Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • scl ад. 3—5
  • Алагалажәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Алагалажәа
  • Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа
Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа
scl ад. 3—5

Алагалажәа

Ари ашәҟәы хықәкыс иамоуп еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ишәыцхраар алшо абиблиатә жәеинраалақәа рыԥшаара. Иара убас ари ашәҟәы ацхыраарала егьырҭ ргәы шьҭышәхлар, насгьы Иегова дҳаразкуа аӡбарақәа рыдкылара шәрыцхраалар шәылшоит. Ари ашәҟәы ахархәара мариоуп. Раԥхьа иалшәх ишәҭаху атема, нас иаагоу азҵаарақәеи, абиблиатә жәеинраалақәеи, урҭ рҵакы ҳаилзыркаауа аинформациеи шәрызхәыц. (Шәахәаԥш арамка «Ари ашәҟәы шәхы иашәырхәалар шшәылшо».) Ари ашәҟәы шәыцхраауеит шәгәы зырҭынчыр алшо ихәарҭоу абиблиатә лабжьарақәа рыԥшаара. Иара убас егьырҭ ирыцхраар алшо азхәыцра бзиақәа шәыԥшаауеит.

Ари ашәҟәы шәхы иашәырхәалар шшәылшо

Шәзышьҭоу атема шәыԥшаарц азы, аԥшааратә цәаҳәа шәхы иашәырхәа, ма атема иақәшәо акатегориа аашәырты. Атемақәа зегьы быжь-категориак рыла еиҩшоуп: «Аизара», «Аҟазшьақәа», «Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара», «Аҭаацәара», «Ауадаҩрақәа», «Ахымҩаԥгашьа», «Ҳаԥсҭазаара». Атемақәа реиҳарак абарҭ акатегориақәа рҿы ишәыԥшаар шәылшоит. Шәзышьҭоу атема шәыԥшаарц азы, уи ианаало акатегориа алшәх. Шәзышьҭоу атема ианаало акатегориа шәзымдыруазар, шәақәыӷәӷәа «Зегьы», нас еиҳа ианаало атема алшәх. Атемақәа рҿы ижәпоу ашрифт ала ашьақәырӷәӷәарақәеи азҵаарақәеи алкаауп, урҭ рыҵаҟа иаагоуп атема иақәшәо абиблиатә жәеинраалақәа. Ажәеинраалақәа шәанрыԥхьо, урҭ ашьақәырӷәӷәарақәеи азҵаарақәеи ишрыдҳәало шәазхәыцла. Шәзышьҭоу аԥшаара мариахарц азы, темақәак ахеиҵақәа рыла ишоуп. Иара убас темақәак рҿы «Шәахәаԥш иара убас» ҳәа анҵаны, даҽа библиатә жәеинраалақәакгьы аагоуп. Уа атема иадҳәалоу даҽа зхәыцрақәак шәыԥшаар шәылшоит. Иара убас атемақәа реиҳарак рҿы «Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа» ҳәа иалкаау абиблиатә жәеинраалақәа аагоуп. Урҭ рышьҭахь ажәеинраалақәа рҵакы ҳаилзыркаауа, насгьы рызхәыцра иҳацхраауа аинформациа ануп.

Ари ашәҟәаҿы атема иадҳәалоу абиблиатә жәеинраалақәа зегь аагаӡам. Егьырҭ ажәеинраалақәа шәыԥшаарц азы, шәхы иашәырхәа урысшәала иҟоу аиҭага «Адунеи ҿыц» арҵагатә ҭыжьымҭаҿы иаагоу азхьарԥшқәеи акомментариқәеи. Иара убас «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга», насгьы «Индекс публикаций Сторожевой башни» шәхы иархәаны, еиҳа инарҵауланы ишәҭаху атема ҭышәҵаар шәылшоит (Ажәм 2:1—6). Аҭҵаара анымҩаԥыжәго, еиҳа иҿыцу аҭыжьымҭақәа шәрызхьаԥшла. Уи абзоурала агәра ганы шәыҟазаауеит иҭышәҵаауа ажәеинраала ииашаны ишеилышәкаауа.

Ари ашәҟәы шәыцхраауеит Абиблиа еиҳа еиӷьны аилкаара. Уи абзоурала иҟәыӷоу аӡбарақәа шәыдышәкылалоит, иара убас ижәбоит «Анцәа иажәа» аԥсы шҭоу, амч ду шамоу (Аур 4:12).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра