АҴАРАЗЫ АСТАТИА 24
АШӘА 98 Аҩыра Анцәа идоуҳала иҩуп
Иаков ииҳәаз аԥааимбаражәа иаҳнарҵо (актәи ахәҭа)
«Шәеиза зегьы. Сара аԥхьаҟа ишәԥеиԥшу шәзеиҭасҳәоит» (АЛАГ. 49:1).
ЕИЛАҲКААУА
Иаков иԥсымҭазы Рувими, Симеони, Левии, Иудеи иреиҳәаз, насгьы уи ҳара иаҳнарҵо.
1, 2. Иҟаиҵазеи Иаков дыԥсаанӡа, насгьы избан ус зыҟаиҵаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
ИАКОВ иҭаацәеи иареи Ханаанынтәи Египетҟа нхара ианиас, иқәрахь днеихьан. Иара уа Иосиф даниба, игәырӷьара ҳәаа амамызт. Уажәшьҭа ихшареи иареи зегь џьарак еицыҟан. Урҭ ахҭысқәа рышьҭахь 17 шықәса ҵырц акгьы агӡамызт (Алаг. 47:28). Иаков иԥсра шааигәахоз аниба, иԥацәа иара иахь инеирц реиҳәеит. Иара аҵак ду змоу ак реиҳәар иҭахын (Алаг. 49:28).
2 Усҟантәи аамҭазы аҭаацәара ахада дыԥсаанӡа иҩнаҭа иатәыз еизганы аҵыхәтәантәи иажәа реиҳәон (Ис. 38:1). Ари аҩыза аҭаацәаратә еиқәшәараан иара ишьҭахь аҭаацәара ахадас иҟало дызусҭахо реиҳәар ауан.
Иаков 12-ҩык иԥацәа еизеит. Иара урҭ аԥхьаҟа ирзыԥшу рзеиҭеиҳәоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)
3. Еилаҳкаауазеи Алагамҭа 49:1, 2 аҟынтә?
3 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:1, 2. Аха ари аҭаацәара реиқәшәара егьырҭ аҭаацәарақәа реиқәшәара иеиԥшӡамызт. Иаков дԥааимбарын. Анцәа иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала иара иԥацәа иреиҳәеит рҭаацәеи дареи аԥхьаҟа ирзыԥшу.
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иаков иҭаацәара».)
4 Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иаков Рувими, Симеони, Левии, Иудеи иреиҳәаз. Анаҩстәи астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит егьырҭ ааҩык иԥацәа иреиҳәаз. Ишеилаҳкаауа ала, Иаков иажәақәа зызкыз иԥацәа мацара ракәӡамызт, урҭ ирхылҵуазгьы ирызкын. Аамҭак ашьҭахь урҭ ажәлар ду, Израиль, рхылҵит. Израиль аҭоурых иаҳнарбоит Иаков иԥааимбаражәа шынаӡаз. Уи аԥааимбаражәа ҳаргьы иаҳнарҵо рацәоуп. Ҳара еиҳагьы еиӷьны еилаҳкаауеит жәҩантәи Ҳаб Иегова дҳаргәырӷьалар шҳалшо.
РУВИМ
5. Дыззыԥшызар алшозеи Рувим иаб иҟынтә?
5 Раԥхьа Иаков Рувим иахь ихы рханы абас иеиҳәеит: «Уара сԥеиҳаб уоуп» (Алаг. 49:3). Убри аҟынтә Рувим, аԥеиҳаб иаҳасабала, ихәҭаа иашьцәа рыхәҭаа аасҭа ҩынтә еиҳахоит ҳәа игәы иаанагозар алшон. Иҟалап иаб даныԥслак ашьҭахь аҭаацәара ахадас дҟалоит ҳәа игәы иаанагозҭгьы, анаҩс уи аҭакԥхықәра ихылҵуа рахь ииасуеит ҳәа дазыԥшызҭгьы.
6. Избан Рувим аԥеиҳаб иаҳасабала имаз азин зицәыӡыз? (Алагамҭа 49:3, 4).
6 Аха Рувим аԥеиҳаб иаҳасабала имаз азин ицәыӡит (1 Аш. 5:1). Избан? Рахиль данԥсы ашьҭахь аамҭак анҵы, иара Валла зыхьӡыз Иаков иҳәса руаӡәк длыцышьҭалеит. Валла Рахиль лмаҵуҩԥҳәыс лакәын (Алаг. 35:19, 22). Избан Рувим убас зыҟаиҵаз? Иҟалап Валла дигәаԥхозҭгьы, насгьы исексуалтә гәаҳәара иҽеиҭазар. Мамзаргьы иҟалап уи ашьҭахь Иаков Валла дицәымыӷхоит, насгьы иан Лиа еиҳа бзиа дибалоит ҳәа дгәыӷуазҭгьы. Ишыҟазаалакгьы Рувим иҟаиҵаз ҽеиӡамызт, насгьы уи ала иара Иеговагьы Иаковгьы ргәы дирхьит. (Шәаԥхьа Алагамҭа 49:3, 4.)
7. Ироуи Рувим ихылҵызи иареи? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иаков иԥааимбаражәа».)
7 Иаков Рувим иеиҳәеит: «Уара уашьа уиаԥысӡом». Арҭ ажәақәа наӡеит. Абиблиаҿы ианӡам Рувим ихылҵыз аҳцәас, ԥшьаҩцәас, мамзаргьы ԥааимбарцәас иҟалеит ҳәа. Аха Иаков иԥа мап ицәимкӡеит. Рувим ихылҵыз израильтәи абиԥарақәа ируакхеит (Иис. Н. 12:6). Рувим Валла дахьлыцышьҭалаз шҽеимызгьы, уи ашьҭахь уаҳа ихы ламысдарала имҩаԥимгозҭгьы ҟаларын. Иара аҟазшьа бзиақәагьы шилаз узырбо аҭагылазаашьақәа ыҟан (Алаг. 37:20—22; 42:37).
8. Иаҳнарҵозеи Рувим ихҭыс?
8 Уи ҳара иаҳнарҵо. Ҳара зегьы аҽынкылара еизҳарҳалароуп, насгьы иҽеим асексуалтә гәаҳәарақәа ҳаҽраҳамҭалароуп. Агәнаҳа ҳзырҟаҵар алшо ахыхра ҳақәшәазар, ҳааҭгыланы ҳазхәыцроуп уи ҳҽаҳҭар, Иеговеи, ҳҭаацәеи, егьырҭ ауааи шаҟа ргәы днархьуа. Иара убас Абиблиа иану абарҭ ажәақәа ҳхаҳмыршҭлароуп: «Ауаҩы илеиҵо ауп иааирыхуа» (Гал. 6:7). Даҽа ганкахьала Рувим ихҭыс иаҳнарбоит Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу. Ааи, иара ҳагхақәа рылҵшәақәа ҳарцәихьчаӡом, аха ҳара ҳахьхәуазар, насгьы ииашаны ҳхы амҩаԥгара ҳҽазаҳшәозар, иара ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, дагьҳзылԥхоит.
СИМЕОНИ ЛЕВИИ
9. Избан Иаков Симеони Левии игәы рзыԥжәаны дзыҟаз? (Алагамҭа 49:5—7).
9 Шәаԥхьа Алагамҭа 49:5—7. Уи ашьҭахь Иаков Симеони Левии рацәажәара далагеит. Иубаратәы иҟан иара урҭ игәы рзыԥжәаны дшыҟаз. Дара Ханаан ианынхоз, уа инхоз Шехем зыхьӡыз хаҵак Иаков иԥҳа Дина амш лылигеит. Ҳәарада, уи Иаков иԥацәа зегьы ргәы днархьит. Аха урҭ рҟынтә ҩыџьа, Симеони Левии, рыԥсахеибакра рҽарҭеит. Дара Шехем инхоз ахацәа раԥхьатә хырсар, аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵо раҳәаны иржьеит. Ахацәа урҭ рыгәра ганы ирҳәаз иақәшаҳаҭхеит. Аха раԥхьатә анхырса ашьҭахь ибзиахаанӡа Симеони Левии урҭ ирықәлеит. Дара «аҳәақәа аашьҭырхын, ақалақь аҿы инхоз ауаа рыхгьы-рыгәгьы ианҭамыз аамҭазы ақалақь иалалан, ахацәа зегьы ршьит» (Алаг. 34:25—29).
10. Ишԥанаӡеи Иаков ииҳәаз Симеони Левии ирызкыз аԥааимбаражәақәа? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иаков иԥааимбаражәа».)
10 Иаков иԥацәа убас гәымбылџьбарала рхы ахьымҩаԥыргаз игәы ԥнажәеит. Иара ԥааимбаражәаны иҳәеит дара израильтәи адгьыл аҿы ишшахо, насгьы иԥсаҟьаны ишалаҵахо. Арҭ аԥааимбаражәақәа наӡеит 200 шықәса инареиҳаны рышьҭахь, израильаа изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи. Симеон иабиԥара иатәыз Иудеиа иабиԥара иатәыз рыдгьыл аҿы ақалақьқәа роуит (Иис. Н. 19:1). Леви иабиԥара иатәыз 48 қалақь роуит. Урҭ ақалақьқәа Израиль иԥсаҟьаны иалан (Иис. Н. 21:41).
11. Иарбан ус бзиақәоу Симеони Левии ирхылҵыз иҟарҵаз?
11 Симеони Левии ирхылҵыз рабацәа иҟарҵоз агхақәа рҩызцәа ҟарҵаӡомызт. Леви иабиԥара гәыкала ицқьоу амҵахырхәара иадгылан. Моисеи азакәан иоурц азы ашьха Синаи данхала, израильаа аӡәырҩы ахьы иалхыз аҳәыс амҵахырхәара иалагеит. Моисеи дхынҳәны данааи, Иегова иган аанызкылода ҳәа ажәлар дразҵааит. Алевитцәа иаразнак еизан, аидол иамҵахырхәоз рышьра ицхрааит (Ақәҵ. 32:26—29). Иегова алевитцәа ԥшьаҩцәас амаҵ руларц иалихит (Ақәҵ. 40:12—15; Ахыԥхь. 3:11, 12). Симеон ихылҵыз ракәзар, Иуда ихылҵыз изқәыргәыӷыз адгьыл аныргоз ирывагыланы гәымшәарала еибашьуан. Уи Иегова игәҭакы иақәшәон (Аӡб. 1:3, 17).
12. Иаҳнарҵозеи Симеони Левии рҿырԥшы?
12 Уи ҳара иаҳнарҵо. Ҳгәы ԥжәаны ҳаныҟоу аӡбара адкылара ҳахымыццаклароуп. Иаҳзааигәоу аӡәы ма ҳара ииашамкәа ианҳазныҟәо, уи ҳгәы ҳнархьуеит (Аԥсал. 4:4). Аха ҳгәы ԥжәаны ҳзыргәааз игәы изырхьуа ак ҳҳәар ма иҟаҳҵар, Иегова уи игәаԥхаӡом (Иак. 1:20). Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу, нас, ииашамкәа ианҳазныҟәо? Ҳзыргәааз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ракәзаргьы, егьырҭ ауаа ракәзаргьы, Абиблиа ишаҳнарҵо ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Убасҟан аӡәгьы ԥырхага иаҳҭаӡом (Рим. 12:17, 19; 1 Пиотр 3:9). Иарбан хәарҭоу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи Симеони Левии рҿырԥшы иалыркаар рылшо. Уҭаацәа Иегова игәамԥхо ак ҟарҵозар, урҭ урмыхәаԥшӡакәа Иегова игәы иахәо ҟаҵала. Иухоумыршҭлан: егьырҭ рхы шымҩаԥыргозаалакгьы, уара Иегова дургәырӷьалар шулшо. Иара уи азы иубо аџьабаа дазылԥхоит.
ИУДА
13. Избан Иуда агәҭынчымра изцәырҵзар залшоз, Иаков иацәажәара даналага?
13 Уи ашьҭахь Иаков Иуда иацәажәара далагеит. Иуда иашьцәа еиҳабацәа раб иреиҳәаз аниаҳа агәҭынчымра изцәырҵзар алшон, избанзар иаргьы гха ӷәӷәақәак ҟаиҵахьан. Иашьцәа ақалақь Шехем андырҳәуаз, иаргьы урҭ дрыцызҭгьы ҟаларын (Алаг. 34:27). Иара иашьцәа Иосиф дырҭиирц реиҳәеит, раб даныржьозгьы ирҳәоз рыциҳәон (Алаг. 37:27, 31—33). Ԥыҭрак ашьҭахь каҳԥык дибаз џьшьаны иҭаца Фамарь длыцышьҭалеит (Алаг. 38:15—18).
14. Иарбан ус бзиақәоу Иуда иҟаиҵаз? (Алагамҭа 49:8, 9).
14 Аха Иаков Иуда дирҽхәеит, насгьы ихылҵуа азылԥхарақәа рацәаны ишроуа иеиҳәеит. (Шәаԥхьа Алагамҭа 49:8, 9.) Избанзар Иуда зықәрахь инеихьаз иаб дизхәыцит, насгьы иашьеиҵбы Вениамин дрыцҳаишьеит (Алаг. 44:18, 30—34).
15. Ишԥанаӡеи Иуда изкыз аԥааимбаражәа?
15 Иаков ԥааимбаражәаны иҳәеит Иуда иашьцәа драԥхьагылаҩны дшыҟало. Аха уи аԥааимбаражәа 200 шықәса раҟара рышьҭахь ауп анаӡара ианалага. Израильаа Египет иалҵны ацәҳәыра иалсны изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианцоз, Иуда иабиԥара абиԥарақәа зегь раԥхьа игыланы ицон (Ахыԥхь. 10:14). Ажәашықәсақәа рышьҭахь, израильаа изқәыргәыӷыз адгьыл аныргоз, хананеиаа рабашьразы зегь раԥхьа ицаз Иуда иабиԥара акәын (Аӡб. 1:1, 2). Иуда ишьҭраҿы ииз Давид ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа анапхгара зуаз аҳцәа рдинастиаҿы раԥхьатәи аҳ иакәын. Аха Иуда изкыз аԥааимбаражәа аԥхьаҟа иҵегьы инаӡараны иҟан.
16. Ишԥанаӡеи Алагамҭа 49:10 аҿы иану аԥааимбаражәа? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иаков иԥааимбаражәа».)
16 Иаков иҳәеит Иуда ишьҭраҿы ауаатәыҩса наӡаӡа напхгара рзызуло анапхгаҩы дшиуа. (Шәаԥхьа Алагамҭа 49:10.) Уи анапхгаҩы — Иисус Христос иоуп. Иара изкны амаалықь иҳәеит: «Анцәа Иегова уи иаб Давид иаҳраҭыԥ аҿы диртәоит» (Лука 1:32, 33). Иара убас Иисус «Иуда ишьҭра иатәу Алым» ҳәа изҳәоуп (Аат. 5:5).
17. Дышԥарзыҟоу Иегова имаҵзуҩцәа, насгьы ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо ҳара уи?
17 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иуда агха ӷәӷәақәа шыҟаиҵазгьы, Иегова уи дизылԥхеит. Иҟалап Иуда иашьцәа даараӡа иџьаршьазар иара уи аҩыза аҳаҭыр ахьиаҭәашьахаз. Ишыҟазаалакгьы Иегова Иуда илаз абзиарақәа ибон, насгьы уи азы дизылԥхеит. Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшлар? Иаҳҳәап, аӡәы иҷыдоу дҵак анирҭо, азныказы ҳгәы иаанагар алшоит: «Абриаҟара шигу дырны, излаирҭеи убри аҩыза адҵа?» Аха ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова уи ауаҩы илоу аҟазшьа бзиақәа рыхә шишьо. Иегова имаҵзуҩцәа ирылоу абзиарақәа роуп дызхәаԥшуа, ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп.
18. Избан ҳара ачҳара ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?
18 Иуда иҿырԥшы иара убас иаҳнарбоит ачҳара ааҳарԥшлар шҳахәҭоу. Иегова еснагь иажәа наигӡоит. Аха уи ҳшазыԥшу еиԥш акәымкәа иҟаиҵар ауеит. Иуда ишьҭра иатәыз Анцәа ижәлар ираԥхьагылаҩцәаны иаразнак иҟамлаӡеит. Аха дара Иегова уи аҭакԥхықәра зиҭоз гәыкала ирыдгылан: алевит Моисеигьы, Ефрем ишьҭра иатәыз Иисус Навингьы, Вениамин ишьҭра иатәыз Саулгьы. Шәааи ҳаргьы иахьа Иегова ижәлар анапхгара рыҭаразы иалихуа гәыкала ҳрыдгылалап (Аур. 6:12).
19. Иҳаилнаркаазеи Иаков иԥааимбаражәа Иегова изкны?
19 Иҳаилнаркаазеи Иаков ԥшьҩык иԥацәа ирызкны ииҳәаз аԥааимбаражәа? «Анцәа ауаҩ иеиԥш акәӡам акы дшахәаԥшуа» (1 Сам. 16:7). Иегова ачҳара ду илоуп, ауаа рыгхақәа ранажьрагьы бзиа ибоит. Ииашамкәа ҳхы анымҩаԥаҳго уи шигәамԥхогьы, ҳара ҳҟынтә анаӡара дазыԥшӡам. Иегова дырзылԥхалар алшоит уаанӡа агха ӷәӷәақәа ҟазҵоз, аха нас иахьхәыз, насгьы ииашаны ахымҩаԥгара иалагаз ауаа. Анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит Иаков егьырҭ ааҩык иԥацәа иреиҳәаз.
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп