Аизара ҿыц ахь аиасра иадҳәалоу ауадаҩрақәа шәыриааир шәылшоит!
ЗНЫКЫР даҽа еизарак ахь аиасра шәықәшәахьома? Ааи акәзар, Жан-Ша́рль иажәақәа шәрықәшаҳаҭхозар акәхап. Иара иҳәеит: «Уи мариаӡам. Иҿыцу аизара уашьцылароуп, иара убас уҭаацәараҿы аӡәгьы ихаҵара мԥсыҽхарц азы иулшо зегь ҟауҵалароуп». Даҽа ҭыԥк ахь ииасуа аусурҭеи, анхарҭеи, ашкол ҿыци рыԥшаароуп, уи адагьы, аклимат ҿыци, акультуреи, ажәабжьҳәаразы атерриториа ҿыци ирышьцылароуп.
Николе́и Сели́неи даҽа уадаҩрак иақәшәеит. Франциатәи афилиал рыҳәеит даҽа еизарак ахь ииасырц. Дара еиҭарҳәоит: «Раԥхьа уи даара ҳаргәырӷьеит. Аха нас, ҳгәырӷьара анеиқәтәа, еилаҳкааит ҳҩызцәа даара ишыгәхьааҳгоз. Аизара ҿыц аҿы макьана аишьцәеи аиҳәшьцәеи уиаҟара ҳармабадырӡацызт»a. Иҟашәҵар шәылшозеи иҿыцу аизарахь шәаниасуа ицәырҵуа ауадаҩрақәа шәыриааирц азы? Ишәыцхраар шԥарылшо аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Иҟашәҵар шәылшозеи, аизара ҿыц ҳамҭак ишәзаҩызахарц, шәаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳамҭак шәырзаҩызахарц азы?
ИШӘЫЦХРААУА ԤШЬ-ПРИНЦИПК
Иегова шәиқәгәыӷла
1. Иегова шәиқәгәыӷла (Аԥсал. 37:5). Иапониа иатәу ҳаҳәшьа Кадзу́ми леизараҿы 20 шықәса амаҵ луан. Аха лхаҵа иусура иахҟьаны даҽа ҭыԥк ахь аиасра лықәшәеит. Ишԥанылҵеи Иегова инапы уи аҭагылазаашьа? Лара илҳәоит: «Зны-зынла сгәы ҭынчӡамызт, сыхгьы заҵәны избон. Ашәара ӷәӷәа ансызцәырҵуазгьы ыҟан. Аха сара Иегова зегь изеиҭасҳәон, иаргьы амч сиҭон».
Ишәыцхраар алшозеи иҿыцу аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова иқәгәыӷра? Ишаҳдыруа еиԥш, аҵиаа аизҳаразы аӡи адгьыл иалоу аелементқәеи аҭахуп. Ҳхаҵарагьы ахала изеизҳаӡом. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Никола Авраами, Иисуси, Павели рыԥсҭазаара ҭиҵаауан. Урҭ ахацәа Анцәа игәҭакы анагӡаразы мап зцәыркыз рацәоуп. Дара рҿырԥшы Иегова иаргьы дышицхраауа еиҳагьы агәра инаргеит. Иааиԥмырҟьаӡакәа шәхатә ҭҵаара мҩаԥыжәгалар, уи аиҭакрақәа рыҽрықәыршәара ишәыцхраауеит. Уи адагьы, доуҳала шәарбеиоит, насгьы аизара ҿыц аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзеиҭашәҳәаша есымша ишәымазаауеит.
Еиҿшәмырԥшлан
2. Еиҿшәмырԥшлан (Еккл. 7:10). Жьуль Бенинынтәи Еиду Аштатқәа рахь даниас, акультура ҿыц дашьцылар акәхеит. «Азҵаарақәа сдыркареит, сара исызкны зегь еилыркаарц рҭахушәа сгәы иабон», — иҳәоит иара. Жьуль уи аҩыза дашьцылаӡамызт. Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҽырцәихьчо далагеит. Аха еиҳа еиӷьны данрабадыр, ихәыцшьа иԥсахит. Жьуль иациҵоит: «Сара еилыскааит ауаа зехьынџьара ишеиԥшу, рцәаныррақәа шаадырԥшуа ауп еиԥшым. Убри аҟынтә ихадоуп урҭ реилкаареи ишыҟоу еиԥш бзиа рбареи». Аизара ҿыц уаанӡатәи шәеизара иаҿшәмырԥшлан. Абар пионерс амаҵ зуа А́нна-Ли́за илҳәаз: «Сара иҿыцу аҭыԥ аҿы зегьы сшашьцылахьоу еиԥш иҟалоит ҳәа сгәыӷӡомызт. Иҿыцу ак аилкаара акәымзи исҭахыз, уи азоуми арахь сзиасыз».
Аизара ахылаԥшыҩцәагьы аизара ҿыц уаанӡатәи реизара иаҿдмырԥшлароуп. Иҟалап ара аишьцәа даҽакала ак ҟарҵозар. Аха даҽакала иҟарҵозар, уи иаанагаӡом ииашамкәа иҟарҵоит ҳәа. Убри аҟынтә лабжьарак рышәҭаанӡа уи аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилышәкаа (Еккл. 3:1, 7б). Шәгәаанагара рыдцалара аҭыԥан, аҿырԥш бзиа дшәырбалар еиҳа еиӷьхоит (2 Кор. 1:24).
Аинициатива аашәырԥшла
3. Аинициатива аашәырԥшла (Флп. 1:27). Даҽа ҭыԥк ахь аиасра ус имариам. Уи аамҭеи амчи умнахуеит. Аха даараӡа ихадоуп иаразнак аизарақәа рҭаара, еиҳарак лабҿаба. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зынӡа, мамзаргьы шамахамзар шәрымбозар, шәыцхраара зларылшои? Ҩыџьа аԥҳацәа зманы Аладатәи Африка иҟоу ақалақь ду ахь ииасыз Лиуси́нда илҳәоит: «Сҩызцәа исабжьыргеит аизара ҿыц аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаразнак срабадырырц, ажәабжьҳәара срыццаларац, насгьы аизарақәа рҿы аҭакқәа ҟасҵаларц. Иара убас ҳара аишьцәа ирыдаҳгалеит ҳаҩны ажәабжьҳәаразы аиԥылара мҩаԥыргаларц».
Аизара ҿыц аҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәыжәҩахыр еибыҭаны амаҵ рыцжәула. Уи абзоурала аӡәи-аӡәи шәхаҵара шәырӷәӷәалоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа Анна-Лиза лгәазҭарҵеит ажәабжьҳәаҩцәа зегьы ажәабжь рыцылҳәаларц. Иалҵшәахазеи уи? Лара илҳәоит: «Сара ирласны еилыскааит аизара ҿыц ушахәҭаку убарц азы уи зегь раԥхьаӡа иргыланы иҟаҵатәу ак шакәу». Аизара аилыргареи ахылаԥшреи шәхы алашәырхәла. Убасала ирласны еилышәкаауеит аизара ҿыц шәара шәеизарагьы шакәу. Лассы-лассы аинициатива аашәырԥшлар, аизара ҿыц аҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирласны ишәызгәакьахоит.
Аҩызцәа ҿыцқәа шәыԥшаа
4. Аҩызцәа ҿыцқәа шәыԥшаа (2 Кор. 6:11—13). Ауаа гәык-ԥсыкала реинтерес шшәымоу анырбо, рҩызахара еиҳа имариахоит. Убри аҟынтә хықәкыс иқәшәыргыл Аҳратә зал ахь заа анеира, насгьы аизара анынҵәалак ашьҭахь иаразнак шәымцалан. Уи абзоурала зегьы шәрацәажәарц, шәрабадырырц аамҭа шәымазаауеит. Ауаа бзиа ирбоит рыхьӡ ҳәаны уанрацәажәо. Шәҿаԥха-ҿаччо, гәаартыла шәшыҟоу рбалар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәҩызахара рҭаххоит.
Шәхы ргәашәырԥхарц азы шәызлаҟам шәалаҟоушәа ҟашәымҵалан, шәшыҟоу шәыҟаз. Лиусинда шәылҿыԥшла, лара илҳәоит: «Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳаҩныҟа иааҳаԥхьон. Уи абзоурала аҩызцәа бзиақәа ҳарҳаит».
«ГӘААРТЫЛА АИШЬЦӘА ЗЕГЬ ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА»
Шьоукы аӡәгьы дахьырзымдыруа Аҳратә зал ахь анеира даара ишәоит. Иҟаҳҵар ҳалшозеи зегьы, ҳаизарахь ииасуа ҳрыцхраарц азы? Апостол Павел иҩуан: «Христос гәаартыла шәышидикылаз еиԥш, гәаартыла аишьцәа зегь шәыдышәкылала» (Рим. 15:7). Аизара ахылаԥшыҩцәа Христос иҿыԥшны, реизарахь ииасыз рыҩны иҟоушәа рхы рбаларц ирыцхраауеит. (Шәахәаԥш арамка «Даҽа ҭыԥк ахь аиасра зырмарио».) Аха уи аҟаҵара зылшо аизара ахылаԥшыҩцәа рымацара ракәӡам. Уи зегьы ирылшоит, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны.
Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь асасдкылара аарԥшра? Ҳаҩныҟа иааҳаԥхьалар ҳалшоит. Иара убас ацхыраара рыдаҳгалар ҟалоит. Иаҳәшьак даҽа қалақьк ахь даниас, уаҟа пионерс амаҵ зуаз аиаҳәшьа ақалақь ллырбеит, насгьы атранспорт шныҟәо лзеиҭалҳәеит. Уи аҩыза абзиабара аиаҳәшьа лгәаҵанӡа инеит, лыҩны дыҟоушәагьы лгәы иабеит.
ДАҼА ҬЫԤК АХЬ АИАСРА — ДОУҲАЛА АИЗҲАРА ИУЦХРААУА ЛШАРОУП
Асаранча аԥырра иалагаанӡа амҵәыжәҩақәа ӷәӷәахароуп. Аԥырра иалагаанӡа, иара зныкымкәа ацәа канажьуеит. Ирыцхраар шԥалшо ари аҿырԥштәы даҽа еизарак ахь ииасыз? Шәыжәҩа еиҵыхны Иегова имаҵ жәуларц азы шәыгәҭынчымрақәа зегь ааншәыжьроуп. «Даҽаџьара аиасра абаҩрҵәыра иаҩызоуп, — рҳәоит Николеи Селинеи. — Иаҳзымдыруа аҭыԥи иаҳзымдыруа ауааи ҳрышьцыларц азы аҟазшьа ҿыцқәа еизҳарҳар акәхеит». Жан-Шарль иҳәоит даҽаџьара ианиас, уи рҭаацәара ишанырыз: «Ҳхәыҷқәа аизара ҿыц аҿы ишәҭит. Мызқәак ирылагӡаны ҳаԥҳа аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аизараҿы адҵа лыманы дықәгыло далагеит, ҳаҷкәын иӡаахым жәабжьҳәаҩыс дҟалеит».
Иҟашәҵар шәылшозеи еиҳаны ажәабжь аҳәаразы даҽа ҭыԥк ахь аиасра шәҭагылазаашьақәа ирымуазар? Ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа шәеизараҿы шәхы иашәырхәала. Уи абзоурала шәеизара даҽакала шәахәаԥшуеит. Шәхаҵара анаҩсгьы ишәырӷәӷәала. Шәеизараҿы еснагь аинициатива аашәырԥшла. Еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәара шәрыццала. Аҩызцәа ҿыцқәа шәыԥшаала, уаанӡатәи шәҩызцәагьы шәхашәмыршҭлан. Аизараҿы ацхыраара зҭаху аӡәыр дыҟоу-дыҟаму шәазхәыцла. Ақьырсиантә бзиабара аашәырԥшлар, Иегова еиҳагьы шәизааигәахоит, насгьы дшышәзыразу жәбалоит (Иоанн 13:35). Избанзар «ус еиԥш иҟоу акәырбанқәа Анцәа игәы иахәоит» (Аур. 13:16).
Ааи, даҽаџьара аиасра мариаӡам. Уи ауадаҩрақәа ацуп. Аха имаҷҩымкәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ ауадаҩрақәа риааира рылшеит. Уажәы урҭ иҿыцу реизарақәа рҿы игәырӷьаҵәа Иегова имаҵ руеит. Шәаргьы ишәылшоит! «Даҽаџьара сахьиасыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы сгәы ҟьаҟьаӡа аартра исыцхрааит», — лҳәоит Анна-Лиза. Кадзуми илҳәоит: «Даҽаџьара сахьиасыз абзоурала Иегова еиҳа еиӷьны деилыскааит, иқәгәыӷшьагьы еиҳа исҵеит». Жьуль иҳәоит: «Сара аҩызцәа сырҳаит. Уажәшьҭа иҿыцу сҩызцәа рыбзоурала аҩны сыҟоушәа схы збоит. Сеизара ҭаацәарак исзаҩызахеит. Уажәшьҭа уи ааныжьра сцәыцәгьахар ҟалап».
a Шәахәаԥш 1994 шықәса, маи 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Как быть проповеднику, когда томит ностальгия» (аурыс).