Ҳархивқәа Рҟынтә
«Аус заҭәашьоу»
АМШ бааԥсқәа рышьҭахь, ашәахьа, сентиабр 1 азы 1919 шықәса иааџьоушьартә амра ԥхон, иԥхарран. Уи аҽны Сидар-Поинт (аштат Огаио, Еиду Аштатқәа) аконгресс ыҟан. Ҽынла 2 500-ҩык ахьакуаз аҭыԥ аҿы апрограмма раԥхьатәи ахәҭа аан иҟаз 1 000-ҩык иреиҵан. Аха ахәылбыҽха аӷбақәеи, амашьынақәеи, иҷыдоу адәыӷбақәеи рыла даҽа 2 000-ҩык ауаа ааит. Аҩашаҽны убриаҟара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еизеит, апрограмма егьи ахәҭа адәаҿы, аҵла дуқәа рымҵан имҩаԥгатәхеит.
Амра ашәахәақәа аҵла абӷьқәа ирылсны ахацәа иршәыз афракқәа аҳарџь анырҵон, аӡиа Ери аҟынтәи иҟәандаӡа иасуаз аԥша аҳәса ирхаз ахаҵақәа ирылагылаз аҵысхәкаламқәа еиланаршәшәон. «Иажәхьоу ари адунеи аӷьал-пал, аилаҩеиласра ҳацәыхараны аԥсабара ашәаԥыџьаԥ ҳахьагәылакыз џьанаҭ ҳаҟоушәа ҳбон»,— игәалашәоит иашьак.
Аха аԥсабара аԥшӡара аасҭа, гәырӷьарала иҭәыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхаҿсахьақәа еиҳа илашон. Аҭыԥантәи газеҭк аҿы ианын: «Уа еизаз ауаа даараӡа Анцәа дхарҵон, аха уи аамҭазгьы илахҿыхын, насгьы аԥсҭазаара иалагәырӷьон». Абиблиа аҭҵааҩцәа даара еигәырӷьон рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз рашьцәа рыҿцәажәара, избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы ирхыргаз рацәан: аибашьра аан ашьҭашәарыцарақәа, аизараҿы аилибамкаара ӷәӷәақәа, насгьы Бруклинтәи Вефиль аркра. Уи адагьы, Аҳра иазку ажәабжь ахьрыладырҵәоз азы, имаҷымкәа ақьырсианцәа абахҭа иҭаркит. Уи аус напхгара азызуаз ааҩык аишьцәа 20 шықәса рықәырҵеитa.
Згәы каҳаз, ишәаны иҟаз Абиблиа аҭҵааҩцәа шьоукы имариамыз урҭ ашықәсқәа рзы ажәабжьҳәара иаҟәыҵит. Аха реиҳараҩык, аиҳабыра шырҿагылазгьы, ари аус анагӡаразы ирылшоз зегь аҟаҵара рҽазыршәон. Абиблиа аҭҵааҩцәа рҿахәы рҿызхуаз усеилыргаҩык иҳәеит урҭ «Анцәа иажәа аҵыхәтәанынӡа рылаҳәара анаҩсгьы» ишазхиаз, уи ҟарымҵаларц азы инақәырӷәӷәаны агәҽанҵарақәа шроухьазгьы. Ус еиԥш иҟаз ахҭысқәа рацәан.
Аԥышәарақәа аныҟаз ари апериод аан азиашара аазырԥшуаз Абиблиа аҭҵааҩцәа «Иҳақәиҭу инапхгара абара иашьҭан... Аб имҩақәиҵаларц азы еснагь иҳәон». Уажәы дара ҿыц рҽеидыркылеит, насгьы ара, Сидар-Поинт имҩаԥысуаз аконгресс иеигәырӷьон. Иаҳәшьак илҳәон «ажәабжьҳәаратә ус акәырқәа ҿыц ишыркәыртәу» лгәы ишыҵхоз. Дара зегь раасҭа ирҭахыз ҿыц амаҵ аура алагара акәын!
«ЗОЛОТОЙ ВЕК» — АМАҴЗУРАЗЫ АМЫРУГА ҾЫЦ
Амчыбжь зегьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аконгресс апрограмма зныз абӷьыцқәеи, ааԥхьаратә қьаадқәеи, аконгресс ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ иаакәыршаны иҟаз адыргақәеи ирныз англыз нбанқәа GA (џьи еи) иаанагоз еилаҳкаандаз ҳәа иҟан. Ахәашаҽны Џьозеф Рутерфорд «Призыв к сотрудникам» захьӡыз ажәахә аниҳәоз, 6 000-ҩык аӡырҩцәа амаӡа зҵаз арҭ анбанқәа рҵакы рзааиртит. Урҭ ажурнал «Золотой век» (англыз бызшәала The Golden Age) ахьӡ адыргақәа ракәын. Уи амаҵзуразы иҿыцу мыруганb.
Аиашьа Рутерфорд доуҳала иалху рзы иҳәеит: «Аԥышәарақәа рыдагьы, дара ахаҵара аблақәа рыла Мессиа напхгара аниуло Ахьтәы шәышықәса рбоит... Дара Ахьтәы шәышықәса шааиуа адунеи алаҳәара уалны, насгьы ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡоит. Уи Анцәа ириҭаз адҵа иахәҭакуп».
«Афактқәеи, агәыӷреи, агәрагареи ржурнал» «Золотой век» ажәабжьҳәаратә ус азнеишьа ҿыц хацнаркыр акәын — ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәараан ауаа ажурнал анапаҵаҩра рыдгалара. Еизаз ари акампаниа аҽалархәра зҭахыда ҳәа ианразҵаа, зегь рҭыԥқәа рҟынтәи игылеит. «Иисус имҩала ацара иашьҭоу рымацара иаадырԥшуа агәацԥыҳәара аарԥшуа», дара ашәа рҳәон: «Иаҳзаашьҭ улашареи уҵабырги, О Иҳақәиҭу». Аиашьа Џьаџь Норрис иҳәеит дара убриаҟара рыбжьы рдуны ашәа рҳәон, аҵлақәа ҵысуазшәа убаратәы иҟан ҳәа.
Уи апрограмма ахәҭа ашьҭахь аишьцәеи аиаҳәшьцәеи акыраамҭа агәаран иқәгылан, ажурнал ҿыц анапаҵаҩра зегь раԥхьа иахьӡарц азы. Аӡәырҩы Меибел Филбрик лцәаныррақәа лыцеиҩыршон, лара илҳәеит: «Шаҟа ҳгәы архыҭ-хыҭзеи, ҿыц аус ду шҳауз анеилаҳкаа!»
«АУС ЗАҬӘАШЬОУ»
Агәацԥыҳәара аазырԥшуаз Абиблиа аҭҵааҩцәа 7 000-ҩык раҟара ари аус анапалакра иазхиан. Абӷьыц «Организационный метод», насгьы аброшиура «Кому доверена работа» рҿы ианын ажәабжьҳәаратә ус напхгара азызуло ихадоу аусбарҭаҿы ҿыц еиҿкааз амаҵзуратә ҟәша шакәхо. Арҭ амҩақәҵарақәа роурц азы, аизарақәа зегь рҿы амаҵзуратә комитет еиҿкаатәын, насгьы амаҵзуратә напхгаҩы далхтәын. Иара убас ажәабжьҳәаразы атерриториа 150—200 ҩны зҵанакуаз аучастокқәа рыла еиҩшатәын. Аԥшьаша ахәылбыҽха аишьцәа амаҵзуратә еиԥылара мҩаԥыргон, уа ажәабжьҳәараҿы изықәшәаз ахҭысқәа еиҭарҳәон, насгьы амаҵзура иазку аҳасабрба арҭон.
«Аҩныҟа ҳаныхынҳә, ҳара зегьы гәацԥыҳәарала ажурнал анапаҵаҩра ауаа ирыдаҳгало ҳалагеит»,— еиҭеиҳәоит Ҳерман Филбрик. Ауаа зехьынџьара гәахәарыла ажәабжь бзиа иазыӡырҩуан. «Имаҷымкәа агәаҟрақәа зхызгаз ауаа аибашьра ашьҭахь ираҳауаз ахьтәы шәышықәса аӡбахә мацарагьы рыгәқәа арԥхон»,— лҳәоит Биула Кови. Артур Клаус иҩуан: «Аизараҿы зегьы даара иџьаршьеит, ажурнал анапаҵаҩра зҭаххаз ауаа шаҟа ирацәаҩыз анеилыркаа». Ажурнал «Золотой век» раԥхьатәи аномер анҭыҵ ашьҭахь, ҩымз рыҩныҵҟа 500 000 раҟара екземплиар рыларҵәан, знапы аҵазҩыз 50 000-ҩык ыҟан.
Ииуль 1, 1920 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» ианын «Евангелие о Царстве» захьӡыз астатиа. Ԥыҭрак ашьҭахь Александр Макмиллан иҳәеит уи астатиаҿы «адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә ус раԥхьаӡа акәны иахьа ишымҩаԥысҵәҟьо еиԥш аӡбахә ҳәан» ҳәа. Уи астатиа доуҳала иалхыз ақьырсианцәа зегьы «жәҩантәи аҳра шааигәоу атәы ажәабжь адунеи зегь аҿы рылаҳәара» иаанаԥхьон. Иахьа ари аус заҭәашьоу Христос иашьцәеи агәацԥыҳәара аазырԥшуа миллионҩыла ажәабжьҳәаҩцәеи Мессиа ихьтәы шәышықәса анапхгара иазыԥшуа ажәабжь бзиа ауаа ирыларҳәоит.
a Шәахәаԥш ашәҟәы «Свидетели Иеговы — возвещатели Царства Бога», ахы 6, «Время испытаний (1914—1918)».
b Ажурнал «Золотой век» 1937 шықәсазы «Утешение» ҳәа ахьӡҵан, 1946 шықәсазы «Пробудитесь!» ахьӡырҵеит.