Ижәбома шәара шәыԥсҭазаараҿы Иегова инапы?
«Иегова инапы имаҵзуҩцәа ирбарҭахоит» (ИСАИА 66:14).
1, 2. Иарбан гәаанагароу ирымоу шьоукы Анцәа изкны?
АӠӘЫРҨЫ ирыԥхьаӡоит Анцәа ауаа хьаас имаӡам ҳәа. Абар ииҳәаз қалақь дук ахада, 2013 шықәса ноиабр мзазы Афилиппинқәа рыгәҭатәи ахәҭа атаифун ӷәӷәа «Хаиан» анас: «Уи аамҭазы Анцәа зынӡа даҽакы даҿызар акәхарын».
2 Џьоукы нхоит иҟарҵо аусқәа Анцәа имбошәа (Исаиа 26:10, 11; 3 Иоанн 11). Урҭ ирыдукылар ауеит апостол Павел иажәақәа: «Анцәа иеилкаара, идырра урҭ иахәҭоу ак акәны ирымшьеит». Убас еиԥш иҟоу ауаа «ргәы-рыԥсы зеиуахк уҭаху агәнаҳарақәа ирытҟәеит: аиашамра, акалҭбааԥсра, аҩсҭаара, аԥсымҭәра, агәаӷ» (Римаа 1:28, 29).
3. а) Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу? б) Зыӡбахә ҳәоузеи Абиблиаҿы «Анцәа инапы» ҳәа?
3 Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳхаҭақәа ҳзы? Ҳара еилаҳкаауеит Иегова ҳусқәа зегьы шибо. Иаҳныруама ҳара ҳинтерес шимоу, насгьы дышҳацхраауа? Иалшома иҳадукылар Иисус иажәақәа: «Бзазара рымоуп згәы-зыԥсы цқьоу, урҭ Анцәа дырбарҭоуп» (Матфеи 5:8). Арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵарц азы, шәааи раԥхьа еилҳаргап Анцәа инапы аус шауа збоз, насгьы уи агәаҭара мап ацәызкуаз абиблиатә ҿырԥштәқәа. Иара убас еилаҳкаауеит агәрахаҵара ҳаԥсҭазаараҿы Иегова инапы абара еиҳа еиӷьны ишҳацхраауа. Анцәа инапы ҳәа Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аус зуа Анцәа имч ауп, уи имаҵзуҩцәа рыцхрааразы, насгьы иаӷацәа рықәгаразы ихы иаирхәоит. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 26:8.)
ДАРА АНЦӘА ИНАПЫ РБОМЫЗТ
4. Иаҳзеиҭашәҳәа ажәытәан Иегова ижәлар раӷацәа Анцәа инапы зырымбаз.
4 Израильаа рҭоурых алагамҭазы, егьырҭ ауаагьы Анцәа имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа атәы раҳарц, насгьы уи рхаҭа ирбарц алшара рыман. Иегова џьашьахәыла ижәлар Мысра иалигеит, анаҩс амурҭаҭтә аҳцәа ҭаирхеит (Иисус Навин 9:3, 9, 10). Аӡиас Иордан мраҭашәаратәи аган инхоз аҳцәа реиҳараҩык Иегова иҟаиҵаз атәы шырдыруазгьы, дара «еизеит Иисуси Израильи ирҿагыланы ирабашьырц азы» (Иисус Навин 9:1, 2). Гаваон азааигәара иҟалаз аибашьра аан, Иегова инапы умбар залшомызт. Иегова игәаԥхарала «ажәлар ршьа руаанӡа, амра џьарак игылан, амзагьы еиҭаҵуамызт» (Иисус Навин 10:13). Иегова иаҩижьит Анцәа ижәлар рҿагылаҩцәа рыгәқәа дырџьбарарц, насгьы Израиль иабашьырц (Иисус Навин 11:20). Урҭ аҳцәа Иегова ихаҭа Израиль азы дшеибашьуаз азхаҵара мап ацәыркит, аҵыхәтәангьы иаҵахеит.
5. Иазхаимҵози иҽеимыз аҳ Ахав?
