Ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рҿы аус анрымоу, Абиблиа ала ирааӡаз рыламыс ирыҵанаҳәо иацныҟәоит
Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ирыцхраауазеи ақьырсианцәа ачынуааи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи аԥара ма даҽа ҳамҭақәак рыҭатәу-ирыҭатәыму аӡбара?
Ари аҭагылазаашьаҿы изызхәыцтәу факторқәак ыҟоуп. Ақьырсианцәа ламысқьарала рхы мҩаԥыргалар ауп. Дара иахьынхо атәыла азакәанқәа ирықәныҟәалар ауп, урҭ Иегова изакәанқәа еиларымгозар (Матф. 22:21; Рим. 13:1, 2; Аур. 13:18). Уи адагьы, Анцәа имаҵзуҩцәа ирҭахуп аҭыԥантәи аҵасқәа пату рықәҵара, егьырҭ рцәаныррақәа рызхәыцра, насгьы ирзааигәоу рхы еиԥш бзиа рбара (Матф. 22:39; Рим. 12:17, 18; 1 Фес. 4:11, 12). Арҭ апринципқәа ақьырсианцәа адунеи зегь аҿы ирыцхраауеит ачынуааи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи аԥара ма даҽа ҳамҭақәак рыҭатәу-ирыҭатәыму аӡбара.
Аҭыԥқәа жәпакы рҿы ауаа закәанла ззин рымоу ак роурц азы, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа аҳамҭақәа рыҭара аҭахӡам. Урҭ аусзуҩцәа рус азы аҳәынҭқарра аҟынтәи аулафахәы роуеит. Убри аҟынтә дара рус азы даҽа ҳамҭак роурц иаҳәаӡом, насгьы уи иазыԥшӡам. Имаҷымкәа атәылақәа рҿы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рус азы ҳамҭак аҳәара ма адкылара азин рымам, уи азакәан еиланамгозаргьы. Ари аҩыза аҳамҭа ҵарҭышоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи аус аҵыхәтәа анырра анамҭаргьы. Убри аҟынтә урҭ атәылақәа рҿы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа аԥара ма даҽа ҳамҭақәак рыҭатәу-ирыҭатәыму ҳәа азҵаара цәырҵӡом. Уа ус аҟаҵара иашаӡам.
Аха урҭ рҩызцәа азакәанқәа ахьыҟам, мамзаргьы урҭ ишрықәныҟәо уиаҟара иахьацкламԥшуа атәылақәа рҿы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа инарыгӡо аус даҽакала иазнеиуазар алшоит. Џьара ус еиԥш иҟоу аусзуҩцәа иааныркыло аҭыԥ рхы иадырхәоит. Дара аԥара ма даҽа ҳамҭак уеизгьы зымаҵ рулаша ауаа мчыла ирымырхуеит, аҳамҭа рмоур рус анагӡара мап ацәыркуеит. Убас рмаҵзуразы аԥара ма аҳамҭа иаҳәоит аҭаацәалазаара закәанла ишьақәзырӷәӷәо, ашәахтә здызкыло, аргылара азин рызҭо ма даҽа шьоукы. Аҳамҭа румҭар, ачынуаа атәылауаа ззин рымоугьы аиура рцәыцәгьахарц ма зынӡа ирмоурц азы ауадаҩрақәа рызцәырыргоит. Иаҳҳәап, тәылак аҿы абылрацәыхьчаратә усзуҩцәа ҳамҭак роуаанӡа амца арцәарагьы иалагаӡом.
Закәанла ззин ҳамоу ак анаҳзыҟарҵо, иҭабуп ҳәа раҳҳәарц азы зны-зынла ҳамҭа хәыҷык раҳҭозар, уи ицәгьоу ҳәа акгьы аламзар ауеит
Ари аҩыза аҭагылазаашьа ахьыҟоу аҳамҭа ҟаумҵар ада ԥсыхәа ыҟаӡам ҳәа аӡәы игәы иаанагар ауеит. Арҭ атәылақәа рҿы ақьырсианцәа ус еиԥш иҟоу аҳамҭақәа закәанла ззин рымоу азы ашәатәы иацу ак еиԥш иазнеир рылшоит. Аха уеизгьы акоррупциа ахьеизҳауа аҭыԥқәа рҿы ақьырсианцәа ргәырҽанызар ауп, избанзар Анцәа иҿаԥхьа зыҟаҵара алшо, насгьы иалымшо аилкаара рцәыцәгьахар ауеит. Закәанла ззин ҳамоу ак ҳаурц азы ҳамҭак аҟаҵара уи акоуп, аха ззин ҳамам ҳаурц азы аҳамҭақәа рыҟаҵара уи зынӡа даҽакуп. Акоррупциа иахьашьцылахьоу шьоукы закәанла ззин рымам роурц азы чынуаҩык аԥара иҭара, мамзаргьы ахараԥса иацәцарц азы аполициа аусзуҩы «аҳамҭа» иҭара ицәгьоу акгьы алам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ҳәарада, аӡәы аҵарҭыша иҭара, иара убас уи агара иашахом. Уи аиашаӡбара еиланагон (Ақәҵ. [Исх.] 23:8; Ҩынтә. [Втор.] 16:19; Ажәам. [Прит.] 17:23).
Доуҳала ишәхьоу ақьырсианцәа реиҳараҩык Абиблиа ала ирааӡаз рыламыс иаҵанакӡом ачынуаа ззыԥшу аҳамҭақәа рыҭара. Дара ргәаанагарала уи акоррупциа аизырҳара иацхраауеит. Убри аҟынтә ус еиԥш иҟоу аҳәарақәа зегьы дара мап рцәыркуеит.
Доуҳала ишәхьоу ақьырсианцәа еилыркаауеит ззин рымам ак аиуразы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа аҳамҭа рыҭара аҵарҭыша аҭара еиԥшзар шауа. Уи аамҭазгьы аҭыԥантәи аҵасқәа зеиԥшроу еиԥш, шьоукы закәанла ззин рымаз ирзыҟарҵаз аус азы ҭабуп ҳәа рарҳәарц, мамзаргьы аамҭа мгакәа ианаамҭоу ак рзыҟарҵарц азы, ҳамҭа хәыҷқәак рыҟаҵара ицәгьоу ҳәа акгьы рзалам. Ақьырсианцәа шьоукы хәыда-ԥсада рҽанырхәышәтәлак ашьҭахь, иаҳҳәап, аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭаҿы, аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәарц азы, аҳамҭақәа рырҭоит. Дара уи рҽырхәышәтәаанӡа акәымкәа, ашьҭахь ауп ианыҟарҵо, аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи аҵарҭыша рырҭошәа ргәы иаанамгарц, ма иалкааны ирзыҟазарц рҭахушәа алымҵырц азы.
Ҳәарада, ари астатиаҿы аҭагылазаашьақәа зегь рылацәажәара залшом. Атәылақәа зегь рҿы аҭагылазаашьақәа еиԥшым. Аха ҳахьынхозаалакгьы, ҳаламыс цқьазар ауп (Рим. 14:1—6). Ақьырсианцәа азакәан еиларымгалар ауп (Рим. 13:1—7). Ҳара иаҳҭахӡам ҳусқәа рыла Иегова ихьӡ ҳарԥхашьар, мамзаргьы егьырҭ рзы изыхҟьашо хаҳәны ҳҟалар (Матф. 6:9; 1 Кор. 10:32, АдҾ). Ҳаӡбарақәеи ҳусқәеи иаҳзааигәоу рахь ҳабзиабара рныԥшуазар ауп (Марк 12:31).
Ишԥарылшо ақьырсианцәа ргәырӷьара аадырԥшыр, аизараҿы иалцаз қьырсианк ҿыц Иегова ишаҳаҭҩыс дыԥхьаӡоуп ҳәа алаҳәара аныҟарҵо?
Лука 15-тәи ахаҿы 100 уасак змаз ауаҩы изкны Иисус иааигаз аҵак ду змоу аҿырԥшы ануп. Уасак аныӡ, иара 99 уаса ацәҳәыраҿы иааныжьны, уи аԥшаара дцеит. Иисус иҳаилиркааит: «Ианибалакь, ижәҩахыр илықәыжьны дгәырӷьаҵәа иҿааихоит; Аҩны данааилакь, иҩызцәеи игәылацәеи ааԥхьаны иреиҳәоит: „шәсыцгәырӷьа, иӡыз суаса сыԥшааит“». Аҵыхәтәаны Иисус иациҵоит: «Ишәасҳәоит, ажәҩан аҿгьы зыгәнаҳарақәа ирыхьхәыз аӡәы еиҳа иеигәырӷьоит, гәнаҳа змам ԥшьынҩажәи зеижәҩык аҵабыргцәа раасҭа» (Лука 15:4—7).
Аконтекст ишаҳнарбо ала, Иисус арҭ ажәақәа иҳәеит ашәҟәдырҩцәеи афарисеицәеи рхәыцшьа ириашарц азы. Урҭ Иисус аҳазалхыҩцәеи агәнаҳа змази дахьрацәажәоз азы, акритика изыруан (Лука 15:1—3). Иисус иҳәеит агәнаҳаҟаҵаҩ данахьхәуа, ажәҩан аҿы агәырӷьара шыҟоу. Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара: «Агәнаҳаҟаҵаҩ дахьхәны агәнаҳа мҩа ааныжьны, аҵабырг амҩа дананыло, ажәҩан аҿы агәырӷьара ыҟазар, адгьыл аҿгьы иҟазар акәӡами?» (Аур. 12:13).
Аизара иалцаз ақьырсиан ҿыц Иегова ишаҳаҭҩыс даныԥхьаӡоу, ҳәарада, уи гәырӷьароуп. Иара анаҩсгьы ихы аус адиулалароуп, Анцәа дизиашаны даанхаларц азы. Аха уеизгьы, иара ҿыц Иегова ишаҳаҭҩыс дыԥхьаӡахазар, уи иаанагоит игәнаҳа дшахьхәыз, ҳаргьы уи даара ҳаигәырӷьоит. Убри аҟынтә ицәгьоу ҳәа акгьы алам аизара аиҳабацәа иалцаз ақьырсиан ҿыц Иегова ишаҳаҭҩыс дшыԥхьаӡоу алаҳәара аныҟарҵо, аизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ашьшьыҳәа рнапы еинырҟьар, дара уи рҭахызар.
Избан Иерусалимтәи аҽыкәабарҭа Вифезда аилагьежьра изалагоз?
Иисус адгьыл аҿы данынхоз, Иерусалим инхоз ауаа шьоукы ргәы иаанагон аҽыкәабарҭа Вифезда аҿы аӡы анеилагьежьуаз аамҭазы уахәышәтәыртә амч аиуан ҳәа (Иоанн 5:1—7). Убри аҟынтә аҽыхәышәтәра иашьҭаз ауаа уахь инеиуан.
Аҽыкәабарҭа Вифезда аҿы иҟаз аӡы аҩаӡара зыбзоураз уи акомплекс аҿы иҟаз егьи арезервуар аҟынтә иҭалоз аӡы акәын. Аҵарауаа рыҭҵаара иаанарԥшит арҭ аҩ-резервуарк аӡкыра шрыбжьаз. Уи ашлиузқәа анаатуаз, аӡы аҩбатәи арезервуар аҟынтәи аритуалтә ҽыкәабарҭа ҵаҟатәи ахәҭахьы ицон. Иҟалап иааиуаз аӡы аҽыкәабарҭаҿы аӡы еиланаргьежьуазҭгьы.
Иазгәаҭатәуп аӡы еилазыргьежьуаз амаалықь иоуп ҳәа ахьаҳәо ажәеинраала Иоанн 5:4 еиҳа зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа, иаҳҳәап, IV ашәышықәсатәи Синаитәи акодекс, рҿы ишыҟам. Вифезда аҿы Иисус 38 шықәса ичмазаҩыз ауаҩы дихәышәтәит. Уи иаразнак дыбзиахеит, аҽыкәабарҭа дышҭамлазгьы.