АҴАРАЗЫ АСТАТИА 11
Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы «иҿыцу шәхаҭара» аус адыжәулала
«Иҿыцу ахаҭарала шәҽеилашәҳәа» (КӘАЛ. 3:10, АдҾ).
АШӘА 49 Иегова дыргәырӷьала
АХҲӘААa
1. Иаазырԥшуазеи ҳзеиԥшра уаҩу?
ҲҼАНӠААҲХЫЗ ааигәа акәзаргьы, акыр шықәса раԥхьа акәзаргьы, ҳара зегьы Иегова бзиа ҳаибалар ҳҭахуп. Аха уи азы ҳхы иҭоу гәаҳҭалароуп. Избан? Избанзар ҳхы иҭоу ҳзеиԥшра уаҩу аанарԥшуеит. Иҽеим аусқәа ҳрызхәыцуазар, ҳцәажәашьеи ҳхымҩаԥгашьеи бааԥсхоит (Еф. 4:17—19). Аха абзиара ҳазхәыцлар, Ҳаб Иегова игәы иахәо ҳҳәалоит, иагьыҟаҳҵалоит (Гал. 5:16).
2. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиа зҭак ҳнаҭо?
2 Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш, иҽеим ахәыцрақәа зынӡа иҳазцәырымҵлар залшом. Аха ҳара иҳалшоит урҭ иҽеим аусқәа ҳарҟаҵара рылҳмыршалар. Аӡы ҳаҽӡааҳхаанӡа ҳара Иегова ицәымӷу аҳәареи аҟаҵареи ҳаҟәыҵроуп. Ус ҟаҳамҵар, «ажәытәтәи ҳхаҭара» ҳзааныжьӡом. Аха Иегова игәы аҟаҵаразы «ажәытәтәи ҳхаҭара» ааныжьра мацара азхаӡом. Абиблиа иҳанаҳәоит: «Иҿыцу ахаҭарала шәҽеилашәҳәа» (Кәал. 3:10, АдҾ). Ари астатиаҿы ҳара ҩ-зҵаарак рҭак ҳауеит: 1) Изакәызеи «иҿыцу ахаҭара»? 2) Ишԥаҳалшо уи ҳшәаҳҵар, насгьы ахаан иаҳшәаҳамхыр?
ИЗАКӘЫЗЕИ «ИҾЫЦУ АХАҬАРА»?
3. Изакәызеи «иҿыцу ахаҭара», насгьы ишԥаҳалшо уи ҳшәаҳҵар? (Галаҭаа рахь 5:22, 23).
3 «Иҿыцу ахаҭара» ашәҵара, насгьы уи аныҟәгара иаанагоит Иегова иеиԥш ахәыцреи ахымҩаԥгареи. «Иҿыцу ахаҭара» зшәызҵо ауаҩы иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ааирԥшуеит, насгьы ихәыцрақәеи, ицәаныррақәеи, ихымҩаԥгашьеи Анцәа идоуҳа аныԥшуеит. (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 5:22, 23.) Иаҳҳәап, ус еиԥш иҟоу ауаҩы Иеговеи ижәлари рахь абзиабара ааирԥшуеит (Матф. 22:36—39). Еиуеиԥшым аԥышәарақәа данрықәшәогьы агәырӷьара ирӡӡом (Иак. 1:2—4). Аҭынчра шьақәиргылоит, насгьы уи дацхраауеит (Матф. 5:9). Иара ачҳареи аразреи илоуп (Кәал. 3:12, 13). Агәыҳалалра аарԥшра игәаԥхоит (Лука 6:35). Иусқәа зегьы агәрахаҵара ӷәӷәа шимоу аадырԥшуеит (Иак. 2:18). Игәы ԥыржәарц анырҭаху ахаара-ҟәымшәышәра ааирԥшуеит, дхызхуа акы данақәшәо — аҽынкылара (1 Кор. 9:25, 27; Тит 3:2).
4. Иаҳҳәар ҳалшома «иҿыцу ахаҭарала» ҳҽеилаҳҳәеит ҳәа иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа зегьы ааҳмырԥшуазар? Иҳаилшәыркаа.
4 «Иҿыцу ахаҭарала» ҳҽеилаҳҳәарц азы иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа зегьы еизҳарҳалароупb. Уи ҳаҽшеилаҳҳәо иузаҿырԥшӡом. Ҳара ҳамаҭәақәа зегь зныкала иаҳшәаҳҵаӡом, урҭ акакалоуп ишаҳшәаҳҵо. Аха ақьырсианцәа иаадырԥшлар рыхәҭоу аҟазшьақәа хаз-хазы изыҟалаӡом, дара зегь еицуп. Иаҳҳәап, ауаҩ иахь ачҳареи аразреи аасмырԥшуазар, исҳәар сылшома уи гәык ала бзиа дызбоит ҳәа? Агәыҳалалра злоу уаҩуп ҳәа сзырҳәома ахаара-ҟәымшәышәреи аҽынкылареи сзымхозар?
ИШԤАҲАЛШО «ИҾЫЦУ АХАҬАРАЛА» ҲҼЕИЛАҲҲӘАР?
Христос ихәыцшьа еиҳа еиӷьны иҿаҳҵаацыԥхьаӡа, иара иеиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 8, 10, 12, 14.)
5. Иаанагозеи Христос иеиԥш ахәыцра, насгьы избан Иисус иԥсҭазаашьаз бзианы иаҳдыруазар зхадоу? (1 Коринфаа рахь 2:16).
5 Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 2:16. «Иҿыцу ахаҭарала» ҳҽеилаҳҳәарц азы ҳара Христос ихәыцшьа ҳамазароуп, даҽакала иаҳҳәозар, Иисус дышхәыцуа еилаҳкаароуп, анаҩс убасҵәҟьа ахәыцшьа ҳҵалароуп. Иисус иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа даара ибзианы иааирԥшуан. Асаркьа уананыԥшыло еиԥш иара Иегова иҟазшьақәа инубаалоит (Аур. 1:3). Христос иеиԥш ахәыцра ҳҽазаҳшәацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иара ҳиеиԥшхалоит (Флп. 2:5).
6. Иргәаладыршәалар акәзеи «иҿыцу ахаҭарала» зҽеилазҳәо?
6 Аха иҳалшаҵәҟьома Иисус иҿыԥшра? Аӡәы иҳәар ауеит: «Иисус днаӡоуп, сара ахаан уи сызиеиԥшхаӡом!» Шәаргьы убас шәгәы иаанагозар, абри шәазхәыц. Актәи, ҳара Иеговеи Иисуси ҳарҿыԥшлартә еиԥш ҳшан (Аҟаз 1:26). Аха аус злоу уи ҳҭаху-иаҳҭахыму ауп. Иаҳҭахызар, уи ҳалшоит. Аҩбатәи, Иегова адунеи аҿы зегь раасҭа иӷәӷәоу амч, иԥшьоу адоуҳа, ҳаиҭоит. Уи ацхыраарала ҳара зегь ҳалшоит. Ахԥатәи, Иегова дазыԥшӡам ҳара иаразнак Иисус инагӡаны иҿыԥшра ҳалшоит ҳәа. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб уи азы 1 000 шықәса ҳаиҭеит! (Аат. 20:1—3). Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу иҳалшо зегь ҟаҳҵаларц, насгьы ицхыраара ҳақәгәыӷларц ауп.
7. Еилҳаргозеи уажәы?
7 Аха иарбан ҟазшьақәоу Иисус иҿаҳҵаалар ҳахәҭоу? Шәааи иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу ԥшь-ҟазшьа ԥшӡак ҳрылацәажәап. Ҳара иаҳбоит Иисус абзиабара шааирԥшуаз, аҭынчра шышьақәиргылоз, дышразыз, насгьы агәыҳалалра шилаз. Иара убас иҿаҳҵаар ҳалшо еилаҳкаауеит. Уи адагьы, «иҿыцу ахаҭарала» аҽеилаҳәара шаҟа ибзианы иҳалшаз ҳаилзыркаауа азҵаарақәа ҳрызхәыцуеит.
8. Ишьақәзырӷәӷәозеи Иисус абзиабара шилаз?
8 Иисус Иегова даара бзиа дибоит. Убри аҟынтә иара изгьы, ҳара ҳзгьы ихы дамеигӡаӡеит (Иоанн 14:31; 15:13). Иара адгьыл аҿы даныҟаз ауаа бзиа ишибо есыҽны иааирԥшуан. Дызцәымӷыз ауаа рахьгьы аразреи арыцҳашьареи ааирԥшуан. Иисус ауаа бзиа ишибоз еиҳараӡак иаазырԥшуаз, урҭ Анцәа Иаҳра аӡбахә ахьырзеиҭеиҳәоз акәын (Лука 4:43, 44). Иисус дгәаҟны дыршьыртә дахьақәшаҳаҭхазгьы Анцәеи ауааи гәык ала бзиа ишибо аанарԥшит. Убас, ауаа наӡаӡа анхара алшара роуит.
9. Ишԥаҳалшо Иисус иеиԥш абзиабара ааҳарԥшлар?
9 Ҳара жәҩантәи Ҳаб ҳҽизаҳкит, насгьы ҳаҽӡааҳхит, избанзар бзиа даҳбоит. Иисус иеиԥш ҳаргьы ауаа ҳшырзыҟоу Иегова бзиа дшаҳбо аанарԥшуазароуп. Апостол Иоанн иҩит: «Зашьа дыздырхьоу, дызбахьоу, аха уи бзиа дзымбо ауаҩы — иимбац-имаҳац Анцәа ибзиабара илшоума?» (1 Иоанн 4:20). Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Бзиа избаҵәҟьома ауаа? Саамҭеи сымчқәеи сырмеигӡакәа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара сазхиоума? Ирыцҳасшьома ауаа, урҭ ихжәаны исацәажәозаргьы? Еиҳараҩык ауаа сџьабаа ахә рымшьаларгьы, исҿагыларгьы, анаҩсгьы Иегова имаҵ зулома? Исылшома аҵаҩцәа разыҟаҵара еиҳаны аамҭа азысклар?» (Еф. 5:15, 16).
10. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус аҭынчра иашьҭаз уаҩын ҳәа?
10 Иисус аҭынчра иашьҭаз уаҩын. Иара иҽеимкәа изныҟәоз ауаа аҭак риҭаӡомызт. Уимоу, аҭагылазаашьа аҽанарцәгьозгьы аҭынчра аҟаҵара иҽазишәон. Иара убас згәы нибархоз ауаа еинышәарц ргәазҭеиҵон. Иисус иҳәон ҳашьцәеи ҳареи аҭынчра ҳабжьамзар, ҳамҵахырхәара акгьы ишаԥсамхо (Матф. 5:9, 23, 24). Иапостолцәа зныкымкәа иреиҳәахьан дара рахьтә еиҳа иреиҳада ҳәа ажәа еимарымкларц (Лука 9:46—48; 22:24—27).
11. Иҟаҵалатәузеи аҭынчра иашьҭоу уаҩны ҳҟаларц азы?
11 Аҭынчра иашьҭоу ауаҩы аимак-аиҿак зҽалазымгало мацара иакәӡам. Уи аҭынчра ахьыҟам иҟаиҵоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аимак-аиҿак рыбжьалазар, аинышәара ргәазҭеиҵоит (Флп. 4:2, 3; Иак. 3:17, 18). Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Исылшо зегь ҟасҵома сааигәара иҟоу ауааи сареи аҭынчра ҳабжьазарц азы, уи сзымариамзаргьы? Агәаара сылоума? Сазхиоума аинышәаразы актәи ашьаҿа аҟаҵара, мамзаргьы уи ашьаҿа ҟазҵаша, сара сгәаанагарала, изхароу иоуп ҳәа схәыцуоу? Шьоукы аимак рыбжьалазар, урҭ еинышәарц ргәазҭасҵома, аҭагылазаашьа ианаалозар?»
12. Ишԥааирԥшуаз Иисус аразра?
12 Иисус дразын (Матф. 11:28—30). Уи анымариамызгьы, иара апатуқәҵара ааирԥшуан, насгьы иҳәатәы иаиргаӡомызт. Ишәгәалашәома финикиатәи аԥҳәыс лыԥҳа дихәышәтәырц дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа даниҳәоз? Раԥхьа Иисус илҳәаз ҟаимҵаӡеит. Аха агәрахаҵара ӷәӷәа шлымоу аниба лыԥҳа дихәышәтәит (Матф. 15:22—28). Иисус дышразызгьы ауаа иаарҳәоз зегь ҟаиҵаӡомызт. Иҩызцәа рҟынтә аӡәы игыз аниаҳәатәыз убасҵәҟьа иагьыҟаиҵон. Иаҳҳәап, Пиотр Иегова игәаԥхара анагӡара Иисус диԥырхагахарц даналага, аҵаҩцәа зегьы ишраҳауаз диқәыӡбеит (Марк 8:32, 33). Иисус уи зыҟаиҵаз Пиотр длаирҟәырц азы акәӡамызт, аха иаргьы егьырҭ аҵаҩцәагьы ак дирҵарц азы ауп: Христос ишьҭанеиуа ауаҩы Иисус иҟаиҵо зегь аҿы дивагылазароуп, ажәа имакра аҭыԥан. Ҳәарада, Иисус Пиотр дахьиқәыӡбаз дарԥхашьазар акәхап, аха уи ахәарҭа ду изаанагеит.
13. Ишԥаҳалшо гәык ала аразра ааҳарԥшлар?
13 Зны-зынла ҳҩызцәа рахь аразра ааҳарԥшырц азы иахьиашам иаартны ираҳҳәалароуп. Шәаргьы уи аҟаҵара шәықәшәар, Иисус шәиҿыԥшла. Шәажәақәа Абиблиа шьаҭас ирымаз. Патуқәҵарала шәцәажәала. Шәҩыза цәгьарак ҟаиҵар шиҭахымыз агәра шыжәго иашәҳәала. Агәра ганы шәыҟаз бзиа шәызбо ауаҩы Иеговагьы шәаргьы уи азы ҭабуп ҳәа шшәеиҳәо. Шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа: «Сҩыза иҽеим ак ҟаиҵазар, исзыгәаӷьуама дышиашам иаҳәара? Алабжьара исҭозар ишԥаҟасҵо уи: хаала акәу, угәы узырхьуа ажәақәа рыла акәу? Избан уи алабжьара исҭар зысҭаху: сгәы ахьԥижәаз азы акәу, сицхраарц ахьысҭаху азы акәу?»
14. Ишԥааирԥшуаз Иисус агәыҳалалра?
14 Иисус агәыҳалалра закәу адырра мацара адагьы, еснагь уи ааирԥшуеит. Иара Иаб бзиа дибоит, убри аҟынтә еснагь ииашаны ихы мҩаԥигоит, насгьы иҟаиҵо гәык ала иҟаиҵоит. Агәыҳалалра закәу адырра мацара азхаӡом, уи усла иаарԥшлатәуп. Иҟаҳҵаз гәыҳалалрала иҟаҳҵоу-иҟаҳамҵоу уеилзыркаауа уи егьырҭ ишырныруа ауп. Уи адагьы уи гәык ала иҟаҳҵозар ауп. Аӡәы иџьеишьар алшоит: «Иҽеим амотивқәа умазар, абзиара узыҟаҵома?» Ааи. Иаҳгәалаҳаршәап Иисус зыӡбахә иҳәоз ауаа. Урҭ ауаа ҳарбандаз ҳәа ауп арыцҳацәа изрыцхраауаз. Урҭ рус бзиақәа Иегова изы акгьы иаԥсамызт (Матф. 6:1—4).
15. Изакәызеи агәыҳалалра?
15 Ҳара агәыҳалалра ҳалоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгозар, насгьы иҟаҳҵо гәык ала иҟаҳҵозар. Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Агәыҳалалра закәу ус баша издыруоу, мамзаргьы уи аус аҿы иаасырԥшуоу? Исзырҟаҵозеи аус бзиақәа?»
ИҞАҴАЛАТӘУЗЕИ «ИҾЫЦУ АХАҬАРА» АХААН ИАҲШӘАҲАМХЫРЦ АЗЫ?
16. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи есыҽны, насгьы избан?
16 Ҳара ҳгәы иаанамгалароуп аӡы ҳаҽӡааҳхызар, «иҿыцу ахаҭарала» ҳҽеилаҳҳәеит, насгьы уи уаҳа аус адулалатәӡам ҳәа. Уи анаҩсгьы ҳахылаԥшлароуп. Ишԥа? Ҳара есыҽны иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ааҳарԥшларц азы. Уи азы аџьабаа ҳбалар, Иегова еиҳагьы дҳацхраалоит. Иеговагьы усда дтәаӡам, иԥшьоу идоуҳагьы аус ауеит (Аҟаз. 1:2). Убри аҟынтә иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа зегьы аус аҿы иаарԥшлатәуп. Иаков иҩуан: «Усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵарагьы [ԥсуп]» (Иак. 2:26). Иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу егьырҭ аҟазшьақәагьы убас еиԥш усла иаарԥшлатәуп.
17. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҭагылазаашьақәак рҿы аҟазшьа бзиақәа ааҳмырԥшызар?
17 Ҳаҽӡааҳхижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы зны-зынла ақьырсиантә ҟазшьақәа раарԥшра ҳцәыцәгьазар ауеит. Аха ҳгәы каҳмыжьлароуп. Иаҳҳәап, бзиа ижәбо маҭәак шәцәыԥжәазар, уи иаразнак икашәыжьуама? Ҳәарада, мап. Уи шәӡахуеит, насгьы аԥхьаҟа еиҳагьы пату ақәҵаны иныҟәыжәгалоит. Убас еиԥш аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳреиҷаҳалароуп. Ҭагылазаашьақәак рҿы аразра, ачҳара, ма абзиабара ааҳмырԥшызар ауеит, уи иахҟьаны ҳаизыҟазаашьақәа бжьысуеит. Аха шәҩыза икажьра шәахымыццакын. Гәык ала аҭамзаара шьҭашәҵар, шәшеиҩызцәоу шәаанхоит. Аԥхьаҟа шәеиҩызара еиҳагьы пату ақәышәҵала.
18. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи?
18 Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит аҿырԥш бзиа ҳазҭо Иисус Христос дахьҳамоу. Уи ихәыцшьа еиҳа еиӷьны иҿаҳҵаацыԥхьаӡа, иара иеиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалоит. Усҟан «иҿыцу ахаҭарала» ибзианы аҽеилаҳәара ҳалшоит. Ари астатиаҿы иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу ԥшь-ҟазшьак еилҳаргеит. Ишәылшома шәхатә ҭҵаараан егьырҭ аҟазшьақәагьы ҭышәҵаар, насгьы шәыԥсҭазаараҿы иаашәырԥшлар шшәылшо шәазхәыцыр? Уи аҿы ишәыцхраауеит «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» (Христианская жизнь > Плод духа). Агәра ганы шәыҟаз ишәылшо зегь ҟашәҵалар, Иегова «иҿыцу ахаҭарала» аҽеилаҳәареи, уи ахаан ашәымхреи дышшәыцхраауа.
АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу
a «Иҿыцу ахаҭарала» аҽеилаҳәара зегьы иҳалшоит. Аха уи азы Иисус иеиԥш ахәыцшьеи ахымҩаԥгашьеи ҳҵароуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус ҳаиҿыԥшлар ахьҳалшо. Уи адагьы, ари астатиа аҽӡаахра зҽазыҟазҵо ирыцхраауеит, насгьы зыҽӡаазххьоу Иегова ишаҳаҭцәагьы ахәарҭа рзаанагоит.
b Галаҭаа рахь 5:22, 23 аҿы ақьырсиан иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала еизирҳар илшо ҟазшьақәак роуп зыӡбахә ҳәоу. Иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу егьырҭ аҟазшьақәа рыӡбахә даҽа библиатә жәеинраалақәак рҿы иануп. Ари атема еиҳа инарҭбааны иалацәажәоит 2020 шықәса, ииун мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҿы.