АҴАРАЗЫ АСТАТИА 10
«Ажәытәтәи шәхаҭара» ааныжьра шәылшоит!
«Иааншәыжь ажәытәтәи шәхаҭара, иара убас уи иацу аусқәа» (КӘАЛ. 3:9, АдҾ).
АШӘА 29 Ҳанхоит ҳахьӡ ҳҽаԥсатәны
АХҲӘААa
1. Изеиԥшрааз шәыԥсҭазаара Абиблиа аҵара шәалагаанӡа?
ИЗЕИԤШРААЗ шәыԥсҭазаара Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа шәырҵара иалагаанӡа? Аӡәырҩы уи ҳгәалаҳаршәаргьы ҳҭахӡам. Ҳаҽшеилаҳҳәалаша, ҳзызхәыцлаша, насгьы ацәгьеи абзиеи закәу ҳаҵазҳәоз ари адунеи акәын. Ҳара гәыӷрада, насгьы Нцәа дҳамамкәа адунеи ҳақәын (Еф. 2:12). Аха Абиблиа аҵара ҳаналага ҳаԥсҭазаара аҽаԥсахит.
2. Еилышәкаазеи Абиблиа аҵара аан?
2 Абиблиа аҵара аан шәара еилышәкааит бзиа шәызбо жәҩантәи Ҳаб дшыҟоу. Уи шәиҩызахарц, насгьы иҭаацәара ду шәахәҭакхарц шәҭаххеит. Аха шәара еилышәкааит уи азы шәхәыцшьеи, шәыԥсҭазаашьеи, шәҭеиҭыԥши шәыԥсахыр шшәыхәҭоу, насгьы Иегова ацәгьеи абзиеи дшырзыҟоу еиԥш шәырзыҟалар шакәу (Еф. 5:3—5).
3. Иҳаиҳәозеи Иегова Кәаласаа рахь 3:9, 10 аҿы, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Иегова Ҳазшаз, насгьы жәҩантәи Ҳаб иоуп. Убри аҟынтә иҭаацәараҿы аԥҟарақәа рышьақәыргылара азин имоуп. Иара иҭахуп ҳаҽӡааҳхаанӡа «ажәытәтәи ҳхаҭареи» уи иацу аусқәеи аанҳажьырцb. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:9, 10.) Ари астатиа аӡы зыҽӡаазхырц зҭаху х-зҵаарак рҭак аҟаҵара ирыцхраауеит: 1) Изакәызеи «ажәытәтәи ҳхаҭара»? 2) Избан Иегова уи аанҳажьырц зиҭаху? 3) Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара? Аӡы зыҽӡаазххьоугьы еилаҳкаауеит иҽеим ашьцыларақәеи иаанҳажьыз аҟазшьа бааԥсқәеи рахь ҳахнымҳәыр шҳалшо.
ИЗАКӘЫЗЕИ «АЖӘЫТӘТӘИ ҲХАҬАРА»?
4. Дзеиԥшроузеи «ажәытәтәи ахаҭарала» иҟоу ауаҩы?
4 «Ажәытәтәи ахаҭарала» иҟоу ауаҩы иҽеим ахәыцрақәеи ахымҩаԥгашьеи иҽриҭоит. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы лассы-лассы иԥсахы еибакуеит, ҭабуп аҳәашьа издырӡом, дԥагьоуп, насгьы ихы мацара дазхәыцуеит. Иара апорнографиа игәаԥхоит, насгьы ацәгьоурақәеи аламысдареи ахьудырбо афильмқәа бзиа ибоит. Уи аҟазшьа бзиақәа илазаргьы алшоит, насгьы иҽеим иажәақәеи ихымҩаԥгашьеи дырцәыԥхашьозаргьы ауеит, аха аҽыԥсахразы агәаҳәара имаӡам (Гал. 5:19—21; 2 Тим. 3:2—5).
«Ажәытәтәи ахаҭара» аанзыжьыз ауаҩы иҽеим ахәыцрақәа уаҳа напхгара ирҭаӡом. (Шәахәаԥш абзац 5.)g
5. Иаанагозеи «ажәытәтәи ахаҭара» ааныжьра? (Аусқәа 3:19).
5 Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә иҽеим ахәыцрақәеи агәаҳәарақәеи зынӡа иҳазцәырымҵлар залшом. Зны-зынла ҳзыхьхәыр алшо ҳҳәалоит, насгьы иҟаҳҵалоит (Иер. 17:9; Иак. 3:2). Аха «ажәытәтәи ахаҭара» аанзыжьыз ауаҩы иҽеим ахәыцрақәа иҽриҭаӡом, урҭ уаҳа напхгара ирҭаӡом (Ис. 55:7; шәаԥхьа Аусқәа 3:19).
6. Избан Иегова «ажәытәтәи ҳхаҭареи», уи иацу ахәыцшьеи ахымҩаԥгашьеи аанҳажьырц зҳаиҳәо?
6 Иегова бзиа ҳаибоит, насгьы аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагаларц иҭахуп. Убри аҟынтә иҽеим ахәыцрақәеи ашьцыларақәеи аанҳажьырц ҳаиҳәоит (Ис. 48:17, 18). Иара идыруеит ус ҟаҳамҵалар, ҳахгьы егьырҭгьы ҳшырԥырхагахо. Иара уи игәы инархьуеит.
7. Иарбан алхроу иҟаҳҵар ҳахәҭоу ҳара зегьы, Римаа рахь 12: 1, 2 иану инақәыршәаны?
7 Иҟалап, шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟашәҵа раԥхьа шәҩызцәеи шәҭынхацәеи уи ргәамԥхозҭгьы, насгьы ишәхыччозҭгьы (1 Пиотр 4:3, 4). Дара ирҳәозҭгьы ауан: «Уԥсҭазаара уара уоуп иаԥшәымоу! Иҟоуҵалаша аӡәгьы иуҵаимҳәалароуп». Аха иаҳҳәар ҳалшома Иегова изыӡырҩра зҭахым ауаа ахақәиҭра рымоуп ҳәа? Аиаша ҳҳәозар, мап. Урҭ Аҩсҭаа дызхагылоу адунеи напхгара рнаҭоит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:1, 2.) Ус анакәха, ҳара зегьы алхра ҟаҳҵароуп: агәнаҳаи Аҩсҭаа идунеии рыла иааӡоу «ажәытәтәи хаҭарала» ҳшыҟоу ҳаанхоу, мамзаргьы «иҿыцу ахаҭарала» ҳҽеилаҳҳәарц азы Иегова аус ҳадиулаларц илҳаршоу (Ис. 64:8).
ИШԤАҲАЛШО «АЖӘЫТӘТӘИ ҲХАҬАРА» ААНЫЖЬРА?
8. Дышԥаҳацхраауеи Иегова «ажәытәтәи ҳхаҭара» ааныжьра?
8 Иегова еиликаауеит иаразнак аҽыԥсахра шҳалымшо (Аԥсал. 103:13, 14). Аха иара цхыраарада ҳаанимыжьӡеит: Иажәеи, иԥшьоу идоуҳаи, иорганизациеи рыбзоурала ҳара аҟәыӷара еизҳарҳауеит, амчгьы ҳауеит. Уи шәхаҭа иԥышәшәахьазаргьы ҟалап. Шәааи уажәы ҳалацәажәап ауаҩы «ажәытәтәи ихаҭара» ааныжьреи, иҽеим ихәыцрақәеи иусқәеи рахь ахнымҳәреи, аҽӡаахра аҽазыҟаҵареи ицхраауа.
9. Ишәыцхраар шԥалшо Анцәа Иажәа?
9 Абиблиа ацхыраарала ишәыгу гәашәҭала. Анцәа Иажәа асаркьа иаҩызоуп. Уи ҳхәыцрақәеи ҳхымҩаԥгашьеи зеиԥшроу ҳнарбоит, насгьы ириашатәу ҳаилнаркаауеит (Иак. 1:22—25). Абиблиа шәзырҵои доуҳала иӷәӷәоу егьырҭ ақьырсианцәеи ишәыҵарҳәогьы ҟалоит. Иаҳҳәап, абиблиатә жәеинраалақәа рхы иархәаны дара ибзианы иҟашәҵо шәарҳәар, насгьы иҵегьы аус здыжәулаша шәеилдыркаар рылшоит. Иҽеим шьцыларак ааншәыжьырц шәҭахызар, уи аҿы ишәыцхраар алшо алабжьарақәа ҳпубликациақәа рҿы ишәыԥшаар шшәылшо шәарҳәоит. Иегова ихаҭагьы шәыцхраара дазхиоуп. Иара зегь раасҭа еиӷьны идыруеит ацхыраара ахьышәҭаху, избанзар шәгәы иҭоу ибоит (Ажәам. 14:10; 15:11). Убри аҟынтә есыҽны Анцәа иҳәареи Иажәа аҭҵаареи шәҽашәыршьцылала.
10. Ишәнарҵозеи Ели иҭоурых?
10 Иегова ҳара ҳзы зегь раасҭа еиӷьу шиҭаху шәгәалашәыршәала. Иегова иҳаиҳәо зегь ахәарҭа ҳзаанагоит. Иара инормақәа рыла инхо ауаа рыламыс цқьоуп, рыԥсҭазаара аҵакы амоуп, насгьы анасыԥ рымоуп (Аԥсал. 19:7—11). Аха урҭ хьаас изымкуа, рхымҩаԥгашьа иаанаго алҵшәа бааԥсқәа рыхьӡоит. Ели зыхьӡу хаҵак иҿырԥшы иаанарԥшуеит Иегова инормақәа хьаас рыҟамҵара шаҟа ихшыҩдароу. Данхәыҷыз инаркны Ели иҭаацәа Иегова иахь абзиабара иларааӡон. Аха даныҩеидас иҽеимыз аҩызцәа шьҭихит. Иара анаркотикқәа идикылон, аҳәса дрыцныҟәон, насгьы дӷьычуан. Ихаҭа излеиҳәо ала, иара лассы-лассы иԥсахы еибакуан, насгьы рыцҳашьарак иламкәа дҟалеит. Иара иҳәоит: «Ажәакала, сҭаацәа исарҳәоз зегь аарҳәны акәын ишыҟасҵоз». Аха Ели данхәыҷыз идырҵоз бжьамӡӡеит. Аамҭак ашьҭахь иара дырҩегь Абиблиа аҵара далагеит. Ели ихы аус адиулеит, иҽеим ашьцыларақәа аанижьит, насгьы 2000 шықәсазы иҽӡааихит. Иаԥсазма абриаҟара аџьабаа абара? Ааи, Иегова ибзоурала Ели иԥсҭазаара аҽаԥсахит. Иара иҳәоит: «Уажәшьҭа сара агәҭынчра сымоуп, сыламысгьы цқьоуп»c. Ари ахҭыс ишьақәнарӷәӷәоит Иегова изакәанқәа рыла анхара иаҟәыҵуа рхы иазеицәоу шыҟарҵо. Аха Иегова урҭгьы рыцхраара дазхиоуп.
11. Ицәымӷузеи Иегова?
11 Иегова ицәымӷу шәцәымӷзарц азы шәхы аус адыжәулала (Аԥсал. 97:10). Абиблиа иануп Иегова «иԥагьоу аблақәа, амц зҳәо абз, акгьы зхарам ршьа казҭәо анапы» шицәымӷу (Ажәам. 6:16, 17). Иара арыцҳашьара злам ауааи амцҳәаҩцәеи баны дықәгылаӡом (Аԥсал. 5:6). Уи Нои ихаан иҟаз ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәоит. Анцәа ауаа цәгьақәа ықәигеит, «избанзар адгьыл ацәгьоурақәа рыла иҭәит» (Аҟаз. 6:13). Анцәа ицәымӷу аусқәа рыӡбахә аԥааимбар Малахиагьы иҳәон. Ауаҩы ихатә ҩыза акгьы ихараӡамкәа дилҵуазар, Анцәа уи игәы ԥнажәоит. Иегова уи имҵахырхәара идикылаӡом. Уи ауаҩы ихымҩаԥгашьа азы Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟаиҵар акәхоит (Мал. 2:13—16; Аур. 13:4).
Аӡәгьы ҳхахьгьы иааиӡом ибжьысхьоу афатә афара. Убас еиԥш Иегова ицәымӷу ак аҟаҵара азхәыцрагьы ҳгәы архынҳәлароуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)
12. Иаанагозеи ажәақәа «ацәгьара шәцәымӷыз»?
12 Иегова иҳаиҳәоит: «Ацәгьара шәцәымӷыз» (Рим. 12:9, АдҾ). Ак ануцәымӷу уи аӡбахә аҳәарагьы азхәыцрагьы уҭахӡам. Аӡәгьы ҳхахьгьы иааиӡом ибжьысхьоу афатә афара. Уи азхәыцра мацарагьы ҳгәы архынҳәуеит. Убас еиԥш Иегова ицәымӷу ак аҟаҵара азхәыцрагьы ҳгәы архынҳәлароуп.
13. Избан иҽеим ахәыцрақәа ҳԥыраҳцалар зҳахәҭоу?
13 Иҽеим ахәыцрақәа шәԥырышәцала. Ҳара ҳзызхәыцуа ауп иҟаҳҵо. Убри азоуп Иисус агәнаҳа ӷәӷәа ҳзырҟаҵар алшо акгьы ҳазымхәыцларц зҳаиҳәо (Матф. 5:21, 22, 28, 29). Ҳара зегьы Иегова дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп. Убри аҟынтә иҽеим ахәыцрақәа иаразнак иаҳԥыраҳцалароуп.
14. Иаанарԥшуазеи ҳцәажәашьа, насгьы иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу?
14 Шәцәажәашьа шәацклаԥшла. Иисус иҳәеит: «Аҿы иҭыҵуа акәзар, агәы аҟнытә иҭыҵуеит» (Матф. 15:18). Ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Иаҳҳәо ҳгәы иҭоу аанарԥшуеит. Убри аҟынтә абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар бзиоуп: «Исҳәома аиаша, уи ауадаҩрақәа сызцәырнагозаргьы? Сиеиҽырбома аҭаацәара исыцалам? Исҳәома зны-зынла ажәа ҟьашьқәа, ма аӡәы длазырҟәуа ажәақәа? Аӡәы сгәы ансирхьуа сыԥсахы еибакуама?» Ааи, ҳзызхәыцша ыҟоуп. Иҽеим ацәажәашьа аҳәынҵәрақәа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Урҭ ҳхы ианаҳархәо «ажәытәтәи ҳхаҭара» ҳашәҵаны еибаҳаркуазар иаҩызоуп. Аха уи ҳшәаҳхырц азы ус еиԥш иҟоу ацәажәашьа аанҳажьроуп.
15. Иаанагозеи «ажәытәтәи ҳхаҭара» ашьаҟа адчаԥалара?
15 Аамҭа шәымгалан. Апостол Павел аҽыԥсахра шаҟа ихадоу ҳаилиркаарц азы аҿырԥштәы ӷәӷәа ихы иаирхәеит. Иара иҳәеит «ажәытәтәи ҳхаҭара» ашьаҟа ишадчаԥалаз (Рим. 6:6). Даҽакала иуҳәозар, ҳара Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп. Убри аҟынтә Иегова ицәымӷу зегьы мап ацәаҳкуеит. Убасҟан аламыс цқьа ҳамазаауеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагьы ҳалагәырӷьалоит (Иоанн 17:3; 1 Пиотр 3:21). Ишәхашәмыршҭлан: Иегова инормақәа есымшагьы иҟан. Урҭ ҳара ҳзы иԥсахӡом. Ҳара ҳауп, урҭ ҳрықәшәаларц азы зҽызыԥсахша (Ис. 1:16—18; 55:9).
16. Избан иҽеим агәаҳәарақәа анаҩсгьы ҳарҿагылалар зҳахәҭоу?
16 Иҽеим агәаҳәарақәа шәырҿагылала. Уи аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы иҟашәҵалароуп. Уи ус шакәу Маурисиу агәра игеит. Данқәыԥшыз иара дгомосексуалистын. Аха ԥыҭрак ашьҭахь иара Иегова ишаҳаҭцәа драбадырит, насгьы Абиблиа аҵара далагеит. Иара иԥсҭазаара шьаҭанкыла иԥсахит, насгьы 2002 шықәсазы аӡы иҽӡааихит. Маурисиу Иегова имаҵ иуеижьҭеи акыр шықәса шыҵуагьы зны-зынла иҽеим агәаҳәарақәа изцәырҵуеит, насгьы урҭ дырҿагылоит. Аха иара игәы каижьӡом. Абар Маурисиу ииҳәо: «Урҭ агәаҳәарақәа сҽахьрысымҭо ала Анцәа игәы шыҟасҵо здыруеит. Уи сара амч снаҭоит»d.
17. Иаҳнарҵозеи Набиха лҿырԥшы?
17 Иегова ацхырааразы шәиҳәала, насгьы шәхы акәымкәа, иара шәиқәгәыӷла (Гал. 5:22; Флп. 4:6). «Ажәытәтәи ҳхаҭара» аанҳажьырц, насгьы уи ахь ахаан ҳахнымҳәырц азы имаҷымкәа аџьабаа батәуп. Уи ус шакәу Набиха зыхьӡу аԥҳәыс лҿырԥшы ибзианы иҳаилнаркаауеит. Лара 6 шықәса анылхыҵуаз лаб рҭаацәа кажьны дцеит. Лара еиҭалҳәоит: «Уи цәгьала исхызгон, даараӡа сгәы канажьит». Убри аҟынтә Набиха лҟазшьа бааԥсхеит. Лара анаркотикқәа рыҭира далагеит, убри аҟынтә абахҭа дҭаркит. Иегова ишаҳаҭцәа мчыбжьык ахь знык абахҭа иҭакыз ирҭаауан, убри аҟынтә лара Абиблиа аҵара далагеит. Уи лара лыԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит. Анаҩс лара лажәабжь иацылҵоит: «Шьцыларақәак рааныжьра сзымариан. Иаҳҳәап, анаркотикқәа иаразнак икасыжьит. Аха аҭаҭын ахара...» Набиха шықәсык инеиҳаны илҭаххеит аҭаҭын ахара калыжьырц азы. Илыцхраазеи уи аҿы? Лара илҳәоит: «Иегова иҳәара ауп зегь раасҭа исыцхрааз». Абар лара иҟалҵаз алкаа: «Сара агәра ганы сыҟоуп: Иегова игәы ҟасҵарц азы сара сҽысыԥсахзар, уи дарбанзаалак илшоит!»e
ШӘАРА ШӘЫҼӠААШӘХЫРЦ АЗЫ АҼЫԤСАХРА ШӘЫЛШОИТ!
18. Ирылшазеи Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы, 1 Коринфаа рахь 6:9—11 иану инақәыршәаны?
18 Шәааи актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рҿырԥшы ҳазхәыцып. Изусҭцәадаз дара рыҽӡаархаанӡа? Урҭ рҟынтә шьоукы рхы пату ақәырҵаӡомызт, даҽа шьоукы игомосексуалистцәан, егьырҭ ӷьычцәан. Аха иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала дара шьаҭанкыла рҽырыԥсахит, насгьы Иегова урҭ Иисус Христос аҳра ицура раҭәеишьеит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 6:9—11.) Ҳаамҭазгьы Абиблиа миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаара шьаҭанкыла аԥсахра ирыцхрааитf. Дара ирылаҽны иҟаз ашьцылара бааԥсқәа аанрыжьит. Урҭ рҿырԥшы ишьақәнарӷәӷәоит шәаргьы шәыҽӡаашәхырц азы аԥсахрақәа ҟашәҵар шшәылшо.
19. Ҳазлацәажәозеи анаҩстәи астатиаҿы?
19 Аха шәыҽӡаашәхырц азы «ажәытәтәи шәхаҭара» ааныжьра мацара азхаӡом. Иаҭахуп, иара убас, «иҿыцу ахаҭарала» аҽеилаҳәара. Уи ҟашәҵар шшәылшо, насгьы егьырҭ уи аҿы ишәыцхраар шрылшо анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит.
АШӘА 41 Суҳәоит, сыҳәара удкыл
a Ауаҩы иҽӡааихаанӡа иԥсҭазаара иԥсахроуп. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Абиблиаҿы «ажәытәтәи шәхаҭара» ҳәа зыӡбахә ҳәоу иаанаго, уи зааныжьтәу, насгьы уи шыҟаҵатәу. Анаҩстәи астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит ҳара зегьы, зыҽӡаазххьоугьы уахь ҳналаҵаны, «иҿыцу хаҭарала» ҳҽеилаҳҳәар шҳалшо.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. «Иааншәыжь ажәытәтәи шәхаҭара» ҳәа иану иаанагоит Иегова игәы изырхьуа ашьцыларақәеи аҟазшьақәеи аанҳажьыр шҳахәҭоу. Ауаҩы уи иҽӡааихаанӡа иҟаиҵароуп (Еф. 4:22).
c Шәахәаԥш 2012 шықәса апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Библия меняет жизнь. „Я решил вернуться к Иегове“».
d Шәахәаԥш 2012 шықәса маи 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Библия меняет жизнь. „Они были очень добры ко мне“».
e Шәахәаԥш 2012 шықәса октиабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Библия меняет жизнь. „Я стала злой и агрессивной“».
f Шәахәаԥш арамка «Абиблиа ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит».
g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иегова ицәымӷу зегь ааныжьра иҟьашьу амаҭәа ашәыхра иаҩызоуп.