Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 ииуль ад. 20—25
  • Израильтәи аҳцәа рҿырԥшы иаҳнарҵо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Израильтәи аҳцәа рҿырԥшы иаҳнарҵо
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ГӘЫКАЛА ИЕГОВА БЗИА ДЫРБОН
  • РЫГӘНАҲАҚӘА ИРЫХЬХӘУАН
  • ИИАШОУ АМҴАХЫРХӘАРА ИАДГЫЛАН
  • Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 ииуль ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 30

АШӘА 36 «Ихьчала угәы»

Израильтәи аҳцәа рҿырԥшы иаҳнарҵо

«Шәара еиҭах ижәбоит ииашоу ауаҩы ицәгьоу дызлаиеиԥшым, Анцәа имаҵ зуеи изымуеи злеиԥшым» (МАЛ. 3:18).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова израильтәи аҳцәа шьоукы изиашан, шьоукы изиашаӡамызт ҳәа зиԥхьаӡоз, насгьы уи иахьа имаҵзуҩцәа рҟынтә дыззыԥшу аилкаара ишҳацхраауа.

1, 2. Еилаҳкаауазеи Абиблиа аҟынтә израильтәи аҳцәа шьоукы ирызкны?

АБИБЛИАҾЫ 40-ҩык инареиҳаны израильтәи аҳцәаa рыӡбахә ҳәоуп. Урҭ рҟынтә шьоукы иҽеим аусқәагьы ҟарҵон. Абиблиа уи мӡаӡакәа иаартны иҳанаҳәоит. Ибзиаз аҳцәагьы зны-зынла иҽеимкәа рхы мҩаԥыргон. Ҿырԥштәыс дааҳгап аҳ Давид. Иегова Давид изы абас иҳәеит: «Смаҵзуҩы Давид... гәык-ԥсыкала сымаҵ иуан, ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡо мацара акәын иҟаиҵоз» (1 Аҳ. 14:8). Ус шакәызгьы, Давид аӡәы иԥҳәыс дхихын, длыцышьҭалеит, лхаҵагьы дыршьыртә иҟаиҵеит (2 Сам. 11:4, 14, 15).

2 Убри аамҭазгьы, Иегова изиашамыз аҳцәагьы зны-зынла аус бзиақәа ҟарҵон. Иаҳҳәап, Ровоам. Иегова иҳәеит «Ровоам ацәгьара ҟаиҵон» ҳәа (2 Аш. 12:14). Ус шакәызгьы, 10 биԥарак иара дааныжьны, рхазы аҳас даҽаӡәы даналырх, Ровоам Иегова дизыӡырҩын, урҭ дырмабашьӡеит. Уи адагьы, иара иудеиатәи ақалақьқәа ирӷәӷәон, убасала Анцәа ижәлар раӷацәа рҟынтә ихьчон (1 Аҳ. 12:21—24; 2 Аш. 11:5—12).

3. Иарбан зҵаароу ицәырҵуа? Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Аха ицәырҵуеит ихадоу зҵаарак: израильтәи аҳцәа аус бзиақәа реиԥш, аус цәгьақәагьы ҟарҵозҭгьы, избан Иегова шьоукы изиашан, шьоукы изиашаӡамызт ҳәа зиԥхьаӡоз? Уи азҵаара аҭак Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аилкаара иҳацхраауеит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова аҳцәа изиашазу-изиашамзу аниӡбоз, дзызхьаԥшуаз х-факторк. Иара дазхьаԥшуан урҭ гәыкала Иегова бзиа дырбозу-дрымбозу, рыгәнаҳақәа ирыхьхәуазу-ирхьымхәуазу, иара убас ииашоу амҵахырхәара иадгылазу-иадгыламзу.

ГӘЫКАЛА ИЕГОВА БЗИА ДЫРБОН

4. Излеиԥшымзи Иегова изиашаз аҳцәеи изиашамыз аҳцәеи?

4 Иегова игәы ҟазҵоз аҳцәа гәыкалаb имаҵ руан. Абиблиа иануп аҳ бзиа Иосафат гәыкала Иегова имаҵ иуан ҳәа (2 Аш. 22:9). Иосиа изкны иануп: «Иосиа Иегова иахь дхынҳәит. Иара гәыкала... Анцәа имаҵ иуан... Иара аҳас дҟалаанӡагьы, иара инахысгьы иеиԥшыз аҳ дыҟамызт» (2 Аҳ. 23:25). Аха иаҳдыруазеи аҵыхәтәаны ацәгьара аҟаҵара иалагаз аҳ Соломон изкны? «Уаҳа игәы инагӡаны Инцәа Иегова изиашаӡамызт» (1 Аҳ. 11:4). Анцәа изиашамыз аҳ Авиам изкны иануп: «Иара... гәыкала Инцәа Иегова дизиашаӡамызт» (1 Аҳ. 15:3).

5. Иҳаилшәыркаа гәыкала Иегова имаҵ аура иаанаго.

5 Иаанагозеи гәыкала Иегова имаҵ аура? Гәыкала Иегова имаҵ зуа ауаҩы иаҭахуп ҳәа акәӡам Анцәа имаҵ шиуа. Иара гәыкала Анцәа бзиа дибоит, ҳаҭыргьы иқәиҵоит. Уи инеиҳангьы, иара иԥсы ахьынӡаҭоу бзиа дибалоит, дагьизиашазаалоит.

6. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳгәы ҳахьчарц азы? (Ажәамаанақәа 4:23; Матфеи 5:29, 30).

6 Ишԥаҳалшо Иегова изиашаз аҳцәа ҳарҿыԥшны гәыкала Иегова бзиа ибара? Ҳара ҳгәы ԥхазҭазтәыр алшо ҳҽацәаҳахьчалароуп, уи закәызаалакгьы. Иара убас Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳахьчалароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Иаҳҳәап, ҳаԥсы анаҳшьо гәырҿыхагас иалҳхуа ҳацклаԥшлароуп. Уи адагьы, аҩызцәа ибзианы ҳхәыцны иалҳхлароуп. Иара убас аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу аԥара арҳареи амал аизгареи роуп ҳәа ахәыцра ҳаламгарц азы ҳгәаҳҽанызароуп. Иегова иахь ҳабзиабара хьшәашәошәа ҳбозар, иареи ҳареи ҳаиҩызара бжьызхуа аамҭа мгакәа иаанҳажьроуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 4:23; Матфеи 5:29, 30.)

7. Избан адунеи иаҳнаҭо анырра ҳҽацәаҳахьчалар зҳахәҭоу?

7 Изҳахәҭоузеи ҳгәы ахьчара? Ҳгәаҳҽанымзар, абас ахәыцра ҳалагар ҟалоит: «Сара Иегова имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа збоит, убри аҟынтә ари адунеи иснаҭо анырра цәгьа сԥырхагахаӡом». Аха уи хжьагоуп. Иааҳгап ҿырԥштәык. Ахьҭа бааԥс аныҟоу амш аҽны ахьҭа шәыԥсны аҩныҟа шхынҳәуеит, шәыҽшәырԥхарцгьы аԥечкақәа аҿашәкуеит. Аха хәарҭас ишәзаанагозеи уи, ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартызар? Адәахьынтәи иҩнало аҳауа хьшәашәа шәыҩны зегь архьшәашәоит. Иҳаилнаркаауеи ари аҿырԥштәы? Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аԥхарра рыҵазарц азы, доуҳала ибзианы акрахьаҳфо мацара ҳазхаӡом. Ҳара «ашәқәа аҳарклароуп», ари адунеи анырра ҳнамҭаларц азы. Ус ҟаҳамҵалар, адунеи ахәыцшьа, аҳауа хьшәашәа еиԥш, ҳгәы ԥхасҭанатәуеит, Иегова иахь иҳамоу абзиабарагьы архьшәашәоит (Еф. 2:2).

РЫГӘНАҲАҚӘА ИРЫХЬХӘУАН

8, 9. Иҟарҵазеи Давиди Езекиеи, рыгәнаҳа Иегова шаҟа игәы инархьыз анеилыркаа? (Шәахәаԥш асахьа.)

8 Хыхь ишҳәаз еиԥш, аҳ Давид агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит. Аха аԥааимбар Нафан ицхыраарала иҟаиҵаз агәнаҳа Иегова шаҟа игәы инархьыз анеиликаа, ахынраалара аарԥшны игәнаҳа дахьхәит (2 Сам. 12:13). Давид Нафан дижьарц азы, мамзаргьы ахьырхәра дацәцарц азы игәнаҳа дахьхәуашәа ҟаиҵаӡомызт. 51-тәи Аԥсалом иаҳнарбоит иара иҟаиҵаз гәык-ԥсыкала дшахьхәыҵәҟьаз (Аԥсал. 51:3, 4, 17, надписание).

9 Аҳ Езекиагьы Иегова игәы изырхьыз агәнаҳа ҟаиҵеит. Абиблиаҿы иануп: «Иара игәы ԥагьахеит, убри азы Анцәа иаргьы, Иудеиагьы, Иерусалимгьы игәы рзыԥжәеит» (2 Аш. 32:25). Дызԥагьахеи Езекиа? Иҟалап иара амал ахьимаз, мамзаргьы ассириаа дахьыриааиз азы акәзар. Мамзаргьы иҟалап Иегова џьашьахәыла дахьихәышәтәыз азы зегьы дреиӷьушәа игәы иабазар. Езекиа вавилонаа рҿаԥхьа имал дахыҽхәон. Иҟалап уи аԥагьара акәзар изырҟаҵаз. Аха аԥааимбар Исаиа иеиҳәеит уи азы Иегова игәы шизыԥжәаз (2 Аҳ. 20:12—18). Уи ашьҭахь Езекиа, Давид иеиԥш, ахынраалара аарԥшны иҟаиҵаз дахьхәит (2 Аш. 32:26). Аҵыхәтәаны Иегова уи изиашоу уаҩны диԥхьаӡеит, насгьы иҳәеит «ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟаиҵон» ҳәа (2 Аҳ. 18:3).

Асахьақәа реизга: 1) Нафан аҳ Давид диацәажәоит, Давид дӷьаҵәыӷьаҵәуа ажәҩан даҵаԥшуеит; 2) Исаиа аҳ Езекиа диацәажәоит, Езекиа илахь еиқәҵаны ҵаҟа дыԥшуеит.

Давиди Езекиеи агәнаҳа шыҟарҵаз анеилыркаа, ахынраалара аарԥшны рыгәнаҳақәа ирыхьхәит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)


10. Иҟаиҵеи Амациа, Иегова иԥааимбар данизынаишьҭ?

10 Иудеиатәи аҳ Амациа Давиди Езекиеи зынӡа дреиԥшӡамызт. Иара Иегова ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз ҟаиҵон, аха гәыкала акәӡамызт уи шыҟаиҵоз (2 Аш. 25:2). Иарбан гхоу Амациа иҟаиҵаз? Иегова Амациа едомаа риааира дицхрааит, аха уи ашьҭахь иара урҭ рынцәахәқәа рымҵахырхәара далагеитc. Иегова Амациа иахь иԥааимбар данынаишьҭ, Амациа уи ииҳәарц ииҭахыз имырҳәаӡакәа, наҟ дыԥхеиҵеит (2 Аш. 25:14—16).

11. 2 Коринфаа 7:9, 11 иану инақәыршәаны, иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иаҳдырҵозеи арҭ аҿырԥштәқәа? Ҳагәнаҳақәа гәык-ԥсыкала ҳрыхьхәлароуп, насгьы еиҭах урҭ ҟаҳамҵарц азы ҳхы аус адаҳулалароуп. Иаҳҳәап, аизара ахылаԥшыҩцәа лабжьарак шәырҭеит, аха шәара уи аҳәарагьы иаԥсамызт ҳәа шәыԥхьаӡоит. Уи аҩыза шәақәшәазар, аизара ахылаԥшыҩцәа шәырцәымӷушәа, насгьы Иегова бзиа шәимбошәа шәымхәыцлан. Иегова Израиль иҟаз аҳцәа бзиақәагьы зны-зынла инақәырӷәӷәаны ириашон (Аур. 12:6). Алабжьара аншәырҭо: 1) ахынраалара аарԥшны алабжьара шәызҭо шәизыӡырҩы; 2) аҽыԥсахра ахьшәыхәҭоу шәҽышәыԥсах; 3) анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ жәула. Ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Анцәа урҭ ҳанаижьуеит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 7:9, 11.)

Асахьақәа реизга: 1) иқәыԥшу аизара ахылаԥшҩы аиашьа диацәажәоит, уи аиашьа иааигәара астол аҿы иаарту аԥаҭлыкеи арыжәтә зҭоу аҵәцеи ықәгылоуп; 2) аиашьа Абиблиеи ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы анаӡаӡагьы!» аҿы иаагоу 43-тәи ауроки рыцхыраарала аҭҵаара мҩаԥигоит; 3) иқәыԥшу аизара ахылаԥшҩи уи аиашьеи ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь рҳәоит.

Алабжьара аншәырҭо: 1) ахынраалара аарԥшны алабжьара шәызҭо шәизыӡырҩы; 2) аҽыԥсахра ахьшәыхәҭоу шәҽышәыԥсах; 3) анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ жәула. (Шәахәаԥш абзац 11.)f


ИИАШОУ АМҴАХЫРХӘАРА ИАДГЫЛАН

12. Изларылукаауази Иегова изиашаз аҳцәа егьырҭ аҳцәа зегь раԥхьаӡа иргыланы?

12 Иегова изиашаз аҳцәа иара ишиҭахыз еиԥш имҵахырхәон, рыжәларгьы ус аҟаҵара ргәазҭарҵон. Дара ииашоу амҵахырхәара ахә ҳаракны иршьон. Ҳәарада, урҭ аҳцәа зны-зынла агхақәа рыхьуан. Ус шакәызгьы, дара гәыкала Иегова изиашан, насгьы гәымшәарала рыдгьыл аидолқәа рҟынтә идрыцқьонd.

13. Избан Иегова Ахав изиашамыз аҳ иакәны дзиԥхьаӡаз?

13 Иаҳҳәар ҳалшозеи Иегова изиашамыз аҳцәа ирызкны? Иаҳҳәар ҳалшома урҭ цәгьарамзар бзиарак ҟарымҵацызт ҳәа? Мап. Иаҳҳәап, иҽеимыз аҳ Ахав ианиаҳа иара иҵыхәала Навот дшыршьыз, игәы ихьит, Иегова иҿаԥхьа маҷк ахынрааларагьы ааирԥшит (1 Аҳ. 21:27—29). Иара убас уи аҳ ақалақьқәа иргылон, Израиль аӷацәагьы драбашьуан (1 Аҳ. 20:21, 29; 22:39). Аха иара Иегова иҿаԥхьа ацәгьара ҟазҵоз иеиԥш деицырдыруа дҟалеит. Иԥҳәыс дылзыӡырҩны Израиль амцмҵахырхәара алаирҵәон, уи иахьхәтәуп ҳәагьы дыҟамызт (1 Аҳ. 21:25, 26).

14. а) Избан Иегова Ровоам изиашамыз аҳ иакәны дзиԥхьаӡаз? б) Излеиԥшызи Иегова изиашамыз аҳцәа зегьы?

14 Шәааи Иегова изиашамыз даҽа аҳак ҳилацәажәап. Уи Ровоам иоуп. 2-тәи абзац аҿы ишҳәаз еиԥш, Ровоам аҳра аниуаз, имаҷымкәа абзиарақәа ҟаиҵеит. Аха имчра еиҳа ианыӷәӷәаха, Иегова изакәан ааныжьны, амцнцәахәқәа рымҵахырхәара далагеит (2 Аш. 12:1). Убри инаркны иара зны Иегова димҵахырхәон, зны амцнцәахәқәа дрымҵахырхәон (1 Аҳ. 14:21—24). Иегова изиашамыз Ровоами Ахави рымацара ракәӡамызт. Израильтәи аҳцәа реиҳараҩык ус иҟан, избанзар еиҳарак амцмҵахырхәара иадгылон. Излаҳбо ала, Иегова аҳ дыбзиазу дыцәгьазу аниӡбоз, дызхәаԥшуаз уи ииашоу амҵахырхәара дшазыҟаз акәын.

15. Избан Иегова изы изхадоу ауаҩы ииашоу амҵахырхәара дшазыҟоу?

15 Избан аҳцәа ииашоу амҵахырхәара ишазыҟаз Иегова изы абриаҟара изхадаз? Актәи, Анцәа ишимҵахырхәалатәу аганахьала аҳцәа ажәлар аҿырԥшы ддырбалар рыхәҭан. Аҩбатәи, амцмҵахырхәара ауаҩы егьырҭ агәнаҳа ӷәӷәақәа рахь днанагоит. Иара убас амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иалаго ауаҩы изааигәоу ииашамкәа дрызныҟәо далагоит (Ос. 4:1, 2). Ахԥатәи, ажәларгьы аҳцәагьы Иегова изкын. Убри азоуп Абиблиаҿы урҭ рхымҩаԥгашьа ахатә ҩыза иԥсахра изаҿырԥшу (Иер. 3:8, 9). Зхатә ҩыза дзыԥсахуа ауаҩы ихатә ҩыза даараӡа игәы иирхьуеит. Убасоуп Иеговагьы игәы шихьуа, имаҵзуҩы иара дааныжьны, даҽаӡәы имҵахырхәара даналаго ма даҽакы (Ҩынтә. 4:23, 24)e.

16. Дызлаиеиԥшымзеи Иегова изы ииашоу ауаҩы ауаҩы цәгьа?

16 Хәарҭас иалҳгар ҳалшозеи аҳцәа рҭоурых? Ҳара амцмҵахырхәара иадҳәалоу зегьы ҳҽацәаҳахьчалароуп. Аха уи мацара азхаӡом. Ҳара гәыкала ииашоу амҵахырхәара ҳадгылазароуп, ҳамч-ҳалшара уи азы ҳамеигӡалароуп. Аԥааимбар Малахиа иҳәеит Иегова иҿаԥхьа ауаҩ бзиеи ауаҩы цәгьеи злеиԥшым. Иара иҳәеит: «Шәара еиҭах ижәбоит ииашоу ауаҩы ицәгьоу дызлаиеиԥшым, Анцәа имаҵ зуеи изымуеи злеиԥшым» (Мал. 3:18). Убри аҟынтә Иегова имаҵ аура ак ҳԥырхагахар ҳамуроуп. Зны-зынла ҳанамӡареи ҳагхақәеи ирыхҟьаны даараӡа ҳгәы каҳауеит, уаҳа Иегова имаҵ аура ҳаԥсам ҳәагьы ахәыцра ҳалагоит. Ус акәзаргьы, Иегова имаҵ аура ҳаҟәымҵроуп, избанзар уи гәнаҳа ӷәӷәоуп.

17. Изызхәыцтәузеи ахатә ҩыза даналҳхуа?

17 Аҭаацәара шәалалар шәҭахызар, Малахиа иажәақәа шәыцхраауеит ахатә ҩыза иалхра. Иаҳҳәап, ауаҩы аҟазшьа бзиақәа илоуп. Аха Иегова имаҵ имуазар, Иегова уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡома? (2 Кор. 6:14). Иегова имаҵ зымуа ауаҩы шәыԥсҭазаара идышәҳәалар, дшәыцхраалома уи Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәара? Шәазхәыц. Соломон егьырҭ ажәларқәа рҟынтә иааигаз аҳәса ҟазшьа бзиақәак рыламкәа иҟамызт. Аха урҭ Иегова имаҵ руӡомызт. Хәыҷы-хәыҷлагьы Соломон амцмҵахырхәарахь диаргеит (1 Аҳ. 11:1, 4).

18. Иддырҵалар рыхәҭоузеи анацәеи абацәеи рхәыҷқәа?

18 Анацәеи абацәеи, ари астатиаҿы иаагаз азхәыцрақәа шәхы иархәаны, шәхәыҷқәа Иегова имаҵ аура ргәашәырԥха. Идеилшәыркаа Иегова ибзиоу аҳцәаны ииԥхьаӡоз иара имҵахырхәоз, насгьы ажәлар уи аҟаҵара ргәазҭазҵоз шракәыз. Шәрыцхраа рыԥсҭазаараҿы Иеговеи дареи реиҩызара зегь раасҭа ихадазар шакәу аилкаара. Уи аҿы шәхаҭагьы аҿырԥш бзиа дшәырбала. Ирбалааит шәара шәзы Абиблиа аҭҵаареи, аизарақәа рҭаареи, ажәабжь аҳәареи зегь раасҭа ишхадоу (Матф. 6:33). Ахәыҷқәа еилыркаароуп Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы иахьрызҳауа акгьы шаанамго, Иеговеи дареи рхатә еизыҟазаашьақәа рымазар шрыхәҭоу. Ус анакәымха, Иегова имҵахырхәара дара рзы ихадамхар ауеит, ишнеи-шнеиуа зынӡа иаанрыжьыргьы ҟалоит.

19. Иҟаиҵар акәзеи Иегова иахь ахынҳәра зҭаху ауаҩы? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иегова иахь шәхынҳәы!».)

19 Аӡәы Иегова имаҵ аура даҟәыҵзар, иаанагома уи хынҳәышьа имам ҳәа? Мап. Иара игәнаҳа дахьхәыр, насгьы Иегова иахь дхынҳәыр илшоит. Уи азы ахынраалара аарԥшны, аизара ахылаԥшыҩцәа ирҭо ацхыраара идикылароуп (Иак. 5:14). Уи мариамхар ҟалоит. Иегова иахь ахынҳәразы аџьабаа батәуп. Аха Иегова уи даԥсаӡами?

Иегова иахь шәхынҳәы!

Аҳ Манассиа «Иегова иҿаԥхьа ацәгьарақәа рацәаны иҟаиҵон». Иара «ашьа рацәа кеиҭәеит, акгьы зхарамыз ауаа рацәаҩны ишьит», амагиа инапы алакын, ихәыҷқәаҵәҟьагьы амцнцәахәқәа кәырбанс ирызнеигон! (2 Аҳ. 21:6, 16). Иара ихҟьаны Иудеиа инхоз ауаа «[егьырҭ] ажәларқәа иҟарҵоз аасҭа еицәаз аҟаҵара иалагеит» (2 Аҳ. 21:9; 2 Аш. 33:1—6). Аха Манассиа дытҟәаны Вавилонҟа данырга, игәнаҳақәа дрыхьхәит. Уи иаанагаӡом иара знызаҵәык Анцәа иҿаԥхьа аҭамзаара даҳәеит ҳәа, избанзар иара акыраамҭа Анцәа иҿаԥхьа агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵон. Арыцҳара данақәшәа, Манассиа «Анцәа иҿаԥхьа ахынраалара ааирԥшит», насгьы «Анцәа диҳәон». Аоригинал бызшәаҿы арҭ аҟаҵарбақәа ирымоу аформа иаанарԥшуеит Манассиа зныкымкәа Анцәа иҿаԥхьа ахынраалара шааирԥшыз, насгьы зныкымкәа дышиҳәоз. Анцәа Манассиа иҳәара иаҳаит. Иегова Манассиа игәнаҳақәа ианаижьит, насгьы Иерусалимҟа дырхынҳәны, аҳраҭыԥ аҿы диртәеит (2 Аш. 33:12, 13).

Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳаамҭақәа ирызкны? Аӡәы Иегова имаҵ аура даҟәыҵзар, аха нас гәык-ԥсыкала дахьхәызар, ианаижьуама Иегова? Ааи. Исаиа 55:7 аҿы иануп: «Ацәгьаҟаҵаҩ имҩа даныҵааит, агәнаҳаҟаҵаҩгьы ихәыцра цәгьақәа аанижьааит. Ихынҳәааит урҭ Иегова иахь, иара урҭ рыцҳаишьоит, ихынҳәааит Ҳанцәа иахь, избанзар иара гәык-ԥсыкала иранаижьуеит». Убри аҟынтә шәымлакҩакӡакәа Иегова иахь шәхынҳәы!

20. Ҳзеиԥш уаҩны ҳиԥхьаӡозеи Иегова, изиашаз аҳцәа ҳарҿыԥшлар?

20 Еилаҳкааи ари астатиа аҟынтә? Иаҳдырҵозеи израильтәи аҳцәа рҿырԥшы? Ҳгәы ҳахьчалар, насгьы гәыкала Иегова ҳизиашазар, Иегова изиашаз аҳцәа ҳреиԥшхоит. Убри аҟынтә шәааи ҳагхақәа иаҳдырҵо ҳазхәыцлап, ҳагәнаҳақәа гәык-ԥсыкала ҳрыхьхәлап, насгьы иҳарҭо алабжьарақәа ҳадкыланы, аҽыԥсахра ахьҳахәҭоу ҳҽаҳаԥсахлап. Шәааи ахаан иаҳхаҳмыршҭлап шаҟа ихадоу Иегова заҵәык имҵахырхәара. Ус ҟаҳҵалар, Иегова ҳаргьы ииашоу уаҩны ҳиԥхьаӡоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иҟаҳҵалар акәзеи ҳгәы ҳахьчарц азы?

  • Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳагәнаҳақәа гәыкала ҳашрыхьхәуа?

  • Ишԥаҳалшо ииашоу амҵахырхәара адгылара?

АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа

a Ари астатиаҿы «израильтәи аҳцәа» ҳәа рызҳәоуп Анцәа ижәлар ирхагылаз аҳцәа зегьы, урҭ аҳра ззыруаз ҩ-биԥарак рыла ишьақәгылаз иудеиатәи аҳра акәзаргьы, 10 биԥарак рыла ишьақәгылаз израильтәи аҳра акәзаргьы, 12 биԥара зегь акәзаргьы.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ажәа «агәы» Абиблиаҿы лассы-лассы ауаҩы игәаҭа аанарԥшуеит. Уахь иаҵанакуеит игәаҳәарақәа, ихәыцрақәа, иҟазшьақәа, ихәыцшьа, иҟазара, имотивқәа, ихықәкқәа.

c Егьырҭ ажәларқәа раҳцәа изиааиуаз ажәларқәа рынцәахәқәа рымҵахырхәара ҵасс ирыман. Иҟалап Амациа уи аҵас дықәныҟәазар.

d Иаҳҳәап, аҳ Аса агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵон (2 Аш. 16:7, 10). Аха Абиблиаҿы иҳәоуп иара Иегова иҿаԥхьа ииашаны ихы мҩаԥигон ҳәа. Раԥхьа Аса аԥааимбар игәы изыԥжәеит, аха нас уи дахьхәызар ҟалап. Иааизакны иуҳәозар, илаз абзиара еиҳа еиҳан ацәгьара аасҭа. Зегь раасҭа ихадоу Аса Иегова заҵәык дахьимҵахырхәоз ауп. Иара иаҳраҿы амцмҵахырхәара ықәигарц азы илшоз зегь ҟаиҵон (1 Аҳ. 15:11—13; 2 Аш. 14:2—5).

e Моисеи изакәан ианыз раԥхьатәи ҩ-ԥҟарак ирҳәон Иегова ида даҽаӡәы имҵахырхәара ма даҽакы амҵахырхәара шыҟамлоз (Ақәҵ. 20:1—6). Уи иҳаилнаркаауеит Иегова иара заҵәык ҳимҵахырхәаларц шиҭаху, иара изы уи даараӡа ишхадоу.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аизара ахылаԥшҩы аиашьа арыжәтә аганахьала ауадаҩра имазар шалшо гәеиҭоит, иара уи азы аиашьа диацәажәоит. Аиашьа ахынраалара аарԥшны дизыӡырҩуеит, аҽыԥсахра ахьихәҭоу иҽиԥсахуеит, анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ иуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра