Аҵакы
Аиашьаратә бзиабара анаҩсгьы иаашәырԥшла!
© 2016 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
3 Дара хамеигӡарада амаҵзура рхы азыркит. Аокеаниа
ФЕВРАЛЬ 29, 2016 — МАРТ 6, 2016
7 Аиашьаратә бзиабара анаҩсгьы иаашәырԥшла!
Иарбан жәеинраалоу 2016-тәи ашықәс иазалху? Иаҳгәаланаршәалозеи уи ашықәс аҩныҵҟа? Ари астатиа иҳаилнаркаауеит ашықәс иазалху ажәеинраала еиҳа ахәарҭа ҳзаанагарц азы иҟаҳҵар ҳалшо.
МАРТ 7—13, 2016
12 Шәгәы зызҭанаҵозеи Анцәа «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа»?
Апостол Павел ишиҳәаз ала, Иегова «еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа» ҳаиҭеит (2 Кор. 9:15). Изакәытә ҳамҭоузеи уи? Ҳгәашԥазҭанаҵои иара Христос имҩала ацара, ҳашьцәа бзиа рбара, насгьы гәыкала егьырҭ рыгхақәа ранажьра? Астатиаҿы арҭ азҵаарақәа рҭак ҳаԥшаауеит, насгьы Ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан иҟаҳҵар ҳалшо еилаҳкаауеит.
МАРТ 14—20, 2016
17 Абри адоуҳа шаҳаҭра ауеит ҳара Анцәа ҳашихшароу
МАРТ 21—27, 2016
Арҭ аҩ-статиак рҿы еилыргоуп ақьырсианцәа шьоукы жәҩантәи ааԥхьара шрымоу шеилыркаауа, насгьы дара рзы Анцәа идоуҳала алхра иаанаго. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит иарбан гәазыҟашьоу доуҳала иалху ирымазар ахәҭоу, насгьы Ахәылԥаз азгәаҭара аан ачеи аҩи здызкыло рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа ҳшазыҟазар акәу.
МАРТ 28, 2016 — АПРЕЛЬ 3, 2016
28 Анцәа аус ицура — гәырӷьара дууп
Жәытә-натә аахыс Иегова ишамҭақәа алшара риҭоит игәҭакы анагӡараҿы рхы аладырхәларц. Анцәа иҭахуп ажәабжь бзиа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ирылаҳәазарц, насгьы ҳааиԥхьоит уи аус ҳҽалаҳархәырц. Ари астатиаҿы еилыргоуп Анцәа иусуҩцәа раҳасабала иҳауа азылԥхарақәа.
АЦӘАҾЫ:
МАДАГАСКАР
Ақалақь Мурундав иҟоу Абаобабқәа раллеаҿы апионер ацәқәа ҵакны иаауаз ахаҵа Абиблиа дизаԥхьоит
АЖӘАБЖЬҲӘАҨЦӘА
29 963
АБИБЛИА АҴАРАҚӘА
77 984
АХӘЫЛԤАЗ АҾЫ ИҞАН