Анцәа иҭынчра иҳамоу адыррақәа раасҭа еиҳауп
«Ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго, урҭ рыла иаҳзеилымкаауа Анцәа идунеи [«иҭынчра», АдҾ] шәгәы-шәыԥсы... еиқәдырхоит» (ФЛП. 4:7).
1, 2. Изықәшәазеи Павели Силеи Филиппқәа рҿы ианыҟаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
ҴХАБЖЬОН. Ҩ-миссионерцәак Павели Силеи Филиппқәа рҿы абахҭа иҭакуп. Урҭ ашьамҭлаҳәқәа рышьоуп, насгьы иахьрысуаз аҟынтә рыбӷақәа рыхьуеит (Аус. 16:23, 24). Зегьы даара ирласны иҟалеит. Урҭ иаалырҟьаны икны ауаа рацәа ахьеизоз аџьармыкьахь иргеит, уа иаразнак ирықәыӡбеит. Хыхьтәи рымаҭәа ааршәырхын гәымбылџьбарала иаарысуа ирыпҟеит (Аус. 16:16—22). Изакәытә иашамроузеи! Павел Рим датәылауаҩын, убри аҟынтә уи даҽакала иқәыӡбар акәынa.
2 Абахҭа дахьҭатәоу Павел ииасыз амш аҩныҵҟа иҟалаз ахҭысқәа игәалаиршәоит. Иара Филиппқәа рҿы инхоз ауаа дрызхәыцуеит. Павел дахьыҟаз ақалақьқәа ирҿурԥшуазар, ара аиудеиатә синагогагьы ыҟамызт. Анцәа имҵахырхәаларц зҭаху аиудеицәа ақалақь аҭӡамц анҭыҵ аӡиас аԥшаҳәаҿы аизара рықәшәоит (Аус. 16:13, 14). Иамазма уи мзызс ақалақь аҿы аиудеицәа рҟынтә жәа-хацәакгьы ахьыҟамыз, асинагога аиҿкааразы иаҭахыз ахацәа рхыԥхьаӡара? Иҟалап филиппаа римтәи атәылауаҩра ахьрымаз даара иахыҽхәозҭгьы, уи азинқәа зегь шырнамҭозгьы (Аус. 16:21). Убри азы акәзар ауеит дара Павели Силеи римтәи тәылауаауп ҳәагьы изазымхәыцыз. Ишыҟазаалакгьы, урҭ ииашамкәа ирықәыӡбаны абахҭа иҭаркит.
3. Избан Павел абахҭа данҭашәа уи зџьеишьоз, аха иарбан гәазыҟашьоу иара имаз?
3 Иҟалап Павел Филиппқәа рҿы иҟаз ахҭысқәагьы дрызхәыцуазҭгьы. Мызқәак раԥхьа иара Азиа Маҷ Егеитәи амшын нырцәтәи аган аҿы дыҟан. Уаҟа иԥшьоу адоуҳа зныкымкәа раионқәак рҿы ажәабжь аҳәара алшара инаҭомызт. Иԥшьоу адоуҳа даҽа тәылак ахь дашьҭуазшәа угәы иаанагар алшон (Аус. 16:6, 7). Аха иаба? Уи аҭак Павел Троада даныҟаз абараҿы иоуит. Уи иаҳәан: «Македониаҟа уааи». Иегова игәаԥхара иаҵанакуаз еилыкка иааирԥшит, Павелгьы иаразнак уи ааԥхьара идикылеит. (Уаԥхьа Аусқәа 16:8—10.) Иҟалазеи анаҩс? Македониа даннеи хара имгакәа иара абахҭа дҭаркит! Избан Иегова уи зиаҩижьыз? Шаҟа аамҭа дҭакызар акәзеи уи? Арҭ азҵаарақәа Павел даараӡа хьаас имазар ауан, аха урҭ игәрахаҵара дырԥсыҽыр, насгьы агәырӷьара имырхыр рылимыршеит. Силагьы иаргьы Анцәа иҳәареи ашәа ҳәо ирҽхәареи иалагеит (Аус. 16:25). Анцәа иҭынчра рхы-ргәы арҭынчит.
4, 5. а) Иҳалшома ҳара Павел дзықәшәаз аҭагылазаашьа ҳақәшәар? Иҳаилшәыркаа. б) Аҽшԥаԥсахи иаалырҟьаны Павел иҭагылазаашьа?
4 Иҟалап шәаргьы шәыԥсҭазаараҿы иҟазҭгьы аҭагылазаашьа шәгәы ианаанагоз Анцәа иԥшьоу идоуҳа анапхгара шәнаҭоит ҳәа. Аха ауадаҩрақәа шәрықәшәеит, насгьы шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа ҟашәҵар акәхеит (Еккл. 9:11). Шәзықәшәаз шәаназхәыцуа, иҟалап шәхы шәазҵаауазар: «Изиаҩижьзеи уи Иегова?» Уи ус акәзар, ишәыцхраауазеи анаҩсгьы ахачҳара аарԥшра, насгьы аҵыхәтәанынӡа Иегова иқәгәыӷра? Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы, шәааи Павели Силеи зықәшәаз еилҳаргап.
5 Павели Силеи Анцәа ирҽхәаразы ашәа анырҳәоз изқәымгәыӷуаз ак ҟалеит. Раԥхьа адгьыл ӷәӷәала иҵысит. Абахҭа агәашәқәа аатын абаандаҩцәа зегьы ирышьаз ашьамҭлаҳәқәа рышьыҵит. Абахҭа ахылаԥшҩы иҽишьыр иҭахын, аха Павел уи дааникылеит. Уи ашьҭахь абахҭа ахылаԥшҩы иҭынхацәеи иареи аӡы рыҽӡаархит. Адырҩаҽны ақалақь аиҳабацәа рмаҵзуҩцәа рышьҭит Павели Силеи аурышьҭырц азы. Урҭ ҭынч ақалақь аанрыжьырц ирыҳәеит. Ақалақь аиҳабацәа Павели Силеи Рим атәылауаа шракәыз анырдыр, агха ӷәӷәа шыҟарҵаз еилыркааит. Усҟан дара рхала урҭ ақалақь иалыргарц азы инеит. Аха Павели Силеи ааскьа зыҽӡаазхыз Лидиа абзиараз ҳәа ламҳәакәа ицар рымуит. Лыҩныҟа ианнеи, дара аишьцәагьы ргәы шьҭырхит (Аус. 16:26—40). Шаҟа ирласны зегь аҽаԥсахзеи!
ИҲАМОУ АДЫРРАҚӘА РААСҬА ЕИҲАУП
6. Еилҳаргозеи уажәы?
6 Иаҳнарҵозеи Павел дзықәшәаз ахҭыс? Иегова ҳазқәымгәыӷуа ҟаиҵар илшоит, убри аҟынтә ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо мыцхәы агәҭынчымра аарԥшра иахәҭам. Хымԥада, Павел ари аурок игәаҵанӡа инеит, уи ус шакәу убарҭоуп агәҭынчымрақәеи Анцәа иҭынчреи ирызкны Филиппқәа рҿы инхоз аишьцәа ирзиҩыз аҟынтә. Шәааи раԥхьа еилҳаргап Филиппаа рахь 4:6, 7 (уаԥхьа) аҿы иану иажәақәа. Анаҩс еилҳаргоит Иегова имаҵзуҩцәа зқәымгәыӷуаз шыҟаиҵоз ҳзырбо Абиблиа иану егьырҭ ахҭысқәа. Аҵыхәтәаны еилҳаргоит «Анцәа иҭынчра» ахачҳара аарԥшра, насгьы зегь рыла Иегова иқәгәыӷра ишҳацхраауа.
7. Иарбан зхәыцроу Павел филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы изҵишьырц ииҭахыз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
7 Филиппқәа рҿы иҟаз аишьцәа Павел исаламшәҟәы ианаԥхьа, урҭ, ҳәарада, иргәалашәеит рықалақь аҿы Павел ихьыз, насгьы ргәырҽанӡамкәа аҭагылазаашьа аҽшаԥсахыз. Иарбан зхәыцроу Павел урҭ ирызнеигарц ииҭахыз? Иара иҭахын урҭ агәҭынчымра аадмырԥшларц. Дара «Анцәа иҭынчра» роурц азы иҳәалар акәын. Аха иазгәашәҭ уи аҭынчра ҳдыррақәа раасҭа ишеиҳау. Иаанагозеи уи? Еиҭагаҩцәак уи ажәақәа еиҭаргоит «ҳгәыхәтәқәа зегьы иреиҳауп», мамазаргьы «ауаа рыпланқәа ма рыгәҭакқәа иреиҳауп» ҳәа. Даҽакала иуҳәозар Павел иҳәеит «Анцәа иҭынчра» шаҟа иссиру ҳхаҿгьы иаҳзаагом ҳәа. Ҳауадаҩра ӡбашьа амам ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, Иегова ус иԥхьаӡаӡом, насгьы ҳызқәымгәыӷуа ҟаиҵар илшоит. (Уаԥхьа 2 Пиотр 2:9.)
8, 9. а) Павел аиашамра дшақәшәазгьы, иарбан лҵшәа бзиақәоу уи иаанагаз? б) Избан иаҳҳәар зҳалшо Филиппқәа рҿы иҟаз аишьцәа Павел иажәақәа рыгәра ргеит ҳәа?
8 Урҭ ахҭысқәа рышьҭахь жәашықәса аҩныҵҟа иҟалаз ианазхәыцуаз, филипптәи аишьцәа рыгәрахаҵара дырӷәӷәар рылшон. Павел иажәақәа иашам ҳәа узҳәомызт. Иегова аиашамра ҟаларц шиаиҩижьызгьы, уи аҵыхәтәаны «ажәабжь бзиа ахьчареи закәанла ашьақәырӷәӷәареи» иацхрааит (Флп. 1:7, АдҾ). Уажәшьҭа Филиппқәа рҿы иҟаз ақалақь анапхгаҩцәа ирзыгәаӷьрымызт ҿыц ишьақәгылаз ақьырсиантә еизара рышьҭашәарыцара. Павел ихы шымҩаԥигаз иабзоураны, Павели Силеи анца ашьҭахь, иҟалап Лука Филиппқәа рҿы даанханы аишьцәа рырӷәӷәара илшазар.
9 Филиппқәа рҿы инхоз аишьцәа Павел исаламшәҟәы ианаԥхьоз, еилыркаауан ииҳәоз ихатә гәаанагара шакәмыз. Павел ихаҭа аԥышәара ӷәӷәақәа дрықәшәахьан. Аха иара уеизгьы «Анцәа иҭынчра» иман. Иазгәаҭатәуп Павел филиппаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз, Рим иҩны дышҭакыз, аха иара убасҟангьы «Анцәа иҭынчра» иман (Флп. 1:12—14; 4:7, 11, 22).
«АК ГӘЫРҨАЖӘЫМГАН, АК ХЬААШӘЫМГАН»
10, 11. Иҟаҳҵалар акәзеи акы даараӡа гәҭыхас иҳамазар, насгьы ҳаззыԥшызар ҳалшозеи Иегова иҟынтә?
10 Иҳацхраауазеи ак ахьаамгара, насгьы «Анцәа иҭынчра» амазаара? Павел филиппаа ирзиҩыз иаанарԥшуеит анцәаиҳәара агәҭынчымрақәа риааира ишҳацхраауа. Убри аҟынтә агәҭынчымра ҳазцәырызго ахәыцрақәа ҳзааиуазар, уи Анцәа изеиҭаҳҳәалароуп. (Уаԥхьа 1 Пиотр 5:6, 7.) Урҭ Иегова изеиҭашәҳәала, насгьы дышшәыцхраауа агәра жәгала. «Шәиаҭабуны» шәиҳәала, насгьы ишәзыҟаиҵахьоу шәгәалашәыршәала. Иара иахь иҳамоу агәрагара еизҳауеит, уи «ҳазҳәо-ҳзызхьуа аҵкыс ҳара ҳзы иҟазҵо» шиакәу ҳгәалашәозар (Еф. 3:20).
11 Зны Павели Силеи ишџьаршьаз еиԥш, ҳаргьы Иегова иаҳзыҟаиҵо џьаҳшьар ҳалшоит. Иҟалап уи уаҩ иимбац акәымхар, аха уи иаҳҭахыҵәҟьо акәхоит (1 Кор. 10:13). Ҳәарада, уи иаанагаӡом Иегова ҳауадаҩра иӡбаанӡа ҳнапқәа еиқәыԥсаны ҳтәазаауеит ҳәа. Ҳара ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп (Рим. 12:11). Усҟан ҳара ҳаҳәарақәа гәыкала ишыҟоу ааҳарԥшуеит, Иеговагьы ҳҽазышәарақәа дырзылԥхар илшоит. Убри аамҭазгьы иаҳхамышҭлароуп иара ҳзызиҳәо еснагь ишҳаимҭо. Уи зынӡаск ҳаззыԥшым ҟаиҵар илшоит. Шәааи еилҳаргап Абиблиаҿы иану ахҭысқәа. Урҭ ахҭысқәа Иегова ҳшақәымгәыӷуа ала ацхыраара ҳаиҭар шилшо агәра ҳдыргоит.
ИЕГОВА ИҞАИҴОЗ ҲЗЫРБО АҾЫРԤШТӘҚӘА
12. а) Иҟаиҵазеи Езекиа ассириатәи аҳ Сеннахирим Иерусалим дақәларц аниҭахыз? б) Иаҳнарҵар алшозеи Иегова уи аҭагылазаашьаҿы иҟаиҵаз?
12 Абиблиаҿы Иегова ҳазқәымгәыӷуа шыҟаиҵо ҳзырбо аҿырԥштәқәа рацәаны иануп. Абар руак. Аҳ Езекиа аҳра аниуаз ассириатәи аҳ Сеннахирим Иуда дақәлеит, насгьы Иерусалим ада егьырҭ ақалақьқәа зегь игеит (2 Аҳ. 18:1—3, 13). Анаҩс Иерусалимгьы ашәарҭара иҭагылеит. Иҟаиҵазеи аҳ Езекиа? Иара Иегова диҳәеит, насгьы аԥааимбар Исаиа иҿы ацхыраара даҳәеит (2 Аҳ. 19:5, 15—20). Уи адагьы, Езекиа аҟәыӷара ааирԥшит Сеннахирим Езекиа иқәиҵаз ашәахтә анишәа (2 Аҳ. 18:14, 15). Иерусалим акыраамҭа амацәаз иҭакхар алшон, убри аҟынтә Езекиа уигьы иҽазыҟаиҵеит (2 Аш. 32:2—4). Аха иҟалазеи аҵыхәтәаны? Иегова амаалықь дааишьҭит, уи уахык ала 185 000-ҩык Сеннахирим ируаа ишьит. Ари аҩыза ҟалоит ҳәа Езекиа ихаҭагьы дақәгәыӷуамызт (2 Аҳ. 19:35).
Иаҳнарҵозеи Иосиф иҿырԥштәы? (Аҟаз. 41:42) (Шәахәаԥш абзац 13.)
13. а) Иаҳнарҵозеи ҳара Иосиф дзықәшәаз? б) Ишԥаӡбахеи иаалырҟьаны Сарра лыуадаҩра?
13 Абар Иаков иԥа Иосиф данқәыԥшыз дзықәшәаз. Мысра абахҭа данҭакыз иара ихаҿгьы изаагомызт аҳәынҭқарраҿы аҩбатәи аҭыԥ шааникылало, насгьы Иегова уи ихы дархәаны иҭаацәара амла иакны имԥсырц дышрыцхраауа (Аҟаз. 40:15; 41:39—43; 50:20). Ҳәарада, Иосиф дагьақәгәыӷуамызт Иегова ус шыҟаиҵоз. Даҳгәалаҳаршәап иара убас Иосиф иабду иан Сарра. Дақәгәыӷуазма лара лықәрахь даннеилак Иегова ицхыраарала тәыс илымаз аԥҳәыс илыхшоз иакәымкәа, лхатә хшара длоуеит ҳәа? Исаак иира лара дыззыԥшыз аасҭа еиҳахеит (Аҟаз. 21:1—3, 6, 7).
14. Зыгәра ганы ҳаҟоузеи ҳара Иегова иганахь ала?
14 Ҳәарада, ҳара Иегова ҳзықәиргәыӷыз иҿыцу адунеи ҟалаанӡа џьашьахәыла ҳауадаҩрақәа ҳԥыригоит ҳәа ҳазыԥшым. Иара убас Иегова уаҩ иимбац знеишьала дҳацхраауеит ҳәа ҳгәы иаанагом. Аха агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ажәытәан имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз, иара иахьагьы иҽимԥсахӡеит. (Уаԥхьа Исаиа 43:10—13.) Уи ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху амч шҳаиҭо (2 Кор. 4:7—9). Иаҳнарҵозеи ҳара Езекиеи, Иосифи, Сарреи рҿырԥштәқәа? Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, зыхгара ҳалшом ҳәа ҳгәы иаанаго ауадаҩрақәа риааира дҳацхраауеит.
Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, зыхгара ҳалшом ҳәа ҳгәы иаанаго ауадаҩрақәа риааира дҳацхраауеит
15. Иҳацхраауазеи «Анцәа иҭынчра» аиура?
15 Иҳацхраауазеи «Анцәа иҭынчра» аиура, аԥышәарақәа ҳанрықәшәо? Анцәеи ҳареи иҳамоу еизааигәоу аизыҟазаашьақәа. Ҳара Анцәа иҩызахара алшара ҳамоуп Иисус Христос ҳара ҳзы дахьыԥсыз абзоурала. Аҿыхра — ари Ҳаб иҳаиҭаз иџьашьахәу аҳамҭақәа ируакуп. Уи аҿыхра шьаҭас иҟаҵаны, иара ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, ҳаламыс цқьаны иҳамазарц, насгьы ҳаизааигәахаларц ҳалиршоит (Иоанн 14:6; Иак. 4:8; 1 Пиотр 3:21).
ҲГӘЫ-ҲАԤСЫ ЕИҚӘДЫРХОИТ
16. Иалҵшәахозеи «Анцәа иҭынчра» анҳауа? Иаажәга аҿырԥштәы.
16 Иалҵшәахозеи иҳамоу адыррақәа ираԥызго «Анцәа иҭынчра» анҳауа? Филиппаа рахь 4:7 аҿы иануп «шәгәы-шәыԥсы Христос Иисус иҿы еиқәдырхоит» ҳәа. «Еиқәдырхоит» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа арратә терминуп. Уи ажәа ақалақьқәа зыхьчоз аруаа ргәыԥ азы рхы иадырхәон. Филиппқәа урҭ ақалақьқәа ируакын. Уахынла ақалақь анхаҩцәа ргәы рҭынчны ицәар рылшон, избанзар ирдыруан ақалақь шырыхьчоз. Убас еиԥш «Анцәа иҭынчра» анҳауа, ҳхи-ҳгәи рҿы аҭынчра ыҟоуп. Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова бзиа ҳшибо, насгьы насыԥ ҳамазарц шиҭаху (1 Пиотр 5:10). Уи ҳацхраауеит мыцхәы агәҭынчымра ааҳмырԥшларц, насгьы ҳгәы каҳмыжьларц.
17. Иҳацхраауазеи агәырҩа ду аан Иегова иқәгәыӷра?
17 Иаарласны ауаатәыҩса ахаангьы иҟамлацыз агәырҩа ду иақәшәоит (Матф. 24:21, 22). Аҵыхәтәанынӡа иҳаздырӡом уи ҳара зегьы ҳзы иаанагар алшо. Аха ҳара ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам. Иегова иҟаиҵарц ииҭаху зегь ҳаздырӡом, аха ҳара Ҳанцәа ибзианы даҳдыруеит. Ажәытәан иҟаз аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Иегова еснагь игәҭакы шынаигӡо, зны-зынла уи узқәымгәыӷуагьы ҟаиҵоит. Иегова ак ҳзыҟаиҵацыԥхьаӡа, ҳара иҳамоу адыррақәа зегьы ираԥызго «Анцәа иҭынчра» иҿыцу аганқәа ҳбоит.
a Иҟалап Силагьы Рим датәылауаҩызҭгьы (Аус. 16:37).