Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bhs ад. 3—7
  • Игәы иҭеикзеи Анцәа ҳара ҳзы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Игәы иҭеикзеи Анцәа ҳара ҳзы?
  • Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Даҽа еиҭагак ала аԥхьара Иаҳнарҵозеи Абиблиа
  • Ахеиҵақәа
  • АБИБЛИАҾЫ ИАНУП АНЦӘА АДГЬЫЛ АҾЫ АԤСАХРА ДУҚӘА ШЫҞАИҴО
  • ШӘЫЗҴААРАҚӘА РҬАК АБИБЛИАҾЫ ИШӘЫԤШААЛА
Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
bhs ад. 3—7

Игәы иҭеикзеи Анцәа ҳара ҳзы?

ШӘАРА агазеҭқәа шәанрыԥхьо, ателевизор шәанахәаԥшуа, мамзаргьы арадио шәаназыӡырҩуа ижәбоит, насгьы ишәаҳауеит ирацәаны ацәгьоурақәеи, аибашьрақәеи, атерроризми шыҟоу. Уи инеиҳангьы, шәара шәхатә уадаҩрақәа шәымазар алшоит, иҟалап шәычмазаҩызар, мамзаргьы даара ишәзааигәаз аӡәы дыԥсызар.

Аҭаацәара арадио ала ажәабжьқәа ирзыӡырҩуеит

Шәхы шәазҵаа:

  • Иҭахызма Анцәа сҭаацәеи сареи ҳзы абри аҩыза аԥсҭазаара?

  • Исыцхраар алшозеи сыуадаҩрақәа рыӡбара?

  • Иҟалома знымзар-зны адунеи аҿы ииашаҵәҟьоу аҭынчра?

Абиблиаҿы иануп арҭ азҵаарақәа рҭак.

АБИБЛИАҾЫ ИАНУП АНЦӘА АДГЬЫЛ АҾЫ АԤСАХРА ДУҚӘА ШЫҞАИҴО

  • Ауаа уаҳа ичмазаҩхалаӡом, иажәлаӡом, насгьы иԥслаӡом (Аатра 21:4)

  • «Ицыркьуа ашьабысҭа еиԥш дышьҭыԥалоит» (Исаиа 35:6)

  • «Алашәцәа рыблақәа аатуеит» (Исаиа 35:5)

  • Иԥсхьоу рыԥсы ҭаҵахоит (Иоанн 5:28, 29)

  • Аӡәымзар-аӡәгьы дычмазаҩхаӡом (Исаиа 33:24)

  • Адгьыл иқәынхало зегьы меигӡарахда афатә роуеит (Аԥсалом 72:16)

    Зықәрахь инеихьоу дҿахоит, ицыркьыз дыҩуеит, иԥсхьоу рыԥсы ҭалоит, алашәцәа ирбалоит, ачымазцәа хәышәтәхоит

ШӘЫЗҴААРАҚӘА РҬАК АБИБЛИАҾЫ ИШӘЫԤШААЛА

Иегова ишаҳаҭ ахаҵа Абиблиа иирҵоит

Азныказы шәара шәгәы иаанагар алшоит раԥхьатәи адаҟьақәа рҿы шәзыԥхьаз алакә иеиԥшуп ҳәа. Аха Анцәа агәра ҳиргоит иара иаарласны адгьыл аҿы арҭ аԥсахрақәа шыҟаиҵо. Абиблиа аҟынтә уи шыҟаиҵо еилаҳкаар ҳалшоит.

Аха Абиблиа аҭҵаара хәарҭас иаҳзаанаго уи мацара акәӡам. Уи иҳаилнаркаауеит уажәнатә аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларц, насгьы насыԥ ҳамазарц азы иҟаҳҵар ҳалшо. Шәрызхәыц шәгәы иҵхо азҵаарақәа. Иҟалап урҭ аԥареи, шәҭаацәареи, шәгәабзиареи ирыдҳәалазар. Мамзаргьы ишәзааигәоу аӡәы дышәцәыԥсызар ҟалоит. Абиблиа абарҭ ауадаҩрақәа рыхгара ишәыцхраар алшоит, уи инеиҳангьы, агәҭынчра аиура ишәыцхраауеит, избанзар абас еиԥш иҟоу ихадоу азҵаарақәа рҭак шәнаҭоит, иаҳҳәап:

  • Избан ҳара ҳазгәаҟуа?

  • Иԥшаҳалшо ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыӡбара?

  • Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳҭаацәараҿы анасыԥ ҳамазарц азы?

  • Иҟалозеи ҳанԥслак ашьҭахь?

  • Иҳалшома знымзар-зны иаҳцәыԥсхьоу ауаа ҳбар?

  • Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо?

Шәара ари ашәҟәы шәахьаԥхьо иаанарԥшуеит Абиблиа иану еилышәкаарц шышәҭаху. Ари ашәҟәы уи аҿы ишәыцхраауеит. Абзацқәа рҿы иаагоу азҵаарақәа рыбзоурала Абиблиа еиӷьны аилкаара шәылшоит. Миллионҩыла ауаа иргәаԥхоит Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара. Ҳара агәра ҳгоит уи шәаргьы ишышәгәаԥхо. Анцәа дышәзылԥхааит, насгьы Абиблиа ишәнарҵо аилкаара дшәыцхрааит!

ШӘХАТӘ БИБЛИА ҬЫШӘҴААЛА

Абиблиа 66 шәҟәы рыла ишьақәгылоуп. Урҭ ашәҟәқәа зегьы ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла еихшоуп. Уи ишәҭаху ажәеинраала ирласны аԥшаара ишәыцхраауеит. Ари ашәҟәаҿы Абиблиахь азхьарԥш анышәԥыло, ашәҟәы ахьӡ ашьҭахь иаагоу ахыԥхьаӡара ахы акәзаауеит, аҩбатәи ахыԥхьаӡара ажәеинраала ауп. Иаҳҳәап, абзац аҿы 2 Тимофеи иахь 3:16 аагоуп. Ахыԥхьаӡара 2 иаанарԥшуеит иаашәыртыша ажәеинраала Тимофеи иахь иҩыз аҩбатәи асаламшәҟәаҿы ишану, ацифра 3 ахы ауп, 16 — ажәеинраала.

Абзацқәа рҿы иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа аашәыртлар, шәара ирласны уи ахархәашьа шәҵоит. Уи адагьы, шәара ишәылшоит есыҽны Абиблиа аԥхьара шәалагар. Ҽнак ала 3—5 хы шәрыԥхьалар, шықәсык ала Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа шәаԥхьоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра