АЦӘАҾЫ ИАНУ АТЕМА | АИҲАБЫРА АКОРРУПЦИА АДА
Зехьынџьара иҟоу акоррупциа ашҳам
Акоррупциа иаа́нагоит ахатә феида алгаразы амчра цәгьашақә ахархәара. Ари апроблема даара акрахыҵуеит. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп аӡбараҿы аҵарҭышагара азин узымҭо азакәан, уи иаанарԥшуеит 3 500 шықәса раԥхьагьы аҵарҭышагара рылаҵәаны ишыҟаз (Ақәҵымҭа 23:8). Ҳәарада, акоррупциа иаҵанакуа аҵарҭышагара мацара акәӡам. Акоррупциа знапы алаку ачынуаа иртәыртәуеит ззин рымам иртәым амазара, иаахтынгьы аҳәынҭқарра амал еимырҵәоит. Иара убас, урҭ ирымоу амчра закәандарала рхы иадырхәоит рҩызцәеи рыуацәеи ринтересқәа рзы.
Акоррупциа ыҟазар алшоит ауаҩытәыҩсатә организациақәа зегьы рҿы, аха аҳәынҭқарратә аппарат аҿы уи зегь раасҭа еиҳауп. Аорганизациа «Трансперенси интернешнл» иакьыԥхьыз «2013-тәи адунеизегьтәи акоррупциа абарометр» инақәыршәаны, адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ауаа ргәаанагарала, зегь реиҳа акоррупциа ахьыҟоу хә-институтк рҿы ауп — аполитикатә партиақәа, аполициа, ачынуаа, азакәанԥҵаратә, насгьы аӡбаратә мчрақәа. Ҳрылацәажәап ари ауадаҩра аазырԥшуа фақтқәак.
АФРИКА: 2013 шықәсазы Аладатәи Африка 22 000-ҩык аҳәынҭқарратә чынуаа ахара рыдҵан акоррупциа рнапы ахьалакыз азы.
АЛАДАТӘИ АМЕРИКА: 2012 шықәсазы Бразилиа 25-ҩык ауаа ахара рыдҵан алхыҩцәа дара ирыдгыларц азы аҳәынҭқарратә ԥара рхы иахьадырхәаз. Ари аус иалахәыз дреиуан уаанӡатәи апрезидент иадминистрациа ахада, аҳәынҭқарраҿы аҩбатәи ауаҩы.
АЗИЯ: 1995 шықәсазы Сеул (Аладатәи Кореиа) ахәаахәҭратә ҭыԥ ахьеилаҳаз иахҟьаны, 502-ҩык ауаа ҭахеит. Аинспеқторцәа еилыркааит аргыларақәа раан уи аҭакԥхықәра здыз ауаа ақалақь иахагылаз ачынуаа аҵарҭыша шрырҭоз, урҭ зхаҭабзиара ҽеимыз абетони аргыларатә нормақәа реилагареи рымбозшәа ҟарҵарц.
ЕВРОПА: «Европа иҟоу ауадаҩра [акоррупциа] амҽхак уаршанхоит»,— лҳәеит аҩныҵҟатәи аполитикатә зҵаарақәа ҭызҵаауа Европатәи Аидгыла акомиссар Сесилиа Мальмстриом. Уи иацылҵеит Европатәи Аидгылаҿы «иахьа иҟаӡам аполитикатә мчы акоррупциа шьаҭанкыла ақәгаразы» ҳәа.
Аҳәынҭқарратә маҵурауаа рыбжьара акоррупциа адацқәа ҵауланы иашьҭит. Аккорупциа аҿагыларазы аметодқәа ҭызҵаауа апрофессор Сиузан Роуз-Аккерман илҩит ареформақәа раан «аҳәынҭқарратә усқәа рҿы шьаҭанкылатәи аԥсахрақәа» рыҟаҵара шаҭаххо. Аҭагылазаашьа ӡбашьа амамызшәа убозаргьы, Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит аԥсахра дуқәа ҟалар шрылшо, насгьы ишыҟалаҵәҟьо.