АҴАРАЗЫ АСТАТИА 25
АШӘА 96 Анцәа Иажәа хазыноуп
Иаков ииҳәаз аԥааимбаражәа иаҳнарҵо (аҩбатәи ахәҭа)
«Иара дасу иқәнагаз азылԥхара ииҭеит» (АЛАГ. 49:28).
ЕИЛАҲКААУА
Иаков иԥсымҭазы ааҩык иԥацәа иреиҳәаз, насгьы уи ҳара иаҳнарҵо.
1. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ИАКОВ иԥацәа рлымҳа кыдҵаны зықәрахь инеихьоу раб ииҳәо иазыӡырҩуеит. Шьоукы икәшаны итәоуп, шьоукы гылоуп. Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, Рувими, Симеони, Левии, Иудеи даараӡа иџьаршьазар ҟаларын, раб дара ирызкны ииҳәаз анраҳа. Убри аҟынтә егьырҭ ааҩык иԥацәа ирызкны ииҳәо иазыԥшызар ҟалап. Шәааи ҳалацәажәап Иаков Завулони, Иссахари, Дани, Гади, Асири, Неффалими, Иосифи, Вениамини иреиҳәаз иаҳнарҵоa.
ЗАВУЛОН
2. Иеиҳәазеи Иаков Завулон, насгьы ишԥанаӡеи иажәақәа? (Алагамҭа 49:13). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
2 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:13. Иаков иҳәоит Завулон амшын аԥшаҳәаҿы дшынхало. Ишԥанаӡеи арҭ ажәақәа? 200 шықәса инареиҳаны рышьҭахь Завулон ихылҵыз Галилеиатәи амшыни Адгьылбжьаратәи амшыни рыбжьара ишьҭаз адгьыл роуит. Моисеи ԥааимбаражәаны иҳәеит: «Завулон, уандәылҵуа угәырӷьала» (Ҩынтә. 33:18, албаага). Иҟалап иара ус зиҳәаз Завулон ихылҵыз ҩ-мшынк рыбжьара адгьыл ахьроуз абзоурала ахәаахәҭра ахьырзыманшәалахоз азы акәзар. Ишыҟазаалакгьы, Завулон ихылҵыз агәырӷьаразы амзызқәа рыман.
3. Иҟаҵалатәузеи, ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, агәырӷьара ҳцәымӡырц азы?
3 Уи ҳара иаҳнарҵо. Ҳара ҳахьынхозаалакгьы, насгьы ҳзықәшәозаалакгьы, ҳгәырӷьалар ҳалшоит. Агәырӷьара ҳцәымӡырц азы иҳамоу ахә ҳшьалароуп (Аԥсал. 16:6; 24:5). Ани ҳамам, ари ҳамам ҳәа ҳхәыцлар, ҳгәы каҳауеит. Аха иҳамоугьы рацәами! Убри ҳазхәыцлар еиӷьуп. Убасҟан агәырӷьара ҳамазаауеит (Гал. 6:4).
ИССАХАР
4. Иеиҳәазеи Иаков Иссахар, насгьы ишԥанаӡеи иажәақәа? (Алагамҭа 49:14, 15). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
4 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:14, 15. Иаков Иссахар дмаашьаӡакәа аџьабаа ахьибоз азы дирҽхәеит, насгьы аидара хьанҭа ныҟәызго аҽада ӷәӷәа даҿирԥшит. Уи адагьы, Иаков иҳәоит Иссахар адгьыл ԥшӡа шиоуа. Ишԥанаӡеи арҭ ажәақәа? Иссахар ишьҭра иатәыз Иордан азааигәара аҽаҩра бзиа аазгоз адгьыл роуит (Иис. Н. 19:22). Дара ргәы ақәкны уи адгьыл иқәаарыхуан. Уи адагьы, дара егьырҭ рзгьы рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа рбон (1 Аҳ. 4:7, 17). Иаҳҳәап, аӡбаҩ Вараки аԥааимбарԥҳәыс Девореи Сисара иабашьразы израильаа ацхырааразы ианрыҳәа, Иссахар иабиԥара урҭ ирывагыланы ирыцеибашьит (Аӡб. 5:15).
5. Избан ҳмаашьаӡакәа аџьабаа ҳбалар зҳахәҭоу?
5 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иегова ҳмаашьаӡакәа иара изы иаҳбо аџьабаа ахә ҳаракны ишьоит (Еккл. 2:24). Иаҳҳәап, аизара иахылаԥшуа аишьцәа рџьабаа (1 Тим. 3:1). Ҳәарада, дара ажәытәан Анцәа ижәлар шеибашьуаз еиԥш еибашьӡом. Аха Анцәа ижәлар рхаҵара аԥырхага азҭар алшо зегь аҟынтә ирыхьчаларц аҭакԥхықәра рыдуп (1 Кор. 5:1, 5; Иуда 17—23). Уи џьабаа дууп. Уи адагьы, урҭ аишьцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭызхуа ажәахәқәа дырхиаларц азы ирацәаны аџьабаа рбоит (1 Тим. 5:17).
ДАН
6. Иарбан дҵоу Дан иабиԥара ироуз? (Алагамҭа 49:17, 18). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
6 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:17, 18. Иаков Дан амаҭ даҿирԥшит. Дызҿирԥшыз амаҭ иара ахаҭа аасҭа еиҳау аԥстәы, иаҳҳәап, аибашьҩы дзықәтәоу аҽы, иацәымшәаӡакәа иацҳар ауеит. Дан иабиԥара иатәыз агәымшәара рылан. Дара Израиль аӷацәа рабашьразы еснагь ихианы иҟан. Израильаа изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианцоз, Дан иабиԥара зегь рышьҭахь игылан, насгьы «аԥхьа игылаз агәыԥқәа зегь ахьчон» (Ахыԥхь. 10:25). Урҭ иҟарҵоз аӡәгьы ишимбозгьы, инарыгӡоз аус даараӡа ихадан.
7. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи, Иегова иорганизациаҿы дҵак анынаҳагӡо?
7 Уи ҳара иаҳнарҵо. Шәақәшәахьоума абри аҩыза? Шәара уск нашәыгӡеит, аха уи аӡәгьы изгәамҭаӡеит ҳәа шәгәы иаанагоит. Иаҳҳәап, Аҳратә зал аилыргараҿы, насгьы уи иагу акы аҟаҵаразы ацхыраара ҟашәҵазар, аконгресс аҿы шәрыцхраазар, мамзаргьы даҽа дҵак нашәыгӡеит. Шәара арҽхәара шәаԥсоуп! Ахаан ишәхашәмыршҭлан Иегова иара изы ижәбо аџьабаа шибо, насгьы уи ахә ҳаракны ишишьо. Иара даараӡа игәы иахәоит шәдырҽхәарц азы акәымкәа, гәыкала бзиа дбаны имаҵ ахьыжәуа (Матф. 6:1—4).
ГАД
8. Избан Израиль аӷацәа Гад иабиԥара рықәлара зырзымариаз? (Алагамҭа 49:19). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
8 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:19. Иаков ԥааимбаражәаны иҳәеит Гад ақәылаҩцәа шиқәлало. 200 шықәса инареиҳаны рышьҭахь Гад ишьҭра иатәыз аӡиас Иордан аԥшаҳәаҿы ишьҭаз адгьыл роуит. Ргәылара Израиль аӷацәа нхон, убри аҟынтә раӷацәа рықәлалар рылшон. Аха уеизгьы Гад ишьҭра иатәыз уи адгьыл аҿы инхалар рҭахын, избанзар уа арахә рааӡаразы аҳәырҭа бзиақәа ыҟан (Ахыԥхь. 32:1, 5). Излаҳбо ала, дара агәымшәара злаз уаан. Иара убас дара агәра ргон Иегова рыдгьылқәа ақәылаҩцәа рҟынтә ахьчара дышрыцхраало. Уи адагьы, егьырҭ абиԥарақәа аӡиас Иордан анхыҵ ишьҭаз адгьылқәа аныргоз, Гад ишьҭра иатәыз акыршықәса рыҩныҵҟа урҭ ирыцхраауан (Ахыԥхь. 32:16—19). Дара агәра ганы иҟан аҩны ианыҟамло, Иегова рыҳәсеи рхәыҷқәеи шихьчало. Иегова Гад иабиԥара иатәыз ауаа агәымшәареи ахамеигӡареи ахьаадырԥшуаз азы дырзылԥхеит (Иис. Н. 22:1—4).
9. Ишԥаҳалшо ҳаӡбарақәа рыла Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшыр?
9 Уи ҳара иаҳнарҵо. Имариам аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова имаҵ ҳауларц азы иара ҳиқәгәыӷлароуп (Аԥсал. 37:3). Иахьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы аргыларатә проектқәа рыҽрыладырхәуеит, ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рахь ииасуеит, мамзаргьы даҽакала ҳорганизациа иацхраауеит. Дара Иегова изы акгьы иеигӡаӡом, избанзар ишаанимыжьуа рдыруеит (Аԥсал. 23:1).
АСИР
10. Ишԥанаӡеи Асир изкыз Иаков иԥааимбаражәа? Иҟарымҵазеи Асир иабиԥара? (Алагамҭа 49:20). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
10 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:20. Иаков ԥааимбаражәаны иҳәеит Асир ихылҵуа шбеиахо. Убас иагьыҟалеит. Асир иабиԥара аҽаҩра бзиа аазгоз адгьыл роуит (Ҩынтә. 33:24). Уи Адгьылбжьаратәи амшын аԥшаҳәа иаваршәны ицон. Иара убас дара ирыман Сидон захьӡыз аԥара бзиа аазгоз финикиатәи ахәаахәҭратә баӷәаза. Аха Асир иабиԥара рыдгьыл ханаанаа ықәрымцаӡеит (Аӡб. 1:31, 32). Дара ахьбеиаз азы, насгьы ханаанаа иҽеимкәа иахьырныруаз азы акәзар ауеит Иегова имаҵ аураҿы изыхьшәашәахаз. Иаҳҳәап, аӡбаҩ Варак ханаанаа рабашьразы израильаа ацхырааразы данрыҳәа, Асир иабиԥара иҳәара ақәҿырымҭӡеит. Убри аҟынтә дара ирымбаӡеит Иегова Мегиддо аӡқәа рзааигәара аџьашьахәы шыҟаиҵаз, ижәлар аиааира агарагьы дышрыцхрааз (Аӡб. 5:19—21). Вараки Девореи аиааира ашәаҿы Асир ишьҭра иатәыз рзы абас рҳәеит: «Асир усда-ҳәысда амшын аԥшаҳәаҿы дтәан» (Аӡб. 5:17). Уи анраҳа, иԥхашьазар ҟалап.
11. Избан ҳаԥсҭазаараҿы аԥара зегь раасҭа ихадахар захәҭам?
11 Уи ҳара иаҳнарҵо. Ҳара иҳамоу аҟынтә зегьы иреиӷьу Иегова иаҳҭалар ҳҭахуп. Убри аҟынтә шәааи аԥсҭазаараҿы амал зегь раасҭа ихадоуп ҳәа зыԥхьаӡо ари адунеи аҿы инхо ауаа ҳармеиԥшхалап (Ажәам. 18:11). Ҳара еилаҳкаауеит ԥарада ԥсыхәа шҳамам, аха уи ҳара ҳзы Иегова имаҵ аура аасҭа ихадамзароуп (Еккл. 7:12; Аур. 13:5). Ҳара ак аахәаразы аԥара ҳарҳарц азы зыхә ҳараку ҳаамҭеи ҳамчи наҳхӡом, уи иаҳҭахыҵәҟьоу ак акәымзар. Уи аҭыԥан ҳамчқәа зегьы Иегова имаҵ аура иазаҳкуеит. Ҳара иаҳдыруеит Анцәа ҳизиашаны ҳаанхар, аԥхьаҟа акгьы ҳахьацәымшәало, агәырӷьараҵәҟьа ахьҳамазаауа адунеи ҿыц аҿы ҳшынхало (Аԥсал. 4:8).
НЕФФАЛИМ
12. Иаадырԥшуазар алшози Неффалим изку Иаков ииҳәаз ажәақәа? (Алагамҭа 49:21). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
12 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:21. Иаков иҳәеит Неффалим «ажәа ԥшӡақәа иҳәоит» ҳәа. Иҟалап уи Иисус дышцәажәало аанарԥшуазҭгьы. Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, Неффалим иабиԥара адгьыл аҿы иҟаз ақалақь Капернаум аҿы аамҭа рацәаны ихигон. Убри азы акәзар ауеит Капернаум Иисус иқалақь ҳәа зазҳәоу (Матф. 4:13; 9:1). Исаиа Мессиа изкны аԥааимбаражәа аниҳәоз, Завулони Неффалими алашара ду рбоит ҳәа иҳәеит (Ис. 9:1, 2). «Еиуеиԥшым ауаа ирзылашо ииашаҵәҟьоу алашара» ҳәа зызҳәоу Иисус зеиԥшыҟамыз рҵаҩыҵәҟьан (Иоанн 1:9; 7:46).
13. Ишԥаҳалшо ҳцәажәашьала Иегова дҳаргәырӷьалар?
13 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иегова изы акраҵанакуеит иаҳҳәо, насгьы уи шаҳҳәо. Иҟаҵалатәузеи Иегова игәы иахәо «ажәа ԥшӡақәа» рҳәашьа ҳҵарц азы? Актәи, аиаша шәҳәала (Аԥсал. 15:1, 2). Аҩбатәи, шәажәақәа рыла егьырҭ ргәы ашьҭыхра шәашьҭаз — ауаа шәырҽхәала, аӡәгьы акритика изыжәмулан, шәмашшлан (Еф. 4:29). Иара убас ирмарианы ауаа рацәажәара алагашьа ҳҵарц хықәкыс иқәҳаргылар ҳалшоит. Уи Иегова иӡбахә ауаа раҳәаразы алшара ҳнаҭалоит.
ИОСИФ
14. Ишԥанаӡеи Иаков Иосиф изкны ииҳәаз аԥааимбаражәа? (Алагамҭа 49:22, 26). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
14 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:22, 26. Иосиф Иаков еиҳа бзиа иибоз иԥҳәыс Рахиль лԥеиҳаб иакәын. Иаков уи «ашәыр зҿало аҵла амахәҭа» ҳәа изиҳәеит. «Аҵла» Иаков ихаҭа иакәын, «амахәҭа» — Иосиф иакәын. Иаков «аишьцәа рҟынтә иалху» Иосиф дизгәдуузҭгьы ҟаларын. Иара ԥааимбаражәаны иҳәеит Иосиф Рувим иҭыԥан ҩ-хәҭаак шиоуа (Алаг. 48:5, 6; 1 Аш. 5:1, 2). Ишԥанаӡеи уи аԥааимбаражәа? Иосиф иԥацәа Ефреми Манассиеи ҩ-биԥарак рхылҵит. Урҭ аҩ-биԥарак израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл аҿы адгьылқәа роуит (Алаг. 49:25; Иис. Н. 14:4).
15. Дышԥаиааи Иосиф аиашамра?
15 Иара убас Иаков ахысыҩцәа рыӡбахә иҳәеит. Урҭ Иосиф «иеихсуан, игәаӷ ркуан» (Алаг. 49:23). Уи иҵашьыцуаз иашьцәа ракәын. Дара Иосиф ииашамкәа изныҟәеит. Уи иахҟьаны иԥсҭазаараҿы ирацәаны агәаҟрақәа дрықәшәеит. Аха Иосиф иашьцәа ргәаӷ имкӡеит. Дзықәшәаз азы Иеговагьы акгьы ихараимҵаӡеит. Иаков ишиҳәаз еиԥш, «[Иосиф] ихыц шеиҵыхыз иаанхеит, инапқәа тартаруа ишыӷәӷәац иӷәӷәан, ишеилҟьаз еилҟьан» (Алаг. 49:24). Аԥышәарақәа раан Иосиф еснагь Иегова диқәгәыӷуан. Иара иашьцәа зегь ранаижьит, уимоу абзеирақәагьы рзыҟаиҵеит (Алаг. 47:11, 12). Аԥышәарақәа раан Иосиф аҟазшьа бзиақәа еизирҳаит (Аԥсал. 105:17—19). Убри аҟынтә Иегова иара ила аус дуқәа наигӡеит.
16. Ишԥаҳацхраауеи Иосиф иҿырԥшы аԥышәарақәа рыхгара?
16 Уи ҳара иаҳнарҵо. Аԥышәарақәа Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәырцәыхарартәыр шәымун. Ишәхашәмыршҭлан ауадаҩрақәа анаҳхаҳго, уи Иегова ак ҳирҵартә алшара шинаҭо (Аур. 12:7). Ауадаҩрақәа раан ҳара ақьырсиантә ҟазшьақәа еизҳарҳалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, арыцҳашьара аарԥшышьеи ауаа рыгхақәа ранажьшьеи ҳҵар ауеит (Аур. 12:11). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ачҳара аарԥшны зегь ахьаҳхаҳго азы Иегова Иосиф дшизылԥхаз еиԥш дшаҳзылԥхо.
ВЕНИАМИН
17. Ишԥанаӡеи Вениамин изку аԥааимбаражәа? (Алагамҭа 49:27). (Шәахәаԥш иара убас арамка.)
17 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:27. Иаков Вениамин ақәыџьма даҿирԥшит. Убасала, иара вениаминаа шеибашьцәа бзиахо иҳәеит (Аӡб. 20:15, 16; 1 Аш. 12:2). «Ашьжьымҭан», даҽакала иуҳәозар, Израильтәи аҳра анышьақәгыла, Вениамин ишьҭра иатәыз Саул раԥхьатәи аҳ иакәны дҟалеит. Иара гәымшәарала филистимаа драбашьуан (1 Сам. 9:15—17, 21). Акыршықәса рышьҭахь, инықәырԥшны иуҳәозар, «ахәылбыҽха», Вениамин ишьҭра иатәыз аҳкәажә Есфири Мардохеии израильаа еиқәдырхеит (Есф. 2:5—7; 8:3; 10:3).
18. Ишԥаҳалшо вениаминаа ҳарҿыԥшлар?
18 Уи ҳара иаҳнарҵо. Вениаминаа иахыҽхәозҭгьы ҟаларын рышьҭра иатәыз аҳас дахьыҟалаз. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Иуда ишьҭра иатәыз Давид аҳас далихит. Раԥхьа вениаминаа уи шыргәамԥхазгьы, нас иҿыцыз аҳ идгылеит (2 Сам. 3:17—19). Акыршықәса рышьҭахь, жәабиԥарак аҿагылара анышьҭырх, вениаминаа Иуда иабиԥареи Иегова иалихыз аҳи гәык-ԥсыкала ирывагылеит (1 Аҳ. 11:31, 32; 12:19, 21). Шәааи ҳаргьы Иегова иахьа ижәлар знапы ианиҵаз ахацәа гәык-ԥсыкала ҳарзыӡырҩлап (1 Фес. 5:12).
19. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанагаз Иаков иԥсымҭаз ииҳәаз аԥааимбаражәа ахьеилҳаргаз?
19 Ишаҳбаз еиԥш, Иаков иԥсымҭаз ииҳәаз аԥааимбаражәа иаҳнарҵо рацәоуп. Ҳара ҳахәаԥшит уи аԥааимбаражәа шынаӡаз. Уи Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаӡо еиҳагьы агәра ҳнаргоит. Уи адагьы, ҳара еилҳаргеит абиԥарақәа зегьы зылԥхарак-зылԥхарак шроуз, насгьы Иегова дҳаргәырӷьалар шҳалшо еиҳа еиӷьны еилаҳкааит.
АШӘА 128 Аҵыхәтәанынӡа ачҳара
a Иаков раԥхьатәи ԥшьҩык иԥацәа данырзылԥхоз, еиҳабы-еиҵбыла дырзылԥхеит. Егьырҭ ааҩык иԥацәа данырзылԥхоз, ус ҟаимҵаӡеит.