Ажәытә уаҩ иусқәа наӡаӡа иааншәыжь
«Ажәытә уаҩ иусқәа ааншәыжь» (КӘАЛ. 3:9, АдҾ).
1, 2. Иарбан ҟазшьақәоу егьырҭ ауаа Иегова ишаҳаҭцәа рҿы ирбо?
АӠӘЫРҨЫ ауаа иазгәарҭоит Иегова ишаҳаҭцәа аҟазшьа бзиақәа шаадырԥшуа. Абар анацисттә Германиа инхоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирызкны ашәҟәыҩҩы Антон Џьилл ииҩыз: «...анацистцәа зегь реиҳа ирцәымӷыз Иегова ишаҳаҭцәа ракәын. [...] 1939 шықәсазы урҭ рҟынтә 6 000-ҩык [аконцентрационтә лагер] иҭашәеит...». Аха уи автор иажәақәа рыла Иегова ишаҳаҭцәа узықәгәыӷыртә иҟоу, ауадаҩрақәа раан аҭынчра аазырԥшуа, насгьы Анцәа изиашоу, акзаара зыбжьоу ауаа ррепутациа рыман.
2 Ааскьа Аладатәи Африка имҩаԥысуан ауаа зегьы еицгәарҭаз Иегова ишаҳаҭцәа иҷыдоу реиԥылара. Аӡәырҩы игәарҭеит Анцәа имаҵзуҩцәа убас еиԥш иҟоу аҟазшьақәа шаадырԥшуа. Иҟан аамҭа уи атәылаҿы иҟаз азакәанқәа инарықәыршәаны зцәаԥштәы еиԥшымыз Иегова ишаҳаҭцәа џьарак еизалар анрылымшоз. Убри аҟынтә иџьоушьартә иҟан декабр 18, 2011 шықәсазы Иоханнесбург иҟаз зегь иреиҳаз астадион аҿы 78 000-ҩык инареиҳаны аишьцәа Аладатәи Африка аҟынтә, насгьы уи иазааигәоу атәылақәа рҟынтә џьарак ианеиза. Абар астадион администрациа ахаҭарнак уи ахҭыс иазкны ииҳәаз: «Уи астадион аҿы сара ахаан исымбацызт урҭ реиԥш ауаҩра злоу ауаа. Зегьы еиқәҷаб еилаҳәоуп. Шаҟа ибзианы астадион еилшәыргазеи! Аха еиҳа ихадоу, шәара расала ауаа еилышәхӡом».
3. Изларылукаауазеи адунеизегьтәи ҳаиашьара?
3 Арҭ ажәақәа ишаҳдырбо еиԥш, адунеизегьтәи ҳаиашьара ииашаҵәҟьаны зеиԥшыҟам иашьароуп (1 Пиотр 5:9). Аха ҳазларылукаауазеи ҳара егьырҭ аорганизациақәа? Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳақәныҟәаларц алабжьара: «Ажәытә уаҩ иусқәа ааншәыжь... насгьы ауаҩ ҿыц идунеи шәҽеиуатәны ҿыцла шәҽеилашәҳәа» (Кәал. 3:9, 10, АдҾ). Уи аҿы Анцәа Иажәеи иԥшьоу идоуҳаи ҳацхраауеит.
4. Ҳазлацәажәозеи ари астатиаҿы, насгьы избан уи зхадоу?
4 Ажәытә уаҩ иусқәа анаанҳажьлак, урҭ рахь ахаан ҳахнымҳәыроуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ажәытә уаҩ иусқәа рааныжьра шҳалшо, насгьы уи аҟаҵара зхадоу. Иара убас ҳара ҳалацәажәоит урҭ аԥсахрақәа рыҟаҵара шалшо, ауаҩы уаанӡа агәнаҳа ӷәӷәақәеи ашьцылара бааԥсқәеи шимазгьы. Насгьы ҳалацәажәоит акыр шықәса Анцәа имаҵ зуа уаанӡатәи рыԥсҭазаашьахь ихнымҳәырц ирыцхраауа. Избан ус еиԥш иҟоу агәаларшәарақәа заҳҭаху? Илахьеиқәҵагоуп, аха Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы агәҽанызаара рцәыӡит, насгьы уаанӡатәи рыԥсҭазаашьахь ихынҳәит. Убри аҟынтә ҳара иҳахәҭоуп 1 Коринфаа рахь 10:12 иану агәҽанҵара ҳахшыҩ азышьҭра: «Убри аҟнытә иӷәӷәаны зшьапы иқәгылоушәа зхы зыԥхьаӡо ауаҩԥсы, угәуҽаныз — укамҳааит».
ИГӘАԤХАШӘАДОУ АГӘАҲӘАРАҚӘА ЗЕГЬ ААНШӘЫЖЬ
5. а) Аҿырԥштәы шәхы иархәаны иҳаилшәыркаа избан Анцәа ицәымӷу аусқәа рааныжьра изахыццактәу. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан ҟазшьақәоу ажәытә уаҩ иааирԥшуа, Кәаласаа рахь 3:5—9 иану инақәыршәаны?
5 Иҟашәҵозеи шәымаҭәа ҟьашьыр ма афҩы агара иалагар? Ҳәарада, уи иаарласны ишәшәышәхырц шәҽазышәшәоит. Убас еиԥш Анцәа ицәымӷу ашьцыларақәа шҳамоу еилаҳкаауазар, урҭ ркажьра ҳахыццакыроуп. Ҳара иаҳҭахуп Павел ақьырсианцәа ириҭаз адҵа ақәныҟәара. Иара иҩит урҭ Анцәа игәамԥхо аусқәа зегьы мап рцәыркыр шрыхәҭоу, асексуалтә гәаԥхашәадареи амцқьареи уахь иналаҵаны. Шәааи уи инарҭбааны ҳалацәажәап. (Уаԥхьа Кәаласаа рахь 3:5—9.)
6, 7. а) Ишԥаадырԥшуеи Павел иажәақәа ажәытә уаҩ иусқәа рааныжьразы шаҟа аџьабаа батәу? б) Илыԥсҭазаашьази Сакура, насгьы илыцхраазеи аҽыԥсахра?
6 Асексуалтә гәаԥхашәадара. Аоригинал бызшәаҿы «акалҭбааԥсра», ма асексуалтә гәаԥхашәадара, ҳәа еиҭагоу ажәа иара убас иаанагоит закәанла аҭаацәара еицалам ауаа рыбжьара цәеижьла аизааигәахара, насгьы агомосексуализм. Павел ақьырсианцәа ирзиҩит «иҭашәырха, ишәшьы шәыдгьылтә цәаҩақәа» акалҭбааԥсрахь уназго ҳәа, даҽакала иуҳәозар, асексуалтә гәаԥхашәадара иадҳәалоу агәаҳәарақәа зегь аанрыжьырц. Павел ихы иаирхәоз ажәақәа иаадырԥшуеит агәнаҳарахь ҳназго агәаҳәарақәа аанҳажьырц азы шаҟа аџьабаа батәу. Уи аҟаҵара мариам, аха аиааира ҳгар ҳалшоит.
7 Ҳахәаԥшып Иапониа инхо Сакура зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥштәыa. Данхәыҷыз лара еснагь лхы заҵәны илбон. 15 шықәса анылхыҵуаз инаркны ахацәа лыԥсахуан. Уи лара лхы заҵәны илымбаларц илыцхраауазшәа лбон. Лара илҳәоит: «Сара хынтә аҽԥыргара ҟасҵеит». Сакура иацылҵоит: «Раԥхьа урҭ аизыҟазаашьақәа ахыхьчарҭа сырҭозшәа збон, насгьы бзиа сырбоит ҳәа сгәы иаанагон. Аха гәаԥхашәадарала схы мҩаԥызгацыԥхьаӡа, еиҳагьы ашәара соуан». Сакура лыԥсҭазаашьа ус имҩаԥылгон 23 шықәсанӡа. Уи ашьҭахь лара Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара далагеит. Лара еилылкааз даара илгәаԥхеит, насгьы Иегова уи игәаԥхашәадоу амҩа ааныжьреи агәкаҳара аҽамҭареи длыцхрааит. Уажәы Сакура пионерс амаҵ луеит, насгьы уаҳа лхы заҵәны илбом. Лара илҳәоит: «Сара анасыԥ сымоуп, избанзар есыҽны Иегова бзиа сшибо збоит!»
ИҼЕИМ АШЬЦЫЛАРАҚӘА ААНШӘЫЖЬ
8. Ҳҟазҵар алшозеи Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьамкәа?
8 Амцқьара. Аоригинал бызшәаҿы «ицқьам» ҳәа еиҭагоу ажәа инарҭбаау аҵакы амоуп, насгьы асексуалтә еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу агәнаҳақәа рымацара ракәӡам иаҵанакуа. Уахь иаҵанакуазар алшоит аҭаҭын ахареи аҟьашьрақәа злоу алафи (2 Кор. 7:1; Еф. 5:3, 4). Иара убас уахь иаҵанакуеит ауаҩы маӡала иҟаиҵо ицқьам аусқәа, иаҳҳәап, цәеижьла аизааигәахара агәаҳәара узцәырызго алитература аԥхьара ма апорнографиа ахәаԥшра, уи иахҟьаны ауаҩы амастурбациа шьцыларас иоур алшоит (Кәал. 3:5)b.
9. Иарбан шьцылароу ицәырнаго апорнографиа ахәаԥшра?
9 Апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас измоу ауаҩы ихы ихаршҭны ицәаныррақәа иҽриҭоит, насгьы уи ада ԥсыхәа имоуа дҟалар илшоит. Ҭҵаарақәак инарықәыршәаны, апорнографиа ахәаԥшразы агәазыҳәара ӷәӷәа змоу ауаа алкоголикцәеи анаркоманцәеи ирымоу ашьцыларақәа иреиԥшуп. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам апорнографиа ахәаԥшра ашьцылара алҵшәа бааԥсқәа ахьаанаго, урҭ аԥхашьара ӷәӷәа рызцәырҵуеит, аусура рылымшо иҟалоит, рҭаацәараҿы реизыҟазаашьақәа бжьысуеит, еилыҵуеит, насгьы аҽшьра аҟынӡа инеир алшоит. Уи ашьцылара аанзыжьыз, насгьы шықәсык апорнографиа иамыхәаԥшуаз хаҵак иҳәеит: «Сара зны исцәыӡыз сыхпатуқәҵара сырхынҳәит».
10. Дышԥаиааи Рибеиро апорнографиа ахәаԥшрахь имаз ашьцылара?
10 Аӡәырҩы апорнографиа аҽацәыхьчара рзымариам. Аха Бразилиа инхо Рибеиро зыхьӡу аиашьа иҿырԥштәы иаанарԥшуеит уи аҿы аиааира ҳгар шҳалшо. Рибеиро данхәыҷыз аҩнынтәи дцеит, насгьы ақьаад аус ахьадырулоз азауад аҿы аусура далагеит, уа апорнографиатә журналқәа илаԥш иҵашәеит. Иара еиҭеиҳәоит: «Хәыҷы-хәыҷла ашьцылара шьҭысхит. Сара убри аҟынӡа снеит апорнографиа сахәаԥшырц азы исыцынхоз аԥҳәыс данбацо ҳәа сыԥшын». Ҽнак Рибеиро аусураҿы ақьаадқәа ахьеилажьыз рыгәҭа ашәҟәы «Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа» ибеит. Иара уи ганы аԥхьара далагеит. Дзыԥхьаз аҟынтә еиликааз Иегова ишаҳаҭцәа абиблиатә ҵара изымҩаԥыргаларц азы дрыҳәарц игәазҭанаҵеит. Аха ишьцылара бааԥс даиааирц азы Рибеиро имаҷымкәа аамҭа иҭаххеит. Ицхраазеи иара? Уи иҳәоит: «Анцәаиҳәареи, Абиблиа аҭҵаареи, еилыскааз азхәыцреи рыбзоурала Анцәа иҟазшьақәа рахь сыџьшьара еизҳауан, насгьы ԥыҭрак ашьҭахь Иегова иахь исоуз абзиабара сышьцылара аасҭа иӷәӷәахеит». Анцәа Иажәа ацхыраарала Рибеиро ажәытә уаҩ иусқәа ааныжьны иҽӡааихит, насгьы уажәы аизара деиҳабуп.
11. Иҟаҳҵалар ахәҭоузеи апорнографиа ахәаԥшра агәаҳәара ҳаиааирц азы?
11 Иазгәашәҭ: Рибеиро аиааира игарц азы ус баша Абиблиа ҭиҵаауамызт. Иара аџьабаа ибар акәын абиблиатә жәабжь игәаҵанӡа инеирц азы, насгьы уи аамҭа аҭахын. Иара Анцәа диҳәон, насгьы еиликаауаз дазхәыцуан, уи абзоурала Анцәа иахь иоуз абзиабара апорнографиа ахәаԥшрахь имаз ашьцылара иаиааит. Ишаҳбо еиԥш, Иегова иахь абзиабара ӷәӷәеи ацәгьара ацәымӷреи апорнографиа ахәаԥшра ашьцылара аиааира иҳацхраауеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 96:10 [97:10, АдҾ]).
АԤСАХЕИБАКРЕИ, УЛАЗЫРҞӘУА АЖӘАҚӘЕИ, АМЦИ ААНШӘЫЖЬ
12. Ицхраазеи Стивен аԥсахеибакреи улазырҟәуа ажәақәеи рааныжьра?
12 Зыԥсахы еибакуа ауаа лассы-лассы егьырҭ ладырҟәуеит. Ҳәарада, уи аҭаацәара насыԥны иҟанаҵом. Абар Австралиа инхо аԥҳәыси ахәыҷқәеи змоу Стивен еиҭеиҳәаз: «Уаанӡа сара лассы-лассы саӷьуан, насгьы ирласны сеицрашәон. Сыԥҳәыси сареи хынтә ҳаиԥырҵхьан, насгьы ҳаилыҵыр ҳҭахын». Аха уи ашьҭахь Иегова ишаҳаҭцәа урҭ Абиблиа дырҵара иалагеит. Стивен Абиблиа иану алабжьарақәа рықәныҟәара далагеит. Ишԥаиныри уи иара? Иара иҳәоит: «Ҳҭаацәаратә ԥсҭазаара зынӡа аҽаԥсахит. Уаанӡа сара зегь рзы уажәымзар-уажәы иԥжәоз аԥсахеибакреи агәыԥжәареи злоу алаӷәым сеиԥшын, аха уажәы Иегова ицхыраара абзоурала сара зеиԥшыҟам аҭынчра сымоуп». Уажәы Стивен маҵзуратә цхырааҩуп, иԥҳәысгьы шәықәсқәак рыҩныҵҟа пионерс амаҵ луеит. Урҭ реизара аиҳабацәа ирҳәоит: «Стивен — иҭынчу аџьа бзиа избо иашьоуп, иара убас уи ахынраалара имоуп». Дара уи иԥсахы еибакны ахаан дрымбац. Аха иԥхьаӡома иара уи зегь иара ибзоуроуп ҳәа? Мап. Иара иҳәоит: «Иегова ицхыраара сыдсымкылазҭгьы, сыԥсҭазаараҿы урҭ рҟынтә зылԥхаракгьы соуамызт. Уи абзоурала сара зынӡаск сҽысыԥсахит».
13. Избан аԥсахеибакра даара изшәарҭоу? Иарбан гәҽанҵароу Абиблиаҿы иану?
13 Абиблиа ҳаанаԥхьоит аԥсахеибакреи, улазырҟәуа ажәақәеи, аҳәҳәареи ҳҽацәаҳахьчаларц (Еф. 4:31). Илахьеиқәҵагоуп, аха уи зегь лассы-лассы ақәымчрахь унанагоит. Ари адунеи аҿы гәымбылџьбарала ахымҩаԥгара ицәгьоу ҳәа акгьы адырбалом, аха уи, ҳәарада, Ҳазшаз дланарҟәуеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 36:8—11 [37:8—11, АдҾ].)
14. Илшома зыԥсахы еибакуа ауаҩы дҟәымшәышәхар?