5 Уи ашьҭахь ԥыҭраамҭак анца, иҽеимыз аҳ Ахав изныкымкәа ибахьан Анцәа ихаҭа ахҭысқәа напхгара шырзиуаз. Аԥааимбар Илиа Ахав иеиҳәеит: «Сара исҳәааанӡа иҟалом аӡаӡа, ақәагьы аураны иҟам» (1 Аҳцәа 17:1). Еилукаартә иҟан ари аԥааимбаражәа Иегова иҟынтә ишаауаз, аха Ахав уи аилкаара иҭахӡамызт. Анаҩс Ахав ибеит Илиа Анцәа даниҳәа ашьҭахь, Иегова иҟынтә амца шаашьҭыз, уа иҟаз акәырбан шахәланагәаз. Уи ашьҭахь Илиа Ахав иеилиркааит иаарласны аарҩара шаанкылахо. Илиа Ахав убас иеиҳәеит: «Уца, ақәаршҩы ухьӡаанӡа» (1 Аҳцәа 18:22—45). Ахав арҭ ахҭысқәа зегьы ихаҭа ибон, аха иара иазхаиҵомызт усҟан Анцәа имч шаарԥшыз. Ахав, насгьы хыхь зыӡбахә аагаз аҿырԥштәқәа рҟынтәи акрызҵазкуа аурок алҳкаар ҳалшоит: ҳара даараӡа азҿлымҳара ааҳарԥшлароуп Иегова инапы аус шауа ҳбаларц азы.
ДАРА АНЦӘА ИНАПЫ РБОН
6, 7. Еилыркаауази Иисус Навин ихаан инхоз шьоукы?
6 Аха иҽеимыз арҭ аҳцәа реиԥш акәымкәа, убас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа инапы збоз ауаа ыҟан. Иаҳҳәап, Иисус Навин ихаан жәларқәак израильаа ишрабашьуазгьы, гаваонаа урҭ аҭынчра рыбжьарҵеит. Избан? Дара ирҳәеит: «Умаҵуҩцәа... ааит Унцәа Иегова ихьӡ аҳаҭыр ахьақәырҵо аҟнытә, избанзар ҳара ихьӡ-иԥшеи, насгьы иҟаиҵаз зегьы рыӡбахә ҳаҳаит» (Иисус Навин 9:3, 9, 10). Урҭ ҟәыӷарыла рхы мҩаԥыргеит, избанзар израильаа ииашоу Анцәа дышрыцхраауаз азхарҵеит.
7 Раавгьы Анцәа инапы аус шауа лбон. Лара илаҳахьан Иегова ижәлар рхы ишақәиҭитәыз, убри аҟынтә израильтәи ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа иралҳәеит: «Сара издыруеит Иегова ари адгьыл хымԥада шәара ишшәиҭо». Израильаа рыдгылара Раав лзы даараӡа ишшәарҭазгьы, лара агәра лгон Иегова лҭынхацәеи лареи реиқәырхара шилшо (Иисус Навин 2:9—13; 4:23, 24).
8. Ишԥарбеи израильаа рахьтә шьоукы Анцәа инапы?
8 Иара убас израильаа шьоукы Илиа Анцәа даниҳәа ашьҭахь ажәҩан аҟынтә амца акәырбан шахәланагәаз анырба, еилыркааит уи ҟазҵаз Анцәа шиакәу. Дара ус рҳәеит: «Иегова ииашоу Анцәа иоуп!» (1 Аҳцәа 18:39). Уи дара ибзианы еилыркаауан, иҽеимыз аҳ Ахав иеиԥш акәымкәа.
9. Ишԥаҳалшо иахьа ҳара Иегова инапы абара?
9 Иҽеиу, иара убас иҽеим арҭ аҿырԥштәқәа иҳаилдыркаауеит Анцәа ибара иаанаго. Ҳара ҳгәы аблақәа рыла Иегова иҟазшьақәеи иусқәеи анҭаҳҵаауа, еиҳа еиӷьны деилаҳкаауеит, насгьы инапы еиӷьны иаҳбоит (Ефесаа 1:18). Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп уаанӡа еиԥш иахьагьы Иегова ижәлар дышрыцхраауа збо ҳарҿыԥшларц. Аха агәра ҳзыргозеи ҳара Анцәа иахьатәи ҳаамҭазгьы активла ауаа рыԥсҭазаара иҽшалаирхәуа?
ИЕГОВА ИАХЬАГЬЫ ИНАПЫ ҲАГИЖЬӠОМ
10. Избан ҳара агәра ганы ҳзыҟоу Иегова иахьа ижәлар дышрыцхраауа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
10 Ҳара Иегова ауаа дышрыцхраауа ҳзырбо амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Лассы-лассы ҳара иҳаҳауеит аӡәы адоуҳатә цхыраара иоурц Анцәа дышиҳәоз, анаҩс уи ацхыраара шиоуз (Ԥсалом 53:2). Ҽнак Аллан зыхьӡыз аиашьа Афилиппинқәа рҿы иҟоу дгьылбжьаха хәыҷык аҿы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь иҳәон. Уи ԥҳәыск данлацәажәоз, лара иаалырҟьаны аҵәыуара далагеит. Аллан еиҭеиҳәоит: «Убри аҽны ашьыжь лара Анцәа диҳәозаарын, Иегова ишаҳаҭцәа лықәшәарц азы. Лара данхбыџыз, урҭ Абиблиа рыцылҵон. Аха нас, аҭаацәара даналала, насгьы уи адгьылбжьахахь нхара даниас, урҭ уаҳа еиқәымшәаӡеит. Анцәа лара иџьалшьартә аҟынӡа ирласны аҭак ҟаиҵеит». Шықәсыкгьы мҵыцкәа, уи аԥҳәыс Иегова лыԥсҭазаара изылкит.
Ижәбома шәара иахьа Иегова имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—13.)
11, 12. а) Дышԥарыцхраауеи Анцәа Иегова имаҵзуҩцәа иахьа? б) Еиҭашәҳәа Анцәа ицхыраара зауз изку ахҭыс.
11 Анцәа имаҵзуҩцәа аӡәырҩы ицхыраара рнырит, аҭаҭынахара, анаркотикқәа рыдкылара, апорнографиа ахәаԥшра реиԥш иҟоу даара ирылаҽны иҟаз ашьцыларақәа иара ибзоурала ианыриааи. Шьоукы ирҳәоит арҭ ашьцыларақәа рхала ириааирц ишаҿыз, аха ирзалҵуамызт. Дара Иегова ацхырааразы ианиҳәа, урҭ ириҭеит рышьцылара бааԥсқәа рааныжьра ирыцхрааз рымч аасҭа еиҳау «амч-алшара» (2 Коринфаа 4:7; Ԥсалом 37:23, 24).
12 Иегова аӡәырҩы имаҵзуҩцәа рыуадаҩрақәа рыхгараҿы дрыцхрааит. Абар Еми зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥшы. Лара далахәын Аҳратә зали амиссионертә ҩни рыргылара Аокеан ҭынч иаҵанакуа адгьылбжьахақәа руак аҿы. Еми илҳәоит: «Ҳара ҳахьынхоз асасааирҭа хәыҷын, насгьы есҽны аргыларақәа ахьцоз аҭыԥ ахь ҳазлацоз амҩақәа зегьы ӡыла иҭәын». Иара убас лара аҭыԥантәи аҵасқәа дрышьцылар акәхеит. Уи адагьы, лассы-лассы афымцалашареи аӡи ыҟамызт. Лара иацылҵоит: «Уи азмырхакәа, сара зны сгәы ааԥжәан, аус ҳацызуаз ҳаҳәшьак слеисит. Аҩныҟа саныхынҳә, акгьы сықәымҿиошәа схы збон. Илашьцаз асасааирҭа ауадаҿы гәыкала Иегова сиҳәон ацхыраара сиҭарц». Афымцалашара анрырҭа, лара ажурнал «Ахьчаратә бааш» аԥхьара далагеит. Уа ианын Галаад ашкол аушьҭра иазкыз астатиа. Уи астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз зынӡа лара илызкын: акультура ҿыц ишашьцылатәу, аҩны аныгәхьаауго иҟаҵатәу, ауаа ҿыцқәа ишрааблатәу. Лара илҳәоит: «Уи ауха Иегова хаҭала сара дсацәажәозшәа збон. Уи абзоурала сара смаҵзура ацҵара сылшеит» (Ԥсалом 44:25, 26; Исаиа 41:10, 13).
13. Избан ҳара агәра ганы ҳзыҟоу Иегова «ажәабжь бзиа закәанла» ашьақәырӷәӷәараҿы ижәлар дышрыцхраауа?
13 Иегова инапы шҳагимыжьуа еиҭа ишьақәзырӷәӷәо «ажәабжь бзиа закәанла» ашьақәырӷәӷәараҿы Иегова ишаҳаҭцәа ирымоу ақәҿиарақәа роуп (Филиппаа 1:7, АдҾ). Тәылақәак рҿы аиҳабыра Анцәа ижәлар рус ааныркыларц иашьҭоуп. Ус шакәугьы, Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым иреиҳаӡоу аӡбарҭақәа рҿы 268 ус еиҵамкәа ириааит, 2000 шықәса инаркны ауаҩы изинқәа зыхьчо Европатәи аӡбарҭа аҟны 24 ус уахь иналаҵаны. Иубаратәы иҟоуп Анцәа ицхыраара ҳамхра аӡәгьы ишилымшо! (Исаиа 54:17; шәаԥхьа Исаиа 59:1).
14. Ишԥаанарԥшуеи ажәабжьҳәаратә уси ҳқьырсиантә иашьареи Иегова иахьагьы инапы шҳагимыжьуа?
14 Анцәа ицхыраарада ажәабжь бзиа адунеи зегь аларҵәара залшомызт (Матфеи 24:14; Аусқәа 1:8). Анцәа ацхыраара шҳаиҭо еиҭа ишьақәзырӷәӷәо иреиуоуп милаҭрацәала еибарку ҳаиашьара. Иахьатәи адунеи аҿы уи иеиԥшу акгьы ыҟам. Убри азоуп Иегова ишаҳаҭцәамгьы изырҳәо: «Ииашаҵәҟьаны, шәара Анцәа дшәыцҟоуп!» (1 Коринфаа 14:25). Ишаҳбо еиԥш, иахьагьы Иегова ижәлар ирыхәаша ҟаиҵоит. (Шәаԥхьа Исаиа 66:14.) Аха иуҳәар алшозеи хаҭала ҳара ҳзы? Ижәбома шәара шәыԥсҭазаараҿы Иегова инапы?
ИЖӘБОМА ШӘАРА ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ ИЕГОВА ИНАПЫ?
15. Избан ҳара ҳаԥсҭазаараҿы зны-зынла Анцәа инапы заҳамбо?
15 Избан ҳара ҳаԥсҭазаараҿы зны-зынла Анцәа инапы заҳамбо? Иҟалалоит ауадаҩрақәа убас ҳандырааԥсо, Иегова уаанӡа дышҳацхраауаз ҳхашҭыртә аҟынӡа. Убри аҩыза ихьит аԥааимбар Илиагьы. Аҳкәажә Иезавель Илиа дылшьырц анылҭахыз, иара аамҭак азы ихашҭит Иегова дышицхраауаз. Абиблиаҿы иҳәоуп Илиа «аԥсра даҳәон» ҳәа (1 Аҳцәа 19:1—4). Дзырӷәӷәар алшози Илиа? Иара Иегова иҿы ацхыраара даҳәар акәын (1 Аҳцәа 19:14—18).
16. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара, Иов иеиԥш, Анцәа даҳбаларц азы?
16 Ихатәы уадаҩрақәа даараӡа ихы ахьырзишьҭуаз иахҟьаны, Иов Анцәа игәаанагара иаҩижьуа далагеит (Иов 42:3—6). Иов иеиԥш, ҳаргьы зны-зынла аҽазышәарақәа ааҳарԥшлароуп, инықәырԥшны иаҳҳәозар, Анцәа инапы ҳбаларц азы. Ишԥаҟаҵалатәу уи? Абиблиа ҳакәша-мыкәша иҟоу инарҵауланы азхәыцра ҳгәазҭанаҵоит. Иегова дышҳацхраауа еилыкка иаҳбозар, уи ҳара ҳзы иҟаҵәҟьоу хаҭараны дҟалоит. Усҟан ҳаргьы, Иов иеиԥш, иаҳҳәар ҳалшоит: «Сара уӡбахә саҳахьан, аха уажәы сыблақәа рыла узбоит».
Ихы шәаирхәома Иегова егьырҭ дырбарц азы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)
17, 18. а) Иабааԥшыр алшо Иегова ицхыраара? б) Еиҭашәҳәа Иегова иахьа дышҳацхраауа узырбо ахҭыс.
17 Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа инапы ҳбаларц? Шәааи еилҳаргап ҿырԥштәқәак. Шәара ишәыԥхьаӡозар ауеит аҵабырг аилкаара ишәыцхрааз Иегова ахҭысқәа напхгара ахьырзиуаз ауп ҳәа. Иҟалап аизараҿы зхәыцрак аншәаҳа, шәгәы иаанагазар: «Ари ҷыдала сара сзы иҳәоушәа ауп ишыҟоу!» Мамзаргьы шәара иҟашәҵаз аҳәара еилыкка иҟоу аҭак шәоузар алшоит. Иаҳҳәап шәара Иегова изы еиҳаны аҟаҵара шәыӡбеит, усҟан ижәбазар ауеит уи шәыпланқәа рынагӡараҿы дышшәыцхрааз. Иҟалап шәара инагӡаны Анцәа имаҵ аураҿы ишәԥырхагаз аусура ааныжьра шәықәшәазар, нас агәра жәгазар уи иқәыргәыӷра «угәыгәҭасыжьуам» шҵабыргу (Ауриацәа 13:5). Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәазар, уи адоуҳа аганахь ала еснагь дышҳацхраауа ҳбалоит.
18 Кениа инхо аиаҳәшьа Сара еиҭалҳәоит: «Абиблиа зсырҵоз аԥҳәыс уи ахә лымшьошәа збон. Зны сара Иегова сиҳәеит, насгьы сиазҵааит иаԥсоума абиблиатә ҵара ацҵара ҳәа. „Аминь“ анысҳәа ашьҭахьҵәҟьа, аҭел абжьы геит. Иасуаз уи аԥҳәыс лакәын. Лара ақьырсиантә еизарахь дсыццарц лҭахын! Сара уи даара иџьасшьеит!» Ҳара азҿлымҳара ааҳарԥшуазар, хымԥада иаҳбоит Иегова ҳаԥсҭазаара иҽшалаирхәуа. Азиа инхо аиаҳәшьа Роуна илҳәоит: «Иегова инапы абара уҵарц азы, аамҭа аҭахуп. Аха нас иџьашәшьоит уи шаҟа дшәеиҷаҳауа!»
19. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳара, Анцәа ибара зылшо ҳрылазарц азы?
19 Иисус иҳәеит: «Бзазара рымоуп згәы-зыԥсы цқьоу, урҭ Анцәа дырбарҭоуп» (Матфеи 5:8). Ишԥаҳалшо ҳара «згәы-зыԥсы цқьоу» ҳакәны ҳаҟазарц? Ҳхәыцрақәа цқьаны иҳахьчалароуп, насгьы ииашам ахымҩаԥгашьа мап ацәаҳклар ауп. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 4:2.) Ҳдоуҳара анҳарӷәӷәо, насгьы ииашаны ҳхы анымҩаԥаҳго, Анцәа дызбо ҳрылазаауеит. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара агәрахаҵара ҳалацәажәоит, избанзар уи абзоурала ҳара иҳалшоит Иегова ҳаԥсҭазаара ихы шалаирхәуа еиӷьны абара.