Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ииун ад. 14—19
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲАРА АҴЫХӘТӘА АНААИУА ҲАЗДЫРӠОМ
  • ҲАРА ИҲАЗДЫРӠОМ ИЕГОВА ДҲАЦХРААРЦ АЗЫ ИҞАИҴО
  • ҲАРА УАҴӘЫ ИҞАЛО ҲАЗДЫРӠОМ
  • ИЕГОВА ШАҞА ИБЗИАНЫ ҲАИДЫРУА ҲХАҾГЬЫ ИАҲЗААГАӠОМ
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ишԥаиӡбало Иегова ауаа рус арыцҳара ду аан?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ииун ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 26

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу

«Зегьзымчу изкны зегь аилкаара ҳалшаӡом» (ИОВ 37:23).

ЕИЛАҲКААУА

Ҳара аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу зегь ҳаздырӡом, аха иаҳдыруа ҳхы азаҳашьҭыр, насгьы Иегова игәра ҳгалар, аԥышәарақәа зегьы ҳхаҳгар ҳалшоит.

1. Иарбан лшарақәоу Иегова иҳалеиҵаз, насгьы избан урҭ ҳалаҵаны ҳзишаз?

ИЕГОВА џьашьахәыла ҳаишеит: ҳара ҳхәыцлар, иҿыцу ак еилаҳкаалар, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳалшоит. Иаҳнарбои уи? Анцәа иҭахуп иара изку адыррақәа ҳаурц, насгьы ҳахшыҩ ҳхы иархәаны имаҵ ҳауларц (Ажәам. 2:1—5; Рим. 12:1).

2. а) Еилаҳкаауазар ҳахәҭоузеи ҳара? (Иов 37:23, 24). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Избан иаҳзымдыруа шырацәоу еилаҳкаауазар зҳахәҭоу?

2 Ҳара аҵара ҳҵаларц азы алшара шҳамоугьы иаҳзымдыруа рацәоуп. (Шәаԥхьа Иов 37:23, 24.) Шәизхәыц Иов. Иегова Иов ирацәаны азҵаарақәа анииҭа ашьҭахь, Иов еиликааит изымдыруаз шаҟа ирацәаз. Анцәеи иареи анеицәажәа ашьҭахь, Иов еиликааит ахынраалара аарԥшны ихәыцшьа иԥсахыр шихәҭаз (Иов 42:3—6). Ҳаргьы ахынраалара аарԥшны иаҳзымдыруа шырацәоу еилаҳкаауазар бзиоуп. Уи ӡбарак ҳадахкылар анҳахәҭоу еиҳа Иегова игәра агара иҳацхраауеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа иаҳдыруазар ҳахәҭаҵәҟьоу шҳаиҳәо (Ажәам. 2:6).

Аԥҭақәа ирылыԥшуа амырхәага Иов иқәыԥхоит. Иегова Иов диацәажәоит. Елиуии Иов хҩык иҩызцәеи урҭ шеицәажәо иахәаԥшуеит.

Иов еиликааит изымдыруа шырацәоу. Ҳаргьы уи еилаҳкаауазароуп. (Шәахәаԥш абзац 2.)


3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит иаҳзымдыруа атәы, насгьы уи иахҟьаны ҳзықәшәар алшо ауадаҩрақәа ҳрылацәажәоит. Иара убас иаҳбоит ак ҳзымдыруазар, уи зыбзиоу. Уи «зегь здыруа» Иегова иаҭаху адыррақәа шҳаиҭо ала ҳагәрагара арӷәӷәоит (Иов 37:16).

ҲАРА АҴЫХӘТӘА АНААИУА ҲАЗДЫРӠОМ

4. Иаҳзымдыруазеи Марк 13:32 иану инақәыршәаны?

4 Шәаԥхьа Марк 13:32. Ҳара иҳаздырӡом ари адунеи аҵыхәтәа анааиуа. Иисусгьы адгьыл аҿы данынхоз «амши асааҭи» издыруамызтa. Ԥыҭрак ашьҭахь апостолцәа иреиҳәеит зегь аҿҳәара рыҭара азин змоу Иегова шиакәу (Аус. 1:6, 7). Иегова Аҩсҭаа идунеи анықәиго аҿҳәара ԥиҵәахьеит. Аха уи аныҟалаҵәҟьо амш ҳара иҳаздырӡом.

5. Ишԥаҳнырыр алшо ари адунеи аҵыхәтәа анааиуа ахьаҳзымдыруа?

5 Убасала, ҳара иҳаздырӡом иҵегьы шаҟа ҳаԥшыр акәу. Уи иахҟьаны шьоукы ачҳара рцәыӡыр, мамзаргьы ргәы каҳар ауеит, еиҳараӡак Иегова имш иазыԥшуижьҭеи акыр ҵуазар. Даҽа шьоукы рҭаацәара иатәу, мамзаргьы егьырҭ ауаа адунеи аҵыхәтәа ахьымааиц азы иахьырхыччо иахҟьаны ргәы каҳар ауеит (2 Пиотр 3:3, 4). Убри аҟынтә ҳара абас ҳхәыцыр алшоит: «Амши асааҭи здыруазҭгьы, ари зегь ахгара еиҳа исзымариахон».

6. Избан ари адунеи аҵыхәтәа аныҟало амш ахьаҳзымдыруа зыбзиоу?

6 Аиаша уҳәозар, Иегова ари адунеи аҵыхәтәа аныҟало амш ахьаҳзааимыртыз бзиоуп. Уи абзоурала ҳара бзиа дшаҳбо, игәрагьы шаҳго ааҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳара ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа мацара акәымкәа, наӡаӡа Иегова имаҵ ҳаулар ҳҭахуп. Шәааи «Иегова имш» анбааиуеи ҳәа мыцхәы ҳамхәыцлап. Уи аҭыԥан, уи амш шаҟа абзиарақәа ҳзаанаго ҳхы азаҳашьҭлап. Уи Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәареи иргәырӷьаразы иҳалшо зегь аҟаҵареи иҳацхраауеит (2 Пиотр 3:11, 12).

7. Иаҳдыруазеи ҳара?

7 Ҳара иаҳдыруа ҳазхәыцлар бзиоуп. Абиблиатә ԥааимбаражәақәа инарықәыршәаны, 1914 шықәсазы аҵыхәтәантәи амшқәа алагеит. Абиблиаҿы ак агмыжькәа заа иҳәан уи аамҭа инаркны адунеи аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшрахо. Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟоуп: «Иегова имш ду» шааигәоу (Соф. 1:14). Иара убас ҳара иаҳдыруеит Иегова ихадоу адҵа шҳаиҭаз — иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа «Аҳра иазку ажәабжь бзиа» рзеиҭаҳәара (Матф. 24:14). Ҳара уи ажәабжь 240 тәылеи территориеи раҟара рҿы 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла иаҳҳәоит. Ҳара ари адунеи аҵыхәтәа анааиуа «амши асааҭи» шаҳзымдыруагьы, гәацԥыҳәарала ихадоу уи адҵа ҳҽалаҳархәлар ҳалшоит.

ҲАРА ИҲАЗДЫРӠОМ ИЕГОВА ДҲАЦХРААРЦ АЗЫ ИҞАИҴО

8. Иарбан усқәоу Екклезиаст 11:5 аҿы «Анцәа иусқәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу?

8 Ҳара «Анцәа иусқәа» анҳзымдыруагьы ыҟоуп. (Шәаԥхьа Екклезиаст 11:5.) Иарбан усқәоу зыӡбахә цо? Иегова игәҭакы наигӡарц азы иҟоуп ихаҭа ак аныҟаиҵо, иҟоуп ак ҟаларц аналиршо. Ҳара иҳаздырӡом Иегова ак ҟаларц залиршо. Иара убас ҳара иҳаздырӡом дҳацхраарц азы иҟаиҵо (Аԥсал. 37:5). Ан лымгәарҭа иҭоу ахәыҷы дшеизҳауа шаҳзымдыруа еиԥш, Анцәа иусқәа шынаигӡогьы ҳаздырӡом. Аҵарауаагьы ан лымгәарҭа иҭоу ахәыҷы дшеизҳауа иахьа уажәраанӡагьы аҵыхәтәанынӡа ирыздырӡом.

9. Иарбан уадаҩрақәоу иҳазцәырҵыр алшо Иегова дҳацхраарц азы иҟаиҵо ахьаҳзымдыруа азы?

9 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова еснагь дышҳацхраауа. Аха зны-зынла уи азы иҟаиҵо ахьаҳзымдыруа азы ӡбарак адкылара ҳцәыцәгьазар ауеит. Ҳара ак аԥсахра ҳцәыуадаҩзар алшоит, иаҳҳәап, ҳаԥсҭазаара армариара, ажәабжьҳәаҩцәа еиҳа иахьаҭаху аҭыԥ ахь аиасра. Иҟоуп даҽа уадаҩракгьы: Иегова дшаҳзыразу ала агәыҩбара ҳазцәырҵыр ауеит. Ус ҟалалоит иқәҳаргылаз ахықәкы анҳзынамыгӡо. Мамзаргьы ҳамчқәа зегь ажәабжьҳәара ианазаҳкуа, аха алҵшәа анаҳамбо. Ма ҳорганизациаҿы ҳазлахәу апроект ԥхьаҟа имцозар.

10. Иарбан ихадоу ҟазшьақәоу еизҳарҳар ҳалшо Иегова дышҳацхраало ахьаҳзымдыруа абзоурала?

10 Иегова дҳацхраарц азы иҟаиҵо ахьаҳзымдыруа абзоурала ҳара ахынраалара еиԥш иҟоу ихадоу аҟазшьақәа еизҳарҳалар ҳалшоит. Ҳара еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит Анцәа ихәыцрақәеи иусқәеи ҳара ҳхәыцрақәеи ҳусқәеи раасҭа ишеиҳау (Ис. 55:8, 9). Уи адагьы, ҳара Иегова игәра агашьа ҳҵоит, избанзар иара иоуп ҳусқәа рҿы ақәҿиара ҳазҭар зылшо. Ҳмаҵзура алҵшәа бзиақәа анаанаго, мамзаргьы иҳаду адҵақәа ибзианы ианынаҳагӡо, уи зыбзоуроу жәҩантәи Ҳаб иоуп, уи азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит (Аԥсал. 127:1; 1 Кор. 3:7). Ҳара акы ҳшазыԥшыз еиԥш акәымкәа даҽакала иҟалар ауеит, аха иаҳхаҳмыршҭлароуп Анцәа зегь шибо, насгьы аҭагылазаашьа дшахылаԥшуа (Ис. 26:12). Иегова дышҳацхраауа агәра ганы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит. Ҳара еилаҳкаауеит Анцәа абиблиатә аамҭақәа раан имаҵзуҩцәа џьашьахәыла дышрыцхраауаз еиԥш дшаҳмыцхраауа. Аха агәра ганы ҳаҟоуп иара цхыраарада ҳшаанимыжьуа (Аус. 16:6—10).

11. Иаҳдыруазеи Иегова изкны?

11 Ҳара иаҳдыруеит Иегова абзиабареи, аиашареи, аҟәыӷареи шилоу. Иаҳдыруеит иара изы, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы иҟаҳҵо зегь ахә ҳаракны ишишьо. Иара убас иаҳдыруеит Иегова изиашоу еснагь дшырзылԥхо (Аур. 11:6).

ҲАРА УАҴӘЫ ИҞАЛО ҲАЗДЫРӠОМ

12. Иаҳзымдыруазеи Иаков 4:13, 14 иану инақәыршәаны?

12 Шәаԥхьа Иаков 4:13, 14. Ҳара уаҵәы ҳзықәшәар алшо ҳаздырӡом. Ари адунеи аҿы дарбанзаалак амашәыр дақәшәар ауеит (Еккл. 9:11). Убри аҟынтә ҳара иҳаздырӡом ҳгәы иҭаҳкыз ҳзынагӡоу-иаҳзынамыгӡоу, уи ҳахьӡоу-ҳахьымӡоу, уи наҳагӡарц азы ҳаԥсы ҭазаауа-иҭамзаауагьы ҳаздырӡом.

13. Ҳхы ҳбалар шԥаҳалшо, ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахьаҳзымдыруа иахҟьаны?

13 Ҳаԥхьаҟа иҟало ахьаҳзымдыруа ҳара ҳзы иуадаҩхар ауеит. Избан? Избанзар ҳаԥхьаҟа иҟалои ҳәа мыцхәы ауаҩы даназхәыцуа агәырӷьара ицәнарӡыр ауеит. Ҳазқәымгәыӷуаз иҽеим акы ҳанақәшәо, уи ҳшьара ҳақәнарҟьоит. Ҳаззыԥшыз анынамӡо ҳгәы каҳауеит (Ажәам. 13:12).

14. Иҟаҵалатәузеи агәырӷьараҵәҟьа ҳамазарц азы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

14 Ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа анаҳхаҳго жәҩантәи Ҳаб имаҵ заҳуа иара иҟынтә ак ҳаурц азы акәымкәа, бзиа дахьаҳбо азы шакәу ааҳарԥшуеит. Абиблиа излаҳнарбо ала, Иегова ауадаҩрақәа зегь ҳарцәихьчаӡом, насгьы ҳаԥхьаҟа ҳзықәшәараны ҳаҟоу заа иӡбаӡом. Иара идыруеит ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу шаҳзымдыруагьы агәырӷьара ҳамазар шҳалшо. Иегова иҿы алабжьара ҳанашьҭоу, насгьы ҳанизыӡырҩуа агәырӷьара ҳамоуп (Иер. 10:23). Аӡбарақәа анҳадаҳкыло ацхырааразы ҳиҳәозар, абас ҳҳәозшәа иаҩызоуп: «Иегова иҭаххар, ҳаԥсы ҭазаауеит, абригь-абригь ҟаҳҵалоит» (Иак. 4:15).

Асахьақәа реизга: 1) аби аԥеи зда ԥсыхәа ыҟам еизганы ариукзак иҭарҵоит; Абиблиагьы уахь иҭарҵоит; 2) аби, ани, аԥеи ақәыршҩы аҟынтә абырзент аҵаҟа рҽырҵәахуеит; ариукзак иҭарҵаз уажәы ирыхәеит.

Иегова иҿы алабжьара ҳашьҭазар, насгьы ҳаизыӡырҩуазар, ҳихьчалоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)b


15. Иаҳдыруазеи аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкны?

15 Уаҵәы иҟало шаҳзымдыруагьы Иегова наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳшақәиргәыӷыз ҳдыруеит. Шьоукы ажәҩан аҿы инхалоит, даҽа шьоукы адгьыл аҿы. Ҳара иаҳдыруеит Анцәа ахаан амц шимҳәо, насгьы ҳзықәиргәыӷыз наигӡарц азы ак иԥырхагахар шимуа (Тит 1:2). «Аҵыхәтәаны иҟало, ажәытәтәи аамҭақәа раахыс — иҟамлац атәы» зҳәо иара заҵәык иоуп. Абиблиатә аамҭақәа рзы иҟалараны иҟаз зегьы наӡеит. Аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкны ииҳәазгьы убасҵәҟьа инаӡоит (Ис. 46:10). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова еснагь бзиа ҳшибало (Рим. 8:35—39). Ҳзықәшәало ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ ҳхаҳгарц азы аҟәыӷареи амчи ҳаиҭалоит, насгьы ҳгәы ирҭынчлоит. Иегова еснагь дҳацхраалоит, дагьҳзылԥхалоит (Иер. 17:7, 8).

ИЕГОВА ШАҞА ИБЗИАНЫ ҲАИДЫРУА ҲХАҾГЬЫ ИАҲЗААГАӠОМ

16. Иидыруазеи Иегова ҳара иҳазкны? Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа уи шәаназхәыцуа? (Аԥсалом 139:1—6).

16 Шәаԥхьа Аԥсалом 139:1—6. Ҳазшаз ҳара иҳазкны зегь идыруеит. Иара идыруеит иаҳҳәо заҳҳәо, ҳгәаҵаҿы иҵәаху, иҟаҳҵо зыҟаҳҵо, иарбан хәыцрақәоу, иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырҵуа, насгьы урҭ зҳазцәырҵуа. Аҳ Давид иҳәеит Иегова дшаҳхылаԥшуа, насгьы ҳацхраара еснагь дшазхиоу. Шәазхәыц: Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ, дгьыли жәҩани зшаз зегьзымчу Анцәа хьаас шәимоуп! Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа уи шәаназхәыцуа? Давид иажәақәа шәрықәшаҳаҭзар ҟалап: «Шаҟа ибзианы судыруа џьасшьоит. Сара сзы уи еилкаашьа амаӡам» (Аԥсал. 139:6).

17. Избан Иегова бзиа ҳшибо, насгьы ибзианы ҳшеиликаауа агәра агара ҳцәыцәгьазар залшо?

17 Иҟалап ҳааӡашьа, ҳкультура, мамзаргьы уаанӡа иныҟәаҳгоз адинхаҵара иаҳнарҵоз иахҟьаны Иегова хьаас ҳазмоу абзиабара злоу Анцәа шиакәу агәра агара ҳцәыцәгьазар. Мамзаргьы уаанӡа иҟаҳҵахьаз агхақәа ҳгәаларшәо абас ҳхәыцуазар: «Убри аҩыза агхақәа ҟасҵеит, Иегова сҩызахара иҭахымхар ҟалап». Давидгьы убас еиԥш иҟаз ацәаныррақәа анизцәырҵуаз ыҟан (Аԥсал. 38:18, 21). Иҟоуп Анцәа ддыргәырӷьаларц азы зыԥсҭазаашьа аԥсахра зцәыуадаҩугьы. Убас еиԥш иҟоу ауаа рхы иазҵаауазар алшоит: «Анцәа аҽыԥсахра шысцәыцәгьоу еиликаауазар, сеиликааҵәҟьозар, избан сҽысыԥсахырц зиҭаху? Сызидимкылои сшыҟоу еиԥш?»

18. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳахәҭоу Иегова ҳара ҳхы аасҭа еиҳа еиӷьны ҳшидыруа? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

18 Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп Иегова ибзианы ҳшидыруа. Иегова шаҟа ҳаидыруа аҟара ҳхы ҳаздырӡом. Иҳалоу абзиарақәа ҳхаҭа иҳамбозаргьы, Иегова урҭ ибоит. Иара иҟаҳҵо агхақәагьы ибоит, аха уеизгьы бзиа ҳаибоит, избанзар еиликаауеит иҟаҳҵо зыҟаҳҵо, насгьы иҳазцәырҵуа ацәаныррақәа зҳазцәырҵуа (Рим. 7:15). Иегова идыруеит зеиԥш уаҩны ҳҟалар ҳалшо. Уи ҳхаҳмыршҭуазар, имаҵ аураҿы еиҳа агәырӷьара ҳамазаауеит.

Асахьақәа реизга: 1) згәы каҳаны иҟоу аиашьа аԥенџьыр дкылыԥшуеит; адәахьы илашьцоуп, ақәа ауеит; 2) џьанаҭ дгьыл аҿы уи аиашьа иҩызцәеи иареи ашьхаҿы мҩахәасҭак ала ацара иаҿуп, иаарыкәыршаны иҟоу аԥшӡарагьы игәырӷьаҵәа иахәаԥшуеит.

Иегова адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара бзиа шаҳзыԥшу агәра ҳиргоит. Уи абзоурала ҳаззыԥшымыз ауадаҩрақәа рыхгара еиҳа иаҳзымариоуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)c


19. Иаҳдыруазеи Иегова изкны?

19 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова дшыбзиабароу (1 Иоанн 4:8). Иара ак ҟаҳҵаларц, мамзаргьы ак ҟаҳамҵаларц дызҳаҳәо бзиа ҳахьибо, насгьы ҳара ҳзы зегь иреиӷьу ахьиҭаху азоуп. Ҳара иаҳдыруеит Иегова наӡаӡа ҳанхаларц шиҭаху. Уи азы аҿыхрагьы ахә ишәеит. Христос иԥсхҭынҵара агәра ҳнаргоит, ҳшынаӡамгьы, ҳмаҵзурала Иегова дҳаргәырӷьалар шҳалшо (Рим. 7:24, 25). Агәра ганы ҳаҟоуп: «Анцәа ҳгәы аасҭа деиҳауп, иара зегь идыруеит» (1 Иоанн 3:19, 20). Иегова ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи ибзианы еиликаауеит. Иара агәра ганы дыҟоуп игәҭакы анагӡара шҳалшо.

20. Иҟаҵалатәузеи иаҳзымдыруа хьаас иҟаҳамҵаларц азы?

20 Иегова имаҵзуҩцәа ирдыруазар рыхәҭаҵәҟьоу зегь рзааиртуеит. Убри аҟынтә иаҳзымдыруа ак ыҟазаргьы, уи хьаас иҟаҳамҵалароуп. Уи аҭыԥан еиҳа ихадоу ҳхы азаҳашьҭлар еиӷьуп. Убас «зегь здыруа» Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшуеит (Иов 36:4). Иахьа иаҳзеилымкаауа шыҟоугьы, аԥхьаҟа наӡаӡа Иегова иҿы аҵара ҳҵалоит. Ҳара зеиԥшыҟам Ҳанцәа изкны еснагь иҿыцу ак анеилаҳкаало аамҭа ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп (Еккл. 3:11).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан аҵыхәтәа анааиуа ахьаҳзымдыруа зыбзиоу?

  • Избан уаҵәы иҟало ахьаҳзымдыруа зыбзиоу?

  • Избан Иегова ибзианы ҳшидыруа ҳхаҳмыршҭлар зыбзиоу?

АШӘА 104 Иԥшьоу адоуҳа Анцәа иҳамҭоуп

a Иисус Аҩсҭаа идунеи цәгьа ықәызго ар ираԥхьагыло иоуп. Убри аҟынтә уажәы иара Армагеддон аналаго амши аиааира ангахо амши идыруеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Аат. 6:2; 19:11—16).

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аби аԥеи ариукзак еизыргоит, узқәымгәыӷуа ак ҟалар, рҭаацәара уи иазхиазарц азы.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ауадаҩрақәа ирықәшәаз аиашьа адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара шаҟа ибзиахо дазхәыцуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра