз иранаижьырц. Иара Иегова иеиҳәеит: «Ируа рыздыруам» (Лука 23:34). Ауадаҩра ӷәӷәақәа раангьы Иисус аҟәымшәышәреи ачҳареи шаарԥшлатәу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳзынижьит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 2:21—23.)
16. Ишԥаҳалшо аус аҿы аҟәымшәышәреи ачҳареи рааԥшра?
16 Ишԥаҳалшо аҟәымшәышәреи ачҳареи раарԥшра? Павел ефесаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы знеишьак аӡбахә иҳәеит: «Аӡәи-аӡәи гәыҭбаарала, гәыбылрала шәеизыҟаз, шәеизыразыз, шәрыцҳаибашьала, ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла — Иисус Христос иҿы Анцәа ишшәанаижьыз аиԥш» (Еф. 4:32). Ҳәарада, уи аҟаҵаразы аҟәымшәышәреи ачҳареи аҭахуп. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ианранаҳажьуа, аизараҿы акзаара ҳарӷәӷәоит.
17. Избан аҟәымшәышәреи ачҳареи раарԥшра зхадоу?
17 Ақьырсианцәа аҟәымшәышәреи ачҳареи аадырԥшлар ауп, уи даара ихадоуп, избанзар урҭ рыбзоурала аиқәырхара ҳауеит (Матф. 5:5). Аха еиҳа ихадоу, урҭ аҟазшьақәа анааҳарԥшуа, Иегова дҳараҳкуеит, насгьы егьырҭ ауаа абиблиатә принципқәа рықәныҟәара ҳрыцхраауеит (Гал. 6:1; 2 Тим. 2:24, 25).
АБЗИАБАРА ШӘҼАГӘЫЛАШӘҲӘА
18. Ишԥеидҳәалоу абзиабареи аилымхреи?
18 Еилҳаргаз аҟазшьақәа зегьы ӷәӷәала абзиабара иадҳәалоуп. Иаҳгәалаҳаршәап Христос иҵаҩы Иаков аишьцәа ириҭаз алабжьара. Дара ибеиаз еиҳа еиӷьны ирызныҟәон иӷарыз раасҭа. Иара идирбеит ус еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа «ухы бзиа ишубо аиԥш иуԥну бзиа дба» ҳәа Аҩыра иану «аԥсҳаԥҟара» шеиланагоз. Иаков иациҵеит: «Шьоукы раасҭа даҽа шьоукы еиҳа иналкаауа, ауаа рылахь шәаԥшуа шәҿынашәхар, усҟан агәнаҳара жәуеит» (Иак. 2:8, 9). Ауаа бзиа иаҳбозар, ҳара урҭ ирымоу аҵареи, изҵанакуа арасеи, рсоциалтә ҭагылазаашьеи ҳрыхәаԥшӡом. Ҳара ииашаҵәҟьаны ауаа еилаҳхӡом, аилымхра ҳхаҭара иахәҭакуп.
19. Избан абзиабара аҽагәылаҳәара зҳахәҭоу?
19 «Абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит». Уи иара убас «хамаԥагьара алам — иахнаԥаауам» (1 Кор. 13:4). Ауаа анаҩсгьы Аҳра иазку ажәабжь рзеиҭаҳҳәаларц азы ачҳареи, ақьиареи, ахынраалареи ааҳарԥшлар ауп (Матф. 28:19). Урҭ аҟазшьақәа ҳацхраауеит аизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазарц. Иарбан лҵшәақәоу уи аҩыза абзиабара иаанаго? Уи абзоурала аизараҿы акзаара ыҟоуп, уи Иегова дҳаранакуеит, насгьы егьырҭ ауаа аҵабырг ргәанарԥхоит. Уи азоуп Абиблиаҿы ауаҩ ҿыц аҵыхәтәаны абас изихцәажәо: «Зегьы раҵкыс иеиӷьуп абзиабара аҽагәылаҳәара, уи акы згымкәа иҟоу ирыҩаӡароуп» (Кәал. 3:14).
ШӘХӘЫЦШЬЕИ ШӘДУНЕИХӘАԤШЫШЬЕИ ШӘЫРҾЫЦ
20. а) Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу, насгьы избан? б) Ҳаззыԥшузеи ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа?
20 Ҳара зегьы ҳхы ҳазҵаар ауп: «Иҟасҵар акәзеи еиҭа сара ажәытә уаҩ иусқәа наӡаӡа иаансыжьырц азы?» Анцәа Иаҳра ҳаҭәахарц азы иҽеим ахәыцрақәеи игәнаҳау аусқәеи рҽырцәыхьчаразы гәык-ԥсык ала Анцәа ҳиҳәалар ауп (Гал. 5:19—21). Уи адагьы, ҳхы ҳазҵаар ауп: «Исырҿыцуама схәыцшьеи сдунеихәаԥшышьеи?» (Еф. 4:23, 24). Ҳнаӡахаанӡа ҳара зегьы уаҩ ҿыцны ҳҟаларц азы ҳхы аус адаҳулалар ауп. Изакәытә ԥсҭазаарахозеи ҳара зегьы уаа ҿыцны ҳаныҟало, насгьы Анцәа иҟазшьақәа инагӡаны ианааҳарԥшло!
a Абиблиатә аамҭақәа раан аскифцәа рцәымӷын, насгьы абнауаа реиԥш ирзыҟан.