14 Абар Австриа иҟоу аизарақәа руак аҿы аизара аиҳабыс амаҵ зуа Ҳанс иҿырԥштәы. Уи аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор иҳәоит: «Абас еиԥш иҟәымшәышәу аиашьа шәара ахаангьы џьаргьы дшәықәшәом». Аха Ҳанс ус еснагь дыҟамызт. Данхбыџыз иара арыжәтә иҽаиршьцылеит, аҵыхәтәаны агрессиа аарԥшра далагеит. Зны Ҳанс ӷәӷәала ижәны даныҟаз, иԥсахы еибакын, иҩызаӡӷаб дишьит. Уи азы 20 шықәса иқәырҵеит. Аха абахҭа деиӷьнамтәит. Ԥыҭрак ашьҭахь Ҳанс иан аизара аиҳабы диҳәеит абахҭахь дцаны Ҳанс дибарц. Ҳанс Абиблиа аҵара далагеит. Иара еиҭеиҳәоит: «Ажәытә уаҩ иааныжьра даара ицәгьан. Аха сара Исаиа 55:7 иану ажәақәа сыцхраауан: „Иаанижьааит ицқьам иара имҩа“, насгьы 1 Коринфаа рахь 6:11 иану: „Шәарҭ шәахьтә шьоукы абраҟа зыӡбахә ҳәоу злаҟаз шәалаҟан“. Ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова иԥшьоу идоуҳа абзоурала дсыцхраауан, убри аҟынтә уаҩ ҿыцны аҟалара сылшеит». Ҳанс 17 шықәсеи фымзи рышьҭахь абахҭа дҭыҵит. Усҟан иара аӡы иҽӡааиххьан. Иара иҳәоит: «Сара Иегова даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит иааирԥшуаз агәшаҭара дуӡӡеи анажьра дахьазхиоуи рзы!»
15. Иарбан ҟазшьақәоу еиҭа ажәытә уаҩ иааирԥшуа? Иаҳәозеи уи иазкны Абиблиа?
15 Ажәытә уаҩ улазырҟәуа ажәақәа рыдагьы, амцҳәара шьцыларас имоуп. Иаҳҳәап, аӡәырҩы ауаа амц рҳәоит ашәахтә рымшәарц азы, мамзаргьы русқәа рзы аҭакԥхықәра рымгарц азы. Аха Иегова — «аҵабырг Нцәа» иоуп (Аԥсал. 30:6 [31:5, АдҾ]). Иара иҭахуп дарбанзаалак имаҵзуҩы изааигәоу димжьаларц (Еф. 4:25; Кәал. 3:9). Убри аҟынтә ҳара еснагь аиаша ҳҳәалар ауп, уи анымариамгьы (Ажәам. 6:16—19).
АИААИРА АГАРА РЫЛЗЫРШАЗ
16. Ицхраауазеи ауаҩы ажәытә уаҩ иусқәа рааныжьра?
16 Ажәытә уаҩ иусқәа ҳхала рааныжьра ҳалшом. Ари астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз ақьырсианцәа — Сакура, Рибеиро, Стивен, Ҳанс — иҽеим русқәа рааныжьразы имаҷымкәа аџьабаа рбар акәхеит. Ирыцхраазеи урҭ аиааира агара? Дара Анцәа Иажәеи иԥшьоу идоуҳаи ргәи рыхшыҩи ирнырлартә алдыршеит (Лука 11:13; Аур. 4:12). Ҳаргьы уи аҩыза ацхыраара ҳаурц ҳҭахызар, есыҽны Абиблиа ҳаԥхьалар, иану ҳазхәыцлар, абиблиатә принципқәа рықәныҟәаразы аҟәыӷареи амчи ҳаурц азы ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәалар ауп (Иис. Н. 1:8; Аԥсал. 118:97 [119:97, АдҾ]; 1 Фес. 5:17). Иара убас ҳара Анцәа Иажәеи иԥшьоу адоуҳаи ацхыраара ҳауеит аизарақәа ҳҽанырзыҟаҳҵо, насгьы урҭ ҳанырҭаауа (Аур. 10:24, 25). Уи адагьы, ҳара иаҳҭахуп Иегова адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо ижәлар доуҳала ичаларц азы ириҭо зегьы ҳхы иаҳархәаларц (Лука 12:42).
Иҳацхраауазеи ажәытә уаҩ иусқәа рааныжьра? (Шәахәаԥш абзац 16.)
17. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
17 Ҳара еилҳаргеит Анцәа ицәымӷу, насгьы ақьырсианцәа иарбан усқәоу иаанрыжьыр рыхәҭоу. Аха иазхома уи Анцәа иразра ҳаурц азы? Мап. Ҳара иара убас уаҩ ҿыцны ҳҟалар ауп, насгьы еснагь уи иаҭәоу аҟазшьақәа ааҳарԥшлар ауп. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит уи шыҟаҵатәу.
a Ари астатиаҿы хьыӡқәак ԥсахуп.
b Шәахәаԥш ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» аҿы иҟоу Ацҵа «Амастурбациа. Ишԥаиааитәу ари ашьцылара?».