Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/12 ад. 32
  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Иеиԥшу аматериал
  • «Сара уҵабырг амҩа санызаалоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа изыӡырҩра?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Аҵабырг амҩала шәцала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/12 ад. 32

АБИБЛИАТӘ ЗҴААРАҚӘА РҬАК

Иҳалшома Анцәа изку аҵабырг аилкаара?

Избан Анцәа изиҭаху иара изку аҵабырг ҳдыруазарц? Шәаԥхьа Иоанн 17:3

Анцәа еснагь ауаа драцәажәон. Иԥшьоу идоуҳа, ма аус зуа имч, ала Абиблиа зыҩуаз иара ихәыцрақәа рҩыртә иҟаиҵеит (2 Пиотр 1:20, 21). Убри аҟынтә Анцәа изку аҵабырг еилаҳкаар ҳалшоит, Абиблиа ҳанаԥхьо. (Шәрыԥхьа Иоанн 17:17; 2 Тимофеи иахь 3:16.)

Абиблиа адаҟьақәа рҿы иара изкны иаҳзааиртуа рацәоуп. Уи еиҭеиҳәоит ауаа зишаз, ҳаԥхьаҟа иҟаиҵо, насгьы ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу (Аусқәа 17:24—27). Анцәа Иегова иҭахуп иара изку аҵабырг ҳдыруазарц. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 2:3, 4.)

Избан Анцәа бзиа изибо аҵабырг бзиа избо ауаа?

Иегова — аҵабырг Анцәа иоуп, иара Иԥа Иисус Христос идиҵеит Анцәа изку аҵабырг ауаа ирзеиҭеиҳәарц. Убри аҟынтә аҵабырг бзиа избо Иисус иҵарақәа гәахәарыла ирыдыркылоит (Иоанн 18:37). Анцәа иҭахуп урҭ ауаа имаҵ руларц. (Шәаԥхьа Иоанн 4:23, 24.)

Аҩсҭаа Аџьныш ауаа амцҵарақәа рылаирҵәоит, избанзар урҭ Анцәа изку аиаша еилыркаарц иҭахӡам (2 Коринфаа 4:3, 4). Абзиара аҟаҵара зҭахым арҭ амцҵарақәа рыдыркылоит (Римаа 1:25). Аха миллионҩыла гәыкала иҟоу ауаа Анцәа изку аҵабырг рыԥшаауеит Абиблиа аҵара абзоурала. (Шәаԥхьа Аусқәа 17:11.)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра