АУРОК 6
Ҳашԥарбеио ҳара ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рыҿцәажәара?
Мадагаскар
Норвегиа
Ливан
Италиа
Ҳара абнаршәыра ҳалсны ацара ҳақәшәозаргьы, ма адәахьы амш цәгьазаргьы, иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаизарақәа ҳарҭаауеит. Ргәазҭазҵозеи Иегова ишаҳаҭцәа аԥсҭазааратә уадаҩрақәеи аусура ашьҭахь ааԥсареи ирмыхәаԥшӡакәа, рхаҵара рыцеиҩызшои дареи еиқәшәарц рҽахьазыршәо?
Ҳара ацхыраараҵәҟьа ҳауеит. «Аӡәи-аӡәи ҳагәцареибакып»,— иҩуан Павел, ақьырсиантә еизарақәа рахь иныҟәо рыӡбахә аниҳәоз (Ауриацәа 10:24). Арҭ ажәақәа ҵакыс ирымоу ҳара ибзианы ҳаибадыруазар шҳахәҭоу ауп. Апостол иажәақәа ҳгәазҭарҵоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи реиҷаҳара. Ҳара егьырҭ аизараҿы ибзианы ҳрабадырыр, игәаҳҭоит даргьы ҳара иҳамоу ауадаҩрақәа рҩызцәа шрымаз, аха қәҿиарала урҭ ишыриааиз. Урҭ ақьырсианцәа рабжьагара ҳара ҳҭагылазаашьаҿы иҳацхраауеит.
Ҳара аҩызцәаҵәҟьақәа ҳаԥшаауеит. Ақьырсиантә еиқәшәарақәа рахь инеиуа ус баша иаҳдыруа ауаа ракәӡам. Урҭ — ҳҩызцәа гәакьақәа роуп. Ҳара аизара анҭыҵ аамҭа еицаҳхаҳгоит, ҳаԥсгьы еицаҳшьоит. Иаҳнаҭозеи ҳара уи аҩыза аиҿцәажәара? Ҳара еиҳа пату аиқәҵашьа ҳҵоит, уи ҳара ҳабжьара иҟоу абзиабара арӷәӷәоит. Ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ауадаҩрақәа ианрықәшәо, ҳара еснагь ҳазхиоуп рыцхраара, избанзар аиҩызара ӷәӷәа ҳабжьоуп (Ажәамаанақәа 17:17). Аизараҿы зегьы ҳанрыҿцәажәо, ҳара ҳашреиҷаҳауа ааҳарԥшуеит (1 Коринфаа 12:25, 26).
Ҳара шәгәазҭаҳҵоит Анцәа игәаԥхара назыгӡо рыбжьара аҩызцәа рыԥшаара. Ус еиԥш иҟоу аҩызцәа Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара ишәыԥшаауеит. Акгьы шәԥырхагамыз ҳара ҳаҿцәажәара!
Излахәарҭоузеи ақьырсиантә еиԥыларақәа рҿы аиҿцәажәара?
Шәгәы ианбаҭоу шәара ҳаизарахь анеира?