Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
    • АУРОК 1

      Изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?

      Даниа инхо Иегова ишаҳаҭцәа

      Даниа

      Таивань инхо Иегова ишаҳаҭцәа

      Таивань

      Венесуела инхо Иегова ишаҳаҭцәа

      Венесуела

      Индиа инхо Иегова ишаҳаҭцәа

      Индиа

      Ижәдыруада шәара Иегова ишаҳаҭцәа рҟынтә? Иҟалап урҭ шәара ишәгәылацәазар, аус шәыцыруазар, ма аҵара шәыцырҵозар. Мамзаргьы урҭ Абиблиа шәзырҵо ракәзар ауеит. Изусҭцәада нас Иегова ишаҳаҭцәа, насгьы избан урҭ рыгәрахаҵара атәы егьырҭ изырзеиҭарҳәо?

      Ҳара иубац уаауп. Иегова ишаҳаҭцәа — еиуеиԥшым амилаҭқәа, акультурақәа, аилазаара ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Ҳара ҳҟынтә шьоукы уаанӡа даҽа динхаҵарақәак ныҟәыргон, егьырҭ зынӡаск Анцәа дхарҵомызт. Аха Шаҳаҭцәас ҳҟалаанӡа ҳара зегьы хшыҩзышьҭрала Абиблиа ҭаҳҵааит (Аусқәа 17:11). Ҳара еилаҳкааз агәра ҳнаргеит, насгьы ҳазхәыцны аӡбара ҳадаҳкылеит Анцәа Иегова ҳаԥсҭазаара изаҳкырц.

      Ҳара абиблиатә дыррақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит. Егьырҭ ауаа зегь реиԥш, ҳаргьы иҳамоуп ҳхатәы проблемақәеи агхақәеи. Аха ҳара абиблиатә принципқәа ирықәыршәаны анхара ҳҽахьазаҳшәо иабзоураны, ҳаԥсҭазаара акырӡа еиӷьхеит, насгьы еиҳа насыԥ ҳауит (Ԥсалом 128:1, 2). Ари амзыз ҳара Абиблиа аҟынтә еилаҳкааз егьырҭ изырзеиҭаҳҳәо амзызқәа ируакуп.

      Ҳара Анцәа инормақәа рыла ҳанхоит. Арҭ анормақәа Абиблиаҿы иануп. Урҭ ҳара ҳдырманшәалоит, егьырҭ пату шрықәҵатәу, ламысцқьарала ахымҩаԥгара шаҭаху, ақьиара шаарԥшлатәу ҳнарҵоит. Дара ауаа ирыцхраауеит аилазаара иаԥсоу уааны аҟалара, аҭаацәеи агәаԥхашәареи дырӷәӷәоит. «Анцәа еилых-еилаҵа» имам, убри аҟынтә ҳара ҳхы ҳақәиҭуп арасатә, насгьы аполитикатә ԥынгыларақәа рҟынтә. Иегова ишаҳаҭцәа — зегьы адоуҳатә мазара ахә ахьыршьо, ииашаҵәҟьоу жәларбжьаратәи аиашьара ауп. Ҳара иубац ауаа шҳакәугьы, ҳааизакны даҽа жәларк ҳаиԥшым (Аусқәа 4:13; 10:34, 35).

      • Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова ишаҳаҭцәа иубац уаауп ҳәа?

      • Аҽшԥаԥсахи Иегова ишаҳаҭцәа рыԥсҭазаара абиблиатә дыррақәа ирыбзоураны?

  • Избан ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа зҳахьӡу?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
    • АУРОК 2

      Избан ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа зҳахьӡу?

      Нои

      Нои

      Авраами Сарреи

      Авраами Сарреи

      Моисеи

      Моисеи

      Иисус Христос

      Иисус Христос

      Аӡәырҩы ус ргәы иаанагоит Иегова ишаҳаҭцәа иҿыцу динхаҵарак ахьӡ ауп ҳәа. Аха 2 700 шықәса инареиҳаны раԥхьа иаӡәыку иҵабыргыҵәҟьоу Анцәа имаҵуҩцәа иара «ишаҳаҭцәа» ҳәа ирышьҭан (Исаиа 43:10—12). 1931 шықәса рҟынӡа ҳара ҳардыруан Абиблиа Аҭҵааҩцәа ҳәа. Изҳадаҳкылазеи ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ?

      Иара еилыкка иаанарԥшуеит Ҳанцәа дызусҭоу. Ажәытә напылаҩырақәа инарықәыршәаны, Анцәа ихьӡ, Иегова, Абиблиаҿ даара акырынтә иуԥылоит. Аиҭагақәа жәпакы рҿы ари ахьӡ ԥсахын Иҳақәиҭу, Анцәа реиԥш иҟоу атитулқәа рыла. Аха иҵабыргыҵәҟьоу Анцәа Моисеи иҽизааиртит Иегова ҳәа ихьӡ ҳәаны. Иара еилыкка иҳәеит: «Ари сара сыхьӡ ауп наӡаӡа» (Ақәҵымҭа 3:15). Убри ала иара егьырҭ амцтә нцәахәқәа зегьы ихы рылихит. Ҳара иԥшьоу Анцәа ихьӡ ахьныҟәаҳго ҳазгәдууп.

      Уи иаанарԥшуеит ҳара ҳазҿу аус. Ажәытәан Анцәа имаҵуҩцәа аӡәырҩы, ауаҩ иаша Авель инаиркны, Иегова иахь ирымаз агәрахаҵара шаҳаҭра азыруан. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Нои, Авраам, Сарра, Моисеи, Давид, насгьы егьырҭ Анцәа изиашаз ахацәеи аҳәсеи ашаҳаҭцәа рыԥҭа дуӡӡа шьақәдыргылон (Ауриацәа 11:4—12:1). Ашаҳаҭҩы аусӡбараҿы акгьы зхарам дышидгыло еиԥш, ҳаргьы гәымшәарала Анцәа изку аиаша рзеиҭаҳҳәоит.

      Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшуеит. Абиблиаҿы уи «иаша-ҵабыргла иҟоу ашаҳаҭ» ҳәа иӡбахә ҳәоуп (Аатра 3:14). Иара ауаа Анцәа ихьӡ рзааиртит, насгьы адгьыл ахь дааит Иаб изку аҵабырг иҳәаларц (Иоанн 17:26; 18:37). Убри аҟынтә Иисус ишьҭанеицәа Иегова ихьӡ ныҟәыргалароуп, насгьы егьырҭ ирзаадыртлароуп. Убри ауп рҽыззыршәогьы Иегова ишаҳаҭцәа.

      • Избан Абиблиа Аҭҵааҩцәа Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ахьӡ зрыдыркылаз?

      • Иҵуазеи Иегова адгьылаҿ ашаҳаҭцәа и́моуижьҭеи?

      • Иззуҳәар улшода Иегова ишаҳаҭ дуӡӡа ҳәа?

      ИАЦҴАНЫ

      Шәҽазышәшәа шәеизарахь иныҟәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иааигәаны рабадырра. Шәразҵаа дара Иегова ишаҳаҭцәаны иҟаларц зырыӡбаз.

  • Ишԥаартыз ҿыц абиблиатә ҵабырг?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
    • АУРОК 3

      Ишԥаартыз ҿыц абиблиатә ҵабырг?

      Абиблиа Аҭҵааҩцәа. 1870-тәи ашықәсқәа

      Абиблиа Аҭҵааҩцәа. 1870-тәи ашықәсқәа

      Ахаҵа «Ахьчаратә бааш» раԥхьатәи аҭыжьымҭа даԥхьоит

      «Ахьчаратә бааш» раԥхьатәи аҭыжьымҭа. 1879-тәи ашықәс

      Аԥҳәыс ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!» лкуп

      «Ахьчаратә бааш» иахьа

      Абиблиаҿ заа ианын Христос данԥслак ашьҭахь раԥхьатәи ақьырсианцәа рыбжьара абиблиатә ҵабырг зырҩашьо амцтә ԥааимбарцәа шцәырҵуа (Аусқәа 20:29, 30). Убасҵәҟьа иагьыҟалеит. Урҭ ауаа Иисус ирҵарақәа амурҭаҭтә динтә идеиақәа ирыладырҩашьеит. Абас ицәырҵит амцтә қьырсианра (2 Тимофеи 4:3, 4). Агәра ҳзыргозеи ҳара Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо ииашаны ишеилаҳкаауа?

      Иааит аамҭа, Иегова аҵабырг ааиртырц. Анцәа заа иҳәахьан аҵыхәтәа анааигәахо «ииашоу адырра азҳауеит» ҳәа (Даниил 12:4). 1870 шықәсазы аҵабырг иашьҭаз гәыԥ хәыҷык иалахәыз еилыркааит ирацәаны ауахәаматә ҵарақәа Абиблиа шьаҭас ишрымамыз. Убри аҟынтә дара Анцәа Иажәа аҭҵаара иалагеит, абиблиатә шьаҭа змоуи измами аҵарақәа еилдыргарц. Иегова азылԥхара риҭеит, насгьы доуҳала рыбла хитит.

      Гәаартыла иҟоу ауаа хшыҩзышьҭрала Абиблиа ҭырҵаауан. Згәы ҳаҵҳаҵоз, ҳаԥхьа иҟаз арҭ Абиблиа Аҭҵааҩцәа рхы иадырхәон ҳара иахьа аҵаразы ҳхы иаҳархәо аметод. Дара Абиблиа темала еилдыргон. Урҭ аилкааразы ицәгьаз ацыԥҵәаха анрықәшәалак, ихарҭәааны идеилзыркаашаз абиблиатә жәеинраалақәа рыԥшаауан. Иԥшьоу Аҩыра иақәшәоз алкаа аныҟарҵалак, уи џьара ианырҵон. Абас, Абиблиа ахаҭа ахы деилнакаартә алшара аҭаны, дара ҿыц иаадыртит Анцәа ихьӡ, Аҳра, ауааи адгьыли рзы Анцәа игәҭакы, иԥсхьоу рҭагылазаашьа, аԥсҭалара ирызкыз аҵабырг. Аԥхьатәи ахыҵхырҭа ҭҵаауа, дара амцтә ҵарақәеи ииашамыз ахымҩаԥгашьеи рҟынтә ахақәиҭра роуит (Иоанн 8:31, 32).

      1879 шықәса рзы Абиблиа Аҭҵааҩцәа еилыркааит аҵабырг ауаа зегь рзаартразы аамҭа шааз. Дара уажәраанӡагьы иҭыҵуа ажурнал аҭыжьра иалагеит. Уи ажурнал иахьӡуп «Ахьчаратә бааш ирыланаҳәоит Иегова Иаҳра». Иахьа ҳара ауаа абиблиатә ҵабырг рзеиҭаҳҳәоит 240 тәылеи атерриториақәеи рҿы 750 бызшәа инареиҳаны рыла. Уаанӡа адырра иаша абас ахаан ирыламҵәацызт!

      • Иахьзеи абиблиатә ҵабырг Иисус данԥсы ашьҭахь?

      • Изыбзоурозеи Анцәа Иажәа аҟынтә аҵабырг ҿыц иахьаатыз?

  • Избан ҳара Абиблиа зеиҭаҳго?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
    • АУРОК 4

      Избан ҳара Абиблиа зеиҭаҳго?

      Иажәхьоу акьыԥхьгатә машьынка
      «Иԥшьоу Аҩыра — Адунеи ҿыц аиҭага» раԥхьаӡа ианыҭрыжьыз
      Конго (Киншаса) инхо ауаа «Иԥшьоу Аҩыра — Адунеи ҿыц аиҭага» иахәаԥшуеит

      Конго (Киншаса)

      Руанда ирылаҳәан «Иԥшьоу Аҩыра — Адунеи ҿыц аиҭага» шыҭрыжьыз

      Руанда

      Анцәа ихьӡ ахьану Симмах иеиҭага ацыԥҵәаха

      Ԥсалом 69:31 аҟны Анцәа ихьӡ ахьану Симмах иеиҭага ацыԥҵәаха. III, ма IV ашәышықәса ҳ. ҳ.

      Акыр шықәса Иегова ишаҳаҭцәа рхы иадырхәон, иркьыԥхьуан, насгьы ирыладырҵәон еиуеиԥшым Абиблиа аиҭагақәа. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ҳара еилаҳкааит аиҭага ҿыц шаҳҭаху, ауаа еиҳа еиӷьны ирыцхраауа «аиаша-ҵабырг» роурц, — убри ауп Анцәа игәаԥхара иаҵанакуагьы (1 Тимофеи 2:3, 4). Абас, 1950 шықәсазы иҭыҵит «Адунеи ҿыц аиҭага» раԥхьатәи ахәҭа иахьатәи англыз бызшәала. Иахьа ииашаҵәҟьоу, еилукаауа ари аиҭага 130 бызшәа инареиҳаны рыла иҟоуп, аурыс бызшәагьы налаҵаны.

      Иаҭахуп зеилкаара мариоу Абиблиа. Иарбанзаалак абызшәа аамҭа цацыԥхьаӡа аҽаԥсахуеит, убри аҟынтә иузеилымкаауа, иажәхьоу ажәақәа ахьуԥыло аиҭагақәа арҿыцра рҭахуп. Уи адагьы, ҳара ҳаамҭазы ирыԥшааит аоригинал акыр иазааигәаз ажәытә напылаҩырақәа, урҭ рыцхрааит ажәытәуриатә, арамеитә, насгьы ажәытәбырзен бызшәақәа рыла иҩыз абиблиатә текстқәа еиҳа еиӷьны аилкаара.

      Иаҭахуп Анцәа иажәа ииашаны иаазырԥшуа аиҭага. Абиблиа аиҭагаҩцәа дара ишырҭаху еиҭаргар ҟалаӡом — дара ишахәҭаҵәҟьоу иқәныҟәалароуп аоригинал иану Анцәа идоуҳа зҵоу ажәақәа. Рыцҳарас иҟалаз, Иԥшьоу Аҩыра аиҭагақәа реиҳарак рҟынтә ианыхын зегь реиҳа ихадаз — Анцәа ихьӡ, Иегова.

      Иаҭахуп иара Автор дҳаразкуа Абиблиа (2 Самуил 23:2). «Адунеи ҿыц аиҭага» аҿы Иегова ихьӡ ажәытә библиатә напылаҩырақәа рҿы иахьуԥылоз аҭыԥқәа зегь рҿы ишьақәыргылан,— уи 7 000 раҟара акәхоит (Ԥсалом 83:18). Уи ацыԥҵәахак ҵаҟа иаагоуп. Абас, акыршықәса игәцаракны имҩаԥысуаз аҭҵаарақәа ирыбзоураны, ицәырҵит Анцәа ихәыцрақәа еилыкка, насгьы ииашаҵәҟьаны иузырбо аиҭага. Уи аҩыза Абиблиа аԥхьара — гәахәара дууп. Шәара шәбызшәала «Адунеи ҿыц аиҭага» ыҟамзаргьы, шәааҳаԥхьар ҳҭахуп Иегова Иажәа есҽны аԥхьара (Иисус Навин 1:8; Ԥсалом 1:2, 3).

      • Избан Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа аиҭага ҿыц ҭрыжьырц зырыӡбаз?

      • Иарбан шьцылароу еиздырҳалар акәу Анцәа игәаԥхара еилызкаарц зҭаху зегьы?

      ИАЦҴАНЫ

      Шәаԥхьа урыс бызшәала иҟоу «Адунеи ҿыц аиҭага» иацу аԥхьажәа, насгьы иҟашәҵа абри аҩыза азҵаара аҭак: «Иарбан ҭакԥхықәроу ирыдыз ари аусумҭа зырхиаз аиҭагаҩцәа?» Анаҩс еиҿшәырԥш ҵаҟа иаагоу ажәеинраалақәа «Адунеи ҿыц аиҭагеи» ишәымоу егьырҭ аиҭагақәеи рҟны: Аӡбаҩцәа 11:40; Екклезиаст 3:11; Матфеи 5:3; 11:12; Лука 23:43; Аусқәа 2:34; Римаа рахь 10:13.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра