Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ианвар ад. 3—6
  • Дара хамеигӡарада амаҵзура рхы азыркит. Аокеаниа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дара хамеигӡарада амаҵзура рхы азыркит. Аокеаниа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҬААЦӘАНЫЛА АЖӘАБЖЬҲӘАРА
  • НХАРА АИАСРАЗЫ АҼАЗЫҞАҴАРА ШАҬАХУ
  • АУАДАҨРАҚӘА ИШЫРИААИЛАТӘУ
  • «ШАҞА ИБЗИОУЗЕИ ҲАРА АРАХЬ ҲАХЬИАСЫЗ!»
  • Аизара ҿыц ахь аиасра иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәыриааир шәылшоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • «Уажәшьҭа ажәабжьҳәара бзиа избоит!»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Аҿырԥш бзиа сызҭоз сахьырҿыԥшуаз абзоурала азылԥхара дуқәа соуит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Аизара аиҳабацәа, шәҽазышәшәома шәара аишьцәа разыҟаҵара?
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ианвар ад. 3—6
Биорнетт, Саимона, Естон, Қелеб

Биорнетт, Саимона, Естон, Қелеб

Дара хамеигӡарада амаҵзура рхы азыркит. Аокеаниа

АВСТРАЛИА инхо аиаҳәшьа Рене 35 шықәса раҟара лхыҵуеит, уи гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ зуаз Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы илызҳаит. Лара еиҭалҳәоит: «Ҳара изныкымкәа ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥқәа рахь нхара ҳаиасхьан. Сани саби ирдыруан ҳаԥсҭазаара аҵаки аинтереси аманы ишыҟаҵатәу! Аԥеи аԥҳаи ансоу, саргьы исҭахын урҭ рыԥсҭазаара аинтерес аҵазарц».

Уажәы 40 шықәса раҟара зхыҵуа Рене лхаҵа Шенгьы убас еиԥш иҟаз адоуҳатә хықәкқәа иман. Иара еиҭеиҳәоит: «Аҩбатәи ҳхәыҷы иира ашьҭахь хара имгакәа, ҳара «Ахьчаратә бааш» аҟны ҳаԥхьеит ҭаацәарак рыӡбахә. Урҭ ажәабжьҳәаразы Аокеан ҭынч алада-мраҭашәаратәи ахәҭа Тонгаa адгьылбжьахақәа рахь ицеит рхатәы ӷбала. Уи астатиа ҳгәазҭанаҵеит Зеландиа Ҿыци Австралиеи иҟоу афилиалқәа рахь асаламшәҟәы аҩра, ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭаху аилкааразыb. Ҳара иҳадыргалеит Тонгаҟа аиасра — уи аброшиураҿы ҳзыԥхьоз аҭыԥ акәын!»

Џьеикоб, Рене, Скаи, Шен

Џьеикоб, Рене, Скаи, Шен

Шен, Рене, иара убас рхәыҷқәа Џьеикоби Скаии шықәсык аҟара Тонга инхон. Аха атәылаҿы иҟалаз аилаҩынтра иахҟьаны, дара Австралиаҟа ихынҳәыр акәхеит. Ус шакәызгьы, Анцәа имаҵ аура еиҳаны аҽалархәразы дара ирымаз агәаҳәара рцәымӡӡеит. 2011 шықәсазы дара Норфолкҟа нхара ииасит, уи Аокеан ҭынч аҿы иҟоу имаҷӡоу дгьылбжьахоуп. Иара шьҭоуп Австралиа аҟынтә зқьи хәышә километра раҟара инахараны мрагылара аганахь ала. Иргәаԥхама дара уа? Уажәы 14 шықәса зхыҵуа Џьеикоб еиҭеиҳәоит: «Иегова даҳхылаԥшуан, уи адагьы ҳмаҵзура интересхартә иҟаиҵеит!»

ҬААЦӘАНЫЛА АЖӘАБЖЬҲӘАРА

Шени, Ренеи, урҭ рхәыҷқәеи реиԥш, Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәарақәа аӡәырҩы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рахь анхара аиасра иазхиоуп. Ргәазҭазҵозеи урҭ?

«Аӡәырҩы ауаа ажәабжь бзиа гәыкала иазыӡырҩуан, ҳаргьы иаҳҭахын урҭ иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҵара иалагарц» (Биорнетт)

35 шықәса раҟара зхыҵуа Биорнетти Саимонеи, иара убас уажәы 12, 9 шықәса зхыҵуа рыҷкәынцәа Естони Қелеби нхара ииасит ауаа маҷны иахьынхо Квинсленд (Австралиа) аштат аҿы иҟоу ақалақь Берктаун. «Иегова ишаҳаҭцәа уаҟа ажәабжь рыларҳәон хԥа-ԥшьба шықәса рахьтә знык,— еиҭалҳәоит Биорнетт.— Аӡәырҩы ауаа ажәабжь бзиа гәыкала иазыӡырҩуан, ҳаргьы иаҳҭахын урҭ иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҵара иалагарц».

Џьим, Џьек, Марк, Ка́рен

Џьим, Џьек, Марк, Ка́рен

Марки Ка́рени уажәы 50 шықәса инареиҳаны ирхыҵуеит. Дара амаҵ руан Сиднеи (Австралиа) аҟынтә рацәак бжьамкәа иҟаз еизарақәак рҿы, анаҩс хҩык рхәыҷқәа Џьессикеи, Џьими, Џьеки рыманы нхара ииасит Аҩадатәи атерриториаҿы (Австралиа) иҟоу ашахтатә ҳабла Ниуланбаи ахь. Марк иҳәоит: «Сара ауаа бзиа избоит, убри аҟынтә аизареи амаҵзуреи рҿы ирацәаны ацхыраара ахьаҭахыз сыҟазарц сҭахын». Аха ҽаџьара аиасразы Карен длак-ҩакуан. Лара еиҭалҳәоит: «Марки егьырҭ сҩызцәеи агәра сдыргон зегь шысзалҵуа. Аҵыхәтәаны аӡбара сыдыскылеит, уи зынӡаск сахьымхәӡеит!»

Бенџьамин, Џьеид, Бриа, Керолин

Бенџьамин, Џьеид, Бриа, Керолин

2011 шықәсазы Бенџьамини Керолини ашкол иҭамлацыз рыԥҳацәа Џьеиди Бриеи рыманы Квинслендынтә нхара ииасит рацәак идуум атәыла Мрагыларатәи Тимор ахь, уи Малаитәи архипелаг аҟны иҟоу адгьылбжьаха Тимор иахәҭакуп. «Уаанӡа Керолини сареи Мрагыларатәи Тимор аҟны иҷыдоу пионерцәас амаҵ ҳуан,— еиҭеиҳәоит Бенџьамин.— Уаҟа ажәабжьҳәара ҳара ҳзы гәырӷьара дуун, насгьы аишьцәа даара иҳацхраауан. Шаҟа иаҳҭахымзи уантәи ацара! Ҳара иҳаӡбеит знымзар-зны уахь хымԥада ҳшыхынҳәуа. Ахәыҷқәа анҳау, ҳапланқәа аамҭала иаанҳажьит, аха мап рцәаҳамкӡеит». Керолин иацылҵоит: «Ҳара иаҳҭахын ҳхәыҷқәа ибзиоу адоуҳатә ҭагылазаашьаҿы ирызҳаларц, амиссионерцәеи, Вефиль амаҵ зуеи, иҷыдоу апионерцәеи ирацәажәо».

НХАРА АИАСРАЗЫ АҼАЗЫҞАҴАРА ШАҬАХУ

Зны Иисус ишьҭанеицәа дразҵааит: «Дарбану шәара шәахьтә аҟәарч аргылара зҭахны, даатәаны уи аргылара заҟа агаша... ҳасаб рзызымуа» (Лука 14:28). Убас еиԥш аҭаацәара даҽа ҭыԥк ахь нхара ианиасуа, ихадоуп зегьы ибзианы иазхәыцыр. Изызхәыцтәузеи?

ШӘДОУҲАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА. Бенџьамин игәалашәоит: «Ҳара егьырҭ рымаҵ аура ҳҭахын, џьабаас ҳармоукәа. Убри аҟынтә уахь ҳаиасаанӡа ҳдоуҳара арӷәӷәара ҳҽазаҳшәон. Насгьы ажәабжьҳәареи аизара аусқәеи еиҳаны ҳаҽрылаҳархәуан».

Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьеикоб иҳәоит: «Норфолкҟа ҳаиасаанӡа, ҳара ҳрыԥхьеит „Ахьчаратә бааш“, насгьы „Шәҿыха“ аҟынтә абиографиақәа рацәаны. Урҭ абиографиақәа рҿы рыӡбахә ҳәан ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз ииасыз аҭаацәарақәа рыӡбахә. Ҳара ҳрылацәажәон урҭ зықәшәаз ауадаҩрақәа, насгьы Иегова дышрыцхраауаз». 11 шықәса зхыҵуаз иаҳәшьа Скаи илҳәоит: «Сара схала, насгьы сани саби срыдтәаланы ирацәаны Анцәа сиҳәон!»

АИАСРА ШӘГӘЫ АЗЫҞАШӘҴА. Рене еиҭалҳәоит: «Ҳара ҳанхон ҳауацәеи ҳҩызцәеи рааигәара, уи аҭыԥ сара даара исгәаԥхон. Зегь реиҳа имариаз џьаргьы амиасра акәын. Аха исцәыӡуа акәымкәа, ҳаиасра иаанаго ахәарҭа акәын сзызхәыцуаз».

АИНФОРМАЦИА ЕИЗЫЖӘГА. Аҭаацәарақәа жәпакы рҽазыршәоит аиасра ргәы иахьҭоу аҭыԥ иазку аинформациа аилкаара. Марк иҳәоит: «Ҳара Ниуланбаи иазкны иаҳԥыхьашәоз зегьы ҳрыԥхьон. Уатәи аишьцәа ҳара ҳахь абзиабара аарԥшны аҭыԥантәи агазеҭқәа ҳзаарҭиит. Уи ҳара иҳацхрааит уа инхо ауааи Ниуланбаи акультуреи зеиԥшроу ҳхаҿы аагара».

Норфолкҟа ииасыз Шен иҳәоит: «Сара даара сҽазысшәон сқьырсиантә ҟазшьақәа реиӷьтәра. Сара издыруан агәаартреи, ататареи, аиашареи аасырԥшлар, насгьы аџьабаа збалар, зехьынџьара амаҵ аура шсылшо».

АУАДАҨРАҚӘА ИШЫРИААИЛАТӘУ

Ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рҿы қәҿиарала Анцәа имаҵ зуа ирдыруеит уззыԥшым ауадаҩрақәа уанрықәшәо шаҟа ихадоу аҭагылазаашьақәа рыҽрықәыршәареи агәкамҳареи. Абар ҿырԥштәқәак.

Рене еиҭалҳәоит: «Сара аҭагылазаашьақәа схы рықәсыршәо салагеит. Иаҳҳәап, амшынеисра ӷәӷәа аныҟоу афатә аазго аӷбақәа Норфолк азааигәара изаангылаӡом. Уи иахҟьаны адгьылбжьахаҿы афатә маҷхоит, насгьы рыхә шьҭыҵуеит. Аха сара исымоу ахәыҷы иалхны афатә ҟаҵашьа сҵеит». Лхаҵа Шен иҳәоит: «Иара убас ҳара ҳҽазаҳшәоит мчыбжьыктәи абиуџьет ашьақәыргылара, нас уи ақәныҟәара».

Урҭ рыҷкәын Џьеикоб даҽа уадаҩрак дақәшәеит: «Ҳаизара ҿыц аҟны ҳара ҳаламҵакәа быжьҩык ыҟан, аха зегьы зықәра наӡаз ракәын. Сара исықәлаз аӡәгьы дыҟамызт! Аха ажәабжьҳәара абзоурала сара қәрала исеиҳабызгьы сырзааигәахеит. Иаарласны ҳара ҳаиҩызцәа бзиахеит».

Уажәы 21 шықәса зхыҵуа Џьим убас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа дақәшәеит. Иара иҳәоит: «Зегь реиҳа иаҳзааигәоу аизара ахьыҟоу Ниуланбаи аҟынтә 700 километрак инареиҳаны ибжьоуп, убри аҟынтә аконгрессқәа еиҳагьы рыхә ҳаракны иаҳшьоит. Уахь заа ҳнеиуеит аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳрацәажәарц азы. Урҭ ҳара ҳзы ашықәс аҩныҵҟа зегь реиҳа акрызҵазкуа хҭысқәоуп!»

«ШАҞА ИБЗИОУЗЕИ ҲАРА АРАХЬ ҲАХЬИАСЫЗ!»

Абиблиаҿы иануп: «Иԥышәшәа, иагьыжәбап Нцәа Ҳазшаз ибзиарақәа заҟароу» (Аԥсал. 33:9 [34:8, АдҾ]). Ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥқәа рахь ииасыз еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхатә ԥышәала агәра ргеит арҭ ажәақәа шиашоу.

«Зегь реиҳа зылԥхара дуны иаҳзыҟалеит уи аиасра ҳхәыҷқәа ишырнырыз,— иҳәоит Марк.— Ҳхәыҷқәа еиҳабацәа уажәшьҭа агәра ганы иҟоуп Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы изыргыло амаҵзуҩцәа Иегова дышрыцхраауа. Абас еиԥш иҟоу агәрагара ԥарала иузаахәаӡом».

Шен иҳәоит: «Сара сыԥҳәыси схәыҷқәеи еиҳагьы сырзааигәахеит. Иегова дара рзы иҟаиҵаз ианалацәажәо, уи агәырӷьара ду снаҭоит». Иҷкәын Џьеикоб диқәшаҳаҭуп: «Сара араҟа даара исгәаԥхоит. Даара сеигәырӷьоит арахь ҳахьааз!»

a Шәахәаԥш 2004 шықәса декабр 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 8—11 (аурыс) аҟны иаагоу астатиа «Аиҩызара адгьылбжьахақәа рҿы Анцәа иҩызцәа» захьӡу.

b 2012 шықәсазы Австралиеи Зеландиа Ҿыци рфилиалқәа еидырҵеит, урҭ филиалкны иҟалеит.

АРҴАРА — хәы змам ҳамҭоуп

Бенџьамин Аҳратә зал аҿы аппаратура иадтәалоу аҭыԥантәи аиашьа диацәажәоит

ШӘАРА атәым тәылаҿы амаҵ жәуазар, уа инхо ауааи ркультуреи пату рықәышәҵала. Урҭ рыбзиабареи рпатуқәҵареи шәырҳауеит, иҿыцу аҭагылазаашьақәа шәыҽрықәшәыршәозар. Ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь ииасыз аизара аиҳабацәа реизара ҿыц ацхыраара ду арҭар рылшоит, аишьцәа доуҳатә хьчаҩцәаны аҟалара ианрыцхраауа. Иҟалап урҭ аизара аиҳабацәа ԥыҭрак ашьҭахь даҽа ҭыԥк ахь ииасыр, аха рџьабаа акыраамҭа аизара ахәарҭа азаанагалоит. Шәара убас еиԥш иҟоу аизара аиҳабацәа шәреиуазар, егьырҭ аназыҟашәҵо шәхы иашәырхәар шәылшоит анаҩстәи алабжьарақәа.

ИҞАШӘҴАР ШӘЫЛШО:

Шен Аҳратә зал аҿы алитература зқәу аишәа иадгылоу аҭыԥантәи аиашьа диацәажәоит

«Аишьцәа рымч зықәхо адҵақәа рышәҭала. Идшәырбала иҟаҵатәу, насгьы ишыҟаҵатәу, иара убас агәра дшәыргала уи шырзыҟаҵо» (Марк).

«Аамҭақәак рышьҭахь сара инструкциақәак аҭыԥантәи абызшәахьы ииазгеит. Уи иаразнак алҵшәа бзиақәа аанагеит, избанзар аишьцәа еиҳа еиӷьны еилыркаауа иалагеит дара рҟынтә иззыԥшу» (Бенџьамин).

«Шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо рҟазшьа бзиақәа шәхы рзышәышьҭла. Убасҟан шәааигәа иҟоугьы шәаргьы анасыԥ шәымазаауеит» (Биорнетт).

ИҞАҴАЛАТӘЫМ:

«Егьырҭ иҟарҵо зегь аконтроль азыжәмулан. Ауаҩы иҟаиҵо зегь еснагь акритика азуулар, иара иаразнак игәы каҳар ауеит. Иара убас уаанӡатәи шәеизареи уажәтәи шәеизареи еиҿшәмырԥшлан. Шәааҟәымҵӡакәа ишәҳәалар: „Уаанӡатәи сеизараҿы...“ — уи згәаԥхо ҟаларым» (Марк).

«Аҭыԥантәи аишьцәа раҵкыс еиӷьны зегьы жәдыруашәа, зегь еилышәкаауашәа шәхы мҩаԥыжәымгалан. Абиблиатә принципқәеи Анцәа иорганизациа аҟынтә иҩу анапхгарақәеи шәхы иашәырхәала. Уи акзаара ахьчоит, насгьы ҳара зегьы аҵара ҳзырҵо Иегова шиакәу аилкаара иҳацхраауеит» (Шен).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра