Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/7 ад. 10
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/7 ад. 10

ИЖӘДЫРУАМА ШӘАРА?

Рхы ишԥадырхәоз ажәытәан анапылаӡлагарақәа?

Анапылаӡлагарақәа рхы иадырхәон ачарыц алагаразы, нас уи ача алырхуан. Арҭ рҩызцәа аӡлагарақәа усҟантәи аԥсҭазааразы зда ԥсыхәа ыҟамыз ак акәны иҟан. Еиҳарак ачарыц аҳәса, ма амаҵуҩцәа ирлагон. Ажәытәан алу абжьы ҩнаҭацыԥхьаӡа иуаҳар алшон (Ақәҵымҭа 11:5; Иеремиа 25:10).

Ажәытәтәи Мысра абаҟақәа иҳаилдыркаауеит алагара апроцесс шымҩаԥысуаз. Ачарыц ҭарыԥсон ахаҳә иалхыз, маҷк иҭарҽылаз алу, акәадыр ҳәа изышьҭаз. Уи ибзианы иаркын. Илагоз ауаҩы дшьамхнышланы иҩнапык рыла ԥхьаҟа, нас шьҭахьҟа ирҵәиуан еиҳа имаҷыз, аҽыуаҩ ҳәа изышьҭаз алу. Хыҵхырҭак излаҳәо ала, хыхьтәи алу ҩба инаркны ԥшь-кьылак рҟынӡа иҟазар алшон. Уи ахаҳә заахаз ауаҩы дыԥсыр илшон (Аӡбаҩцәа 9:50—54).

Анапылаӡлагара ауаа рыԥсҭазаараҿы даара аҵакы ӷәӷәан, убри аҟынтә абиблиатә закәан инақәыршәаны, уи шасыс агара ҟаломызт: «Шасыс аӡәгьы анапылаӡлагара, ма хыхьтәи алу имгалар ауп, избанзар усҟан иара шасыс ауаҩы иԥсы игоит» (Ҩынтәзакәан 24:6).

Иаанагозеи ажәақәа «Заб Игәыдкылоу Аԥа»?

Абиблиаҿы иануп Иисус «Заб Игәыдкылоу Аԥа» иоуп ҳәа (Иоанн 1:18). Ари афраза иаанарԥшуеит Анцәа Иисус ҷыдала дшизыҟоу, насгьы иааигәоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьоу. Уи ажәытәтәи аиудеиаа акранеицырфоз ирымаз атрадициа иадҳәалоуп.

Иисус ихаан аиудеиаа акрыфара аамҭазы аишәа иаакәыршаны иқәион. Дарбанзаалак акрызфоз ихы аишәахь ирханы, иарма машьхәылҵ амарҭақ аҵаҵаны дықәиан. Убри аамҭазы иарӷьа напы ҭацәын. Акрызфоз зегьы рарма ган иқәиан, «ауаҩы ихы ишьҭахь иқәиаз игәаҿы иҟалон, убри аҟынтә иуҳәар ҟалоит уи даҽаӡәы игәы дадиаалоуп ҳәа» (A Cyclopædia of Biblical Literature).

Агәырӷьара змаз аԥшәма, ма аҭаацәара ахада игәы адиаалара ҳаҭыр дуны иԥхьаӡан. Уи иҳаилнаркаауеит аҵыхәтәантәи Амшаԥ азы Иисус игәы дзадиаалаз апостол Иоанн, «Иисус бзиа иибауаз» аҵаҩы. Уи абзоурала Иоанн Иисус «игәы дадиалан» азҵаара иҭара илшон (Иоанн 3:23-25; 21:20).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра